Христос шәиҿыԥшла, агәымшәареи агәеилых бзиеи аарԥшуа
«Шәара уи бзиа дыжәбоит, ахаан дшышәымбацгьы. Уажәы дшышәымбогьы, шәара иара иахь агәрахаҵара аашәырԥшуеит» (1 ПИОТ. 1:8, АдҾ).
1, 2. а) Иҟаҵатәузеи, аиқәырхара ҳаурц азы? б) Ишԥаҳалшо ҳара аиқәырхарахь ҳназго амҩаҿы аанхара?
ҲАРА Христос ҳишьҭанеицәаны ҳаныҟало инаркны, наунагӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ҳанылазар иаҩызоуп, ажәҩан аҿы акәу, адгьыл аҿы акәу иахьыҟазаалакгьы. Иисус иҳәеит: «Аҵыхәтәанынӡа изычҳаз [иԥсы ҭанаҵы, мамзаргьы ари асистема аҵыхәтәанынӡа]» — деиқәырхахоит (Матф. 24:13). Ҳара хьаҵрада аиашара амҩа ҳанызар, ҳаиқәхоит. Аха ҳара ҳгәаҳҽанызар ауп, уи амҩа ҳахымҟьарц, насгьы ҳамҟьаларц азы (1 Иоан. 2:15—17). Иҳацхраауазеи ҳара уи аҿы?
2 Ҳара Ҳҿырԥшы, Иисус, аиқәырхарахь ҳназго амҩа ҳирбеит. Абиблиа ҭҵаауа, Христос ихаҭареи иԥсҭазаареи ирызкны ирацәаны еилаҳкаауеит. Уи абзоурала ҳара иара бзиа ибара, насгьы игәра агара ҳалшоит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 1:8, 9.) Апостол Пиотр иҳәеит Иисус аҿырԥшы шаҳзаанижьыз, иара ишьҭра ҳхыланы ҳцаларазы (1 Пиот. 2:21). Иисус ишьҭра ҳхыланы ҳанцо, ҳара иҳауеит ҳагәрахаҵара алҵшәа — аиқәырхараa. Ҳазхысыз астатиаҿы еилырган ҳара Иисус ахынраалареи агәрыцҳашьареи раарԥшраҿы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо. Шәааи ҳалацәажәап Христос ҳаиҿыԥшлар шҳалшо, агәымшәареи агәеилых бзиеи аарԥшуа.
ИИСУС ИГӘЫМШӘАРА
3. Изакәызеи агәымшәара, насгьы иҟаҵатәузеи уи ҳаурц азы?
3 Агәымшәара — ари узырӷәӷәо цәанырроуп, насгьы ауадаҩрақәа рыхгараҿы иуцхраауеит. Агәымшәара ииашоу аилкаара иуцхраауеит. Аԥышәарақәа раан агәымшәара анааҳарԥшуа, уи аҭынчра ахьчареи Анцәа изиашаны аанхареи иҳацхраауеит. Агәымшәара ӷәӷәала иадҳәалоуп Анцәа игәаԥхо ашәареи, агәыӷреи, абзиабареи. Ишԥа? Иаҳҳәап, Анцәа ицәшәара ҳамазар, уи ҳара ҳгәы арӷәӷәоит ауаа ҳарцәымшәаларц (1 Сам. 11:7; Ажәам. 29:25). Ииашаҵәҟьоу агәыӷра хьаҵрада ԥхьаҟа аԥшра иҳацхраауеит, ауадаҩрақәа шыҟоугьы (Ԥс. 27:14). Ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара агәымшәара аарԥшра ҳгәазҭанаҵоит, уи азы ҳхы ақәаҳҵарц аҭаххозаргьы (Иоан. 15:13). Ҳара агәымшәара ҳаур ҳалшоит Анцәа ҳиқәгәыӷуазар, насгьы Иԥа ишьҭа ҳхызар (Ԥс. 28:7).
4. Ишԥааирԥши Иисус агәымшәара, аныҳәарҭаҟны «арҵаҩцәа дрылатәаны данырзыӡырҩуаз»? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
4 Иисус 12 шықәса анихыҵуаз агәымшәара аарԥшуа, ииашаз ихьчон. Иаҳгәалаҳаршәап иҟалаз иқәыԥшыз Иисус «аныҳәарҭаҟны... арҵаҩцәа дрылатәаны данырзыӡырҩуаз». (Уаԥхьа Лука 2:41—47.) Урҭ арҵаҩцәа Моисеи изакәан адагьы ауаа ирхәыцыз ақьабзқәагьы бзианы ирдыруан, уи Иисус дшазыразымызгьы. Ус шакәызгьы, Иисус дымшәаӡеит, насгьы ҿымҭкәа дтәаӡамызт, аха азҵаарақәа риҭон. Уи ус баша ак еилызкаарц зҭахыз аҷкәын изҵаарақәа ракәмызт. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит ҳауп ҳәа иҟаз, аҵара ду змаз арҵаҩцәа Иисус изҵаарақәа шаҟа иџьаршьаз, насгьы иацәажәара ишалагаз. Аҵәы аҵаҵаны, ҩысҭаарыла иажәаҿы дақәаҳкып ҳәа азҵаарақәа иҭара рҽазыршәазаргьы, акгьы рылымшеит. Дара зегьы, арҵаҩцәагьы уахь иналаҵаны, «иҟәыӷареи иҟаиҵоз аҭакқәеи рзымбатәбаран», уи зегьы ҳәарада Анцәа Иажәа иану аҵабырг шьақәнарӷәӷәон.
5. Ишԥааирԥшуаз Иисус имаҵзураҿы агәымшәара?
5 Адгьыл аҿы амаҵ аниуаз, Иисус изныкымкәа агәымшәара ааирԥшхьан. Иара дымшәаӡакәа мцыла еибаркыз аҵарақәа́ рыла ауаа зырҩашьоз адинхаҵаратә напхгаҩцәа ҿаԥиҽуан (Матф. 23:13—36). Иисус адунеи анырра бааԥс даҿагылан (Иоан. 16:33). Иара анаҩсгьы ажәабжьҳәара даҿын, аҿагылаҩцәа шыҟазгьы (Иоан. 5:15—18; 7:14). Иисус дымшәаӡакәа зхымҩаԥгашьала Иегова имҵахырхәара зҟьашьуаз аԥара аиҭныԥсахлаҩцәеи ахәаахәҭцәеи аныҳәарҭа аҟынтәи ҩынтәгьы идәылицахьан (Матф. 21:12, 13; Иоан. 2:14—17).
6. Ишԥааирԥши Иисус агәымшәара аҵыхәтәантәи амш аҽны адгьыл аҿы?
6 Аԥышәарақәа раан Иисус иааирԥшуаз агәымшәара ҳхаҵара́ арӷәӷәоит. Шәааи иаҳгәалаҳаршәап аҵыхәтәантәи амш аҽны адгьыл аҿы ихигаз. Иисус идыруан иахьнанагоз Иуда Искариот иҟаиҵоз аҭира. Аха Мшаԥы ауха Иуда ус иеиҳәоит: «Иҟауҵараны иҟоу ирласны иҟаҵа» (Иоан. 13:21—27). Гефсимантәи абаҳчаҿы Иисус дҭаркырц азы аруаа ишьҭаланы ианнеи, иара дызусҭаз имҵәахӡеит. Иара иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, иҵаҩцәа рыхьчара дашьҭан (Иоан. 18:1—8). Иисус Синедрион аҿаԥхьа дангылаз, дымшәаӡакәа Анцәа дшиԥаз, Христос шиакәыз шьақәирӷәӷәеит, аԥхьаԥшьаҩы уи ишьразы амзыз дшашьҭаз шидыруазгьы (Мар. 14:60—65). Иисус ашьаҟаҿы дыԥсаанӡа, дымхьаҵӡакәа ацқьара ихьчеит. Аԥсра данаҿыз, ус иҳәеит: «Инаӡеит!» (Иоан. 19:28—30).
ИИСУС ИГӘЫМШӘАРА ШӘАҾЫԤШЛА
7. Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, ҳаҭыр ақәышәҵома шәара Иегова ихьӡ аныҟәгара ахьшәаҭәашьоу, насгьы ишԥашәылшо шәара агәымшәара аарԥшра?
7 Ишԥаҳалшо Иисус игәымшәара аҿыԥшра? Ашкол аҿы. Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, шәара даара агәымшәара аашәырԥшуеит Иегова ишаҳаҭцәа шшәакәу иаартны ианышәҳәо, акласс аҿы аҵара шәыцызҵо шәҩызцәеи егьырҭ ауааи шәхыччозаргьы. Убас ала шәара иаашәырԥшуеит Иегова ихьӡ аныҟәгара шәара шәзы шҳаҭыр дуу. (Уаԥхьа Ԥсалом 86:12.) Арҵаҩцәа аеволиуциа атеориа шиашоу ала агәра шәдыргозар ауеит, афакт еиԥш ишәыдгало. Аха шәара ишәымоуп ишьақәырӷәӷәоу амзызқәа ашара иазкны Абиблиа иаҳәо агәра агара. Аброшиура «Аԥсҭазаара ахыҵхырҭаҿы. Зҭак ҟаҵатәу хә-зҵаарак» захьӡу ацхыраарала, шәара шәыгәрахаҵара шәыхьчалар шәылшоит «агәыӷра аӡбахә ианазҵаалакь» (1 Пиот. 3:15). Хымԥада Анцәа Иажәа аиашара анышәыхьчо, шәара агәырӷьара ду шәоуеит!
8. Иарбан мзызқәоу иҳамоу, гәымшәарыла ажәабжь аҳәаразы?
8 Амаҵзураҿы. Ҳара Иегова имч ҳамоуп аҟынтә, ииашоу ақьырсианцәа реиԥш ҳагәрахаҵара атәы гәымшәарыла еиҭаҳҳәалар ауп (Аус. 14:3). Иарбан мзызқәоу ҳара иҳамоу уи азы? Ҳара иаҳдыруеит ауаа ирзеиҭаҳҳәо шҵабыргу, избанзар ҳажәабжь Абиблиа шьаҭас иамоуп (Иоан. 17:17). Иара убас «ҳарҭ — Анцәа иусзуцәа ҳакәны ҳаҟоуп», насгьы Анцәа иԥшьоу идоуҳала дҳацхраауеит (1 Кор. 3:9; Аус. 4:31). Ҳара еилаҳкаауеит гәацԥыҳәарыла ажәабжь анаҳҳәо, Анцәа иахь азиашареи иаҳзааигәоу рахь абзиабареи шааҳарԥшуа (Матф. 22:37—39). Ҳара агәымшәара ҳалоуп аҟынтә, аӡәымзар-аӡәы илшом ажәабжьҳәара ҳаҟәыхра. Ҳара еснагь ҳазхиоуп ауаа аҵабырг алашара абара ирԥырхагоу амцтә динхаҵара аусқәа рҿаԥҽра (2 Кор. 4:4). Ҳара анаҩсгьы ажәабжь ҳҳәалоит, зегь азеиԥшреи, ахыччареи, аҿагылареи ҳашрықәшәогьы (1 Фес. 2:1, 2).
9. Ишԥаҳалшо ҳара аԥышәарақәа раан агәымшәара аарԥшра?
9 Аԥышәарақәа раан. Анцәа иахь иааҳарԥшуа агәрагара ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит, насгьы ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауа агәымшәара ҳнаҭоит. Ҳара иҳазгәакьоу дахьыԥсыз азы ҳгәырҩозар, агәыӷра ҳцәыӡӡом, аха «агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа» иҿы ацхыраара ҳашьҭоуп (2 Кор. 1:3, 4; 1 Фес. 4:13). Ӷәӷәала ҳачмазаҩызар, уи ахьаа ӷәӷәа ҳнаҭозар ауеит, аха ҳагәрахаҵара ҳацәхьаҵӡом. Ҳара иалаҳхуеит абиблиатә принципқәа ирҿамгыло ахәышәтәра (Аус. 15:28, 29). Ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, ҳхы ҳақәыӡбозар ауеит. Аха ҳара «згәы каҳаны иҟоу ирзааигәоу» Анцәа ҳиқәгәыӷуеит аҟынтә, ҳҽаҳҭом (1 Иоан. 3:19, 20; Ԥс. 34:18)b.
ИИСУС ИГӘЕИЛЫХ БЗИА
10. Изакәызеи агәеилых бзиа, насгьы изеиԥшроузеи згәеилых бзиоу ауаҩы ицәажәашьеи ихымҩаԥгашьеи?
10 Агәеилых бзиа — ари аҵакы аилкаара, ацәгьеи абзиеи реиҩдыраара, насгьы ҟәышрала ахымҩаԥгара ауп (Аур. 5:14). Агәеилых бзиа злоудыруа, адоуҳатә зҵаарақәа рҿы ииашоу аӡбара анудукыло ауп. Згәеилых бзиоу Анцәа имаҵзуҩы иажәақәеи ихымҩаԥгашьалеи рыла Анцәа диргәырӷьалоит. Ари иҩыза ауаҩы иажәа уахәӡом, аха уахәышәтәуеит (Ажәам. 11:12, 13). Згәеилых бзиоу ауаҩы «агәаара дахыццакӡом» (Ажәам. 14:29). Иԥсҭазаараҿы иара «амҩа иашала дцоит» (Ажәам. 15:21). Ишԥаҳалшо ҳара агәеилых бзиа аиура? Уи ҳаур ҳалшоит Анцәа Иажәа анҭаҳҵаауа, насгьы еилаҳкаауа ҳанықәныҟәо (Ажәам. 2:1—5, 10, 11). Ҳара ҳзы даара ихәарҭахоит зегь раасҭа згәеилых бзиаз Иисус иҿырԥшы.
11. Ишԥаныԥшуаз Иисус ицәажәашьа агәеилых бзиа?
11 Иисус иажәақәеи иусқәеи зегьы агәеилых бзиа рныԥшуан. Ицәажәашьа. Уи ажәабжь иҳәон изыӡырҩуаз зыршанхоз ажәа хаақәа ихы иархәаны (Лука 4:22; Матф. 7:28). Иисус лассы-лассы Анцәа Иажәа иазхьаирԥшуан, даԥхьон, насгьы ииҳәоз азхәыцрақәа шьақәзырӷәӷәоз Аҩыра аҟынтәи ажәеинраалақәа ааигон (Матф. 4:4, 7, 10; 12:1—5; Лука 4:16—21). Убри адагьы, Иисус Анцәа Иажәа убас идеилиркаауан, иӡырҩуаз ргәаҵанӡа инеиртә. Ҽнак зны зыԥсы ҭалаз Иисус Еммаус ицоз ҩыџьа иҵаҩцәа рҿаԥхьа дцәырҵит. Иисус «иара изкны Аҩыра иану зегьы рылацәажәара далагеит». Ԥыҭрак ашьҭахь урҭ аҵаҩцәа ирҳәеит: «Мшәан ҳгәы-ҳаԥсы мбылӡоз... данҳацәажәауаз, Аҩыратә анҳаилиркаауаз?» (Лука 24:27, 32).
12, 13. Иарбан хҭысқәоу изныԥшуа Иисус агәаара дшахымыццакуаз, насгьы ауаа рахь аилкаара шааирԥшуаз?
12 Игәазыҟашьа. Агәеилых бзиа Иисус ицхраауан аҽынкылара аарԥшреи агәаара ахымыццакреи (Ажәам. 16:32). Иисус дҟәымшәышәын (Матф. 11:29). Иара еснагь иҵаҩцәа рахь ачҳара ааирԥшуан, урҭ агхақәа шыҟарҵозгьы (Мар. 14:34—38; Лука 22:24—27). Иисус ииашамкәа ианизныҟәозгьы, уи аҭынчра ааирԥшуан (1 Пиот. 2:23).
13 Убри адагьы, агәеилых бзиа Иисус ицхраауан ауаа рахь аилкаара аарԥшра. Иара Моисеи изакәан нбан-нбанла дықәныҟәомызт, аха адоуҳа ишиҵанаҳәоз ала ихы мҩаԥигон. Ҳахәаԥшып Марк 5:25—34 иану ахҭыс. (Уаԥхьа.) Ашьацара змаз аԥҳәыс ажәлар даарылсын, Иисус имаҭәа дахькьысит, лчымазарагьы лыхгеит. Закәанла лара дыцқьам ҳәа дыԥхьаӡан, насгьы аӡә илакьысра азин лымамызт (Алев. 15:25—27). Аха Иисус идыруан Азакәан аҿы «арыцҳашьара, агәрахаҵара» еиҳа ишхадаз (Матф. 23:23). Убри азоуп иара аԥҳәыс дызлықәмыӡбаз, аха ирхааны илеиҳәеит: «Сыԥҳа! ибымоу агәрахаҵара быҿнахит; бца хирла, бчымазара бызҩыдахааит». Иисус игәеилых бзиа игәазҭанаҵон ауаа қьиарала рзыҟазаара, уи ҳара ҳгәаҵанӡа имнеир залшом!
14. Иарбан ԥсҭазааратә мҩоу Иисус иалихыз, насгьы дышԥаанхоз иара уи амҩаҿы?
14 Иара иԥсҭазааратә мҩа. Иисус игәеилых бзиа убоит иара ииашоу аԥсҭазааратә мҩа ахьалихыз, насгьы уи амҩала дахьцоз аҟынтә. Ажәабжь бзиа рылаҳәара иара иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадан (Лука 4:43). Идикылоз аӡбарақәа ари амҩаҿы аанхареи, идыз аус мацара ихы азышьҭреи, уи аус аҵыхәтәанынӡа анагӡареи илнаршон. Иара имҩаԥигон имариаз аԥсҭазаара, убри аҟынтә иаамҭеи имчи амаҵзура иазикуан (Лука 9:58). Иисус еиликаауан иара данԥслак ашьҭахь ажәабжь бзиа рылаҳәара иацызҵаша ауаа аҵара шдырҵатәыз (Лука 10:1—12; Иоан. 14:12). Иара ишьҭанеицәа ажәа риҭеит ари асистема аҵыхәтәахьы инеиаанӡа ажәабжьҳәара аус аҿы дышрыцхраауа (Матф. 28:19, 20).
ИИСУС ШӘИҾЫԤШЛА АГӘЕИЛЫХ БЗИА ААРԤШРАҾЫ
Еилышәкаала ауаҩы зинтерес имоу, насгьы иаанало ажәақәа шәыԥшаала (Шәахәаԥш абзац 15.)
15. Ишԥаҳалшо ҳара ҳцәажәашьаҿы агәеилых бзиа аарԥшра?
15 Шәааи ҳахәаԥшып агәеилых бзиа аарԥшраҿы Иисус иҿыԥшра шҳалшо. Ҳцәажәашьа. Ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳанрацәажәо, ҳхы иаҳархәо ажәақәа ргәы канамыжьлароуп, аха ишьҭнахлароуп (Ефес. 4:29). Егьырҭ ауаа Анцәа Иаҳра аӡбахә анырзеиҭаҳҳәо, ҳажәақәа «баҩ рылазароуп» (Кәал. 4:6). Ҳара ҳашьҭоуп ауаа зинтерес рымоу, насгьы изыргәаҟуа аилкаара. Уи ҳацхраауеит ашәқәеи ауаа рыгәқәеи аазыртуа ажәа хаақәа рыԥшаара. Иара убас, ҳара егьырҭ ҳагәрахаҵара атәы анырзеиҭаҳҳәо, аҭагылазаашьа шааҳаулак еиԥш, Абиблиа аҟынтәи ҳаԥхьоит, избанзар Анцәа Иажәа аҳаҭыр ақәуп. Ҳара еилаҳкаауеит абиблиатә жәабжь ҳажәақәа зегь раасҭа амч шамоу (Аур. 4:12).
16, 17. а) Иҳацхраауазеи ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирылшо аасҭа еиҳаны ишырзыҟамҵо аилкаареи агәаара ахымыццакреи? б) Иҳацхраауазеи ҳара ҳмаҵзура еиҳа ҳхы азышьҭра?
16 Ҳгәазыҟашьа. Агәеилых бзиа ҳацхраауеит аҽынкылара аарԥшреи агәаара ахымыццакреи (Иак. 1:19). Ҳара егьырҭ ҳандыргәаауа, урҭ убас зырҳәаз, мамзаргьы изыҟарҵаз ҳазхәыцыр ауп. Уи агәаара аҽамҭара, насгьы «аус уиаҟара аҵакы амҭара» иҳацхраауеит (Ажәам. 19:11). Иара убас агәеилых бзиа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирылшо аасҭа еиҳаны ишырзыҟамҵо аилкаара иҳацхраауеит. Ҳара дара рахь аилкаара ааҳарԥшлоит, избанзар урҭ ҳара зынӡа иаҳзымдыруа ауадаҩрақәа ирҭагылазар ауеит. Ҳара урҭ рзыӡырҩра ҳазхиоуп, насгьы ианалшо ҳара ҳтәы иаҳаргаӡом (Флп. 4:5).
17 Ҳара ҳаԥсҭазааратә мҩа. Иисус ишьҭанеицәа раҳасабала, ҳара еилаҳкаауеит ажәабжь бзиа рылаҳәара аус аҽалархәра даара шҳаҭыр дуу. Амаҵзура ҳхы азышьҭраҿы иҳацхраауа аӡбарақәа анҳадаҳкыло, ҳара ари амҩаҿы ҳаанхоит. Ицқьам адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа аҵак ду змоу ари аус ду ҳҽалаҳархәларц азы, ҳара адоуҳатә усқәа раԥхьа иҳаргылоит, насгьы иӡыргацәам аԥсҭазаара мҩаԥаҳгоит (Матф. 6:33; 24:14).
18. Ишԥаҳалшо ҳара аиқәырхарахь ҳназго амҩаҿы аанхара?
18 Шаҟа агәахәара ду ҳзаанагазеи Иисус иҟазшьақәа руак ахьеилҳаргаз! Ҳара еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагоит Иисус егьырҭ иҟазшьақәагьы ҭаҳҵаар, насгьы ҳшиҿыԥшша ҳазхәыцыр. Шәааи анаҩсгьы ҳҽазаҳшәап Христос ишьҭа ҳхыланы ацара. Убас ҳара аиқәхарахь ҳназго амҩа ҳацәхьаҵӡом, насгьы Иисус инаӡаны дызҿыԥшуаз Иегова еиҳа ҳаизааигәахоит.
a 1 Пиотр 1:8, 9 ирну ажәақәа зызку жәҩантәи агәыӷра змоу роуп, аха арҭ ажәеинраалақәа адгьылтәи агәыӷра змоугьы ирыҵанакыр рылшоит.
b Аԥышәарақәа раан агәымшәара шаарԥшыз иазку аҿырԥштәқәа шәрыԥхьар шәылшоит «Ахьчаратә бааш» 2000 шықәса декабр 1, ад. 24—28 (аурыс), «Шәҿыха!» 2003 шықәса апрель 22, ад. 18—21 (аурыс), насгьы 1995 шықәса ианвар 22, ад. 11—15, (англ.) рҿы.