Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w23 ианвар ад. 26—31
  • «Ҳара иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ҳара иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲАРА ИИСУС ГӘЫКАЛА ИШЬҬА ҲХЫЛАНЫ ҲЦОИТ, ИЗБАНЗАР ИАҲЗЫҞАИҴАЗ АХӘ ҲАРАКНЫ ИАҲШЬОИТ
  • ИЕГОВЕИ ИИСУСИ РАХЬ АБЗИАБАРА ЕГЬЫРҬ БЗИА РБАРА ҲГӘАЗҬАНАҴОИТ
  • ХРИСТОС ИАХЬ АБЗИАБАРА АГӘЫМШӘАРА ААРԤШРА ҲГӘАЗҬАНАҴОИТ
  • АГӘЫРӶЬАРА ЕСНАГЬ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ИҲАЦХРААУЕИТ
  • Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа рашәҳәалар шшәылшо
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Шәгәы зызҭанаҵозеи Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа»?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иаҳирҵозеи Иисус бзиа иибоз аҵаҩы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Избан ҳара Агәаларшәара ахәылԥаз ҳзаҭаауа?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
w23 ианвар ад. 26—31

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 5

«Ҳара иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп»

«Ҳара иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп... Иара зегьы рзы дыԥсит, зыԥсы ҭоу уажәшьҭа рхазы... [инымхаларц]» (2 КОР. 5:14, 15).

АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы

АХҲӘААa

1, 2. а) Иарбан цәаныррақәоу иҳазцәырҵуа, Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи ртәы ҳаназхәыцуа? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ИАҲЗААИГӘОУ ауаҩы данԥслак уи ахьаа ӷәӷәа ҳзаанагоит. Дыԥсаанӡа аҵыхәтәантәи амшқәа ҳанрызхәыцуа ҳгәы ҳахьуеит, еиҳарак иара дгәаҟны дыԥсызар. Аха аамҭа анцалак ҳхьаа маҷк итәоит. Насгьы иара ак шаҳирҵоз, ҳгәы шышьҭихуаз, дышҳацхраауаз, насгьы ҳшеицыччоз ҳаназхәыцуа, уи ҳаигәырӷьоит.

2 Убас еиԥшҵәҟьа ҳара ҳгәы ҳнархьуеит Иисус дышгәаҟуаз, насгьы дшыԥсыз атәы ҳанаԥхьо. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара аан ҳара иаҳҭахуп, иҿыхратә ԥсхҭынҵара шаҟа ахә ҳараку еиҳагьы ҳазхәыцлар (1 Кор. 11:24, 25). Ҳәарада, Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ииҳәоз, насгьы иҟаиҵоз анҳгәалаҳаршәо, уи ҳаргәырӷьоит. Иара убас ҳара ҳгәы шьҭнахуеит Иисус иахьа иҟаиҵо, насгьы аԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟоу ҳхаҿы ианааҳго. Ари зегьы, насгьы ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабара атәы ҳаназхәыцуа, иаҳзыҟаиҵаз ахә ҳаракны ишаҳшьо аус аҿы аарԥшра ҳҭаххоит. Убри ауп уажәы ҳазлацәажәо.

ҲАРА ИИСУС ГӘЫКАЛА ИШЬҬА ҲХЫЛАНЫ ҲЦОИТ, ИЗБАНЗАР ИАҲЗЫҞАИҴАЗ АХӘ ҲАРАКНЫ ИАҲШЬОИТ

3. Избан аҿыхра ахә ҳаракны иаҳшьалар зҳахәҭоу?

3 Иисус иԥсҭазаареи иԥсреи атәы ҳаназхәыцуа, иаҳзыҟаиҵаз шаҟа ахә ҳараку еилаҳкаауеит. Иара адгьыл аҿы амаҵ аниуаз ауаа ирзеиҭеиҳәон Анцәа Иаҳра ауаа рзы иҟанаҵо шаҟа ирацәахо. Ҳара Аҳра иазку урҭ адыррақәа рыхә ҳаракны иаҳшьоит. Иара убас ҳара аҿыхра ахә ҳаракны иаҳшьоит, избанзар уи абзоурала Иеговеи Иисуси ҳарҩызахар ҳалшоит. Иисус дхазҵо иара убас ирымоуп агәыӷра наӡаӡа ишынхало, насгьы зыԥсы ҭало бзиа ирбо рҭынхацәа шырбо (Иоанн 5:28, 29; Рим. 6:23). Ҳара урҭ аҳамҭақәа ахаан ҳрыԥсахарымызт. Насгьы Анцәеи Христоси иаҳзыҟарҵаз ахаан ахә ҳазшәаӡом (Рим. 5:8, 20, 21). Аха ҳара хәы змам уи аҳамҭа ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр ҳалшоит. Ишԥа?

Шәгәы шԥазҭанаҵо Мариа Магдалина лҿырԥшы Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз ахә ашьара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 5.)

4. Ишԥаалырԥши Мариа Магдалина Иисус лара лзы иҟаиҵаз ахә ҳаракны ишылшьоз? (Шәахәаԥш асахьа.)

4 Ҳахцәажәап Мариа Магдалина лҿырԥшы. Уи аԥҳәыс рыцҳа быжь-ҩык адемонцәа ддыргәаҟуан. Иҟалап лара лыцхраара зылшо аӡә дыҟоуп ҳәа лыгәгьы иаанамгозҭгьы. Шәхаҿы иаажәг Иисус адемонцәа анылхица лара уи шаҟа деигәырӷьоз. Мариа уи ахә ҳаракны илшьеит, убри аҟынтә Христос иҵаҩ лакәны дҟалеит, насгьы лаамҭеи, лымчи, лԥареи Иисус амаҵзураҿы дицхрааларц азы дреигӡомызт (Лука 8:1—3). Мариа ахә ҳаракны илшьон Иисус лара лзы иҟаиҵаз, аха аԥхьаҟа лара лзы иҵегьы еиҳаны ишыҟаиҵо лхаҿгьы илзаамгозҭгьы ҟаларын. Иара иԥсҭазаара ауаатәыҩса ирыхҭниҵараны дыҟан, «дхазҵо дарбанзаалак... наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы» (Иоанн 3:16). Мариа Иисус илзыҟаиҵаз ахә ҳаракны илшьон, убри аҟынтә гәыкала дизыҟан. Иара дгәаҟны ашьаҟаҿы данԥсуаз, лара иааигәара дыҟан, егьырҭгьы ргәы лырӷәӷәарц азы дрывагылан (Иоанн 19:25). Иисус данԥсы ашьҭахь Мариеи егьырҭ ҩыџьа аҳәсеи афҩы хаа змаз аҳаскьынқәеи зыфҩы хааз ахәшеи рыманы адамрахьы иааит, Иисус ицәеижь иахьыршьырц азы (Марк 16:1, 2). Мариа Иисус гәыкала дихьизыҟаз азы Иегова дылзылԥхеит. Лара зыԥсы ҭалаз Иисус дылбеит, насгьы диацәажәеит. Аҵаҩцәа рҟынтә уи аҩыза аҳаҭыр заҭәашьаз маҷҩын (Иоанн 20:11—18).

5. Ишԥаҳалшо Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵо зегьы ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр?

5 Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵо зегьы ахә ҳаракны ишаҳшьо? Ҳаамҭеи, ҳамчи, ҳԥареи Анцәа имаҵ ауразы ҳармеигӡозар. Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит Анцәа ҳахьимҵахырхәо ахыбрақәа рыргылареи рхылаԥшреи рҿы ҳрыцхраалар.

ИЕГОВЕИ ИИСУСИ РАХЬ АБЗИАБАРА ЕГЬЫРҬ БЗИА РБАРА ҲГӘАЗҬАНАҴОИТ

6. Избан иаҳҳәар зҳалшо аҿыхра — хаҭала ҳара иаҳзыҟарҵаз ҳамҭоуп ҳәа?

6 Иеговеи Иисуси шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳарбо ҳаназхәыцуа, ҳаргьы дара бзиа рбара ҳҭаххоит (1 Иоанн 4:10, 19). Иисус доусу ҳзы дшыԥсыз анеилаҳкаауа, ҳабзиабара еиҳагьы еизҳауеит. Апостол Павел уи бзианы еиликаауан. Абар иара Галатаа рахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы уи ахә ҳаракны ишишьоз дшахцәажәаз: «Бзиа сызбаз, зыԥсы сыхҭнызҵаз Анцәа Иԥа иахь ахаҵара́ аарԥшуа сынхоит» (Гал. 2:20). Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала Иегова иара иахь ҳааиԥхьеит, насгьы иҩызахара ҳадигалеит (Иоанн 6:44). Шаҟа ҳгәы арԥхозеи Иегова ибзиоу ак шҳалоу ахьгәеиҭаз, насгьы ҳаиҩызахарц азы ахә ҳарак ахьаҳхишәааз. Иамырӷәӷәаӡои уи Иеговеи Иисуси рахь ҳабзиабара? Шәхы шәазҵаа: «Сгәы зызҭанаҵозеи сара уи абзиабара?»

Анцәеи Христоси рахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит Аҳра иазку ажәабжь ауаа зегьы рзеиҭаҳәара. (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Шәахәаԥш асахьа. Идҳарбар шԥаҳалшо Иеговеи Иисуси бзиа ишаҳбо? (2 Коринфаа рахь 5:14, 15; 6:1, 2).

7 Анцәеи Христоси рахь иҳамоу абзиабара ауаа бзиа рбара ҳгәазҭанаҵоит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 5:14, 15; 6:1, 2.) Аха ишԥадҳарбари ауаа бзиа ишаҳбо? Аҳра иазку ажәабжь бзиа гәыкала ирзеиҭаҳҳәозар. Ҳара ҳзы ихадаӡам ауаҩы ираса, имилаҭ, аԥара шаҟа имоу, аҵара ду имоу-имаму, насгьы аус ахьиуа. Ҳара ажәабжьҳәараҿы иаҳԥыло зегьы ҳрацәажәоит. Убас Иегова игәаԥхара наҳагӡоит, «Иара иҭахуп ауаа зегь аҵабырг еилыркаарц, еиқәхарц» (1 Тим. 2:4).

8. Ишԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара ааҳарԥшлар?

8 Анцәеи Христоси рахь иҳамоу абзиабара иара убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа рбара ҳгәазҭанаҵоит (1 Иоанн 4:21). Ҳара урҭ ҳгәы иҵхоит, насгьы уадаҩрак ианақәшәо рыцхраара ҳазхиоуп. Урҭ ирзааигәоу аӡә данԥсуа, ргәы ҳарҭынчуеит, ианычмазаҩу рбара ҳнеиуеит, насгьы ргәы каҳаны ианыҟоу ргәы шьҭаҳхырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит (2 Кор. 1:3—7; 1 Фес. 5:11, 14). Ҳара урҭ рзы ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәоит, избанзар «ауаҩ иаша дӷьаҵәыӷьаҵәуа иҟаиҵо аҳәара амч ду амоуп» (Иак. 5:16).

9. Ишԥаҳалшо иҵегьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо ааҳарԥшлар?

9 Иара убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит, дареи ҳареи аҭынчра ҳабжьазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар. Ҳара Иегова ҳаиҿыԥшны урҭ рыгхақәа ранаҳажьлар ҳҭахуп. Иегова ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿихырц азы Иԥа иԥсы ҳахҭниҵазар, иҳахәҭаӡами ҳара ҳҿаԥхьа агәнаҳа ҟазҵаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала иранаҳажьлар? Ҳара иаҳҭахӡам Иисус ажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәаз амаҵуҩы ҳиеиԥшхар. Иԥшәма ауал дуӡӡа анианаижь ашьҭахь, иара иуал зқәыз даҽа маҵуҩык ианажьра иҭахымхаӡеит, уи иқәыз акырӡа ишеиҵазгьы (Матф. 18:23—35). Шәеизара аҟны аӡәи шәареи аилибамкаара шәыбжьалазар, ишәылшома аинициатива шәхахьы иганы Иисус иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа уи шәинышәар? (Матф. 5:23, 24). Ус ҟашәҵар Иеговеи Иисуси гәыкала бзиа ишыжәбо аашәырԥшуеит.

10, 11. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Иеговеи Иисуси бзиа ишырбо аадырԥшыр? (1 Пиотр 5:1, 2).

10 Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Иеговеи Иисуси бзиа ишырбо шьақәдырӷәӷәар? Иисус иуасақәа ирхылаԥшлар. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:1, 2.) Иисус убас иҳәеит Пиотр даниацәажәоз. Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа хынтә ианиҳәа ашьҭахь, Иисус бзиа дшибо шьақәирӷәӷәарц азы илшо зегь аҟаҵара дазхиазар ҟаларын. Зыԥсы ҭалаз Иисус Пиотр абас диазҵааит: «Симон Иоанн иԥа, бзиа субома арҭ реиҳа?» Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Пиотр Ирҵаҩы бзиа дшибоз шьақәирӷәӷәарц азы ихы дшамеигӡоз. Иисус уи абас иеиҳәеит: «Ссарақәа акрырҿаҵала» (Иоанн 21:15—17). Пиотр иԥсы ахьынӡаҭаз Иисус иуасақәа дырхылаԥшуан. Убас ала Иисус бзиа дшибоз шьақәирӷәӷәеит.

11 Ҳаҭыр зқәу аизара аиҳабацәа, ишԥашәылшо Христос иԥсра агәаларшәара аламҭалаз Иисус Пиотр иеиҳәаз ажәақәа шаҟа ихадоу шеилышәкаауа аашәырԥшыр? Шәара Иеговеи Иисуси иӷәӷәаны бзиа ишыжәбо аашәырԥшуеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи еснагь ргәы шьҭышәхлар, насгьы аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи иаҟәыҵыз Иегова иахь ахынҳәра шәрыцхраарц азы шәхы шәамеигӡалар (Иез. 34:11, 12). Уи адагьы шәара ишәылшоит Абиблиа зҵо, насгьы раԥхьаӡа акәны уи аиԥыларахь иааиуа аамҭа рзалышәхыр. Ҳара иаҳҭахуп дара ҳашреигәырӷьаз дҳарбар, насгьы ҳгәыӷуеит урҭ Иисус иҵаҩцәа ракәхоит ҳәа.

ХРИСТОС ИАХЬ АБЗИАБАРА АГӘЫМШӘАРА ААРԤШРА ҲГӘАЗҬАНАҴОИТ

12. Ҳгәы шԥадырӷәӷәо Иисус иԥсра аламҭалазы ииҳәаз ажәақәа? (Иоанн 16:32, 33).

12 Иисус иԥсра аламҭалазы иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Адунеи аҿы шәара агәаҟрақәа шәзыԥшуп, аха агәымшәара аашәырԥшла! Сара адунеи саиааит». (Шәаԥхьа Иоанн 16:32, 33.) Ицхраауази Иисус иаӷацәа аниҿагылоз агәымшәара аарԥшра, насгьы аҵыхәтәанынӡа гәыкала Анцәа имаҵ аура? Иара Иегова диқәгәыӷуан. Иисус идыруан ишьҭанеицәагьы ус еиԥш иҟоу аԥышәарақәа ишрықәшәо. Убри аҟынтә Иаб урҭ дырхылаԥшларц диҳәеит (Иоанн 17:11). Избан уи ҳгәы зарӷәӷәо? Избанзар Иегова ҳаӷацәа зегь раасҭа дыӷәӷәоуп (1 Иоанн 4:4). Иара зегь ибоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ашәара ҳаиааины агәымшәара ааҳарԥшлар шҳалшо.

13. Ишԥааирԥши агәымшәара Аримафеиа иатәыз Иосиф?

13 Ҳахәаԥшып Аримафеиа иатәыз Иосиф иҿырԥшы. Иара Синедрион, иудеиатәи Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа, далахәын. Раԥхьа Иосиф агәымшәара илан ҳәа узҳәомызт. Иоанн иҳәеит уи Иисус иҵаҩ шиакәыз, аха аиудеиаа дрыцәшәаны уи аӡәгьы ишиеимҳәоз (Иоанн 19:38). Иосиф Аҳра иазкыз ажәабжь аинтерес шимазгьы Иисус дышхеиҵоз иӡон. Иара ауаа пату иқәҵара иаҟәыҵыр ҳәа дшәозар ауан. Ишыҟазаалакгьы, Абиблиаҿы иануп, Иисус данԥсы Иосиф агәымшәара аарԥшны, Пилат иахь дышцаз, насгьы Иисус иԥсыбаҩ дшаҳәаз (Марк 15:42, 43). Уинахыс Иосиф Иисус иҵаҩ шиакәыз иҵәахӡомызт.

14. Иҟаҵалатәузеи ауаа рҿаԥхьа ашәара шәаиааирц азы?

14 Шәара Иосиф иеиԥш ауаа рҿаԥхьа зныкыр ашәара шәызцәырҵхьоума? Ашкол аҿы ма аус ахьыжәуа Иегова ишаҳаҭ шшәакәу раҳәара шәшәозма? Мамзаргьы иҟалап, ауаа ишәхырҳәаауа шәацәшәаны жәабжьҳәаҩны аҟалара, ма аҽӡаахра шәзымгәаӷьуазар? Ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа ирылшәмыршан ииашоуп ҳәа ишәыԥхьаӡо аҟаҵара ишәԥырхагахартә. Гәыкала Иегова шәиҳәала, шәиҳәала игәаԥхара анагӡаразы агәымшәара шәиҭарц. Шәыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо аныжәбалак, агәымшәареи амчи шәоуеит (Ис. 41:10, 13).

АГӘЫРӶЬАРА ЕСНАГЬ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ИҲАЦХРААУЕИТ

15. Ргәы зызҭанаҵазеи Иисус иҵаҩцәа данрызнеи ироуз агәырӷьара? (Лука 24:52, 53).

15 Иисус данԥсы иҵаҩцәа ӷәӷәала ргәы каҳаит. Шәхаҿы иаажәг дара рҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы шәхы шыжәбарыз. Бзиа ирбоз рҩыза дрыгхеит, уи адагьы, гәыӷрада иаанхазшәа рбон (Лука 24:17—21). Аха Иисус данрызнеи идеилиркааит абиблиатә ԥааимбаражәақәа рынаӡараҿы инаигӡо ароль. Иара убас урҭ ихадоу адҵа риҭеит (Лука 24:26, 27, 45—48). Иисус ажәҩанахь даныхынҳә аамҭазы уаанӡа игәырҩоз иҵаҩцәа уажәы ргәырӷьара ҳәаа амамызт. Уажәшьҭа дара ирдыруан Рырҵаҩы иԥсы шҭаз, насгьы ириҭаз адҵа анагӡара дышрыцхраауаз. Уи агәырӷьара ргәазҭанаҵеит иааҟәымҵӡакәа Иегова ирҽхәара (шәаԥхьа Лука 24:52, 53; Аус. 5:42).

16. Ҳарҿыԥшлар шԥаҳалшо Иисус иҵаҩцәа?

16 Ишԥаҳалшо Иисус иҵаҩцәа ҳарҿыԥшлар? Ҳара иҳалшоит Христос иԥсра агәаларшәара аан адагьы, ашықәс зегь аҩныҵҟа гәырӷьарала Анцәа имаҵ аура. Уи азы Анцәа Иаҳра ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылалароуп. Иаҳҳәап, аӡәырҩы еиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь рҳәаларц, аизарақәа ирҭааларц, насгьы аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыргаларц азы русура рԥырхагамхалартә еиԥш еиҿыркааит. Шьоукы реизарақәа рҿы, ма ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рҿы еиҳаны иҟарҵалар рҭахуп. Убри аҟынтә дара зда ԥсыхәа ыҟам ҳәа аӡәырҩы ирыԥхьаӡо амаҭәахәқәагьы аарымхәаларц рыӡбеит. Ааи, еснагь Анцәа имаҵ ауразы, насгьы Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргыларазы ачҳара аҭахуп. Аха ҳара убас ҟаҳҵалар, Иегова меигӡарахда дшаҳзылԥхо агәра ҳиргоит (Ажәам. 10:22; Матф. 6:32, 33).

Иисус Христос иԥсра анҳгәалаҳаршәало апериод азы Иеговеи Иисуси хаҭала шәара шәзы иҟарҵо азхәыцразы аамҭа алшәх. (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Иҟашәҵалар шәҭахузеи ари ашықәс азы, Иисус иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа, насгьы уи ашьҭахь? (Шәахәаԥш асахьа.)

17 Аҩаша, апрель 4 рзы ҳара Иисус Христос иԥсра ҳгәалаҳаршәарц азы ҳаизоит. Уи амш ҳгәы ҳыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп! Аха Иисус иԥсҭазаареи иԥсреи, иара убас Иеговеи иареи ҳара ҳахь абзиабара шаадырԥшыз азхәыцра анҳахәҭоу уи амш азы мацара акәӡам. Уи аныҳәа ааиаанӡа ԥыҭк шыбжьоу, насгьы уи ашьҭахь уи шәазхәыцла. Иаҳҳәап, атаблица «Последняя неделя земной жизни Иисуса» (шәахәаԥш Абиблиа аиҭага «Новый мир», Приложение Б12-А, насгьы Б12-Б) аҿы иаагоу ахҭысқәа шәрыԥхьарц, насгьы шәрызхәыцырц азы аамҭа алшәх. Иисус иԥсҭазаара атәы шәанаԥхьо аҿыхра еиҳагьы ахә ашьара ишәыцхраауа абиблиатә цыԥҵәахақәа шәырзааҭгылала, уи шәыбзиабареи, шәгәымшәареи, шәгәырӷьареи иазнарҳауеит. Уи ашьҭахь аҿыхра ахә ҳаракны ишышәшьо аус аҿы иаашәырԥшыр шшәылшо шәазхәыц. Агәра ганы шәыҟаз Иисус иԥсра шәгәалашәыршәарц азы ижәбо аџьабаа ахә ҳаракны ишишьо (Аат. 2:19).

ҲГӘЫ ШԤАЗҬАНАҴО «ХРИСТОС ИБЗИАБАРА»...

  • Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз ахә ашьара?

  • абзиабареи агәымшәареи раарԥшра?

  • агәырӷьара амырӡра?

АШӘА 17 «Исҭахуп»

a Христос иԥсра агәаларшәара аламҭалаз Иисус иԥсҭазаареи иԥсреи рыӡбахә, насгьы Иаби иареи ҳара ҳахь иаадырԥшыз абзиабара ҳазхәыцлар хадоуп. Уи иаҳзыҟарҵаз ахә шаҳшьо аус аҿы аарԥшра ҳгәазҭанаҵоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо, насгьы Иеговеи Иисуси бзиа ишаҳбо аус аҿы иааҳарԥшлар шҳалшо. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳаны бзиа рбареи, агәымшәара аарԥшреи, амаҵзураҿы агәырӷьара амырӡреи иҳацхраауа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра