АШӘА 161
Умаҵ сулар сҭахуп сара
(Аԥсалом 40:8)
- 1. Саб, уԥа Иордан дшааҭыҵҵәҟьаз, - Иуҳәаз ажәақәа игәы дырҭәит. - Иара идуҵаз наигӡарцаз - Угәҭакы дазыццакит. - Дхызхуаз цәырҵуан, зегь мап ацәикит, - Ухьыӡ ҭигон дҳаҵҳаҵо. - Иара имчқәа зегь уа иухҭниҵеит, - Саргьы ус ҟасымҵалои. - АХАПА - Умаҵ сулар сҭахуп сара, - Сымчқәагьы среигӡом, о Сынцәа. - Сгәаҿы иҭоуп агәырӷьара, - Умҩа сзаауртит уара. - Умаҵ сулар сҭахуп сара, - Агәыӷра сымами уажәшьҭа. - Бзиа субоит, сара уи збоит. - Есымша усырҽхәалоит. - Усырҽхәалоит. 
- 2. Саб, Иегова, сануабадырыз, - Анасыԥҵәҟьа соуит сара. - Гәахәарыла ушаҳаҭ сакәхеит, - Уӡбахә расҳәалоит ауаа. - Умаҵ рыцызуеит сара сашьцәа, - Ҳара ҳзы уи гәырӷьароуп. - Ухьыӡ схуп, сара уи сахыҽхәоит. - Сымч, сылшара уара узоуп. - АХАПА - Умаҵ сулар сҭахуп сара, - Сымчқәагьы среигӡом, о Сынцәа. - Сгәаҿы иҭоуп агәырӷьара, - Умҩа сзаауртит уара. - Умаҵ сулар сҭахуп сара, - Агәыӷра сымами уажәшьҭа. - Бзиа субоит, сара уи збоит. - Есымша усырҽхәалоит. - Усырҽхәалоит. - Уа узоуп сара сзынхо. 
(Шәахәаԥш иара убас Аԥсал. 40:3, 10.)