АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ААТРА 7—9
Иегова дырзылԥхоит ҵҩа змам ажәлар
Избан Иегова дзырзылԥхо ҵҩа змам ажәлар?
- Дара Иегова итәарҭа ҳарак аҿаԥхьа игылоуп, даҽакала иуҳәозар, зегь рыла иара инапхгара иадгылоит. 
- Дара «амаҭәа шкәакәақәа» ршәуп, даҽакала иуҳәозар, Иегова урҭ цқьоуп ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоит, избанзар Христос иԥсхҭынҵарахьы агәрахаҵара аадырԥшуеит. 
- Дара «иахьеи-уахеи» иԥшьоу амаҵзура нарыгӡоит, даҽакала иуҳәозар, зиашарыла, насгьы гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ руеит. 
Иҟасҵалар сыхәҭоузеи ҵҩа змам ажәлар срыхәҭакхарц азы?