АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иисус Христос иԥсра агәаларшәара аназгәаҳҭало аамҭазы ахықәкқәа ықәыргыл
Есышықәса Иегова имаҵзуҩцәа Христос иԥсра агәаларшәара амш азгәаҭара иазыԥшуп. Агәаларшәара ааиаанӡа, насгьы уи ашьҭахь, ҳара Иегова иаҳзыҟаиҵаз аҳамҭазы ирҳаракреи ҭабуп ҳәа иаҳәареи рзы алшара бзиа ҳамоуп (Еф 1:3, 7). Иаҳҳәап, ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ауаа уи ахҭыс ахь иааҳаԥхьарц азы. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы русура убас ишьақәдыргылеит марти апрели амзақәа рзы 30, ма 50 сааҭ ицхырааҩу пионерс амаҵ рурц азы. Иуҭахума уаргьы Христос иԥсра агәаларшәара азгәаҭара аан еиҳаны ажәабжь уҳәалар? Иуҭахызар, иуцхраар алшозеи?
Ҳәарада, заа ҳҽазыҟаҳҵар иҟаҳҵо рацәахоит (Ажәм 21:5). Христос иԥсра агәаларшәара ирласны иааигәахоит, убри аҟынтә уажәнатә аҽазыҟаҵара уалага. Уазхәыц еиҳаны ажәабжь уҳәаларц азы иҟауҵар улшо, насгьы ухықәкқәа рынагӡара иуцхраауа. Анаҩс Иегова уџьабаа дазылԥхарц уиҳәа (1Ин 5:14, 15).
Иҟауҵар улшозеи Иисус Христос иԥсра агәаларшәара аан еиҳаны ажәабжьҳәара уҽалаурхәырц азы?