Ҳара Иҳақәиҭу иуаххьа зазгәаҳҭо
«Салашәгәалашәала» (1 КОР. 11:24).
1, 2. Иҟаиҵози Иисус нисан 14 аҽны 33 шықәса ҳ. ҳ.? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ИХӘЛЕИТ, Иерусалим амза ҩагылеит, уи алашара ақалақь зегь иалаҷҷеит. Ари ауха нисан 14, 33 шықәса ҳ. ҳ., Иисус иапостолцәеи иареи уажәы ааигәоуп Мшаԥы аназгәарҭа. Уи иргәаланаршәон зқьи хәышә шықәса раԥхьа Израиль мсыртәи атәра аҟынтәи рхы ишақәиҭтәыз. Уи амш ахыркәшарахь ианнеиуазa Иисус дыԥсыр акәын, убри аҟынтә 11-ҩык иапостолцәеи иареи анеидтәалаз аныҳәа ҿыц аԥиҵоит — иԥсра агәаларшәара иазку иҷыдоу ауаххьа (Матф. 26:1, 2).
2 Иисус Анцәа диҳәоит, нас апостолцәа арҵәыга злам ача рызшаны, иҳәоит: «Ишәыдышәкыл, ишәфа». Анаҩс иара аҩы зҭаз а́ҿа аашьҭыхны, еиҭа Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәаны, апостолцәа иреиҳәоит: «Зегьы абри аҿала ишәжәла» (Матф. 26:26, 27). Уаҳа Иисус акгьы риҭаӡом, аха ари акрызҵазкуаз аиқәшәараҿы иара ииҳәарц ииҭаху рацәоуп.
3. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы ҳара еилҳарго?
3 Абас Иисус иаԥиҵеит иԥсра агәаларшәара Ахәылԥаз, даҽакала «Иҳақәиҭу иуаххьа» ҳәа захьӡу (1 Кор. 11:20). Аха аӡәы изцәырҵыр ауеит азҵаарақәа: избан Иисус иԥсра еиҳа ҷыдала иалкааны азгәаҭара заҭаху? Ҵакыс ирымоузеи ачеи аҩи? Ишԥаҳалшо ҳара Ахәылԥаз аҽазыҟаҵара? Издызкылар зыхәҭада асимволқәа рҟынтәи? Ишԥарылшо ақьырсианцәа иаадырԥшыр ирымоу агәыӷра ахә ҳаракны ишыршьо?
ҲАРА ИИСУС ИԤСРА ЗАҲГӘАЛАҲАРШӘО
4. Иаа́нагозеи ҳара ҳзы Христос иԥсра?
4 Адам ихылҵшьҭра ҳаҵанакуеит аҟынтә, ҳара зегьы агәнаҳаи аԥсреи ҳҭынхеит (Рим. 5:12). Инаӡам ауаа рҟынтәи аӡәымзар-аӡәы илшом Анцәа иҿаԥхьа ихы аҿыхра, ус анакәха даҽаӡәы иҿыхрагьы илшаӡом (Ԥс. 49:6—9). Иисус заҵәык иоуп уи зылшаз: уи инаӡаз ицәеижь ақәиҵеит, ишьа каиҭәеит. Аҿыхразы Иисус иаиҭаз иԥсҭазаара ахә Анцәа ианизнеига, иара иҳаиҭеит алшара аԥсреи агәнаҳаи рҟынтә ахақәиҭреи наӡаӡатәи аԥсҭазаареи аиура (Рим. 6:23; 1 Кор. 15:21, 22).
5. а) Иабантәиаадыруеи Анцәеи Христоси ауаа бзиа ишырбо? б) Избан ҳара изҳахәҭоу Христос иԥсра агәаларшәара Ахәылԥаз аҭаара?
5 Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара шаҳаҭра ауеит Анцәа ауаатәыҩса бзиа ишибо (Иоан. 3:16). Уи адагьы, ари иаанарԥшуеит Иисусгьы ауаа бзиа ишибо. Адгьыл ахь даанӡа, Иисус «зус бзиаӡаны издыруа ҟазан», насгьы иара «игәырӷьара ауаатәыҩсатә ԥацәа ирыдҳәалан» (Ажәам. 8:30, 31). Анцәа Иԥеи иареи рахь иааҳарԥшуа аџьшьара ҳгәазҭанаҵоит Христос иԥсра агәаларшәара Ахәылԥаз аҭаара, уи ала инаҳагӡоит аԥҟара: «Салашәгәалашәала» (1 Кор. 11:23—25).
АСИМВОЛҚӘА ҴАКЫС ИРЫМОУ
6. Ишԥарыхәаԥштәу ачеи аҩи Ахәылԥаз аҿы?
6 Ауахәамахь иныҟәо шьоукы еицырдыруа аиҭагақәа шьаҭас иҟаҵаны, Иисус иажәақәа «ари Сара Сцәеижь ауп» ишыҟаҵәҟьоу еилкаатәуп ҳәа рҳәоит, убри аҟынтә урҭ агәра ргоит ача џьашьахәыла иара ицәеижьҵәҟьа акәхеит ҳәа. Аха уи афактқәа ирҿагылоит. Апостолцәа лабҿаба Иисус ицәеижь рбон раԥхьа иқәыз арҵәыга злам ача еиԥш. Еилукаартә иҟоуп Иисус ииҳәоз асимволтә ҵакы шамаз, егьырҭ аҭагылазаашьақәа рҿы еиԥш (Иоан. 2:19—21; 4:13, 14; 10:7; 15:1). Убри аҟынтә еилкаауп ачеи аҩи асимволқәа реиԥш ишрыхәаԥштәу.
7. Иарбан символтә ҵаку иамоу Ахәылԥаз аан ҳхы иаҳархәо ача?
7 Даара иналукааша ари амш аҽны 33 шықәса ҳ. ҳ. Иисус ихы иаирхәеит Мшаԥаҿы иаанхаз арҵәыга зламыз ача (Ақәҵ. 12:8). Иԥшьоу Аҩыраҿы арҵәыга зны-зынла агәнаҳа, ма абжьысра аанагоит (Матф. 16:6, 11, 12; Лука 12:1). Убри азоуп Иисус арҵәыга злам ача зырзишаз, гәнаҳа змамыз ицәеижь иасимволыз (Аур. 7:26). Убри азоуп Ахәылԥаз аан убри аҩыза ача ҳхы изаҳархәо.
8. Ҵакыс иамоузеи Ахәылԥаз аҿы аҩы?
8 Нисан 14, 33 шықәса ҳ. ҳ. Иисус иапостолцәа ирзинаҳаз аҩы иара ишьа символс иаман. Убри аҩыза аҵакы ауп иамоу иахьагьы Ахәылԥаз аҿы аҩы. Иерусалим азааигәара иҟоу Голгофа аҿы Иисус ишьа каҭәан «агәнаҳахыхразы» (Матф. 26:28; 27:33). Ачеи аҩи Анцәа изыӡырҩуа ауаа рзы иҟаҵоу хәы змам аԥсхҭынҵара иасимволуп. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит иаҳзаарԥшу абзиабара, убри аҟынтә Иҳақәиҭу иуаххьа зегьы заа ҳҽазыҟаҳҵоит.
АХӘЫЛԤАЗ ҲҼАЗЫҞАҲҴАР ШҲАЛШО
9. а) Избан изхадоу Ахәылԥаз апериод аан Абиблиа аԥхьаразы иҟоу аамҭеихшара ақәныҟәара? б) Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа, шәара Христос иԥсхҭынҵаратә ҿыхра шәаназхәыцуа?
9 Ахәылԥаз ҳаназааигәахо ҳамзар, ма аброшиура «Есҽны Аҩыра аҭҵаара» рҿы иаагоу аамҭеихшара ҳҽақәыршәаны Абиблиа ҳанаԥхьо, ҳара Иисус дыԥсаанӡа иҟаиҵоз ҳазхәыцлар ҳалшоит. Уи Ахәылԥаз ахь ҳгәы азыҟаҵара иҳацхраауеитb. «Ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуа Ахәылԥаз ҳазыԥшуп,— илҩит иаҳәшьак.— Есышықәса ҳара ҳзы уи еиҳа-еиҳа аҵак ду аиуеит. Исгәалашәоит..., саб иԥсыжра аҽны аҿыхратә ԥсхҭынҵаразы аџьшьара дуӡӡа аарԥшра агәазыҳәара сызцәырҵит. [...] Сара Аҩыра аҟынтә уи азҵаара иазкны ажәеинраалақәа зегь здыруан, насгьы урҭ рҵакы аиҭаҳәара уадаҩра сызцәырнагомызт. Сара аԥсра иадҳәалоу агәырҩа схызгеит, уи ашьҭахь ауп ари хәы змам аҿыхра абзоурала инагӡахо азы сара сгәы џьшьарала ианҭәы». Ииашаҵәҟьаны, агәаларшәара Ахәылԥаз ҳҽаназыҟаҳҵо, ибзиахон Христос иԥсхҭынҵара ҳара агәнаҳаи аԥсреи рытәра аҟынтәи ҳшақәиҭнатәуа ҳазхәыцлар.
Агәаларшәара Ахәылԥаз ахь шәгәы азыҟашәҵарц азы иҟоу алшарақәа зегьы шәхы иашәырхәала (Шәахәаԥш абзац 9.)
10. Ишԥаҳалшо еиҳа еиӷьны Ахәылԥаз аҽазыҟаҵара?
10 Ахәылԥаз еиӷьны аҽазыҟаҵаразы шәара ишәыӡбозар ауеит еиҳаны ажәабжьҳәара аҽалархәра. Иаҳҳәап, шәара ишәҭаххар ауеит агәаларшәара Ахәылԥаз анымҩаԥысуа аан ицхырааҩу пионерс амаҵ аура. Ҳара Ахәылԥаз ахь иааҳаԥхьоит Абиблиа зҵо, насгьы егьырҭ ауаа. Урҭ Анцәеи Иԥа Иисуси рыӡбахә, иара убас Иегова игәаԥхара назыгӡо, насгьы дҳаразкуа ауаа ирзыԥшу азылԥхарақәеи ртәы анырзеиҭаҳҳәо, ҳара уи агәырӷьара ду ҳзаанагоит (Ԥс. 148:12, 13).
11. Ишԥарыдыркылоз коринфаа шьоукы асимволқәа ишахәҭоу еиԥш акәымкәа ҵакы амҭаӡакәа Ахәылԥаз аан?
11 Иҳақәиҭу иуаххьа шәҽаназыҟашәҵо, шәазхәыц апостол Павел коринфтәи ақьырсианцәа ирзиҩыз. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 11:27—34.) Павел иазгәеиҭеит аӡәы «ҵакы амҭаӡакәа, хәыцырҭада убри ача зфо, аҿа аанызкыло ауаҩԥсы — Иҳақәиҭу Ицәеижьи Ишьеи рҿаԥхьа ахара идуп» ҳәа. Убри аҟынтә доуҳала иалху «деиԥхьхәыцроуп, ихы шымҩаԥигаша гәникылароуп», убри ашьҭахь ауп асимволқәа анидикыло. Ус ҟаимҵар, иара «иифо-иижәуа иқәыӡбуеит, изыҳарамуп». Коринфтәи аизараҿы аӡәырҩы ииашамкәа рхы мҩаԥыргон, убри аҟынтә дара ԥсыҽын, ичмазаҩын, Дара адоуҳа аганахь ала аԥсы иҩызан. Иҟалап Ахәылԥаз ҟалаанӡа, ма уи анымҩаԥысуаз шьоукы мыцхәы крырфозҭгьы, иржәуазҭгьы, уи иахҟьаны цәеижьлеи доуҳалеи ицәылашьшьы иҟан. Анцәа дақәыӡбон абас еиԥш ииашамкәа арҭ асимволқәа рызнеира.
12. а) Изҿирԥшзеи Павел Иҳақәиҭу иуаххьа, насгьы иарбан гәҽанҵароу асимволқәа рҟынтәи издызкыло ириҭаз? б) Иҟаиҵар акәзеи доуҳала иалху, агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар?
12 Павел Иҳақәиҭу иуаххьа акреицфара иаҿирԥшит, насгьы асимволқәа рҟынтәи издызкылоз ргәырҽаниҵеит: «Иҳақәиҭу иаҿеи аҩысҭаацәа раҿеи еицышәзаанкылауам; иауам иара убас, аамҭак азы, Иҳақәиҭу иеишәеи аҩысҭаацәа реишәеи аицахатәара» (1 Кор. 10:16—21). Ахәылԥаз аҿы акыр шықәса асимволқәа рҟынтәи издызкыло ауаҩы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар, адоуҳатә цхыраара даҳәар ихәҭоуп. (Уаԥхьа Иаков 5:14—16.) Уи ақьырсиан «ахьхәра иаҭәоу аусқәа» ҟаиҵар ихәҭоуп, убасҟан асимволқәа рҟынтәи ианидикыло, Иисус иԥсхҭынҵарахьы апатуқәымҵара ааирԥшӡом (Лука 3:8).
13. Избан изҳахәҭоу Анцәа иҳаиҭаз агәыӷра анцәаиҳәарала ҳазхәыцлар?
13 Ахәылԥаз ҳҽаназыҟаҳҵо, ҳара зегьы Анцәа иҳаиҭаз агәыӷра анцәаиҳәарала ҳазхәыцлар ауп. Ҳәарада, Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтәи аӡәымзар-аӡәы иҭаххарымызт Иисус иԥсхҭынҵара пату ақәымҵара. Убри аҟынтә ақьырсиан асимволқәа рҟынтәи идикылаӡом, жәҩантәи агәыӷра шимоу ала гәыҩбарада агәра ганы дыҟамзар. Ишԥеиликаари ақьырсиан асимволқәа рҟынтә идикылару идимкылару?
ИЗЫХӘҬАДА АСИМВОЛҚӘА РҞЫНТӘИ АДКЫЛАРА?
14. Изыхәҭада Ахәылԥаз аан асимволқәа рҟынтә адкылара?
14 Ахәылԥаз аан асимволқәа рҟынтә адкылара азин змоу гәыҩбара рымамкәа агәра ганы иҟоуп аиқәшаҳаҭра ҿыц ишалахәу. Аҩы иазкны Иисус иҳәеит: «Ари аҿа Сара Сшьаҿы Иуасиаҭ Ҿыцуп» (1 Кор. 11:25). Аԥааимбар Иеремиа ила Анцәа заа иҳәахьан аиқәшаҳаҭра ҿыц шцәырҵуа — израильааи Иареи ирыбжьаз Азакәан аиқәшаҳаҭра иеиԥшымыз. (Уаԥхьа Иеремиа 31:31—34.) Анцәа иаԥиҵеит адоуҳатә Израильи Иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ҿыц (Гал. 6:15, 16). Иисус ишьа каҭәаны иҟаиҵаз инаӡаз иԥсхҭынҵара ари аиқәшаҳаҭра аус анаруеит (Лука 22:20). Иисус аиқәшаҳаҭра ҿыц аҿы Дыцҳаражәҳәаҩуп, уи аиқәшаҳаҭра иалахәу доуҳала иалху ииашоу ақьырсианцәа ироуеит жәҩантәи аҳамҭа (Аур. 8:6; 9:15).
15. Изыбжьаҵада Аҳра иадҳәалоу аиқәшаҳаҭра, насгьы иарбан ҳамҭоу урҭ ирзыԥшу, ииашаны иаанхар?
15 Агәаларшәара Ахәылԥаз аҟны асимволқәа рҟынтә издызкыло ауаа Анцәеи дареи Аҳра иадҳәалоу аиқәшаҳаҭра шрыбжьоу еилыркаауеит. (Уаԥхьа Лука 12:32.) Анцәа идоуҳала иалху Иисус ишьҭанеицәа, ииашаны имҩа иқәу, насгьы игәаҟрақәа ицеиҩызшо ажәҩан аҿы аҳра ицрулоит (Флп. 3:10). Ииашоу, доуҳала иалху арҭ ақьырсианцәа Христос наунагӡа аҳра ицрулоит, избанзар Анцәеи дареи Аҳра иадҳәалоу аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵоуп (Аатр. 22:5). Дара Иҳақәиҭу иуаххьа аан асимволқәа рҟынтә адкылара закәанла азин рымоуп.
16. Иааркьаҿны еиҭашәҳәа Римаа рахь 8:15—17 рҿы иану.
16 Иҳақәиҭу иуаххьа аан асимволқәа рҟынтә издызкыло Анцәа иԥацәа шракәу ала адоуҳа ашаҳаҭра зауз мацара роуп. (Уаԥхьа Римаа рахь 8:15—17.) Иазгәаҭатәуп Павел ихы иаирхәаз арамеитә ажәа Авва «аб» шаа́наго. Убас зны-зынла ахәыҷқәа рабацәа ирарҳәон. Уахь иаҵанакуеит ажәа «папа» иаанарԥшуа ататареи ажәа «аб» иаанарԥшуа апатуқәҵареи. Ԥацәаны иҟазҵо адоуҳа зауа ақьырсианцәа доуҳала ииуа Анцәа иԥацәа ракәхоит. Ԥацәаны иҟазҵо адоуҳа идеилнаркаауеит доуҳала иалху Иегова иԥацәа шракәу. Ари иаанагаӡом дара адгьыл аҿы анхара рҭахӡам ҳәа. Дара агәра ганы иҟоуп рыԥсы ҭанаҵы аҵыхәтәанынӡа ииашаны иаанхар, жәҩантәи Аҳраҿы Иисус напхгара шицҟарҵало. Иахьатәи аамҭазы адгьыл аҿы 144 000 доуҳала иалху рҟынтә инхаз маҷуп (1 Иоан. 2:20; Аатр. 14:1). Иԥшьоу доуҳала дара ирҳәоит: «Авва, Аб!» Шаҟа иааигәоузеи урҭ реизыҟазаашьақәа!
ЖӘҨАНТӘИ АГӘЫӶРЕИ АДГЬЫЛТӘ ГӘЫӶРЕИ
17. Иарбан гәыӷроу доуҳала иалху ақьырсианцәа ирымоу, насгьы ишԥеилыркаауеи уи дара?
17 Шәара Анцәа идоуҳала иалху шәакәзар, жәҩантәи агәыӷра шәыԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Шәара Иисус Христос ԥҳәысс изҳәоу аҭаца илызкны Абиблиаҿы шәанаԥхьо, урҭ ажәақәа шәхахьы ижәгоит, насгьы шәгәы хыҭ-хыҭуа шәазыԥшуп ари асимволтә ҭаца шәанлыхәҭакхо аамҭа (2 Кор. 11:2; Иоан. 3:27—29; Аатр. 21:2, 9—14). Абиблиаҿы Анцәа идоуҳатә ԥацәа бзиа ишибо аниҳәо, шәара еилышәкаауеит урҭ ажәақәа шәара ишшәыҵанакуа. Абиблиа ала Иегова доуҳала иалху иԥацәа амҩақәҵарақәа анриҭо, иԥшьоу адоуҳа шәгәазҭанаҵоит урҭ рықәныҟәара, насгьы шәара шәгәаҿы ишәҳәоит: «Ари сара исыҵанакуеит». Абас Анцәа идоуҳаи шәара шәдоуҳаи шаҳаҭра руеит шәара жәҩантәи агәыӷра шшәымоу.
18. Иарбан гәыӷроу ирымоу «егьырҭ ауасақәа», насгьы иарбан цәаныррақәоу уи дара ирызцәырнаго?
18 Шәара «ҵҩа змам» «егьырҭ ауасақәа рахь» шәаҵанакуазар, адгьыл аҿы анхара агәыӷра шәымоуп (Аатр. 7:9; Иоан. 10:16). Шәара наӡаӡа Џьанаҭ шәынхаларц шәҭахуп, насгьы бзиа ижәбоит ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иазкны Абиблиа иану азхәыцра. Шәара шәгәы хыҭ-хыҭуа шәазыԥшуп ишәызгәакьоу, насгьы ииашоу егьырҭ ауаа ҭынч шәанрыцынхало аамҭа. Хымԥада шәара лассы-лассы шәазхәыцуеит амлакреи, аӷарреи, агәаҟреи, ачымазарақәеи аԥсреи наунагӡа ишықәгахо атәы (Ԥс. 37:10, 11, 29; 67:6; 72:7, 16; Ис. 33:24). Шәара шәхаҿы иаажәгозар ауеит наӡаӡа адгьыл аҿы инхало зыԥсы ҭало шәшырԥыло (Иоан. 5:28, 29). Шаҟа иҭабуп ҳәа иашәҳәозеи шәара Иегова адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра ҳамҭас иахьшәиҭаз! Шәара агәаларшәара Ахәылԥаз аҿы асимволқәа рҟынтә ишшәыдшәымкылогьы, уи шәанаҭаауа Иисус Христос иԥсхҭынҵаратә ҿыхразы аџьшьара аашәырԥшуеит.
ШӘНЕИУАМА ШӘАРА УАХЬ?
19, 20. а) Ианбаҳалшо ҳара наӡаӡа анхара? б) Избан Иҳақәиҭу иуаххьа ҳаҭаар зхадоу?
19 Иарбан гәыӷразаалакгьы ҳара иҳамоу — ажәҩан аҿы ма адгьыл аҿы,— уи нагӡахоит, Анцәа Иегова, Иисус Христос, насгьы аҿыхратә ԥсхҭынҵара рыгәра ҳгозар. Агәаларшәара Ахәылԥаз аан ҳара иҳамоуп алшара ҳгәыӷреи, насгьы Христос иԥсра иамоу аҵаки рызхәыцра. Убри аҟынтәи шәааи агәаларшәара Ахәылԥаз ахь миллионҩыла инеиуа ауаа ҳаҽрылаҳархәырц азы, иҳалшо зегь ҟаҳҵап. Уи азгәарҭоит адунеи зегь аҿы ахәаша апрель 3, 2015 шықәсазы, амра анҭашәалак ашьҭахь Аҳратә Залқәеи уи ианаало егьырҭ аҭыԥқәеи рҿы.
20 Ахәылԥаз аҭаара Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵаразы ҳара иааҳарԥшуа аџьшьара еиҳа иарӷәӷәоит. Уа иҟало ажәахә ибзианы ҳазыӡырҩыр, ҳара иаҳзааигәоу рахь абзиабара аарԥшра ҳгәазҭаҵахоит, Иегова ибзиабареи ауаа рзы имоу игәҭаки рзеиҭаҳәо (Матф. 22:34—40). Шәааи ҳамч зегь еизганы, Иҳақәиҭу иуаххьа ҳаҭаарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵап.
a Ауриацәа рҿы амш аналагоз амра анҭашәоз акәын.
b Шәахәаԥш аброшиура «Анцәа Иажәа ахсаалақәеи асхемақәеи рыла» захьӡу аҿы 16-тәи ахәҭа (аурыс).