АУРОК 4
Абиблиатә жәеинраала уаԥхьаанӡа уахцәажәа
Матфеи 22:41—45
ИҞАҴАТӘУ Абиблиатә жәеинраала уаԥхьаанӡа аӡырҩцәа рыхшыҩ азыҟаҵа.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Уазхәыц ажәеинраала узаԥхьо. Ажәеинраала уаԥхьаанӡа аӡырҩцәа урыцхраа ажәеинраалаҿы иалукаарц иуҭаху азхәыцра аԥшаара. 
- Абиблиа агәра агара ишаԥсоу аарԥшла. Анцәа дхазҵо ауаа уанрацәажәо, Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу ҳәала, убасала уи аҟәыӷара ду ишахыҵхырҭоу ааурԥшуеит. 
- Аӡырҩцәа Абиблиа иазхьаԥшларц ргәазҭаҵала. Иқәыргыл Абиблиаҿы зҭак ану азҵаара, уалацәажәа Абиблиа абзоурала зыӡбара алшо ауадаҩра, мамзаргьы иаага Абиблиа ацхыраарала еилыркаар рылшо апринцип.