Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ианвар ад. 12—16
  • Шәгәы зызҭанаҵозеи Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа»?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәгәы зызҭанаҵозеи Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа»?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИНАЛУКААША АНЦӘА ИҲАМҬА
  • ҲАРА ХРИСТОС ИБЗИАБАРА ҲГӘАЗҬАНАҴОИТ
  • «АӠӘИ-АӠӘИ БЗИА ҲАИБАБАЛАРОУП»
  • АИШЬЦӘЕИ АИАҲӘШЬЦӘЕИ РАХЬ АГӘШАҬАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • «Ҳара иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Абзиабара аизырҳара шәаҟәымҵлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь шәыбзиабара хьшәашәар жәымун
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Шәыбзиабара хьшәашәартә алшәмыршан
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ианвар ад. 12—16
Ақьырсианцәа Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара иазхәыцны, рымаҭәеи, рмузыкеи рфильмқәеи релектронтә хархәагақәа ирҭои еилырхуеит

Шәгәы зызҭанаҵозеи Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа»?

«Анцәа еиҭаҳәашьа змам ибаҩхатәразы [«еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа азы», АдҾ], џьшьара имазааит!» (2 КОР. 9:15).

АШӘАҚӘА: 121, 63

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ҳгәы зызҭанаҵозеи ҳара Христос ибзиабара?

  • Ҳгәы шԥазҭанаҵо Анцәа ибзиабара азхәыцра ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа рбара?

  • Избан Анцәа игәшаҭара ҳашьцәа рыгхақәа ранажьра ҳгәы зазҭанаҵо?

1, 2. а) Иаҵанакуазеи Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа»? б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилыргахо?

ИЕГОВА ҳара ҳахь абзиабара дуи аҳалалреи ааирԥшит, ихшаазаҵәу Иԥа адгьыл ахь даашьҭны (Иоанн 3:16; 1 Иоанн 4:9, 10). Апостол Павел уи Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа» ҳәа азиҳәеит (2 Кор. 9:15). Избан убарҭ рҩызцәа ажәақәа ихы изаирхәаз?

2 Павел идыруан Христос инаӡоу иҿыхратә ԥсхҭынҵара иабзоураны Анцәа иқәыргәыӷрақәа зегьы шынаӡо. (Уаԥхьа 2 Коринфаа рахь 1:20, АдҾ.) Убасала Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа» иаҵанакуеит Иегова Иисус ила иааирԥшуа иқьиареи азиашара зныԥшуа ибзиабареи. Ари ииашаҵәҟьаны еиҭаҳәашьа змам, хәы змам ҳамҭоуп. Ишԥаҳнырыр акәу ак иузадымкыло ари аҳамҭа ахьҳаҭәашьоу? Иарбан усқәоу ҳгәы зызҭанаҵо ахаша, март 23, 2016 шықәсазы имҩаԥысуа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара Ахәылԥаз апериод азы ари аҳамҭа ҳаназхәыцуа?

ИНАЛУКААША АНЦӘА ИҲАМҬА

3, 4. а) Иарбан цәанырроу ишәызцәырҵуа аҳамҭа аншәоуа? б) Ишԥаԥсахыр алшо шәыԥсҭазаара иалукаартә иҟоу аҳамҭа?

3 Ҳәарада, аҳамҭақәа анҳауа, даараӡа ҳгәы иахәоит. Аха ҳамҭақәак еиҳа иналукаауа иҟоуп; урҭ ҳаԥсҭазаара рыԥсахыр рылшоит. Иаҳҳәап, шәара ацәгьа жәуит, убри азы ашьра шәықәырҵеит. Ус иаалырҟьаны аӡәы даацәырҵны иҳәоит иԥсҭазаара шәыхҭынҵара дшазхиоу. Ааи, шәара шәыԥсы ҭазарц азы, иара аԥсра дазхиоуп! Иарбан цәаныррақәоу уи ишәызцәырнагарыз?

4 Ас еиԥш иаарԥшу ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара шәхымҩаԥгашьа азхәыцра, мамзаргьы шәыԥсҭазаашьа зынӡаск аԥсахра шәгәазҭанаҵар алшон. Шәара егьырҭ рахь еиҳа ақьиареи аҳалалреи аашәырԥшыр ауан, насгьы шәгәы шәзырхьхьоу зегьы иранашәыжьыр шәылшон. Шәыԥсы ахьынӡаҭоу ахаангьы ишәхашҭраны шәыҟам хатәгәаԥхарала шәцынхәрас аԥсра иазхиаз иҿаԥхьа шәызҵымӡаауа ауал шшәықәзаало.

5. Избан Анцәа иҟаиҵаз аҿыхра егьырҭ аҳамҭақәа раасҭа акырӡа изеиҳау?

5 Аха Иегова Христос ила иҳаиҭаз хыхь иаагаз аҿырԥш аҿы зыӡбахә ҳәаз ауаҩы иҟаиҵаз аасҭа акырӡа еиҳауп (1 Пиотр 3:18). Шәааи ҳазхәыцып. Иаҳҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны, ҳара зегьы аԥсра ҳзыԥшуп (Рим. 5:12). Иегова абзиабара аарԥшны Иисус адгьыл ахь дааишьҭит «зегь ҿызхыз, ирхыԥсааз» иакәхарц азы (Аур. 2:9). Иегова ҳаиқәырхара адагьы, аԥсра наӡаӡа ақәгаразы ашьаҭа шьҭеиҵеит (Ис. [Ис.] 25:7, 8; 1 Кор. 15:22, 26). Иисус иахь агәрахаҵара аазырԥшуа зегьы хьаада-баада, насыԥ рыманы наӡаӡа анхара рылшоит — адгьыл аҿы инхало Анцәа Иаҳра атәылауаа реиԥш, ма Анцәа идоуҳала иалху Христос ажәҩан аҿы напхгара ицҟазҵало реиԥш (Рим. 6:23; Аат. 5:9, 10). Иарбан зылԥхарақәоу еиҭа ари Анцәа иҳамҭа иаанаго?

6. а) Иарбан Анцәа изылԥхарақәоу шәара еиҳа шәыззыԥшу? б) Еиқәышәыԥхьаӡа Анцәа ибзиабара ҳгәы зызҭанаҵо.

6 Иегова иҟаиҵаз ари аҳамҭа абзоурала ҳара ҳчымазарақәа зегьы хәышәтәхоит, адгьыл џьанаҭхоит, иԥсхьоу рыԥсы ҭалоит (Ис. [Ис.] 33:24; 35:5, 6; Иоанн 5:28, 29). Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа» ҳаназхәыцуа, ҳара Иеговеи иара иахь азиашара аазырԥшуа Иԥеи аџьшьара рыҭара ҳҭаххоит. Аха ишԥарныруеи ҳусқәа Анцәа ибзиабара? Ҳара еилҳаргоит уи ҳгәы шазҭанаҵо: 1) Иисус Христос имҩала ацара, 2) ҳашьцәа бзиа рбара, насгьы 3) гәыкала егьырҭ рыгхақәа ранажьра.

ҲАРА ХРИСТОС ИБЗИАБАРА ҲГӘАЗҬАНАҴОИТ

7, 8. Ҳгәы зызҭанаҵозеи ҳара Христос ибзиабара?

7 Актәи: ҳара иҳамазар ауп агәаҳәара Иисус Христос изы анхара. Апостол Павел иҩуан: «Христос ибзиабарала ҳахьчоуп [«ҳгәазҭаҵоуп», АдҾ]. (Уаԥхьа 2 Коринфаа рахь 5:14, 15.) Павел еиликаауан Иисус ибзиабара ианақәҿаҳҭуа, уи ҳгәы шазҭанаҵо иара изы анхара. Иегова иаҳзыҟаиҵаз ибзианы ианеилаҳкаауа, ҳагәқәа бзиабарала иҭәуеит, насгьы Иисус имҩала ацара гәык-ԥсык ала иаҳҭаххоит. Ишԥаҳалшо уи агәаҳәара шҳамоу аарԥшра?

8 Иегова иахь иҳамоу абзиабара Иисус иҿыԥшра, насгьы имҩала ацара ҳгәазҭанаҵоит (1 Пиотр 2:21; 1 Иоанн 2:6). Азыӡырҩра анааҳарԥшуа, ҳара ишьақәҳарӷәӷәоит Иеговеи Иисуси бзиа ишаҳбо. Иисус иҳәеит: «Сара сыԥҟарақәа змоу, ирықәныҟәауа — Сара бзиа сибоит; Сара бзиа сызбауа уи Сара Саб илагьы бзиа дбахоит, Саргьы бзиа дызбап» (Иоанн 14:21; 1 Иоанн 5:3).

9. Иарбан қәыӷәӷәароу ҳара иахьа ҳазҿагылоу?

9 Ахәылԥаз азгәаҭара апериод аан ҳаԥсҭазаара ҳазхәыцыр бзиахон. Шәхы шәазҵаа: «Иабасылшахьеи сыԥсҭазаараҿы Иисус имҩала ацара? Еиӷьыстәыр сылшозеи?» Ҳара ҳхы гәаҳҭалароуп, избанзар ицқьам ари адунеи иааҟәымҵӡакәа иҳақәыӷәӷәоит, иара амҩала ҳцаларц азы (Рим. 12:2). Агәҽанызаара ааҳмырԥшлар, ари адунеи афилософиа ҳатәнатәыр ауеит, мамзаргьы еицырдыруа ауааи аспортсменцәеи рҿыԥшра ҳалагар ҳалшоит (Кәал. 2:8; 1 Иоанн 2:15—17). Ишԥаҳалшо ари адунеи ақәыӷәӷәара ҳаҿагылар?

10. Иарбан зҵаарақәоу Агәаларшәара ахәылԥаз азгәаҭара апериод аан ҳзызхәыцыр ҳалшо, насгьы ҳгәы зызҭанаҵар алшозеи уи? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

10 Агәаларшәара Ахәылԥаз азгәаҭара апериод аан ҳара иҳамоуп алшара ҳамаҭәа, ҳвидеофильмқәа, ҳаззыӡырҩуа амузыка, насгьы ҳкомпиутерқәеи, ҳҭелқәеи, ҳапланшетқәеи ирҭоу агәаҭара. Шәымаҭәа анеилышәхуа, шәхы шәазҵаа: «Абри амаҭәа сышәҵаны сцар ахьысҭаху Иисус дшыҟало здыруазҭгьы, сҭеиҭыԥш сацәыԥхашьарызма? (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 2:9, 10.) Сара уи сышәҵаны аӡәы сибар, Иисус Христос иҵаҩы шсакәу изеилкаауама?» Абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа амузыкеи афильмқәеи рганахь алагьы иқәҳаргылар ҳалшоит: «Игәаԥхарызма Иисус ари афильм ма ашәа? Сҭел ма сыпланшет дахәаԥшырц иҭаххазҭгьы, уа иибоз сацәыԥхашьарызма?» Шәвидеохәмаррақәа анеилышәхуа, шәхы шәазҵаа: «Исылшарызма Иисус иеилыркаара ари ахәмарра зысгәаԥхо?» Иегова иахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит ақьырсиан иаҭәам зегьы мап рыцәкра, уи зыхә ҳараку ак акәзаргьы (Аус. 19:19, 20). Иегова ҳҽанизаҳкуаз ажәа иаҳҭеит Иисус изы ҳшынхало, ҳхазы акәымкәа. Убри аҟынтә ҳара Иисус имҩала ацара иаҳԥырхагахо ак ҳамазар ҳахәҭам (Матф. 5:29, 30; Флп. 4:8).

11. а) Ҳгәы зызҭанаҵозеи ҳмаҵзураҿы Иеговеи Иисуси рахь иҳамоу абзиабара? б) Ишԥаҳалшо аизараҿы егьырҭ рыцхраара?

11 Иисус иахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи гәақәкрыла аҽалархәра (Матф. 28:19, 20; Лука 4:43). Агәаларшәара Ахәылԥаз азгәаҭара апериод аан 30 ма 50 сааҭ ажәабжьҳәара иазкны ицхырааҩу пионерс амаҵ аура ҳалшоит. Ишәылшарызма уи шәара? 84 шықәса зхыҵуаз еибаз ҳашьа иқәреи игәамбзиареи ирыхҟьаны, ицхырааҩу пионерс амаҵ аура илшаӡом ҳәа игәы иаанагон. Аха уи аҭыԥ аҿы инхоз егьырҭ апионерцәа ицхраарц рыӡбеит. Урҭ ажәабжьҳәаразы изыманшәалаз атерриториа изалырхит, насгьы транспортла дныҟәыргон, убри аҟынтә аиашьа 30 сааҭ анагӡара илшеит. Ишәылшома шәара шәеизараҿы аӡәы Ахәылԥаз апериод аан ицхырааҩу пионерс дҟаларц ицхраара, уи ала амаҵзура иаанаго агәырӷьара иаргьы инырырц? Ҳәарада, ауаа рҭагылазаашьақәа еиԥшым аҟынтә, ицхырааҩу пионерс аҟалара зегьы ирылшом. Ишыҟазаалакгьы, ҳара Иегова имаҵ аура иахьынӡазалшо еиҳаны аҽалархәра ҳалшоит. Убас ҳаргьы, Павел иеиԥш, Христос ибзиабара ҳгәы шазҭанаҵо ааҳарԥшуеит. Ҳгәы зызҭанаҵозеи еиҭа Иегова ибзиабара?

«АӠӘИ-АӠӘИ БЗИА ҲАИБАБАЛАРОУП»

12. Ҳгәы зызҭанаҵозеи еиҭа Анцәа ибзиабара?

12 Аҩбатәи: Анцәа ибзиабара ҳашьцәа бзиа рбара ҳгәазҭанаҵоит. Апостол Иоанн уи ибзианы еиликаауан. Иара иҩуан: «Гәы цаҳә-цаҳәла бзиа избауа! Анцәа ҳара абас бзиа ҳаибозар, ҳара ҳхаҭақәагьы аӡәи-аӡәи бзиа ҳаибабалароуп» (1 Иоанн 4:7—11). Анцәа бзиа ҳаибаларц ҳҭахызар, ҳара еилаҳкаауазар ауп ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо бзиа рбара уалны ишҳаду (1 Иоанн 3:16). Ишԥаҳалшо ҳабзиабара аарԥшра?

13. Иарбан ҿырԥшу абзиабара аарԥшраҿы Иисус иҳаиҭаз?

13 Ҳазхәыцып Иисус иҿырԥшы. Адгьыл аҿы амаҵ аниуаз, иара иаабац ауаа еиҳа дрызҿлымҳан. Уи ихәышәтәуан ацыркьцәа, алашәцәа, адагәацәа, аҿаҳацәа (Матф. 11:4, 5). Иисус адиннапхгаҩцәа ишәиу ҳәа зыӡбахә рҳәоз, доуҳала имлагоз ауаа гәахәарыла аҵабырг дирҵон (Иоанн 7:49). Иара ауаа рыцҳақәа бзиа ибон, насгьы дрыцхраарц азы иҟаиҵоз рацәан (Матф. 20:28).

Хаҵеи-ԥҳәыси зықәрахь инеихьоу аиашьеи аиаҳәшьеи амаҵ рыцыруеит ҭеллеи асаламшәҟәқәа рылеи

Ишԥашәылшарыз шәара зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Анцәа имаҵ аураҿы рыцхраара? (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Ишԥашәылшо шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи бзиа ишыжәбо аарԥшра?

14 Ахәылԥаз азгәаҭара апериод алшара ҳнаҭоит Иисус иҿыԥшра, насгьы ҳаизараҿы ацхыраара зҭаху рызхәыцра. Иҟалап шәеизараҿы ацхыраара зҭаху зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ыҟазар. Ишәылшарызма шәара урҭ шәырҭаар, уск аҿы шәрыцхраар? Иаҳҳәап, шәара ишәылшоит афатә рзыҟашәҵар, аҩнтәи аусқәа нашәыгӡар, аизарахь ижәгар, мамзаргьы ажәабжьҳәара шәрыццар. (Уаԥхьа Лука 14:12—14.) Ҳгәазҭанаҵалааит Анцәа ибзиабара ҳашьцәа бзиа ишаҳбо аарԥшра, насгьы рыцхраара.

АИШЬЦӘЕИ АИАҲӘШЬЦӘЕИ РАХЬ АГӘШАҬАРА ААШӘЫРԤШЛА

15. Еилаҳкаалар акәзеи ҳара?

15 Ахԥатәи: Иегова ибзиабара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгхақәа ранажьра ҳгәазҭанаҵалар ауп. Ҳара зегьы Адам ихылҵшьҭрақәа ҳауп аҟынтә, агәнаҳаи аԥсреи ҳҭынхеит. Убри аҟынтә аӡәгьы изҳәом: «Сара аҿыхратә ԥсхҭынҵара сҭахуп ҳәа сыԥхьаӡом». Анцәа даараӡа изиашоу имаҵзуҩгьы аҿыхратә ԥсхҭынҵара ада дхәарҭам. Ҳара зегьы еилаҳкаауазар ауп ауал дуӡӡа шҳанажьу. Избан уи зхадоу? Аҭак Иисус иажәамаанақәа руак аҿы иҳаԥшаауеит.

16, 17. а) Иаҳнарҵозеи ҳара аҳи атәцәеи ирызкыз Иисус иажәамаана? б) Шәгәы зызҭанаҵозеи шәара Иисус иажәамаана азхәыцра?

16 Иисус еиҭеиҳәеит аҳ иӡбахә. Уи аҳ атәы иқәыз 10 000 талант ма 60 000 000 динари ианаижьит. Аха уи атәы даҽа тәык акырӡа еиҵаз ауал — 100 динарик — ианажьра иҭахымхеит. Аҳ ари атәы игәымбылџьбараз ихымҩаԥгашьа аниаҳа, иԥсахы еибакын, ус иеиҳәеит: «Атәы цәгьа! иуқәыз ауал зегь уанасыжьит, избанзар усыҳәеит; Иухәҭаӡамыз, сара ушрыцҳасшьаз аиԥш, уаргьы уҩыза дрыцҳаушьаразы?» (Матф. 18:23—35). Ииашаҵәҟьаны аҳ атәы дахьрыцҳаишьаз, ма агәшаҭара ахьааирԥшыз, уи атәы иҩыза иуал ианажьра игәазҭанаҵар акәын. Ҳгәы зызҭанаҵалар акәзеи ҳара Иегова ибзиабара дуи игәшаҭареи?

17 Ахәылԥаз азгәаҭара апериод аан ҳазхәыцыр бзиан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә аӡәыр ҳизгәааны ҳаҟоума ҳәа. Ааи акәзар, еснагь «анажьра иазхиоу» Иегова ҳаиҿыԥшыр шҳалшо ҳазхәыцыр ауп (Аԥсал. 86:5, АдҾ; Неем. [Неем.] 9:17). Ҳара Иегова ҳуал ду ахьҳанаижьыз азы иааҳарԥшуа аџьшьара ҳгәазҭанаҵоит егьырҭ гәык-ԥсыкала ранажьра. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иҳамбозар, насгьы рыгхақәа ранаҳмыжьуазар, Анцәа ибзиабареи ианажьреи ҳауам (Матф. 6:14, 15). Егьырҭ рыгхақәа ирхылҿиааз анажьра ала иаҳзыԥсахуам, аха уи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш еиҳа инасыԥны иҟанаҵоит.

18. Ишԥалыцхрааи иаҳәшьак Анцәа ибзиабара лыгәрахаҵара лыцеиҩызшоз лахь ачҳара аарԥшра?

18 Иҟалап ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рахь ачҳара аарԥшра ҳзымариамзар. (Урыԥхьа Кәаласаа рахь 3:13, 14; Ефесаа рахь 4:32.) Хаҵа имцац аиаҳәшьа Лили аԥҳәысеиба Керол1 длыцхраауан. Лили лассы-лассы Керол машьынала дныҟәылгон, аахәатәык анлымаз длыцхраауан, уи адагьы илзыҟалҵоз абзиарақәа рацәан. Аха Керол еснагь дашшуан, лгәы аҟаҵара мариамызт. Ус дшыҟазгьы, Лили лхы ззылышьҭуаз Керол лҟазшьа бзиақәа ракәын. Лара Керол лчымазара иахҟьаны дыԥсаанӡа, шықәсқәак рыҩныҵҟа дылхылаԥшуан. Лили илҳәоит: «Убас ишыҟазгьы, сара даараӡа сазыԥшуп Керол лыԥсы ҭаланы данызбо аамҭа. Сара исҭахуп уи инаӡоу уаҩны дызбарц». Ииашаҵәҟьаны Анцәа ибзиабара ҳгәазҭанаҵар ауеит ҳгәеизынхарақәеи ҳгәалақәеи ҳанеибажьларц, насгьы ауаа рынамӡара наӡаӡа ианықәгахо аамҭа ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшларц.

19. Шәгәы зызҭанаҵозеи шәара Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа»?

19 Ииашаҵәҟьаны ҳара Иегова «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа» ҳаиҭеит. Шәааи уи ахаангьы иаабац ак акәны ҳамыхәаԥшлап. Ҳазхәыцлап еснагь, еиҳарак агәаларшәара Ахәылԥаз азгәаҭара апериод аан, Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз, насгьы уи азы аџьшьара ааҳарԥшлап. Ҳгәазҭанаҵалааит урҭ рыбзиабара Христос имҩала ацара, ҳашьцәа бзиа рбара, насгьы гәыкала егьырҭ рыгхақәа ранажьра.

^ 1 Абзац 18. Хьыӡқәак ԥсахуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра