АҴАРАЗЫ АСТАТИА 4
Иегова Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ҳаҭаарц азы иаҳбо аџьабаа дазылԥхоит
«Абри ҟашәҵала, салашәгәалашәыршәаларц азы» (ЛУКА 22:19).
АШӘА 19 Иҳақәиҭу иуаххьа
АХҲӘААa
1, 2. Избан ҳара есышықәса Христос иԥсра агәаларшәара амш зазгәаҳҭо?
ИИСУС наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы иԥсы ҳахҭниҵеижьҭеи абар 2 000 шықәса ҵырц егьагым. Иисус иԥсра аламҭалаз иҵаҩцәа иреиҳәеит, ачеи аҩи рхы иархәаны имариоу ацеремониа мҩаԥыргаларц, иара абзиабара аарԥшны ауаа ирзыҟаиҵаз ргәаладыршәаларц азы (1 Кор. 11:23—26).
2 Ҳара Иисус даара бзиа даҳбоит, убри аҟынтә уи адҵа наҳагӡоит (Иоанн 14:15). Есышықәса иара иԥсра анаҳгәалаҳаршәо аамҭазы иаҳзыҟаиҵаз зегьы ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит: ҳара Анцәа ҳиҳәоит, насгьы иԥсра ауаа ахәарҭа шырзаанагаз ҳазхәыцуеит. Уи адагьы, ҳара даара ҳаигәырӷьоит, усҟан еиҳаны ажәабжь ҳҳәалар, насгьы аҵак ду змоу уи аиԥыларахь ауаа ааҳаԥхьалар ахьҳалшо. Ҳәара аҭахума, ҳхаҭагьы Христос иԥсра агәаларшәара ҳаҭаарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова имаҵзуҩцәа Иисус Христос иԥсра ргәаладыршәаларц азы иҟарҵо х-шьаҿак: 1) уи амш Иисус ишыдирҵоз еиԥш иазгәарҭоит, 2) ауаа уахь иаарыԥхьоит, насгьы 3) изықәшәо ауадаҩра ӷәӷәақәа ирмыхәаԥшӡакәа, рхаҭагьы уи аиԥылара иаҭаауеит.
ИИСУС ИШИҲӘАЗ ЕИԤШ ИМҨАԤАҲГОИТ
4. Иарбан библиатә рҵарақәоу есышықәса Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылараҿы иҳаҳауа, насгьы избан урҭ иаабац ак еиԥш ҳарзыҟамзар зҳахәҭоу? (Лука 22:19, 20).
4 Есышықәса Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылараҿы ҳара Абиблиа шьаҭас измоу ажәахә ҳаҳауеит. Уа аҵак ду змоу азҵаарақәа рҭак ҳауеит, иаҳҳәап, ауаатәыҩса зҿыхтәхаз, насгьы аӡәы иԥсҭазаара аӡәырҩы ирыхҭынҵаны рыгәнаҳақәа рхыхра шилшаз. Ҳара иаҳгәаладыршәоит, уи аиԥылараҿы ача зфалар, насгьы аҩы зжәлар зыхәҭоу зусҭцәоу, насгьы урҭ асимволқәа ҵакыс ирымоу. (Шәаԥхьа Лука 22:19, 20.) Иара убас ҳара ҳрызхәыцуеит наӡаӡа адгьыл аҿы инхало ауаа Анцәа ирызирхиаз аҳамҭақәа (Ис. 35:5, 6; 65:17, 21—23). Ҳара урҭ абиблиатә рҵарақәа иаабац ак еиԥш ҳарзыҟамзароуп. Миллиардҩыла ауаа урҭ арҵарақәеи Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара шаҟа ахә ҳаракуи рзеилкааӡом. Уи адагьы, дара Иисус иҵаҩцәа ишыдирҵоз еиԥш акәӡам уи аиԥылара шазгәарҭо. Избан?
5. Ишԥалагеи Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара амҩаԥгара, апостолцәа реиҳараҩык анԥсы ашьҭахь?
5 Иисус иапостолцәа реиҳараҩык анԥсы ашьҭахь аизараҿы амцқьырсианцәа ҟалеит (Матф. 13:24—27, 37—39). «Дара аҵаҩцәа рганахь ииаргарц» азы «аҵабырг [еицаркуа]» иалагеит (Аус. 20:29, 30). Абар ҿырԥштәы заҵәык. Абиблиаҿы иануп Христос аӡәырҩы рыгәнаҳақәа рхихырц азы знызаҵәык иԥсы рыхҭниҵеит ҳәа, аха дара ирҳәон уи есааира иҟаҵалатәуп ҳәа (Аур. 9:27, 28). Иахьа аӡәырҩы уи амцҵара агәра ргоит. Динхаҵарақәак рҿы ауаа еиԥмырҟьаӡакәа — иҟоуп уи есыҽны иҟазҵогьы — ауахәамахь инеиуеит, литургиаb захьӡу амаҵзура рҽаладырхәырц азы. Егьырҭ адинхаҵарақәа рҿы Христос иԥсра аӡбахә шамахамзар ирҳәаӡом. Урҭ адинхаҵарақәа ныҟәызго еиҳараҩык ауаа ҳҿыхра заҭаххаз иазкны ирдыруа маҷуп. Шьоукы ргәы иаанагоит: «Иалшаҵәҟьома Христос иԥсхҭынҵара сыгәнаҳақәа сыхнахыр?» Избан дара ари азҵаара рхы изарҭо? Избанзар дара агәра ддыргеит, Христос иԥсхҭынҵара рыгәнаҳақәа рыхнахыр алшаӡом ҳәа. Иҟарҵозеи Иисус ииашоу иҵаҩцәа, ауаа ари азҵаара аилкаара ирыцхраарц азы?
6. Еилыркаазеи Абиблиа ҭызҵаауаз гәыԥҩык ауаа 1872 шықәсазы?
6 1870 шықәсазы Чарлз Теиз Расселли Абиблиа ҭызҵаауаз гәыԥҩык егьырҭ ауааи, рыхшыҩ азышьҭны Иԥшьоу Аҩыра ҭырҵаауа иалагеит. Дара еилыркаар рҭахын Христос иԥсхҭынҵара ҵакыс иамоу, насгьы иԥсра шыргәаладыршәалаша. 1872 шықәсазы дара еилыркааит Иисус ауаатәыҩса зегь шҿихыз. Еилыркааз ауаа ирзеиҭарҳәарц азы ашәҟәқәеи, агазеҭқәеи, ажурналқәеи рҿы уи ркьыԥхьуа иалагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ишыҟарҵоз еиԥш, Иисус Христос иԥсра ргәаладыршәаларц азы шықәсык ахь знык еизо иалагеит.
7. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго раԥхьатәи Абиблиа аҭҵааҩцәа еилыркааз?
7 Шәышықәсеи бжаки раԥхьа ақьырсианцәа иҟарҵаз аҭҵаарақәа иахьа ҳара ҳзгьы ихәарҭоуп. Избан? Иегова иҳаилиркааит Иисус иԥсхҭынҵара ҵакыс иамоу, насгьы уи хәарҭас иаҳзаанаго (1 Иоанн 2:1, 2). Уи адагьы, ҳара еилаҳкааит шьоукы ажәҩан аҿы ԥсра зқәым аԥсҭазаара шроуа, миллионҩыла егьырҭ ауаа наӡаӡа адгьыл аҿы ишынхало. Иегова шаҟа бзиа ҳаибо, насгьы Христос иԥсхҭынҵара ҳара ҳзы ҵакыс иамоу ҳаназхәыцуа, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәахоит (1 Пиотр 3:18; 1 Иоанн 4:9). Убри аҟынтә раԥхьатәи Абиблиа аҭҵааҩцәа ишыҟарҵоз еиԥш, Христос иԥсра агәаларшәарахь ауаа ааҳаԥхьоит, насгьы иара иҵаҩцәа ишыдирҵоз еиԥш уи азгәаҳҭоит.
ИИСУС ХРИСТОС ИԤСРА АГӘАЛАРШӘАРАХЬ АУАА ААҲАԤХЬОИТ
Иҟашәҵар шәылшозеи, Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ауаа рааԥхьара иазку акампаниа гәацԥыҳәарала шәҽалашәырхәырц азы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—10.)e
8. Иҟарҵозеи Иегова имаҵзуҩцәа, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ауаа аарыԥхьаларц азы? (Шәахәаԥш асахьа.)
8 Иегова имаҵзуҩцәа Христос иԥсра агәаларшәарахь ауаа ааԥхьара рырҭоижьҭеи ажәашықәсақәа ҵуеит. 1881 шықәсазы Еиду Аштатқәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иисус Христос иԥсра ргәаладыршәарц азы Аллеге́ини (аштат Пенсильваниа) иашьак иҩнаҿы еизеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аизарақәа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазкыз аиԥылара хаз-хазы иазгәарҭо иалагеит. 1940 шықәса, март мзазы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирылаҳәан, рҭыԥ аҿы инхо аҵабырг ахь аинтерес змоу ауаа зегь уи аиԥыларахь ааԥхьара рырҭалар шрылшо. 1960 шықәсазы аизарақәа раԥхьаӡакәны Вефиль аҟынтә икьыԥхьу ааԥхьарақәа роуит. Уи аахыс миллиардла ааԥхьарақәа ҳшахьеит. Избан ҳаамҭеи ҳамчқәеи ҳармеигӡаӡакәа ауаа Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара зраҳҭо?
9, 10. Иааҳаԥхьода Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь, насгьы избан? (Иоанн 3:16).
9 Ҳара иаҳҭахуп раԥхьаӡакәны уи аиԥыларахь инеиуа ауаа Иеговеи Иисуси ҳара зегь ҳзы иҟарҵаз еилыркаарц. (Шәаԥхьа Иоанн 3:16.) Ҳгәыӷуеит урҭ ирбо, насгьы ираҳауа аҵабырг аӡбахә еиҳаны аилкаареи Иегова имаҵ ауреи ргәазҭанаҵоит ҳәа. Аха ааԥхьара заҳҭо аҵабырг ззымдыруа мацара ракәӡам.
10 Иара убас ҳара аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи иаҟәыҵызгьы ааԥхьара раҳҭоит. Ҳара агәра дҳаргар ҳҭахуп Анцәа урҭ уаанӡа еиԥш бзиа ишибо. Аӡәырҩы ааԥхьара рыдкыланы Христос иԥсра агәаларшәарахь инеиуеит. Ҳара уи даара ҳаигәырӷьоит. Уи аиԥылара иргәаланаршәар алшоит, Иегова имаҵ аныруаз шаҟа агәырӷьара рымаз. Абар Моникаc лҿырԥшы. Апандемиа COVID-19 аан лара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рыцылҳәо далагеит. 2021 шықәсазы лара Христос иԥсра агәаларшәараҿы дыҟан. Моника илҳәоит: «Уи аиԥылара ахаан исхашҭуам. 20 шықәса ҵуеит ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭасымҳәеижьҭеи, насгьы Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара рысымҭеижьҭеи. Сара гәыкала ажәабжь сҳәон, избанзар Иеговеи Иисуси исзыҟарҵаз ахә ҳаракны исшьоит» (Аԥсал. 103:1—4). Ауаа ааԥхьара рыдыркылозаргьы ирыдрымкылозаргьы, ҳара урҭ гәыкала аиԥыларахь иааҳаԥхьоит, избанзар Иегова ҳџьабаа ахә шишьо ҳдыруеит.
11. Дышԥазылԥхо Иегова Христос иԥсра агәаларшәарахь ауаа ааҳаԥхьарц азы иаҳбо аџьабаа? (Аггеи 2:7).
11 Иегова Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ауаа ааҳаԥхьаларц азы иаҳбо аџьабаа дазылԥхоит. 2021 шықәсазы, апандемиа COVID-19 иахҟьаны ҳаизартә алшара шҳамамызгьы, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш 21 367 603-ҩык аҭааит. Уи адунеи зегь аҿы иҟоу Иегова ишаҳаҭцәа рхыԥхьаӡара аасҭа ҩынтәи бжаки раҟара еиҳауп! Ҳәара аҭахума, Иегова изы ихадоу ахыԥхьаӡара акәымкәа, ауаа роуп (Лука 15:7; 1 Тим. 2:3, 4). Убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, уи аиԥыларахь ауаа анааҳаԥхьо, Иегова гәыкала иҟоу ауаа рыԥшаара дышҳацхраауа. (Шәаԥхьа Аггеи 2:7.)
АУАДАҨРА ӶӘӶӘАҚӘА ҲАШРЫҚӘШӘОГЬЫ АИԤЫЛАРА ҲАҬААУЕИТ
Иегова Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку амш ҳаҭаарц азы иаҳбо аџьабаа дазылԥхоит. (Шәахәаԥш абзац 12.)f
12. Избан Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара аҭаара мариамхар залшо? (Шәахәаԥш асахьа.)
12 Иисус иҳәахьан аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳашрықәшәало. Иаҳҳәап, ҳҭынхацәа ҳҿагылар, ашьҭашәарыцарақәа ҳрықәшәар, аибашьрақәа, насгьы аепидемиа ҟалар ауеит, уҳәа убас иҵегьы (Матф. 10:36; Марк 13:9; Лука 21:10, 11). Ари зегь иахҟьаны Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара аҭаара мариамхар ауеит. Иҟарҵозеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ ауадаҩрақәа ирмыхәаԥшӡакәа уи аиԥылара иаҭаарц азы, насгьы дышԥарыцхраауеи Иегова?
13. Дышԥаизылԥхеи Иегова Артиом, агәымшәара аарԥшны Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш абахҭаҿы иазгәеиҭарц аниӡба?
13 Абахҭа ҳҭакызар. Зыгәрахаҵаразы абахҭа иҭаку ҳашьцәа Иисус иԥсра ишақәнагоу иргәаладыршәарц азы ирылшо зегь ҟарҵоит. Абар Артиом иҿырԥшы. Ааԥын, 2020 шықәсазы, Иисус иԥсра агәаларшәара мҩаԥысраны ианыҟаз иара абахҭа дҭакын. 17 квадрат метра иҟаз акамера даҽа ԥшьҩык ицҭакын. Артиом абахҭа дышҭакызгьы, уи амш азгәаҭаразы асимволқәа ирхиеит, насгьы имацара ажәахә даԥхьарц иӡбеит. Аха абахҭа ицҭакыз иааҟәымҵӡакәа аҭаҭын иахон, насгьы ажәа ҟьашьқәа рҳәон. Иҟаиҵазеи Артиом? Иара урҭ дрыҳәеит сааҭк иадамзаргьы аҭаҭын иамыхаларц, насгьы ажәа ҟьашьқәа рымҳәаларц. Иҳәара нарыгӡап ҳәа дшыҟамызгьы, уи иақәшаҳаҭхеит. Артиом урҭ дразҵааит, уи амш аӡбахә еилыркаар рҭахӡами ҳәа, аха уи аинтерес ҳамаӡам ҳәа иарҳәеит. Аха Артиом уи амш шазгәеиҭо анырба, насгьы ажәахә дшаԥхьо анраҳа, ирацәаны азҵаарақәа ирҭо иалагеит.
14. Иҟарҵазеи аишьцәа, апандемиа COVID-19 шыҟазгьы, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш азгәарҭарц азы?
14 Апандемиа COVID-19. Апандемиа аналага Иегова имаҵзуҩцәа Аҳратә залқәа рҿы изеизаӡомызт. Аха уи Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш азгәаҭара ирԥырхагамхаӡеитd. Аинтернет змаз аизарақәа уи аиԥылара авидеоконференциа ала имҩаԥыргеит. Аха ирыԥсыхәази аинтернет змамыз миллионҩыла егьырҭ ауаа? Тәылақәак рҿы аишьцәа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара аан иззыӡырҩуа ажәахә ателехәаԥшралеи арадиодырраҭаралеи иазыӡырҩыртә еиҿыркааит. Уи адагьы, афилиалқәа уи ажәахә 500 бызшәа инареиҳаны рыла иҭарҩит, ихараны инхогьы уи амш азгәаҭара рылшарц азы. Нас аишьцәа иҭарҩыз ажәахә урҭ ирзыргеит.
15. Ишәнарҵозеи Сиу лҿырԥшы?
15 Ҳҭынхацәа ҳҿагылозар. Шьоукы рҭынхацәа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку амш азгәаҭара ирԥырхагоуп. Абар Сиу зыхьӡу ԥҳәыск дзықәшәаз. 2021 шықәсазы, Христос иԥсра агәаларшәара амш аламҭалаз лара Абиблиа лзырҵоз аиаҳәшьа илалҳәеит лҭынхацәа ахьылԥырхагоу азы аиԥыларахь дышзымнеиуа. Аиаҳәшьа Лука 22:44 дылзаԥхьеит, анаҩс илалҳәеит иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан Иисус ҳаиҿыԥшны Анцәа ҳиҳәалар, насгьы ҳиқәгәыӷлар шҳахәҭоу. Адырҩаҽны Сиу асимволқәа лырхиеит, насгьы jw.org аҿы ашьыжьтәи амҵахырхәара иҷыдоу аҭыжьымҭа дахәаԥшит. Уи аҽны лара луаҭах дыҩнатәаны аҭел ала апрограмма дазыӡырҩит. Уи ашьҭахь Сиу аиаҳәшьа абас лзылҩит: «Шаҟа сгәы шьҭыбхзеи иацы! Сара Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку амш азгәасҭарц азы исылшоз зегь ҟасҵеит, иаанхаз Иегова иҟаиҵеит. Ажәала исызҳәом шаҟа сгәырӷьо, насгьы уи шаҟа ахә ҳаракны исшьо!» Шәгәы ишԥаанаго дшәыцхраауама Иегова шәаргьы уи аҩыза шәақәшәар?
16. Избан агәра ганы ҳзыҟоу, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш азгәаҭаразы иаҳбо аџьабаа Иегова дшазылԥхо? (Римаа рахь 8:31, 32).
16 Иегова ахә ҳаракны ишьоит Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ишақәнагоу иазгәаҳҭарц азы иаҳбо аџьабаа. Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит: Анцәа иаҳзыҟаиҵаз ахә ҳаракны иаҳшьозар, иара даҳзылԥхоит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 8:31, 32.) Шәааи ари ашықәс азы уи аиԥылара ҳаҭаарц, насгьы уи иҷыдоу апериод аан Иегова изы еиҳаны аџьабаа ҳбарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵап.
АШӘА 18 Аҿыхразы аџьшьара ааҳарԥшуеит
a 2023 шықәса, апрель 4 азы, аҩашаҽны адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионҩыла ауаа еизоит, Иисус Христос иԥсра ргәаладыршәарц азы. Аӡәырҩы уи аиԥыларахь раԥхьаӡакәны инеиуеит. Иара убас уа иҟалоит Иегова имаҵ аура иаҟәыҵыз, насгьы акыршықәса Христос иԥсра агәаларшәара амш ахь имаац ауаагьы. Шьоукы ауадаҩра ӷәӷәақәа ишырҭагылоугьы, уа иҟалоит. Шәҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы агәра ганы шәыҟаз: уи аиԥылара шәаҭаарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵар, Иегова даараӡа дшәыргәырӷьоит.
b Урҭ адинхаҵарақәа ныҟәызго ауаа ирыԥхьаӡоит, уи амаҵзура аан ача Христос ицәеижьны, аҩы Христос ишьа акәны иҟалоит ҳәа. Дара ргәы иаанагоит уи амаҵзура рҽаладырхәцыԥхьаӡа Иисус иԥсы рыхҭынҵахоит ҳәа.
c Хьыӡқәак ԥсахуп.
d Шәрыхәаԥш иара убас асаит jw.org аҿы иҟоу астатиақәа «Как отпраздновали Вечерю в 2021 году».
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. 1960-тәи ашықәсқәа раахыс ауаа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш иаҭаарц азы, ирзаҳшо ааԥхьарақәа еиҳа-еиҳа иԥшӡахо иалагеит. Уажәы урҭ икьыԥхьны, насгьы аелектронтә формат ала иҳамоуп.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аишьцәа иқәдыргылаз ари асахьаҿы иаҳбоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи иахьынхо атәылаҿы аилаҩынтрақәа шыҟоугьы, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку амш шазгәарҭо.