Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ианвар ад. 14—19
  • Ҵҩа змам егьырҭ ауасақәа Анцәеи Христоси ҳараркуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҵҩа змам егьырҭ ауасақәа Анцәеи Христоси ҳараркуеит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИҾЫЦУ АИЛКААРА АӠӘЫРҨЫ РЫԤСҬАЗААРА АԤСАХУЕИТ
  • ЗЕИԤШЫҞАМ АГӘЫӶРА
  • АХӘЫЛԤАЗ АҾЫ ГӘЫКАЛА АНЦӘЕИ ХРИСТОСИ ҲАРАШӘКЛА
  • ИЕГОВА ИШӘИҬАЗ АГӘЫӶРАЗЫ ИҬАБУП ҲӘА ИАШӘҲӘАЛА
  • Избан ҳара Агәаларшәара ахәылԥаз ҳзаҭаауа?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ҳара Иҳақәиҭу иуаххьа зазгәаҳҭо
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Иегова Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ҳаҭаарц азы иаҳбо аџьабаа дазылԥхоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • «Снарылаԥшит ҵҩа змамыз, ԥхьаӡашьак заураны иҟамыз ажәлар»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ианвар ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 3

Ҵҩа змам егьырҭ ауасақәа Анцәеи Христоси ҳараркуеит

«Ҳаиқәырхара зыбзоуроу атәарҭа ҳарак аҿы иқәтәоу Ҳанцәеи Асыси роуп» (ААТ. 7:10, АдҾ).

АШӘА 14 Ихьӡ ҳарашәкла адгьыл Аҳ ҿыц!

АХҲӘААa

1. Ишԥаиныри иқәыԥшу иашьак аконгресс аҿы иаҳаз ажәахә?

ИЦОН 1926-тәи ашықәс. 18 шықәса зхыҵуаз иашьак аӡы иҽӡааихит. Иҭаацәеи иашьцәеи иаҳәшьцәеи иареи Иегова ишаҳаҭцәа ракәын, мамзаргьы усҟан ишырҳәоз еиԥш, Абиблиа аҭҵааҩцәа ракәын. Есышықәса Ахәылԥаз аҿы иара ача ифон, аҩгьы ижәуан, усҟан Абиблиа аҭҵааҩцәа зегь ишыҟарҵоз еиԥш. Аха 1935-тәи ашықәс азы дызҭааз аконгресс иԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит. Уа иара иаҳаит аиашьа Рутерфорд ииҳәаз ажәахә. Уи иахьӡын «Ҵҩа змам ажәлар». Изызкызи уи?

2. Иарбан зеиԥшыҟам ҵабыргу аиашьа Рутерфорд иажәахә аҿы дызлацәажәаз?

2 Уи ажәахә аҿы аиашьа Рутерфорд еизаз зегь идеилиркааит Аатра 7:9 аҿы зыӡбахә ҳәоу ҵҩа змам ажәлар зусҭцәоу. Усҟан Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәы иаанагон ҵҩа змам ажәлар — ари доуҳала иалху ақьырсианцәа реиԥш Анцәа изиашам, аха уеизгьы ажәҩан аҿы инхало роуп ҳәа. Аиашьа Рутерфорд Иԥшьоу Аҩыра ихы иархәаны идеилиркааит ҵҩа змам ажәлар — арыцҳара ду иацәынхо, насгьы адгьыл аҿы наӡаӡа инхало егьырҭ ауасақәаb шракәу (Аат. 7:14). Иисус иҳәеит: «Исымоуп суасагәар иатәым егьырҭ ауасақәагьы, убарҭгьы сыдсыԥхьалоит: урҭ Сара сыбжьы раҳап, убасҟан агәарҭрагьы акны иҟалап, Ахьчагьы даӡәны» (Иоанн 10:16). Иисус Анцәа изиашаны имаҵ зуа, насгьы адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу ауаа ауасақәа ирыҿирԥшит (Матф. 25:31—33, 46). Шәааи ҳахәаԥшып иҿыцу уи аилкаара Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы рыԥсҭазаара шаԥсахыз, хыхь зыӡбахә ҳәаз иқәыԥшу аиашьагьы уахь дналаҵаны (Аԥсал. 97:11; Ажәам. 4:18).

ИҾЫЦУ АИЛКААРА АӠӘЫРҨЫ РЫԤСҬАЗААРА АԤСАХУЕИТ

3, 4. Еилыркаазеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы 1935 шықәсазы имҩаԥысыз аконгресс аҿы?

3 Рутерфорд иажәахә аҿы аӡырҩцәа иреиҳәеит: «Наунагӡа адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу шәгыларц ҳшәыҳәоит». Усҟан абжеиҳараҩык гылеит. Рутерфорд иҳәеит: «Абар ҵҩа змам ажәлар!». Ари зеиԥшыҟам ахҭыс акәхеит. Зегьы ргәы гәырӷьарала иҭәын. Игылаз еилыркааит Иегова жәҩантәи агәыӷра шриимҭаз, насгьы идоуҳала ишалимхыз. Адырҩаҽны 840-ҩык аӡы рыҽӡаархит. Урҭ реиҳараҩык егьырҭ ауасақәа рахь иаҵанакуан.

4 Рутерфорд иажәахә ашьҭахь хыхь зыӡбахә ҳәаз аиашьеи зықьҩыла егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи асимволқәа рыдкылара иаҟәыҵит. Ахынраалара злаз иашьак иҳәеит: «1935-тәи ашықәс ашьҭахь сара уаҳа Ахәылԥаз аҿы асимволқәа сыдыскылаӡомызт. Сара еилыскааит Иегова жәҩантәи агәыӷра акәымкәа, наӡаӡа адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра шсиҭаз». Уи аиашьа ицәаныррақәа ицеиҩызшоз рацәан (Рим. 8:16, 17; 2 Кор. 1:21, 22). Убри нахыс ҵҩа змам уи ажәлар рхыԥхьаӡара аизҳара иаҿуп. Дара адгьыл аҿы иаанханы иҟоу доуҳала иалху ақьырсианцәа ирывагыланы Анцәа имаҵ руеит.

5. Дышԥарзыҟоу Иегова Ахәылԥаз аҿы уаанӡа асимволқәа здызкылоз ақьырсианцәа?

5 Дышԥарзыҟоу Иегова 1935 шықәсанӡа асимволқәа здызкылоз, насгьы ҳаамҭазы урҭ здызкылоз, аха нас ииашамкәа ишыҟарҵоз еилызкааз ақьырсианцәа? Иҟалап шьоукы жәҩантәи агәыӷра рымоуп ҳәа ргәы иаанагозҭгьы, аха нас уи ус шакәмыз еилыркаазар (1 Кор. 11:28). Дара агха шрыхьыз еилкааны асимволқәа рыдкылара иаҟәыҵзар, агәра ганы иҟазар рылшоит Анцәа егьырҭ ауасақәа ирхыԥхьаӡалоу ракәны ишиԥхьаӡало. Дара асимволқәа шрыдрымкылогьы Ахәылԥаз иаҭаауеит, избанзар уи ала иаадырԥшуеит Иеговеи Иисуси ирзыҟарҵаз ахә ҳаракны ишыршьо.

ЗЕИԤШЫҞАМ АГӘЫӶРА

6. Иарбан дҵоу Иисус амаалықьцәа ириҭаз?

6 Ҳара ҳанхоит арыцҳара ду алагараны ианыҟоу аамҭазы. Убри аҟынтә Аатра 7-тәи ахаҿы доуҳала иалху ақьырсианцәеи ҵҩа змам ажәлари ирызкны иану ҳгәы шьҭнахыр ауеит. Иисус амаалықьцәа иреиҳәеит адгьылтә ԥшақәа ԥшьба аурмышьҭырц, Иегова доуҳала иалху ақьырсианцәа аҵыхәтәантәи амҳәыр рааирхаанӡа, даҽакала иуҳәозар, изиашаны ишаанхаз шьақәирӷәӷәаанӡа (Аат. 7:1—4). Анцәа урҭ изиашаны иахьаанхаз азы дырзылԥхоит. Дара ажәҩан аҿы Иисус аҳра ицрулоит, ԥшьаҩцәасгьы амаҵ рулоит (Аат. 20:6). Доуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы жәҩантәи рҳамҭа анроулак Иеговеи, Иисуси, амаалықьцәеи даараӡа игәырӷьалоит.

Амаҭәа шкәакәақәа зшәу, апальма амахәҭақәа зку ҵҩа змам ажәлар еилаарцыруа Анцәа итәарҭа аҿаԥхьеи Асыс аҿаԥхьеи игылоуп. (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Иибада Иоанн еиҭа иоуз абараҿы, Аатра 7:9, 10 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

7 Иоанн доуҳала иалху ақьырсианцәа рыӡбахә аниаҳа ашьҭахь, ҵҩа змам ажәлар ибеит. Урҭ рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәан, ԥхьаӡашьак рымамызт. (Шәаԥхьа Аатра 7:9, 10.) Дара амаҭәа шкәакәақәа ршәуп. Уи иаанарԥшуеит Аҩсҭаа идунеи рыҽшаларымҟьашьыз, насгьы Анцәеи Христоси ирызиашаны ишаанхаз (Иаков 1:27). Дара рыбжьы рдуны игәырӷьо ирҳәоит Иеговеи Иисуси рыбзоурала ишеиқәхаз. Иара убас ҵҩа змам ажәлар апальма амахәҭақәа ркуп. Уи иаанарԥшуеит Иисус Иегова иалихыз аҳ иеиԥш дышрыдыркыло. (Иаҿшәырԥш Иоанн 12:12, 13.)

8. Иҳаилнаркаауазеи Иегова жәҩантәи иҭаацәара иазкны Аатра 7:11, 12 иану?

8 Шәаԥхьа Аатра 7:11, 12. Иҟалазеи анаҩс ажәҩан аҿы? Иоанн ибеит ажәҩан аҿы зегьы даараӡа ишгәырӷьаз, насгьы Анцәа дышҳараркыз ҵҩа змам уи ажәлар арыцҳара ду ишалҵыз анырба? Ари аԥааимбаражәа анынаӡо Иегова жәҩатәи иҭаацәара даараӡа игәырӷьалоит.

9. Изҿузеи уажәы ҵҩа змам ажәлар, Аатра 7:13—15 иану инақәыршәаны?

9 Шәаԥхьа Аатра 7:13—15. Иоанн иҳәеит ҵҩа змам ажәлар рымаҭәа-ҩыҭәа рыӡәӡәеит, Асыс ашьала идрышҳаит ҳәа. Иаанагозеи уи? Уи иаанагоит дара Анцәа иҿаԥхьа рыламыс шыцқьоу, насгьы иара урҭ уаа иашақәаны ишиԥхьаӡо (Ис. 1:18). Дара Анцәа зҽизызкхьоу, зыҽӡаазххьоу Анцәа имаҵзуҩцәа роуп, Иисус иԥсхҭынҵара агәра ргоит, Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәагьы бзиоуп (Иоанн 3:36; 1 Пиотр 3:21). Убри азоуп дара адгьыл аҿы, Анцәа итәарҭа ҳарак аҿаԥхьа, уахи-ҽни имаҵ рулар зрылшо. Ҵҩа змам ажәлар уажәнатә Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа гәацԥыҳәарала ирзеиҭарҳәоит, аҵаҩцәа разыҟаҵара аус рҽаладырхәуеит. Убри ала иаадырԥшуеит Анцәа Иаҳра рхатә усқәа раԥхьа ишдыргыло (Матф. 6:33; 24:14; 28:19, 20).

Агәырҩа ду иацәынхаз ҵҩа змам егьырҭ ауасақәа гәырӷьоит. (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Зыгәра ганы иҟоузеи ҵҩа змам ажәлар, насгьы рыблала ирбозеи дара?

10 Ҵҩа змам ажәлар агәра ганы иҟоуп Анцәа анаҩсгьы дышреиҷаҳало. Избанзар Иоанн иҳәеит атәарҭа ҳарак иқәтәоу иқьала урҭ ирықәиршәуеит ҳәа. Усҟан егьырҭ ауасақәа лабҿаба ирбоит акыраамҭа иззыԥшыз ари аԥааимбаражәа шынаӡо: «Анцәа урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит; шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра; аҵәыуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом» (Аат. 21:3, 4).

11, 12. а) Иарбан зылԥхарақәоу ҵҩа змам ажәлар ирзыԥшу, Аатра 7:16, 17 иану инақәыршәаны? б) Избан егьырҭ ауасақәа Агәаларшәара ахәылԥаз изаҭаауа?

11 Шәаԥхьа Аатра 7:16, 17. Иахьа Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы амлакра иаргәаҟуеит ртәылаҿы аибашьра ахьцо азы, мамзаргьы афатә злаархәаша ахьрымам азы. Иҟоуп зыгәрахаҵаразы абахҭа иҭакугьы. Аха дара уеизгьы агәырӷьара рцәыӡӡом, избанзар ирдыруеит адунеи ҿыц аҿы ахаан амла ишамкуа, доуҳалагьы меигӡарахда афатә шрымазаауа. Иоанн иҳәеит дара уаҳа аҭакар иаргәаҟлаӡом ҳәа. Уи иаанагоит Анцәа Аҩсҭаа идунеи анықәигало дара акгьы шырмыхьуа. Иоанн иҳәеит Иисус урҭ наунагӡатәи аԥсҭазаара узҭо аӡыхь ахь инеигоит ҳәа. Иаанагозеи уи? Ҵҩа змам ажәлар ауаҩытәыҩсатә ҭоурых аҿы аӡәгьы имоуцыз алшара роуеит — дара аԥсра захьӡу ахаангьы ирыздырӡом! (Иоанн 11:26).

12 Егьырҭ ауасақәа иссиру агәыӷра рымоуп! Уи азы дара Иеговеи Иисуси иҭабуп ҳәа рарҳәоит. Дара жәҩантәи аԥсҭазааразы доуҳала иахьалхым иаанагаӡом Иегова уиаҟара рыхә ишьаӡом ҳәа. Доуҳала иалху ақьырсианцәагьы егьырҭ ауасақәагьы ирымоу агәыӷра ахә шыршьо аадырԥшлар рылшоит. Иаҳҳәап, Агәаларшәара ахәылԥаз иахьаҭаауа ала.

АХӘЫЛԤАЗ АҾЫ ГӘЫКАЛА АНЦӘЕИ ХРИСТОСИ ҲАРАШӘКЛА

Ахәылԥаз аҿы еимаҳдо ачеи аҩи иаҳгәаладыршәоит ҳара ҳанхаларц азы Иисус дшыԥсыз. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13—15.)

13, 14. Избан доуҳала иалхугьы егьырҭ ауасақәагьы Ахәылԥаз изаҭаауа?

13 Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы бжьаратәла 1 000-ҩык рҟынтә аӡә иоуп асимволқәа здызкыло. Аизарақәа жәпакы рҿы Агәаларшәара ахәылԥаз аан аӡәгьы асимволқәа идикылаӡом. Ахәылԥаз иаҭаауа абжеиҳараҩык жәҩантәи агәыӷра рымаӡам. Избан нас дара Ахәылԥаз зазгәарҭо? Шәааи уи ҳаилзыркаауа ҿырԥштәык еилҳаргап. Избан ҳара ҳҩызцәа рчарахь ҳазцо? Избанзар бзиа ишаҳбо, насгьы ҳашрыдгыло ааҳарԥшыр ҳҭахуп. Убасҵәҟьа егьырҭ ауасақәа Ахәылԥаз ианаҭаауа доуҳала иалху ақьырсианцәа бзиа ишырбо, насгьы ишрыдгыло аадырԥшуеит. Иара убас иаадырԥшуеит Христос иԥсхҭынҵара ахә шыршьо, избанзар уи наунагӡа анхаразы агәыӷра рнаҭоит.

14 Егьырҭ ауасақәа Ахәылԥаз зазгәарҭо даҽа мзызкгьы ыҟоуп. Иисус Ахәылԥаз анаԥиҵоз иҳәеит: «Абри ала... салашәгәалашәала» (1 Кор. 11:23—26). Убри аҟынтә доуҳала иалху ақьырсианцәа адгьыл аҿы иҟанаҵы егьырҭ ауасақәа Ахәылԥаз иаҭаалоит, егьырҭ ауаагьы уахь иаарыԥхьалоит.

15. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Ахәылԥаз аҿы Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз ахә шаҳшьо?

15 Ахәылԥаз аҿы ашәа анаҳҳәо, насгьы Анцәа ҳаниҳәо Иегова Иԥеи иареи иаҳзыҟарҵаз ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит. Уи адагьы, уа иҳаҳауа ажәахә Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз еиҳагьы ахә ашьара иҳацхраауеит. Уи иахьӡуп: «Анцәеи Христоси ишәзыҟарҵаз зегьы ахә шәшьала». Ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи анеимаҳдало урҭ иаадырԥшуа инаӡаз Иисус ицәеижьи икаиҭәаз ашьеи ҳрызхәыцлар ҳалшоит. Ари зегьы иаҳгәаланаршәоит ҳара наӡаӡа ҳанхаларц азы Иегова Иисус дыԥсырц шалиршаз (Матф. 20:28). Агәра ганы ҳаҟоуп Иеговеи Иисуси бзиа избо зегьы Ахәылԥаз ишаҭаауа.

ИЕГОВА ИШӘИҬАЗ АГӘЫӶРАЗЫ ИҬАБУП ҲӘА ИАШӘҲӘАЛА

16. Излеиԥшузеи иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәеи егьырҭ ауасақәеи?

16 Иегова доуҳала иалху ақьырсианцәагьы егьырҭ ауасақәагьы еиҟараны бзиа ибоит. Уи ус шакәу ҳнарбоит иара урҭ аҩгәыԥк ҿихырц азы Иԥа дахьааишьҭыз. Доуҳала иалху ақьырсианцәеи егьырҭ ауасақәеи ирымоу агәыӷра еиԥшӡам. Аха дара зегьы Анцәа Иԥеи иареи ирызиашаны иаанхалароуп (Аԥсал. 31:23). Иара убас Иегова егьырҭ ауасақәагьы доуҳала иалху ақьырсианцәагьы еиҟараны иԥшьоу адоуҳа риҭоит. Анцәа ауаҩы шаҟа иԥшьоу адоуҳа ииҭо зхьыԥшу иара доуҳала далху-далхыму акәӡам, аха иҭагылазаашьақәа роуп.

17. Иззыԥшузеи ргәы хыҭ-хыҭуа адгьыл аҿы иаанханы иҟоу доуҳала иалху ақьырсианцәа?

17 Иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа жәҩантәи агәыӷра шрымоу ииӡом. Уи агәыӷра рызҭо Анцәа иоуп. Дара уи агәыӷра иазхәыцуеит, насгьы уи иазкны Анцәа иҳәоит. Дара жәҩантәи рҳамҭа анроуа рцәеижь зеиԥшрахо рыздырӡом (Флп. 3:20, 21; 1 Иоанн 3:2). Ус шакәугьы, дара ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп Иеговеи, Иисуси, амаалықьцәеи, доуҳала иалху егьырҭ ақьырсианцәеи дареи ажәҩан аҿы ианеиқәшәо аамҭа.

18. Ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшузеи егьырҭ ауасақәа?

18 Егьырҭ ауасақәа наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҿы инхалоит ҳәа игәыӷуеит (Еккл. 3:11). Урҭ адгьыл џьанаҭны ианыҟарҵо аамҭа иазыԥшуп. Дара рхаҿы иааргоит уа аҩнқәа шдыргылало, ашәырҵлақәа шеиҭарҳало, абаҳча ишахылаԥшло, насгьы ахаан ичмазҩымхо рхәыҷқәа шырааӡало (Ис. 65:21—23). Дара азхәыцуеит Иегова ишамҭақәа ишрылагәырӷьало. Иаҳҳәап, ашьхақәеи, абнақәеи, амшынқәеи, егьырҭ аҭыԥ ԥшӡақәеи ишрыхәаԥшло. Аха еиҳараӡак изыргәырӷьо Иеговеи дареи реиҩызара усҟан еиҳагьы иахьыӷәӷәахо ауп.

19. Иарбан лшароу Агәаларшәара ахәылԥаз иаҳнаҭо? Ианбамҩаԥысуеи уи сынтәа?

19 Иегова имаҵзуҩцәа зегьы зеиԥшыҟам агәыӷра риҭеит (Иер. 29:11). Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз абзоурала ҳара наунагӡа анхаразы агәыӷра ҳамоуп. Уи агәыӷра ахә шаҳшьо ааҳарԥшыр ҳалшоит Агәаларшәара ахәылԥаз ҳаҭаауазар. Ақьырсианцәа зегьы рзы ари ашықәс аҩныҵҟа зегь раасҭа ихадоу хҭысуп. Сынтәа уи мҩаԥысуеит асабша, март 27 азы, амра анҭашәалак ашьҭахь. Абжеиҳараҩык уи ахҭыс ҭынч азгәаҭаразы алшара ҳауеит. Шьоукы уи ашьҭашәарыцарақәа ишрықәшәогьы иазгәарҭоит, егьырҭ — абахҭақәа ишырҭакугьы. Иҷыдоу уи ахҭыс аназгәаҳҭало Иеговеи, Иисуси, амаалықьцәеи, зыԥсы ҭалахьоу иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәеи рылаԥш ҳхызаауеит. Акгьы ҳԥырхагамхааит зегь раасҭа ихадоу уи ахҭыс азгәаҭара!

2021 шықәсазы Агәаларшәара ахәылԥаз асабшамш иақәшәоит аҟынтә, аԥсшьара мшқәа рзы аизара мҩаԥысӡом. Убри аҟынтә анаҩстәи амчыбжь азы аҵаразы астатиа ҟалаӡом.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан ҵҩа змам ажәлар ирызку ҵабыргу иаатыз 1935 шықәсазы?

  • Иарбан зеиԥшыҟам ԥсҭазаароу ҵҩа змам ажәлар ироуа арыцҳара ду ашьҭахь?

  • Ишԥаҳалшо Анцәеи Христоси рырҳаракра, Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы?

АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала

a 2021 шықәсазы март 27 ҳара ҳзы иҷыдоу амш акәхоит. Избанзар уи амш азы Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз азгәаҳҭоит. Уи Ахәылԥаз иаҭаауа еиҳараҩык Иисус «егьырҭ ауасақәа» ҳәа ззиҳәаз роуп. Иарбан урҭ ирыдҳәалоу ҵабыргу Иегова ишаҳаҭцәа еилыркааз 1935 шықәсазы? Иарбан зеиԥшыҟам ԥсҭазаароу дара ироуа арыцҳара ду ашьҭахь? Ишԥарылшо егьырҭ ауасақәа иџьашьахәу уи агәыӷразы Иеговеи Христоси рахь аџьшьара аадырԥшыр Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы?

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Егьырҭ ауасақәа — ари Христос ишьҭанеиуа, насгьы адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу ауаа роуп. Урҭ рахь иара убас иаҵанакуеит аҵыхәтәантәи амшқәа раан Иегова имаҵ аура иалагаз ауаа. Ҵҩа змам ажәлар — ари Христос ажәларқәа рыӡбаразы дшааиуа збо, насгьы арыцҳара ду иацәынхо ауаа роуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра