Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/2 ад. 4—6
  • Аусура агәырӷьара ҳзаанагаларц

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аусура агәырӷьара ҳзаанагаларц
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИЗШӘЫРҲАЛА ШӘУСУРАХЬ АЗЫҞАЗААШЬА БЗИА
  • ЛАМЫСЦҚЬАРАЛА АУС ЖӘУЛА
  • ШӘАЗХӘЫЦЛА ИАРБАН ХӘАРҬОУ ШӘЏЬАБАА ЕГЬЫРҬ ИРЗААНАГО
  • Ҩ-НЫЗҚЬ ШЬАҾА ШӘЦАЛА
  • АУСУРА ЗЕГЬ РЕИҲА ИХАДОУ ИАԤЫРХАГАМХАЛААИТ
  • Уџьа алҵшәа бзиақәа агәахәара узааргалааит
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Уџьабаа иузаанаго алҵшәа бзиақәа урылагәырӷьала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2016
  • Иуадаҩу аусура — ииасыма уи амода?
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Есыҽны иҳацхраауа аҟәыӷара зҵоу алабжьарақәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/2 ад. 4—6
Ахаҵа гәахәарала ибригада аус рыциуеит

АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИУМОУ АУСУРА БЗИА ИШБАТӘУ

Аусура агәырӷьара ҳзаанагаларц

«Ауаҩы ижәлароуп, ифалароуп, насгьы иџьабаа иаанаго́ алҵшәақәа дрылагәырӷьалароуп. Ари Анцәа иҳамҭоуп» (Екклезиаст 3:13). Анцәа ҳџьабаа агәырӷьара ҳзаанагаларц иҭахызар, нас ҳазыԥшызар акәӡами уи аҟаҵашьа ҳирҵоит ҳәа? (Исаиа 48:17). Насыԥны, уи амаӡа ҳара иаҳзааиртит Иажәаҿы — Абиблиа адаҟьақәа рҿы. Ҳрыхәаԥшып ҳусураҿы агәырӷьара ҳамазарц иҳацхраауа анаҩстәи абиблиатә лабжьарақәа.

ЕИЗШӘЫРҲАЛА ШӘУСУРАХЬ АЗЫҞАЗААШЬА БЗИА

Шәызҿызаалакгьы: хшыҩла, ма напыла аусура, мамзаргьы рыҩбагьы еилашәыгӡозаргьы, ишәгәалашәыршәала «иарбан џьабаазаалак хәарҭа» шышәзаанаго (Ажәамаанақәа 14:23). Иарбан хәарҭоу? Гәақәкрыла аусура ахныҟәгара иҳацхраауеит. Ҳәарада, Анцәа ҳақәиргәыӷуеит изиашаны имаҵ зуа рҭахрақәа шынаигӡо (Матфеи 6:31, 32). Аха иара убасгьы дазыԥшуп ҳара ҳганахь алагьы гәақәкрыла аус ҳаулоит, насгьы мыцҳәарада аԥара ҳарҳалоит ҳәа (2 Фессалоникаа 3:10).

Убасала, аусура ухықәкы анагӡараҿы иуцхраауа ак акәны уахәаԥшлар ауеит. Аусура — ари уҭакԥхықәрақәа рынагӡаразы иаԥсоу знеишьоуп. «Ухала ухы ныҟәугартә уҟазар, уи акыр иаԥсоуп,— иҳәеит 25 шықәса зхыҵуа Џьошуа.— Ухала иугу ааухәартә уаныҟоу, усҟан уара уусура иамоу ахықәкы наӡоит».

Уи адагьы, гәақәкрыла аусура ахпатуқәҵара узаанагоит. Избанзар агәақәкра иаа́нагоит гәык-ԥсыкала аусура. Ҳҽазышәаны ҳус аҵыхәтәанынӡа инаҳагӡозар,— ҳус ҳгәы арҿыӷьуазаргьы, мамзаргьы ицәгьоуп ҳәа иҳаԥхьаӡозаргьы,— ауадаҩрақәа ҳрыцәшәаны ҳахьаанымгылаз агәахәара ҳнаҭоит. Ҳхы ҳаиааит, насгьы имариоу амҩа алҳамхӡеит (Ажәамаанақәа 26:14). Убри аганахь ала аусура иаҳзаанагоит иҵаулоу агәахәара. «Сара исгәаԥхоит аусура ашьҭахь иуоуа ацәанырра,— иҳәеит Аарон, ҳазхысыз астатиаҿы зажәақәа аагаз.— Уара укарахоит, насгьы уусура аӡәгьы имбазар алшоит, аха уара иудыруеит алҵшәа шумоу».

ЛАМЫСЦҚЬАРАЛА АУС ЖӘУЛА

Абиблиаҿы дырҽхәаны даарԥшуп «зус аҿы иҟазоу» ахаҵа, насгьы «лгәы азышьҭны знапала аус зуа» аԥҳәыс (Ажәамаанақәа 22:29; 31:13). Аԥышәеи аҟазареи, ҳәарада, иаразнак иуоуӡом. Аӡәгьы бзиа ибаӡом иқәымҿио аус аҟаҵара. Убри азы акәзар ҟалоит аӡәырҩы ауаа русура бзиа изырымбо; дара рҽазырымшәаӡеит русура иазҟазаны аҟалара.

Ииашаҵәҟьаны иуҳәозар, ауаҩы бзиа ибар илшоит аусура зеиԥшразаалакгьы. Уи азы иара имазароуп ииашоу азыҟазаашьа — дашьҭазароуп иҵарц уи аус ибзианы анагӡашьа. «Умчқәа зегь еизганы уҽаназушәо, насгьы алҵшәа анубо, уи агәахәара унаҭоит,— иҳәеит 24 шықәса зхыҵуа Уилиам.— Уи аҩыза ацәанырра уоуӡом уаашьозар, мамзаргьы маҷк ада ҟаумҵозар».

Аԥҳәыс аидара шьҭызхуа амашьына аныҟәцашьа лҵоит

ШӘАЗХӘЫЦЛА ИАРБАН ХӘАРҬОУ ШӘЏЬАБАА ЕГЬЫРҬ ИРЗААНАГО

Мыцхәы шәазымхәыцлан аԥара шаҟа шәырҳауа. Еиӷьуп шәхы шәазҵаар: «Избан ари аусура сара сзы изхадоу? Иҟалозеи, уи аус зынӡа иҟасымҵар, мамзаргьы ииашамкәа инасыгӡар? Иарбан хәарҭоу ирзаанаго егьырҭ сусура?»

Аҵыхәтәантәи азҵаара еиҳарак ибзианы ҳазхәыцроуп, избанзар уусура егьырҭ ирнаҭо ахәарҭа анубо ауп агәахәара анузаанаго. Иисус иҳәеит: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (Аусқәа 20:35). Ҳусура ахәарҭа знаҭо,— иаҳҳәап, аҿаҵаҩцәа, мамзаргьы аусураҭаҩцәа рыдагьы иҟоуп егьырҭгьы, ҳусурахь иааҳарԥшуа агәақәкра хәарҭа ззаанаго. Урҭ ҳҭаацәара иалахәу, насгьы ахныҟәгага змам роуп.

Уҭаацәара иалахәу. Аҭаацәа рхада иҭаацәа рҭахрақәа рынагӡаразы игәақәкны аус аниуа, урҭ рыԥсҭазаара ҩ-ганк иадамзаргьы дацхраауеит. Актәи, иара деиҷаҳауеит рцәеижьтә ҭахрақәа: афатә, ашәҵатәы, рынхарҭа ҭыԥ. Убасала инаигӡоит иҭаацәа «гәҭыхас» имазарц азы Анцәа ииҭаз аҭакԥхықәра (1 Тимофеи 5:8). Аҩбатәи, ихатә ҿырԥшала аусуҩ бзиа иҭаацәа идирҵоит шаҟа ихадоу аусура. «Сара саб аусурахь ииашоу азыҟазаашьа змоу зеиԥшыҟам ҿырԥшуп,— иҳәеит Шеин, ииасыз астатиаҿы зажәақәа аагаз.— Уи иԥсы ахьынӡаҭаз уасҭас иҟаз ауаҩ иаша иакәын. Иара аусурахь абзиабара сылаиааӡеит, насгьы исирҵеит ауаа рхы иадырхәо амаҭәарқәа снапала аҟаҵашьа».

Ахныҟәгага змам. Апостол Павел ақьырсианцәа ирабжьеигон ргәақәкны аус руларц ацхыраара зҭаху рыцхрааразы (Ефесаа 4:28). Ииашаҵәҟьаны, ҳҭаацәеи ҳхи аныҟәгаразы ҳгәақәкны аус анаҳуа, ҳара иҳауеит алшара аԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа ирықәшәо рыцхраара (Ажәамаанақәа 3:27). Убри ала гәақәкрыла аусура алшара ҳнаҭоит агәырӷьара аиура аӡәы ҳахьицхраауа аҟынтә.

Ҩ-НЫЗҚЬ ШЬАҾА ШӘЦАЛА

Зегь еицырдыруа Ашьхаҿы иҟаиҵаз ажәабжьҳәараҿы Иисус иҳәеит: «Мчыла зықь шьаҿа узырҟаҵарц зҭаху,— ҩ-нызқь шьаҿа ицҟаҵа» (Матфеи 5:41). Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо ари апринцип ҳусураҿы? Маҷк ҟаҵаны шәаанымгылалан, шәҽазышәшәала иаҭаху аҵкыс еиҳаны аҟаҵара. Иқәшәыргылала ахықәкқәа, анаҩс ишәзалху аамҭа ааиаанӡа шәусура еиӷьны, насгьы ирласны аҟаҵара шәҽазышәшәа. Шәусура етапцыԥхьаӡа анагӡара ишәнаҭо ацәаныррақәа шәреигәырӷьала.

Асупермаркет аҿы аус зуа, гәахәарала аахәаҩцәа дрыцхраауеит атауар алхра

«Ҩ-нызқь шьаҿа» шәырхысзар, шәусура агәахәара шәзаанамгар залшом. Избан? Избанзар ари аҭагылазаашьаҿы шәара шәоуп иаԥшәымоу. Шәара еиҳаны изыҟашәҵо аӡәы иахьшәыдицало азы акәӡам, аха шәара шәхаҭа уи ахьышәҭаху азоуп (Филимон 14). Убри иадҳәаланы иаҳгәалаҳаршәар ҳалшоит Ажәамаанақәа 12:24 аҿы иану апринцип: «Иҟәыбҷоу рнапы напхгара аулоит, аха иаашьо анапы мчылатәи аус азыԥшуп». Ҳәарада, ҳара атәра ҳҭагылаӡом, мамзаргьы ҳаздырцало аусураҿы аус ҳаулартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳауӡом. Аха зусураҿы маҷк ада ҟазымҵо тәыс, насгьы аӡә ииҳәо ала инхо иеиԥш ихы ибалар илшоит. Ҩ-нызқь шьаҿа ирхысыз ауаҩы,— хатә гәаԥхарала еиҳаны аус зуа,— иԥсҭазаара иара инапаҿы ишыҟоу иныруеит. Аҭагылазаашьа даԥшәыманы даанхоит.

АУСУРА ЗЕГЬ РЕИҲА ИХАДОУ ИАԤЫРХАГАМХАЛААИТ

Гәақәкрыла инагӡоу аусура арҽхәара ахәҭоуп, аха ихадоуп иаҳгәалашәалар ишыҟоу аусура аҵкыс еиҳау аусқәа. Ҳарада, Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ҳусура игәцаракны ҳазыҟазарц (Ажәамаанақәа 13:4). Аха уи иаанагом аусура ада ак ҳамбо ҳҟалароуп ҳәа. «Уаԥсҵәык аҭынчра еиҳа еиӷьуп, ҩ-уаԥсҵәык ицәгьоу аусуреи аԥша ашьҭалареи раасҭа»,— аҳәоит Екклезиаст 4:6. Зыӡбахә ҳәоузеи ара? Аусура ада ак зымбо ауаҩы иусура алҵшәа далагәырӷьо дҟалаӡом, избанзар иусура иаамҭеи имчқәеи зегь имнахуеит. Иусура ҵакыдахоит, «аԥша уанашьҭоу еиԥш».

Абиблиа аусурахь ииашоу ахәаԥшышьа аизырҳара иҳацхраауеит. Анцәа Иажәа ламысцқьарала аусура ҳгәы шазҭанаҵогьы, уи ҳаанаԥхьоит иҳахәаша «еилкаауа» идырны иҳамазарц (Филиппаа 1:10). Иаҵанакуазеи иҳахәаша ахь? Уахь иаҵанакуеит ҳҭаацәеи ҳҩызцәеи рацәажәара. Аха уи аасҭа ихадоуп Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реизырҳара иҳацхраауа адоуҳатә усқәа, иаҳҳәап Абиблиа аԥхьара, насгьы уи азхәыцра.

Аҭаацәа гәахәарала еицәажәоит еидтәаланы шьыбжьхьа ахьырфо

Зыԥсҭазаараҿы аҭышәынтәалара змоу ауаа русура агәырӷьара рнаҭоит. «Сара уаанӡатәи сеиҳабы — аусурахь аҭышәынтәалара шаарԥштәу узырбо зеиԥшыҟам ҿырԥшуп,— иҳәеит Уилиам, астатиа алагамҭаҿы зажәақәа аагаз.— Иара згәы ақәкны аус зуа уаҩуп, насгьы аус зциуеи иареи реизыҟазаашьақәа бзиоуп, избанзар иҟаиҵо зегь бзианы иҟаиҵоит. Аусура амш анҵәамҭазы иара идыруеит иусура аусураҿы ааныжьшьа, нас иҭаацәеи Анцәа имаҵзуреи ихы рзышьҭышьа. Нас шәгәы иаанагозеи? Сара издыруа ауаа рҟынтә иара зегь реиҳа насыԥ змоу дреиуоуп!»

Дара аусура ишазыҟоу

«Амш анҵәамҭазы сара ааԥсара аныснырлак, еилыскаауеит уск шынасыгӡаз, уи сеигәырӷьоит. Издыруеит аус шызуҵәҟьаз» (Ник).

«Ибзиоуп еснагь ламысла аусура. Уск унапы алоукызар, ишақәнагоу инагӡа» (Кристиан).

«Ауаҩы ицәеижь иалшо рацәоуп. Сара исҭахуп гәыкала аус зуларц, насгьы егьырҭ срыцхрааларц, уи ала исымоу аԥсҭазааразы аџьшьара аасырԥшырц» (Деивид).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра