Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/3 ад. 32
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Иеиԥшу аматериал
  • Избан Христос дызгәаҟыз, насгьы дзыԥсыз?
    Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Христос иԥсра агәаларшәара иазку Ахәылԥаз — Анцәа дҳаразкуа ахҭыс
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ҳара Иҳақәиҭу иуаххьа зазгәаҳҭо
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/3 ад. 32

АБИБЛИАТӘ ЗҴААРАҚӘА РҬАК

Избан изахәҭоу Иисус Христос иԥсра амш агәаларшәара?

Иарбан ԥхьаҟатәи ԥеиԥшу иҳаур ҳалшо Иисус Христос иԥсра абзоурала? (Исаиа 25:8; 33:24)

Иисус иԥсра аҭоурых аҿы зегь раасҭа ихадаз хҭысын: иара дыԥсит, Зегьзшаз игәы иҭеикыз аԥсҭазаара ауаа ироурц азы. Анцәа ауаа имшаӡеит ииашамкәа рхы мҩаԥыргаларц, ичмазаҩхаларц, насгьы иԥсларц (Аҟазаара 1:31). Аха зегьы аҽаԥсахит, раԥхьатәи ауаҩы Адам ихарала агәнаҳа адунеи ианалала. Иисус ихы ақәиҵеит, ҳара агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ҳаиқәирхарц. (Шәрыԥхьа Матфеи 20:28; Римаа рахь 6:23.)

Анцәа Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит ҳара ҳзы дыԥсырц, уи ала Анцәа абзиабара дуӡӡа ааирԥшит (1 Иоанн 4:9, 10). Иисус ишьҭанеицәа ирыдиҵеит ачеи аҩи рхы иархәаны, имариоу ацеремониа мҩаԥганы, иԥсра амш ргәаладыршәаларц. Есышықәса ус еиԥш иҟоу аиқәшәара ҳҽалаҳархәуазар, Анцәеи Иисуси аџьшьара раҳҭоит ҳара ҳахь иаадырԥшуа абзиабаразы. (Шәаԥхьа Лука 22:19, 20.)

Изыхәҭада ачеи аҩи рыдкылара?

Иисус раԥхьаӡа акәны иҵаҩцәа иԥсра амш ргәаладыршәаларц анрыдиҵоз, иара еиқәшаҳаҭрак аӡбахә далацәажәеит (Матфеи 26:26—28). Уи аиқәшаҳаҭра абзоурала, зхыԥхьаӡара ԥҵәоу иҵаҩцәа аҳцәаны, насгьы ԥшьаҩцәаны Иисус ажәҩан аҿы ицҟалара алшара роуит. Иисус иԥсра амш иазку аиԥылараҿы миллионҩыла ауаа шалахәугьы, аиқәшаҳаҭра зыбжьоу мацара роуп ачеи аҩи здызкылар зыхәҭоу. (Шәаԥхьа Аатра 5:10.)

Абар уажәшьҭа 2 000-ҟа шықәса ҵуеит Иегова аҳас иҟалараны иҟоу ралхра даҿуижьҭеи (Лука 12:32). Урҭ наӡаӡа адгьыл аҿы инхало ауаа ирҿурԥшуазар, рхыԥхьаӡара маҷуп. (Шәаԥхьа Аатра 7:4, 9, 17.)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра