АШӘА 111
Агәырӷьаразы амзызқәа
- 1. Иахьыҵыҵуа анасыԥ гәаҳҭеит, - Иҭамбаӡо ӡыхьуп иара. - Ирылшоит ибырлашу ажәлар - Еснагь уаҟа ргәаҵа арҭәра. - Агәырӷьараз амзызқәа ҳамоуп — - Ҳазшаз уи дазылԥхоит, ишәҭуеит. - Ианҭаҳҵаауа Иажәа ҵаула, - Ҳхаҵара мшызҳа иазҳауеит. - Агәырӷьара амзызқәа ыӡуам, - Урҭ амцабзгьы ркуп ижжаӡа. - Акрычҳара ҳаиҭоит Иегова, - Ишҳаҩымсуагь ҳхьаа зынӡа. - АХАПА - Иегова ҳиргәырӷьеит рацәа, - Ишамҭақәа имч ду ҳдырбоит. - О, аразра илоу ӷәӷәоузеи шаҟа! - Иҟәышра ҵаула ҳирбоит. 
- 2. Иџьаҳшьеит, ҳагьышанхеит даара, - Ҳанрыхәаԥшуаз адгьыл, амшын. - Анцәа цқьа иҟазара зныԥшуа - Ашамҭа шәҟәы ҳҿаԥхьа иаартын. - Игәырӷьахәу Аҳра шииз ажәабжь - Ауаа ираҳартә иҟаҳҵап. - Азылԥхара ссирқәагьы шҳауа - Ҳарҭ адгьыл иахыҵәартә иаҳҳәап. - Инымҵәо агәырӷьара ааиуеит — - Аҵх ниасуеит, амшгьы ааԥшуеит. - Анцәа ажәҩан ҿыц шьақәиргылоит, - Ацәҳәыра абаҳчеиԥш ишәҭуеит. - АХАПА - Иегова ҳиргәырӷьеит рацәа, - Ишамҭақәа имч ду ҳдырбоит. - О, аразра илоу ӷәӷәоузеи шаҟа! - Иҟәышра ҵаула ҳирбоит. 
(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 16:15; Ис. 12:6; Иоанн 15:11.)