Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ианвар ад. 20—25
  • Избан ҳара Агәаларшәара ахәылԥаз ҳзаҭаауа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Избан ҳара Агәаларшәара ахәылԥаз ҳзаҭаауа?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ДОУҲАЛА ИАЛХУ АҚЬЫРСИАНЦӘА АХӘЫЛԤАЗ ИЗАҬААУА
  • «ЕГЬЫРҬ АУАСАҚӘАГЬЫ» АХӘЫЛԤАЗ ИЗАҬААУА
  • ҲАРА ЗЕГЬЫ АХӘЫЛԤАЗ ҲЗАҬААУА
  • АХӘЫЛԤАЗ АХЬАЗГӘАҲҬО ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО
  • Ҵҩа змам егьырҭ ауасақәа Анцәеи Христоси ҳараркуеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иегова Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ҳаҭаарц азы иаҳбо аџьабаа дазылԥхоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Агәаларшәара ахәылԥаз ҳшеиднакыло
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ҳара Иҳақәиҭу иуаххьа зазгәаҳҭо
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ианвар ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 4

Избан ҳара Агәаларшәара ахәылԥаз ҳзаҭаауа?

«Абри ҟашәҵала салашәгәалашәаларазы» (ЛУКА 22:19).

АШӘА 20 Угәы ззыбылуа Уԥа дҳауҭеит

АХҲӘААa

1, 2. а) Иаҳгәалазыршәозеи еиҳараӡак бзиа иаҳбоз иԥсхьоу? б) Иарбан ныҳәоу Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи амш азы иалеигалаз?

БЗИА ижәбоз аӡәы дыԥсызар, аамҭа рацәаны иҵхьазаргьы дышәхашҭӡом. Даныԥсыз амш анааилак уи еиҳагьы дышәгәалашәоит.

2 Есышықәса миллионҩыла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҳаизоит бзиа иаҳбо ҳҩыза, Иисус Христос, иԥсра ҳгәалаҳаршәарц азы (1 Пиотр 1:8). Иисус иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит наӡаӡа ҳанхаларц азы (Матф. 20:28). Иара иҭахын ақьырсианцәа зегьы уи амш ргәаладыршәаларц. Адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи амш азы гәыкала изыҟаз иапостолцәеи иареи уаххьа анеицырфоз иара ари аныҳәа алеигалеит, иагьреиҳәеит: «Абри ҟашәҵала салашәгәалашәаларазы» (Лука 22:19).

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Агәаларшәара ахәылԥаз иаҭаауа рҟынтә ажәҩан аҿы анхара агәыӷра змоу рацәаҩӡам. Дара рыдагьы уи аныҳәа иаҭаауеит адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу миллионҩыла егьырҭ ауаагьы. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит арҭгьы егьырҭгьы есышықәса Агәаларшәара ахәылԥаз зазгәарҭо, насгьы уи ахәарҭа шырзаанаго. Аха раԥхьа шәааи еилаҳкаап доуҳала иалху ақьырсианцәа Ахәылԥаз изаҭаауа.

ДОУҲАЛА ИАЛХУ АҚЬЫРСИАНЦӘА АХӘЫЛԤАЗ ИЗАҬААУА

4. Избан доуҳала иалху ақьырсианцәа Ахәылԥаз аҿы ача зырфо, насгьы аҩы зыржәуа?

4 Доуҳала иалху ақьырсианцәа есышықәса Агәаларшәара ахәылԥаз иаҭаауеит уи иалахәу раҳасабала, насгьы ача рфоит, аҩгьы ржәуеит. Избан? Шәааи иаҳгәалаҳаршәап Иисус Христос адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи аухазы иҟалаз. Иисус иапостолцәеи иареи Амшаԥы азгәарҭеит. Уи ашьҭахь Иҳақәиҭу иуаххьа ҳәа еицырдыруа аныҳәа алеигалеит. Иара жәеизаҩык гәыкала изыҟаз иапостолцәа ачеи аҩи рзишан, ирфарц иржәырц реиҳәеит. Уи ашьҭахь Иисус иҿыцу аиқәшаҳаҭреи Аҳра аиқәшаҳаҭреи ртәы иапостолцәа иреиҳәеитb (Лука 22:19, 20, 28—30). Арҭ иҷыдоу ҩ-еиқәшаҳаҭрак апостолцәеи зхыԥхьаӡара рацәам егьырҭ ақьырсианцәеи ажәҩан аҿы аҳцәас, насгьы ԥшьаҩцәас аҟалара алшара рнаҭоит (Аат. 5:10; 14:1). Убри аҟынтә Ахәылԥаз аҿы ача зфо, насгьы аҩы зжәуа арҭ ҩ-еиқәшаҳаҭрак ирылахәу адгьыл аҿы иаанхаз доуҳала иалху ақьырсианцәа роуп.

5. Зыгәра ганы иҟоузеи доуҳала иалху ақьырсианцәа?

5 Иҟоуп даҽа мзызкгьы. Доуҳала иалху ақьырсианцәа Ахәылԥаз ианаҭаауа Иегова ирызирхиаз аԥеиԥш иазхәыцуеит. Шәхаҿы иаажәг: 144 000-ҩык ақьырсианцәа имбаауа ацәеижь роуеит, насгьы ахаан иԥсӡом. Урҭ Иисус Христос амаҵ ицрулоит, Иегова ихаҭагьы дырбоит! (1 Кор. 15:51—53; 1 Иоанн 3:2). Доуҳала иалху ақьырсианцәа агәра ганы иҟоуп уи аҩыза аҳаҭыр шраҭәашьоу. Аха уи аҳамҭа роурц азы рыԥсы ахьынӡаҭоу Иегова гәыкала имаҵ рулароуп (2 Тим. 4:7, 8). Доуҳала иалху ақьырсианцәа ирзыԥшу ианазхәыцуа ргәы ҟанаҵоит (Тит 2:13). Уажәшьҭа шәааи еилҳаргап «егьырҭ ауасақәагьы» Ахәылԥаз изаҭаауа (Иоанн 10:16).

«ЕГЬЫРҬ АУАСАҚӘАГЬЫ» АХӘЫЛԤАЗ ИЗАҬААУА

6. Избан «егьырҭ ауасақәагьы» Ахәылԥаз изаҭаауа?

6 «Егьырҭ ауасақәагьы» Ахәылԥаз иаҭаауеит уи иалахәу реиԥш акәымкәа, асасцәа реиԥш. Урҭ ақьырсианцәа Ахәылԥаз ахь ааԥхьара змоу ирхыԥхьаӡаланы раԥхьаӡа акәны рыӡбахә ҳәан 1938 шықәсазы. Абар март 1, 1938 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (англыз) аҿы уи иазкны ианыз: «[„Егьырҭ ауасақәа“] ари аиԥылара иаҭаалар, насгьы уи шымҩаԥысуа иахәаԥшлар иашахон... Уи дара иаргәырӷьалароуп, иагьаргәырӷьоит». Уи ачара иаҩызоуп: асасцәа ҿыц еибаго иреигәырӷьоит, насгьы урҭ ирыдырныҳәаларц инеиуеит. Убас еиԥш «егьырҭ ауасақәагьы» асасцәа реиԥш Ахәылԥаз иаҭаар ахьрылшо еигәырӷьоит.

7. Избан егьырҭ ауасақәа Ахәылԥаз аҿы изыԥхьо ажәахә игәырӷьаҵәа изазыӡырҩуа?

7 «Егьырҭ ауасақәагьы» Ахәылԥаз ианаҭаауа, доуҳала иалху ақьырсианцәа реиԥш, Иегова ирызирхиаз аԥеиԥш иазхәыцуеит. Ахәылԥаз аҿы Абиблиа шьаҭас измоу ажәахә иаԥхьоит. Уи ажәахә еиҳараӡак изызку Иисус Христоси аҳра ицзуло 144 000-ҩыки Зқьышықәсатәи анапхгараан егьырҭ ауасақәа рзы иҟарҵо ауп. Дара Анцәа изыӡырҩуа ауаа наӡаны иҟарҵоит, насгьы адгьыл џьанаҭны аҟаҵара ирыцхраауеит. Есышықәса Ахәылԥаз иаҭаауа миллионҩыла асасцәа гәырӷьаҵәа рхаҿы иааргоит Исаиа 35:5, 6; 65:21—23, насгьы Аатра 21:3, 4 иану абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынаӡо. Дареи бзиа ирбо ауааи адунеи ҿыц аҿы ишынхало рхаҿы ианаарго ргәыӷра ӷәӷәахоит, насгьы рыԥсы ахьынӡаҭоу Иегова имаҵ аура агәаҳәара роуеит (Матф. 24:13; Гал. 6:9).

8. Иарбан мзызу еиҭа иҟоу егьырҭ ауасақәа Ахәылԥаз изаҭаауа?

8 Иҟоуп ихадоу даҽа мзызкгьы. Егьырҭ ауасақәа Ахәылԥаз ианаҭаауа доуҳала иалху ақьырсианцәа бзиа ишырбо, насгьы ишрывагылоу аадырԥшуеит. Анцәа Иажәаҿы заа иҳәан доуҳала иалху ақьырсианцәеи адгьыл аҿы наӡаӡа инхало ауааи шеицхыраало. Шәааи уи иазку ԥааимбаражәақәак ҳрыхцәажәап.

9. Ишԥаҳаилнаркаауеи Захариа 8:23 иану аԥааимбаражәа, егьырҭ ауасақәа доуҳала иалху ақьырсианцәа гәыкала ишырзыҟоу?

9 Шәаԥхьа Захариа 8:23. Ари аԥааимбаражәаҿы иҳәоуп егьырҭ ауасақәа доуҳала иалху аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала ишырзыҟазаало. «Еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо ажәларқәа зегь рҟынтә жәаҩык ауаа» — уи егьырҭ ауасақәа роуп. «Ҳара шәара ҳшәыццоит» ҳәа зарҳәо «аиудеи» — уи доуҳала иалху ақьырсианцәа роуп (Рим. 2:28, 29). Игәашәҭама арҭ аҩ-гәыԥк шеицхыраало атәы шаҳәо? Аԥааимбар иҳәоит «жәаҩык ауаа аиудеи икалҭ иахьынҳалоит» ҳәа, даҽакала иуҳәозар егьырҭ ауасақәа доуҳала иалху ақьырсианцәа еснагь ирывагылоуп, насгьы Иегова имаҵ еицыруеит. Ишаҳбаз еиԥш, дара акзаара рыбжьоуп. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам урҭ аҩ-гәыԥк Ахәылԥаз ахьеицазгәарҭо.

10. Ишԥанаигӡеи Иегова Иезекииль 37:15—19, 24, 25 иану аԥааимбаражәа?

10 Шәаԥхьа Иезекииль 37:15—19, 24, 25. Ишԥанаӡеи ари аԥааимбаражәа? Иегова ицхыраарала доуҳала иалху ақьырсианцәеи егьырҭ ауасақәеи еидгыланы Иегова имаҵ руеит. Аԥааимбаражәаҿы ҩ-лабак рыӡбахә ҳәоуп. «Иуда илаба» ажәҩан аҟынтә аҳра зуло доуҳала иалху ақьырсианцәа аанарԥшуеит, избанзар Израиль аҳцәа Иуда иеимшьҭра акәын изтәыз. «Ефрем илаба» адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу ақьырсианцәа аанарԥшуеит. Иегова иҳәеит: «Сара урҭ лабакны иҟасҵоит», даҽакала иуҳәозар урҭ аҩ-гәыԥк еидиҵоит, насгьы Аҳ, Иисус Христос, инапхгара аҵаҟа Иегова имаҵ рулоитc. Убри аҟынтә доуҳала иалху ақьырсианцәеи егьырҭ ауасақәеи хаз-хазы акәымкәа, хьчаҩык дызмоу гәарҭак еиԥш есышықәса Ахәылԥаз еицазгәарҭоит (Иоанн 10:16).

11. Ишԥарыцхраауеи Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәоу ауасақәа Христос иашьцәа? (Матфеи 25:31—36, 40).

11 Шәаԥхьа Матфеи 25:31—36, 40. Изусҭцәада ари ажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәоу ауасақәа? Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы инхо, адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу ауаа иашақәа, даҽакала иуҳәозар егьырҭ ауасақәа. Дара доуҳала иалху Христос иашьцәа гәыкала ирыцхраауеит. Ишԥа? Урҭ зегь раасҭа ихадоу аус аҿы ирывагылоуп — адунеи зегь аҿы ажәабжь рҳәоит, аҵаҩцәагьы азыҟарҵоит (Матф. 24:14; 28:19, 20).

12, 13. Ишԥарыцхраауеи еиҭа егьырҭ ауасақәа Христос иашьцәа?

12 Есышықәса адунеи зегь аҿы Ахәылԥаз ааиаанӡа мчыбжьқәак шагу акампаниа мҩаԥысуеит. Урҭ амчыбжьқәа раан ауаа Ахәылԥаз ахь ааԥхьара раҳҭоит. Егьырҭ ауасақәа уи акампаниа игәырӷьаҵәа рҽаладырхәуеит, убас ала Христос иашьцәа ирыцхраауеит. (Шәахәаԥш арамка «Шәалагахьоума Ахәылԥаз аҽазыҟаҵара?».) Аҭыԥқәа реиҳарак рҿы Ахәылԥаз аан аӡәгьы ача ифаӡом, насгьы аҩы ижәӡом. Аха егьырҭ ауасақәа уеизгьы ирылшо зегь ҟарҵоит аизарақәа зегьы рҿы Ахәылԥаз мҩаԥысырц азы. Дара Христос иашьцәа рыцхраара ргәаԥхоит. Абар Иисус ииҳәаз: «Сашьцәа аиҵбацәа руаӡә изыжәухьоу Саргьы исзыжәуит» (Матф. 25:37—40). Арҭ ажәақәа егьырҭ ауасақәа ргәы ҟанаҵоит.

13 Иарбан мзызқәоу ақьырсианцәа зегьы еиҭа ирымоу Ахәылԥаз иаҭааларц азы?

Шәалагахьоума Ахәылԥаз аҽазыҟаҵара?

АХӘЫЛԤАЗ ААИААНӠА

  • Ишәылшо зегь ҟашәҵа ари ихадоу ахҭыс ахь ауаа рааԥхьаразы акампаниа шәҽалашәырхәырц азы. Ааԥхьара зышәҭар шәҭаху рсиа шьақәшәыргыл.

  • Иегова шәиҳәаны шәазхәыц уи аамҭа иалагӡаны ицхырааҩу пионерс амаҵ аура шәылшоу-ишәылымшоу.

  • Шәеиҭаԥхьа ҳпубликациақәа рҿы Ахәылԥази, аҿыхреи, Иеговеи Иисуси ҳара ҳахь иаадырԥшыз абзиабареи ирызкны иану. Иаҳҳәап, ашәҟәы «Приближайся к Иегове» 14-тәи 23-тәи ахқәа, насгьы ашәҟәы «Приходи и следуй за мной» 17-тәи ахы.

  • Аброшиура «Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит» аҿы иаагоу аграфик ала Абиблиа шәаԥхьала. Шәрызхәыцла Иисус дыԥсаанӡа маҷк шагыз иҟаз, даныршь аҽны, насгьы иԥсы анҭала ашьҭахь иҟалаз ахҭысқәа.

АХӘЫЛԤАЗ АҼНЫ

  • Аиԥыларахь заа шәнеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы, еиҳараӡак аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи иаҟәыҵыз, гәыкала аԥсшәа рашәҳәарц азы.

  • Ибзианы ажәахә шәазыӡырҩла, ажәахәҟаҵаҩ дзыԥхьо ажәеинраалақәа аашәыртла, насгьы урҭ дышрыхцәажәо шәазхәыцла.

  • Аиԥылара анынҵәалак ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Ахәылԥаз ахь иааз аӡәы шәиабадыр, насгьы изҵаарақәа рҭак ҟашәҵа. Еиҳаны еиликаар иҭахызар даҽазны шәиҭаарц идыжәгал, мамзаргьы аизара аҟынтә аӡәы диҭаарц шәиҳәа.

АХӘЫЛԤАЗ АШЬҬАХЬ

Абиблиа иазкны еиҳаны аилкаара зҭаххаз зегьы шәырҭаа, насгьы аброшиура «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» ала Абиблиа аҵара рыдыжәгал.

ҲАРА ЗЕГЬЫ АХӘЫЛԤАЗ ҲЗАҬААУА

14. Ишԥаадырԥшуеи Иеговеи Иисуси даараӡа бзиа ҳшырбо?

14 Ҳара Иеговеи Иисуси бзиа ҳахьырбо ахә ҳаракны иаҳшьоит. Иегова бзиа ҳшибо шьақәзырӷәӷәо рацәоуп, аха руак акгьы иузадкылом. Ҳара наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы Иегова Иԥазаҵә дгәаҟны дыԥсырц алиршеит (Иоанн 3:16). Иисусгьы уи дақәшаҳаҭхеит, убас ала даараӡа бзиа ҳшибо ааирԥшит (Иоанн 15:13). Ҳара ахаангьы Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз ахә ҳазшәаӡом. Аха ҳара иҳалшоит есыҽны ҳаԥсҭазаашьала иааҳарԥшлар урҭ иаҳзыҟарҵаз ахә ҳаракны ишаҳшьо (Кәал. 3:15). Ахәылԥаз ҳанаҭаауагьы уи шаҳхамышҭуа, насгьы ҳаргьы дара бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит.

15. Избан доуҳала иалху ақьырсианцәагьы «егьырҭ ауасақәагьы» аҿыхра ахә ҳаракны изыршьо?

15 Ҳара аҿыхра ахә ҳаракны иаҳшьоит (Матф. 20:28). Доуҳала иалху ақьырсианцәа аҿыхра ахә ҳаракны иршьоит, избанзар уи абзоурала иџьашьахәу агәыӷра рымоуп. Христос иԥсхҭынҵара агәра ахьырго абзоурала Иегова урҭ уаа иашақәаны иԥхьаӡоит, насгьы ԥацәас иҟаиҵоит (Рим. 5:1; 8:15—17, 23). «Егьырҭ ауасақәагьы» аҿыхра ахә ҳаракны иршьоит. Христос иԥсхҭынҵара агәра ахьырго абзоурала дара ирылшоит Иегова иҩызцәаны иҟалар, имаҵ рулар, насгьы арыцҳара ду аан ишеиқәирхо агәра ргалар (Аат. 7:13—15). Доуҳала иалху ақьырсианцәа реиԥш «егьырҭ ауасақәагьы» аҿыхра ахә ҳаракны ишыршьо аадырԥшырц азы есышықәса Агәаларшәара ахәылԥаз иаҭаауеит.

16. Иарбан мзызу еиҭа иҳамоу Ахәылԥаз аҭааразы?

16 Иара убас ҳара Ахәылԥаз ҳаҭаауеит, избанзар Иисус ҳаизыӡырҩларц ҳҭахуп. Иисус Ахәылԥаз азгәаҭара аналеигала абас иҳәеит: «Абас ҟашәҵала салашәгәалашәаларц азы» (1 Кор. 11:23, 24, АдҾ). Ҳара гәыӷрас иҳамоу ажәҩан аҿы анхара акәзаргьы, адгьыл аҿы анхара акәзаргьы, арҭ ажәақәа хаҭала ҳара зегь ҳзы иҳәоуп.

АХӘЫЛԤАЗ АХЬАЗГӘАҲҬО ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО

17. Ишԥаҳацхраауеи Ахәылԥаз Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара?

17 Ахәылԥаз Иегова изааигәахара иҳацхраауеит (Иак. 4:8). Ишеилҳаргаз еиԥш, Ахәылԥаз аҿы ҳара иҳалшоит Иегова иҳаиҭаз агәыӷреи ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабареи ҳрызхәыцлар (Иер. 29:11; 1 Иоанн 4:8—10). Уи ҳаназхәыцуа Иегова иахь ҳабзиабара еизҳауеит, ҳаиҩызарагьы ӷәӷәахоит (Рим. 8:38, 39).

18. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Иисус иҿырԥшы ҳаназхәыцуа?

18 Ахәылԥаз Иисус иҿыԥшра ҳгәазҭанаҵоит (1 Пиотр 2:21). Ахәылԥаз ааиаанӡа Абиблиа ҳанаԥхьо Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи имшқәеи, иԥсреи, иԥсҭалареи ртәы ҳазхәыцуеит. Анаҩс ажәахә ҳаназыӡырҩуа Иисус иааирԥшыз абзиабареи ахамеигӡареи ҳрызхәыцуеит (Еф. 5:2; 1 Иоанн 3:16). Ахәылԥаз ҳаҭаацыԥхьаӡа Иисус иҿыԥшра еиҳагьы иаҳҭаххоит (1 Иоанн 2:6).

19. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова ибзиабара ҳаԥсахарц азы?

19 Ахәылԥаз ҳгәазҭанаҵоит Иегова ибзиабара ҳаԥсахарц иҳалшо зегь аҟаҵара (Иуда 20, 21, албаага). Иегова дҳаргәырӷьаларц, ихьӡ ҳараҳкларц, насгьы ҳаизыӡырҩларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалар, иара бзиа ҳаибалоит (Ажәам. 27:11; Матф. 6:9; 1 Иоанн 5:3). Ахәылԥаз ҳгәазҭанаҵоит наӡаӡа Иегова ибзиабара ҳаԥсазарц шаҳҭаху ҳаԥсҭазаашьала есыҽны ирбара.

20. Иарбан мзызқәоу Ахәылԥаз аҭааразы иҳамоу?

20 Ишаҳбаз еиԥш, ақьырсианцәа зегьы Ахәылԥаз аҭааразы амзызқәа рымоуп. Есышықәса иҷыдоу ари амш азы ҳара ҳаизоит акыр иаҳзаԥсоу ҳҩыза, Иисус Христос, даҳгәалаҳаршәарц азы. Аха зегь раасҭа ихадоу, убас ҳара иааҳарԥшуеит, зԥа иԥсҭазаара иамеигӡаз Иегова иааирԥшыз абзиабара ахә ҳаракны ишаҳшьо. 2022 шықәсазы Агәаларшәара ахәылԥаз ахәаша, апрель 15 азы имҩаԥысуеит. Ҳара Иеговеи Иисуси бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә Иисус Христос иԥсра амш аҽны ҳусқәа зегь ааныжьны Ахәылԥаз ҳаҭаауеит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан доуҳала иалху ақьырсианцәа Ахәылԥаз изаҭаауа?

  • Избан егьырҭ ауасақәа Ахәылԥаз изаҭаауа?

  • Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго Ахәылԥаз ахьазгәаҳҭо?

АШӘА 16 Иаг ихьӡ ҳарашәкла ииԥшьаз Иԥа изы

a Агәаларшәара ахәылԥаз. Иҳамоу агәыӷра зеиԥшразаалакгьы — ажәҩан аҿы анхара акәзаргьы, адгьыл аҿы анхара акәзаргьы — есышықәса ари ахҭыс азгәаҭара ҳазыԥшуп. Абиблиаҿы иаагоуп амзызқәа Ахәылԥаз азгәаҭара зхадоу, насгьы уи ҳара хәарҭас иаҳзаанаго. Шәааи урҭ ҳрылацәажәап.

b Иҿыцу аиқәшаҳаҭреи Аҳра аиқәшаҳаҭреи ирызкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит 2014 шықәса, октиабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Вы станете „царством священников“» аҟынтә, адаҟьақәа 15—17 (аурыс).

c Иезекииль 37-тәи ахы иану ҩ-лабак ирызку аԥааимбаражәа атәы еиҳаны еилышәкаар шәылшоит ашәҟәы «Чистое поклонение Иегове восстановлено!» аҟынтә, адаҟьақәа 130—135, абзацқәа 3—17.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра