АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҚӘҴЫМҬА 23, 24
«Аиҳараҩык рган аанумкылан»
«Ауаа реиҳараҩык рган аанумкылан» ҳәа Иегова ииҳәаз ажәақәа аӡбаратә усқәа ракәын изызкыз: аӡбаҩцәа ииашам аӡбарақәа рыдрымкылалар акәын, ашаҳаҭцәагьы мыцла шаҳаҭра рмулар акәын. Аха ари адҵа шьаҭас иамоу апринцип егьырҭ аԥсҭазааратә ганқәа рҿгьы ҳхы иаҳархәар ҳалшоит. Ари адунеи иахьынӡалшо ақьырсианцәа ирыднацалоит иара иамоу ахымҩаԥгашьатә нормақәеи ахәыцшьеи (Рим. 12:2).
Избан аиҳараҩык рган аанкылара зыхшыҩдароу:
цқьа иаҳзымдыруа аинформациа анҳаҳауа?
иаҳшәаҳҵо, ҳахцәыҟаҵашьа, насгьы агәырҿыхагақәа аналаҳхуа?
даҽа расак, культурак, насгьы асоциалтә еиҟарамра ҳшазыҟоу аныҳаӡбо?