АҴАРАЗЫ АСТАТИА 39
«Снарылаԥшит ҵҩа змамыз, ԥхьаӡашьак заураны иҟамыз ажәлар»
«Снарылаԥшит ҵҩа змамыз, ԥхьаӡашьак заураны иҟамыз ажәлар... дара зегьы атәарҭа ҳарак аҿаԥхьа, Асыс аҿаԥхьа игылан» (ААТ. 7:9).
АШӘА 60 Ажәабжь ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит
АХҲӘААa
1. Дзықәшәазеи апостол Иоанн актәи ашәышықәса анҵәамҭазы?
АКТӘИ ашәышықәса анҵәамҭазы ҳара ҳера аан апостол Иоанн дзықәшәаз аҭагылазаашьа даара имариамызт. Апостолцәа рҟынтәи иаанхаз иара заҵәык иакәын, иқәрахь днеихьан, насгьы Патмос адгьылбжьахаҟа дахганы дыҟан (Аат. 1:9). Иара идыруан аҵабырг иацәхьаҵыз ауаа ақьырсианцәа шыржьоз, насгьы аизараҿы акзаара шеиларгоз. Иаарласны ииашаҵәҟьоу ақьырсианра зынӡа иқәӡаауазшәа угәы иабар алшон (Иуда 4; Аат. 2:15, 20; 3:1, 17).
Апостол Иоанн ибеит амаҭәа шкәакәақәа зшәыз, апальма шьыҵәрақәа зкыз ҵҩа змамыз ажәлар (Шәахәаԥш абзац 2.)
2. Иарбан ԥааимбаражәатә бароу Иоанн иоуз, Аатра 7:9—14 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
2 Имариамыз убри аамҭазы апостол Иоанн аԥааимбаражәатә ҵакы змаз зеиԥшыҟам абара иоуит. Иара ибеит амаалықьцәа ишрыдыз агәырҩа ду иатәыз аԥшақәа адгьыл ахь иаармышьҭларц, Анцәа имаҵ зуа, итәцәа, амҳәыр раадырхаанӡа (Аат. 7:1—3). Амҳәыр заархахо 144 000-ҩык ыҟоуп, урҭ Иисус ажәҩан аҿы напхгара ицрулоит (Лука 12:32; Аат. 7:4). Анаҩс Иоанн даҽа гәыԥк аӡбахә иҳәоит — «ҵҩа змамыз, ԥхьаӡашьак заураны иҟамыз ажәлар». Абар иара урҭ дышрыхцәажәо: «Урҭ абшьҭрас, хылҵшьҭрас, жәларыс, бызшәас иҟаз зегьы иреиуан, дара зегьы атәарҭа ҳарак аҿаԥхьа, Асыс аҿаԥхьа игылан». (Шәаԥхьа Аатра 7:9—14.) Ҳәара аҭахума, Иоанн даара дгәырӷьеит аԥхьаҟа ауаа рацәа Анцәа ииашаны ишимҵахырхәало анеиликаа.
3. а) Избан Иоанн ибара ҳагәрахаҵара зарӷәӷәо? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ҳәарада, ари абара Иоанн игәрахаҵара арӷәӷәеит. Ҳара ҳанхоит ари аԥааимбаражәа анынаӡо аамҭазы, убри аҟынтә уи ҳара ҳагәрахаҵара еиҳагьы иарӷәӷәоит. Иахьа миллионҩыла ауаа Иегова имҵахырхәаларц еизоит, урҭ агәырҩа ду рыхганы, адгьыл аҿы наӡаӡа анхара иақәгәыӷуеит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова 80 шықәса раԥхьа ҵҩа змам урҭ ажәлар рахь иаҵанакуа зусҭцәоу шааиртыз. Анаҩс урҭ ажәлар ирымоу ҩ-ҷыдарак еилҳаргоит: 1) шаҟа ирацәоу, насгьы 2) урҭ рахь адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҟынтә ауаа шаҵанакуа. Уи зеиԥшыҟам ари агәыԥ иахәҭаку зегьы рыгәрахаҵара арӷәӷәоит.
ИАБАНХАЛО ҴҨА ЗМАМ АЖӘЛАР?
4. Иарбан библиатә ҵабыргу ақьырсиантә уахәамақәа ирзеилымкаауа, аха иарбан гәаанагароу Абиблиа аҭҵааҩцәа ирымаз?
4 Абиблиаҿы еилыкка иануп Анцәа изыӡырҩуа ауаа адгьыл аҿы наӡаӡа ишынхало. Аха ақьырсиантә уахәамақәа рҿы уи шамахамзар ирҳәаӡом (2 Кор. 4:3, 4). Ақьырсиантә уахәамақәа реиҳарак ирҳәоит ауаа бзиақәа зегьы анԥслак ашьҭахь ажәҩан ахь ицоит ҳәа. Аха XIX ашәышықәсазы ажурнал «Ахьчаратә бааш» ҭзыжьуаз Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәыԥ маҷ даҽа гәаанагарак рыман. Дара еилыркааит Анцәа адгьыл аҿы џьанаҭ шеиҭашьақәиргыло, насгьы миллионҩыла Анцәа изыӡырҩуа ауаа ажәҩан аҿы акәымкәа, ара, адгьыл аҿы ишынхало. Аха Анцәа изыӡырҩуа урҭ ауаа зусҭцәаҵәҟьахо аилкааразы аамҭа аҭаххеит (Матф. 6:10).
5. Еилыркаазеи 144 000-ҩык ирызкны Абиблиа аҭҵааҩцәа?
5 Ҳәарада, Абиблиа аҭҵааҩцәа иара убас еилыркааит Иисус ажәҩан аҿы анапхгара ицҟарҵаларц азы шьоукы адгьыл аҟынтә ишгахо (Аат. 14:3). Урҭ рахь иаҵанакуазар акәын адгьыл аҿы инхонаҵы Анцәа изиашаны имаҵ зуаз 144 000-ҩык ауаа. Ргәы иаанагози дара ҵҩа змам ажәлар ирызкны?
6. Ргәы иаанагози Абиблиа аҭҵааҩцәа ҵҩа змам ажәлар ирызкны?
6 Иоанн ибараҿы ҵҩа змам ажәлар атәарҭа ҳарак аҿаԥхьеи Асыс аҿаԥхьеи игылан (Аат. 7:9). Убри аҟынтә Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәы иаанагеит ҵҩа змам ажәлар 144 000-ҩык ауаа реиԥш ажәҩан аҿы инхалоит ҳәа. Ус акәзар, излеиԥшымзи арҭ аҩ-гәыԥк, дара ргәаанагарала? Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәы иаанагон ҵҩа змам ажәлар рахь иаҵанакуа адгьыл аҿы ианынхоз ишақәнагаз еиԥш Анцәа изымӡырҩуаз роуп ҳәа. Урҭ Абиблиа ишаҳәо еиԥш рхымҩаԥгашьа шыцқьазгьы, ауахәамақәа рахьгьы иныҟәон. Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәаанагарала урҭ Анцәа бзиа дырбон, аха Иисус аҳра ицрулартә еиԥш рыбзиабара уиаҟара иӷәӷәамызт. Урҭ Анцәа иахь рыбзиабара уиаҟара иахьыӷәӷәамыз азы, дара атәарҭақәа рҿы акәымкәа, атәарҭа аҿаԥхьа игылазар акәын.
7. Инхалар зыхәҭадаз Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан адгьыл аҿы, Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәаанагарала, насгьы ргәы иаанагози дара ажәытәан инхоз Анцәа изиашаз ахацәа ирызкны?
7 Инхалар зыхәҭадаз, нас, адгьыл аҿы? Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәаанагарала 144 000-ҩыки ҵҩа змам ажәлари ажәҩан аҿы ианеизгахо, миллионҩыла егьырҭ ауаа алшара роуан Зқьышықәса ицоз Христос инапхгара аҵаҟа адгьыл аҿы анхара. Дара ргәы иаанагон урҭ ауаа Иисус напхгара аура далагаанӡа Иегова имаҵ рулар акәӡамызт ҳәа. Абиблиа аҭҵааҩцәа ирыԥхьаӡон урҭ ауаа Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан Иегова изку адыррақәа роуеит ҳәа. Убас, Иегова инормақәа здызкылоз адгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ироуан, издызымкылоз — ықәгахон. Абиблиа аҭҵааҩцәа иара убас ргәы иаанагон усҟантәи аамҭазы «адгьыл зегь аҿы ҭауадцәас» амаҵ зуло рҟынтәи шьоукы Зқьышықәсатәи Христос инапхгара ахыркәшамҭаз ажәҩан аҿы анхаразы алшара роуеит ҳәа. Урҭ рахь иаҵанакыр ауан «ажәытәан инхоз иаԥсаз ауаа», даҽакала иуҳәозар, Христос диаанӡа иԥсыз Анцәа изиашаз ахацәа (Аԥсал. 45:16).
8. Иарбан гәыԥқәоу Абиблиа аҭҵааҩцәа иалыркааз?
8 Ус анакәха, Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәы иаанагон х-гәыԥк ыҟазаалоит ҳәа: 1) Иисус напхгара ицҟазҵало 144 000-ҩык, 2) ажәҩан аҿы Иисус итәарҭа аҿаԥхьа игылазаало уиаҟара агәацԥыҳәара аазмырԥшуаз ҵҩа змам ажәлар, 3) Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан Иегова изакәанқәа зҵараны иҟаз миллионҩыла ауааb. Аха Иегова иазалихыз аамҭазы аҵабырг алашара еиҳа икаҷҷеит (Ажәам. 4:18).
АҴАБЫРГ АЛАШАРА ЕИҲА ИКАҶҶОИТ
1935 шықәсазы аконгресс аҿы ирацәаҩны ауаа аӡы рыҽӡаархит, дара адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра рыман (Шәахәаԥш абзац 9.)
9. а) Ишԥеилкаатәу ҵҩа змам ажәлар атәарҭа аҿаԥхьеи Асыс аҿаԥхьеи игылоуп ҳәа иҳәоу ажәақәа? б) Избан Аатра 7:9 иану ажәақәа уажәы ишеилаҳкаауа ахшыҩ заҵоу?
9 Иегова ишаҳаҭцәа 1935 шықәсазы еилыркааит Иоанн ибараҿы иаагаз ҵҩа змам ажәлар зусҭцәаҵәҟьоу. Дара еилыркааит ҵҩа змам ажәлар Асыс аҿаԥхьа игылазарц азы ажәҩан аҿы аҟазаара шрыхәҭам. Уи асимволтә ҵакы ауп иамоу. Дара адгьыл аҿы ишынхалогьы, «атәарҭа ҳарак аҿаԥхьа» игылазар рылшоит, уи азы Иегова имчра иадгыланы еснагь изыӡырҩуазар ауп (Ис. 66:1). Дара «Асыс аҿаԥхьа» игылазар рылшоит, Иисус иԥсхҭынҵарахьы агәрахаҵара аарԥшуа. Убас еиԥш Матфеи 25:31, 32 аҿы иануп «ажәларқәа зегьы», ауаа цәгьақәагьы уахь иналаҵаны, зеиԥшыҟам атәарҭа иқәтәоу Иисус «иҿаԥхьа еизоит» ҳәа. Еилкаауп ажәларқәа зегьы ажәҩан аҿы акәымкәа, адгьыл аҿы ишыҟоу. 1935 шықәсазы ирыдыркылаз ари аилкаара даараӡа ахшыҩ аҵоуп. Уи иҳаилнаркаауеит Абиблиа инақәыршәаны ҵҩа змам ажәлар ажәҩан ахь изымцо. Ажәҩан аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара зауа гәыԥк заҵәык ауп — Иисус аҳра ицзуло 144 000-ҩык ауаа (Аат. 5:10).
10. Избан ҵҩа змам ажәлар Зқьышықәсатәи Христос инапхгара алагаанӡа Иегова изку адыррақәа роур зрыхәҭоу?
10 Иегова ишаҳаҭцәа 1935 шықәса инаркны еилыркаауеит Иоанн ибараҿы иаагаз ҵҩа змам ажәлар рахь ишаҵанакуа адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу Анцәа изиашоу ақьырсианцәа. Агәырҩа ду рхыргарц азы дара Зқьышықәсатәи Христос инапхгара алагаанӡа Иегова изку адыррақәа роур ауп. Дара иара убас агәрахаҵара ӷәӷәа аадырԥшлароуп зқьышықәса ицо Иисус инапхгара аура далагаанӡа иҟалараны иҟоу зегьы рхыргарц азы (Лука 21:34—36).
11. Избан Абиблиа аҭҵааҩцәа џьоукы ргәы изаанагоз Зқьышықәсатәи Христос инапхгара ахыркәшамҭаз Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы ажәҩан ахь игахоит ҳәа?
11 Иахаҳҳәаар ҳалшозеи Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа шьоукы Зқьышықәсатәи Христос инапхгара ахыркәшамҭаз адгьыл аҟынтә ажәҩан ахь игахоит ҳәа иҟаз агәаанагара? Уи агәаанагара аӡбахә ҳәан февраль 15, 1913 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы. Шьоукы ус ихәыцуазар ауан: «Уиаҟара агәацԥыҳәара аазмырԥшуаз ақьырсианцәа ажәҩан ахь ицозар, избан ажәытәан инхоз Анцәа изиашаз ахацәа адгьыл аҿы изынхало?» Дара уи азҵаара рызцәырҵуан, избанзар ргәы иаанагон ҵҩа змам ажәлар ажәҩан аҿы инхалоит, насгьы урҭ рахь иаҵанакуа уиаҟара агәацԥыҳәара аазмырԥшуа ақьырсианцәа роуп ҳәа. Аха уи агәаанагара иашамызт.
12, 13. Еилыркаауазеи Анцәа идоуҳала иалхугьы ҵҩа змам ажәларгьы ирзыԥшу аҳамҭа аганахь ала?
12 Аха ишаҳбаз еиԥш 1935 шықәсазы Иегова ишаҳаҭцәа ибзианы еилыркааит Иоанн ибараҿы иҟаз ҵҩа змам ажәлар Армагеддон иацәынхо шракәу. Дара адгьыл аҿы агәырҩа ду иалҵуеит, насгьы рыбжьы ҭыганы ирҳәоит: «Ҳаиқәырхара зыбзоуроу атәарҭа ҳарак аҿы иқәҭәоу Ҳанцәеи Асыси роуп» (Аат. 7:10, АдҾ, 14). Уи адагьы, дара еилыркааит ажәытәан Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа ажәҩан ахь ишымцо, избанзар Абиблиа ишаҳәо ала ажәҩан аҿы анхаразы зыԥсы ҭало ироуеит ажәытәан инхоз Анцәа изиашаз амаҵзуҩцәа ироуа аасҭа еиҳа еиӷьу даҽакы (Аур. 11:40). Ҳашьцәа уи анеилыркаа, адгьыл аҿы наӡаӡа анхара иазку агәыӷра аӡбахә гәацԥыҳәарала ауаа рзеиҭаҳәара иалагеит.
13 Ҵҩа змам ажәлар рахь иаҵанакуа ақьырсианцәа ирымоу агәыӷра иеигәырӷьоит. Дара еилыркаауеит Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа рҟынтә ажәҩан аҿы инхало, насгьы адгьыл аҿы инхало зусҭцәоу иара шиакәу изыӡбо. Анцәа идоуҳала иалхугьы ҵҩа змам ажәларгьы ирдыруеит ирзыԥшу аҳамҭа зыбзоуроу Иегова Иисус Христос даашьҭны изыԥсам ақьиара ахьааирԥшыз шакәу (Рим. 3:24).
ԤХЬАӠАШЬА ЗМАМ АЖӘЛАР
14. Избан 1935 шықәса рышьҭахь аӡәырҩы ҵҩа змам ажәлар ирызкыз аԥааимбаражәа шынаӡо аилкаара зырҭахыз?
14 Иегова ишаҳаҭцәа 1935 шықәсазы Иоанн ибара ииашаны еилыркаауа ианалага, аӡәырҩы ирҭаххеит еилыркаарц адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу рхыԥхьаӡара еизҳашьас иамаз. Абар убри аамҭазы 12 шықәса зхыҵуаз Рональд Паркин ииҳәо: «Усҟан адунеи ахьынӡанаӡааӡо жәабжьҳәаҩцәас иҟаз 56 000-ҩык раҟара ракәын, урҭ рахьтә аӡәырҩы, иҟалап зегьы, доуҳала иалхын. Убри аҟынтә ҵҩа змам ажәлар уиаҟара ирацәамызшәа убон».
15. Ишԥаҿу ҵҩа змам ажәлар аизҳара?
15 Анаҩстәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа имаҷымкәа атәылақәа рахь ирышьҭыз амиссионерцәа рмаҵзура абзоурала Иегова ишаҳаҭцәа рхыԥхьаӡара аизҳара иалагеит. Уи ашьҭахь, 1968 шықәсазы ашәҟәы «Истина, ведущая к вечной жизни» ацхыраарала ауаа Абиблиа дырҵара иалагеит. Уи ашәҟәы ауаа абиблиатә рҵарақәа имарианы идеилнаркаауан, убри аҟынтә уаанӡа еиԥшымкәа имаҷҩымкәа згәы аартыз ауаа Иегова деилыркааит. Ԥшьышықәса рыла 500 000-ҩык инареиҳаны аӡы рыҽӡаархит. Алатинтә Америкеи егьырҭ атәылақәеи рҿы акатоликтә уахәама иамаз амчра еиҳа-еиҳа иахьацәыӡуаз иахҟьаны, насгьы Мрагыларатәи Европеи Африка иаҵанакуа тәылақәаки рҿы ҳус уаҳа мап ахьацәкымыз иабзоураны иҵегь миллионҩыла аӡы рыҽӡаархит (Ис. 60:22). Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова иорганизациаҿы иара убас иҭрыжьит егьырҭ амыруга бзиақәа. Урҭ рыцхыраарала ауаа Абиблиа иаҳнарҵо еилыркаауеит. Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ҵҩа змам ажәлар шеизиго, урҭ иахьа 8 000 000-ҩык иреиҳауп.
АМИЛАҬҚӘА ЗЕГЬ РҞЫНТӘ ҴҨА ЗМАМ АЖӘЛАР
16. Иаҵанакуада ҵҩа змам ажәлар ахь?
16 Иоанн иоуз абара аӡбахә аниҩуаз иҳәеит ҵҩа змам ажәлар «абшьҭрас, хылҵшьҭрас, жәларыс, бызшәас иҟаз зегьы иреиуан» ҳәа. Аԥааимбар Захариа уаанӡа убри иеиԥшыз ак иҳәахьан: «Урҭ амшқәа раан еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо ажәларқәа зегь рҟынтә жәаҩык ауаа аиудеи икалҭ иахьынҳалоит, иахьынҳалоит, насгьы ирҳәоит: „Ҳара шәара ҳшәыццоит, избанзар иҳаҳаит Анцәа дышшәыцу“» (Зах. 8:23).
17. Ишԥарыцхраауеи Иегова иорганизациа бызшәас, милаҭс иҟоу зегь рҟынтә ажәларқәа?
17 Иегова ишаҳаҭцәа еилыркаауеит бызшәа рацәала ицәажәо ауаа еизыргарц азы урҭ абызшәақәа рыла ажәабжь шҳәалатәу. Ҳара Абиблиа аҭҵааразы апубликациақәа 130 шықәса инареиҳаны аиҭагара ҳаҿуп, аха иахьа ҳазҿу аиҭагаратә ус акы иузадкылом. Иахьатәи аамҭазы абиблиатә публикациақәа 900 бызшәа инареиҳаны рыла еиҭаргоит. Иаҳбоит Иегова аус џьашьахә шыҟаиҵо — жәларыс, милаҭс иҟоу зегь рҟынтә ҵҩа змам ажәлар еизигоит. Абиблиеи абиблиатә публикациақәеи бызшәа рацәала иахьыҟоу иабзоураны, уи ажәлар акзаара рыманы Иегова имҵахырхәоит, дара адунеи ахьынӡанаӡааӡо ишынхогьы. Зегьы ирдыруеит Иегова ижәлар гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәаратә ус шымҩаԥырго, насгьы дара-дара ӷәӷәала бзиа ишеибабо. Ҳәарада, уи ҳара ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит! (Матф. 24:14; Иоанн 13:35).
ҴАКЫС ИАМОУЗЕИ АРИ АБАРА ҲАРА ҲЗЫ?
18. а) Избан изџьаҳамшьо Иегова ҵҩа змам ажәлар ирызку аԥааимбаражәа абас џьашьахәыла иахьынаигӡо, Исаиа 46:10, 11 иану инақәыршәаны? б) Избан адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу Анцәа ак рыгижьызшәа ргәы изаанамго?
18 Ҳара даара ҳгәы шьҭнахуеит ҵҩа змам ажәлар ирызку аԥааимбаражәа шынаӡо азхәыцра. Ҳара иџьаҳшьаӡом Иегова уи абас џьашьахәыла иахьынаигӡо. (Шәаԥхьа Исаиа 46:10, 11.) Ҵҩа змам ажәлар Иегова ириҭаз агәыӷра азы аџьшьара аадырԥшуеит. Урҭ ажәҩан аҿы Иисус анапхгара ицруларц азы Анцәа идоуҳала иахьалхым Анцәа ак рыгижьызшәа ргәы иаанагаӡом. Абиблиаҿы иаагоуп имаҷымкәа ахацәеи аҳәсеи рҿырԥштәқәа, урҭ 144 000-ҩык рахь иаҵанакӡом, аха Анцәа идоуҳа анапхгара рнаҭон. Иоанн Аӡӡаахҩы урҭ дыруаӡәкын (Матф. 11:11). Давидгьы урҭ дреиуан (Аус. 2:34). Урҭ реиԥш имаҷҩымкәа егьырҭ ауаагьы џьанаҭ дгьыл аҿы рыԥсы ҭаҵахоит. Дара зегьы, ҵҩа змам ажәлар раҳасабала, Иегова ишизиашоу, насгьы имчра ишадгылоу аарԥшра алшара роуеит.
19. Ҳгәы зызҭанаҵозеи ҵҩа змам ажәлар ирызку Иоанн ибара анаӡара ишаҿу азхәыцра?
19 Аҭоурых аҿы Анцәа уаанӡа ахаангьы амилаҭқәа зегьы рҟынтә миллионҩыла ауаа абас еидимкылаӡацызт. Иҳамоу агәыӷра зеиԥшразаалакгьы — ажәҩан аҿы анхара аума, мамзаргьы адгьыл аҿы — ҳара иахьынӡаҳалшо ирацәаҩны ауаа ҳрыцхраароуп ҵҩа змам егьырҭ ауасақәа рыҽрыдыркыларц (Иоанн 10:16). Иаарласны, заа ишҳәаз еиԥш, Иегова агәырҩа ду аан ауаа зыргәаҟуа анапхгарақәеи адинхаҵарақәеи ықәигоит. Ҵҩа змам ажәлар рахь иаҵанакуа зегьы зеиԥшыҟам алшара роуеит — дара адгьыл аҿы наӡаӡа Иегова имаҵ аура рылшоит! (Аат. 7:14).
АШӘА 139 Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа
a Ари астатиаҿы еилыргоуп апостол Иоанн иоуз аԥааимбаражәатә ҵакы змаз абара. Иара ибеит ҵҩа змам ажәлар шеизгахо. Уи абара зеиԥшыҟам ари агәыԥ иахәҭаку зегьы рыгәрахаҵара арӷәӷәоит.