«Аханатә абас аиԥш иҟан Уара угәаҳәа-гәаԥхара»
«Ари аҟәыӷацәеи адырҩцәеи ирымаӡатәны, асабицәа ирзаауртит» (ЛУКА 10:21).
1. Избан Иисус игәы зыҭгәырӷьааз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ИИСУС «игәы ҩыҭгәырӷьааит». Шәхахьы ишәзаагома уи шәара? Иҟалап иара ачча иҿықәлазар, иблақәа агәырӷьара рхылазар. Дзыргәырӷьазеи иара убриаҟара? Уи аԥхьа маҷк шагыз иара 70-ҩык аҵаҩцәа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рылаҳәара идәықәиҵеит. Иара иҭахын ириҭаз адҵа анагӡара ахьынӡарылшо ибарц. Усҟангьы иҟәышыз, аҵара ду змаз ашәҟәдырҩцәеи афарисеицәеи реиԥш иҟаз ауаа ӷәӷәақәа ажәабжь бзиа ӷацәас иаман. Дара ирыхҟьаны Иисус уасҭак иаҳасабала мацара акәын ишихәаԥшуаз, иҵаҩцәа «ауаа рыжәпара иалҵыз, џьаргьы ҵара иахымсыцыз» реиԥш иатәамбакәа ирызныҟәон (Аус. 4:13; Мар. 6:3). Ус шакәызгьы, Иисус иҵаҩцәа игәырӷьаҵәа ихынҳәит. Дара ажәабжь рҳәон аҿагыларақәа шрымазгьы, иара адемонцәаҵәҟьақәагьы рганахь ала! Ирыцхраауази дара агәымшәара аарԥшра, насгьы агәырӷьара ахьчара? (Уаԥхьа Лука 10:1, 17—21.)
2. а) Ишԥеилкаатәу Иисус иҵаҩцәа хәыҷқәан ҳәа ииҳәаз ажәақәа? б) Ирыцхраауази Христос ишьҭанеицәа адоуҳатә ҵабыргқәа реилкаара?
2 Шәахәаԥш Иисус Иегова иеиҳәаз ажәақәа: «Хьыӡла-ԥшала уҳараскуеит Уара, Сара Саб, жәҩани дгьыли Ирықәиҭу, аҟәышцәеи адырҩцәеи ирымаӡаны, асабицәа реиԥш згәы разу ари ахьырзаауртыз; Ааи, Саб! Аханатә абас аиԥш иҟан Уара угәаҳәа-гәаԥхара» (Матф. 11:25, 26). Ҳәарада, Иисус иҵаҩцәа сабицәамызт. Иисус ииҳәарц ииҭахыз дара аҵара ду змази зхы ҳаракны избози ирҿурԥшуазар, ихәыҷқәан ҳәа ауп. Иара убас иара ишьҭанеицәа ааиԥхьон ахәыҷқәа реиԥш иҟазарц, ахынраалара аадырԥшларц, аҵара иазхиазарц (Матф. 18:1—4). Дара ахынраалара аадырԥшуан аҟнытә, Иегова иԥшьоу идоуҳа абзоурала акрызҵазкуа адоуҳатә ҵабыргқәа реилкаара дрыцхраауан. Аха Христос иҵаҩцәа атәазымбоз иҟәыӷаз, аҵара змаз ауаа Аҩсҭааи рхатә ԥагьареи идырлашәит.
3. Еилҳаргозеи ҳара ари астатиаҿы?
3 Иџьашьатәӡам Иисус дахьгәырӷьоз. Иара насыԥ иман рҵареи рыхшыҩтә ҟазареи дырмыхәаԥшӡакәа Иегова иҵаулоу адоуҳатә ҵабыргқәа ахынраалара змаз, еиуеиԥшымыз ауаа иахьырзааиртуаз анибоз. Иҽиԥсахма Иегова? Иузырбозеи иара уажәгьы арҵара мариазарц, еилукаартә иҟазарц шиҭаху? Арҭ азҵаарақәа рҭак анҭаҳҵаалак, ҳара Иегова ишыдирҵо агәырӷьара ҳзаанагоит, Иисус иеиԥш.
ИҴАУЛОУ АДОУҲАТӘ ҴАБЫРГҚӘА ЕИҲА ЕИЛКААХОИТ
4. Ҳамҭак ишԥарзаҩызахеи аӡәырҩы «Ахьчаратә бааш» ирмариоу аҭыжьымҭа?
4 Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Иегова иеиҿкаара даара иацклаԥшуеит адоуҳатә мҩақәҵара марианы, еилукаартә иҟазарц. Еилҳаргап х-ҿырԥштәык. Актәи — ари «Ахьчаратә бааш» ирмариоу аҭыжьымҭаa ауп, ажурнал, ҳдоуҳатә фатәы аҿы ихадоу аҭыԥ аанызкыло ахәҭа. Ирмариоу аҭыжьымҭа абызшәа бзианы иззымдыруа, насгьы аԥхьашьа зцәыцәгьоу рзы ҳамҭак иаҩызахеит. Аҭаацәараҿы хадара зуа ахацәа игәарҭеит ари аҭыжьымҭа анцәырҵ, рхәыҷқәа астатиақәа реилыргараҿы еиҳа активла рхы аладырхәуа ишалагаз. Аӡәырҩы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иҭабуп ҳәа ахьырҳәоз асаламшәҟәқәа аарышьҭит. Иаҳәшьак илҩит уаанӡа аизараҿы «Ахьчаратә бааш» аилыргара лхы шалалмырхәуаз. «Уаанӡа сара анапышьҭыхра даара сацәыԥхашьон»,— лҳәоит лара. Аха ирмариоу аҭыжьымҭа иабзоураны, зегь аҽаԥсахит. Ари аиаҳәшьа илҳәоит: «Уажәы аиқәшәарақәа зегь рҿы сара изныкымкәа аҭак ҟасҵоит. Сара ашәара саҟәыҵит. Иеговеи шәареи иҭабуп ҳәа шәасҳәоит!»
5. Иаҳзеиҭашәҳәа «Адунеи ҿыц аиҭага» еиҭарҿыцу аҭыжьымҭа еиҳа излеиӷьу аганқәа.
5 Аҩбатәи аҿырԥштәы — ари англыз бызшәала иҟоу «Иԥшьоу Аҩыра Адунеи ҿыц аиҭага» еиҭарҿыцу аҭыжьымҭа ауп, уи шҭыҵуа рылаҳәан 2013 шықәса октиабр 5 рзы имҩаԥысыз есышықәсатәи аизараҿыb. Уа иануп еиҳа иркьаҿны еиҭагоу ажәеинраалақәа рацәаны, аха урҭ рҵакы аҽамԥсахӡеит, еиҳагьы еилукаартә иҟалеит. Иаҳҳәап, ажәеинраала Иов 10:1 аҿы 27 ажәа ыҟан, уажәы — 19. Ажәамаанақәа 8:6 аҿы иҟаз 20 ажәа 13 ажәа аҟынӡа идырмаҷит. Арҭ ажәеинраалақәа рыҩбагьы аҭыжьымҭа ҿыц аҿы еиҳа еилукаартә иҟалеит. Абар жәашықәсала Анцәа дизиашаны имаҵ зуа доуҳала иалху аиашьа ииҳәаз: «Сара абыржәааигәа еиҭарҿыцу ашәҟәы Иов саԥхьеит, сгәы иаанагоит раԥхьаӡа акәны ишахәҭоу еиԥш еилыскааит ҳәа!» Абас еиԥш иҟаз агәаанагарақәа змаз рацәаҩын.
6. Шәышԥазыҟоу шәара Матфеи 24:45—47 иану аилкаара ҿыц?
6 Ахԥатәи аҿырԥштәы — ари аилкаараҿы иҟоу аҵыхәтәантәи аҽыԥсахрақәа роуп. Абас, ҳара зегьы ҳгәы архыҭхыҭит «игәрагоу, иҟәышу» атәы дызусҭоу иазкны «Иҳаҳә, ианбаҟалои убри?» (аурыс) захьӡу аброшиураҿы ианыз аилкаара ҿыц (Матф. 24:45—47). Уа иҳәан игәрагоу, иҟәышу атәы Анапхгаратә хеилак шакәу, аҩнтәиқәа — ари адоуҳатә фатәы здызкыло зегь роуп, Анцәа идоуҳала иалху, иара убас «егьырҭ ауасақәагьы» (Иоан. 10:16). Ҳара ҳзы даара гәырӷьароуп ус иҟоу аҵабыргқәа реилкаара, насгьы егьырҭ уи рзеиҭаҳәара! Хымԥада, Иегова иҭахуп абиблиатә ҵабырг арҵара имарианы, еилукаартә иҟазарц. Излоубарҭоузеи уи еиҭа?
ЕИҲА ИМАРИОУ, ЕИЛУКААРТӘ ИҞОУ АХӘАԤШЫШЬА АБИБЛИАТӘ ХҬЫСҚӘА РАХЬ
7, 8. Иаажәга Абиблиаҿы иану аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәа рҿырԥштәқәа.
7 Шәара жәашықәсала Иегова имаҵ жәухьазар, иҟалап игәашәҭазар ҳлитератураҿы имаҷымкәа абиблиатә хҭысқәа реилыркаашьа хәыҷы-хәыҷла аҽшаԥсахуаз. Ишԥеилкаатәу уи? Уаанӡа ҳпубликациақәа рҿы еиҳарак Иԥшьоу Аҩыраҿы иҟоу аиҿырԥшрақәеи урҭ рынаӡареи ирызхьаԥшуан. Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа аԥхьаҟа иҟало иаҿырԥшуп ҳәа иԥхьаӡан. Ирымоума аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәа абиблиатә шьаҭа? Ҳәарада. Иаҳҳәап, Иисус иҳәон «аԥааимбар Иона идырга» аӡбахә. (Уаԥхьа Матфеи 12:39, 40.) Иисус иҳәон Иона ԥыҭраамҭак аԥсыӡ ду амгәа дҭан ҳәа, уи аԥааимбар инышәынҭра акәхар ауан, аха Иегова деиқәирхеит. Иисус иажәақәа рыла, уи ԥааимбаражәан, насгьы иаанарԥшуан иаргьы ԥыҭраамҭак анышәынҭраҿы дшаанхо.
8 Иԥшьоу Аҩыраҿы иҟоуп егьырҭ аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәагьы. Урҭ рҟынтәи еиҿырԥшрақәак апостол Павел дрыхцәажәон. Иаҳҳәап, иара иҳәеит Авраами, Сарреи, Агари реизыҟазаашьақәа Иеговеи ацәеижьтә Израильи, анаҩс адоуҳатә Израильи реизыҟазаашьақәа ишырҿырԥшыз (Гал. 4:22—26). Уи адагьы, Моисеи изакәан аҟынтәи ирацәоуп аԥхьаҟа иҟалаша «алыԥха-агәыԥха, ахиррақәа рыгагак, рынаурк» ирҩызаз, иара убас аԥшьаныҳәарҭа, ауахәама, аԥхьаԥшьаҩы ироль, Аҿыхра амш уахь иналаҵаны (Аур. 9:23—25; 10:1). Арҭ рҩызцәа аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәа рыҭҵаара даара интересу, ухаҵара зырӷәӷәо усуп. Ус анакәха, иаҳҳәар ҳалшома ҳара Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ахаҿсахьақәа, ахҭысқәа, амаҭәарқәа зегьы аԥааимбаражәа инақәыршәаны аӡәы, ма ак аанарԥшуеит ҳәа?
9. Ишԥаҳаилыркааз уаанӡа Навуфеи изку абиблиатә хҭыс?
9 Уаанӡа абиблиатә хҭысқәа убри аганахь ала акәын ишрыхәаԥшуаз. Иаҳгәалаҳаршәап Навуфеи ихьыз. Аҳкәажә бааԥс Иезавель лыдҵала уи ииашамкәа иқәыӡбеит, анаҩс дыршьит. Убри зегьы зыҟаҵаз Иезавель лхаҵа Ахав Навуфеи иӡахәаҭра игарц азоуп (1 Аҳ. 21:1—16). 1932 шықәсазы арҭ ахҭысқәа ԥааимбаражәатә еиҿырԥшроуп ҳәа иҳаилыркаан. Ахави Иезавельи Аҩсҭаа иҿырԥшуп, Навуфеи иԥсра Христос ишьра иаҿырԥшуп ҳәа иԥхьаӡан. Аха аамҭа анца, 1961 шықәсазы англыз бызшәала иҭыҵыз «Хьӡи-ԥшеи амазааит Уара ухьӡ» захьӡу ашәҟәаҿы иҳәан Навуфеи доуҳала иалху ақьырсианцәа шааирԥшуаз, Иезавель — ақьырсиантә дунеи адинхаҵарақәа. Убри аҟынтә Иезавель илхырҟьаны Навуфеи ихигаз зегьы ԥааимбаражәала иаанарԥшуан аҵыхәтәантәи амшқәа раан доуҳала иалху ақьырсианцәа рышьҭашәарыцара. Акыр шықәса абиблиатә хҭыс ахь ари аҩыза ахәаԥшышьа Анцәа ижәлар рхаҵара арӷәӷәон. Избан аҽыԥсахрақәа зыҟалаз?
10. а) Ишԥауцхраауеи аҟәыӷара азҿлымҳара аарԥшраҿы, Абиблиа аҟынтәи ахҭысқәа анеилҳарго? б) Уабахьадырԥшуеи еиҳарак иахьа ҳпубликациақәа?
10 Иегова ицхыраарала «игәрагоу, иҟәышу» атәы ашықәсқәа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа дҟәыӷахон. Ари аҟазшьа уцхраауеит алкаа аҟаҵараҿы азҿлымҳара аарԥшра, насгьы библиатә хҭыск ԥааимбаражәатә еиҿырԥшроуп ҳәа аԥхьаӡара уи азы еилыкка иҟоу абиблиатә шьаҭа анумоу мацара. Насгьы аӡәырҩы даара ирцәыцәгьоуп аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәа уаанӡа ишҳаилыркааз аилкаара. Уа иаагоу аинформациа — дарбан, иара убас дызусҭоу изҿырԥшу, насгьы избан — зны-зынла иуцәеилагоит, агәынкылара цәгьоуп. Аха зегь раасҭа агәҭынчымра цәырызгоз, аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәа рыԥшаареи урҭ рынаӡареи уаҿнаҵы, Абиблиа иану агәаԥхашәатәи ахәарҭа узаазго аурокқәеи умбар ахьулшо ауп. Иахьа ҳпубликациақәа еиҳарак ухьадырԥшуеит ахаҵареи, акрычҳареи, Анцәа изиашареи, убас егьырҭ аҟазшьақәеи реизырҳараҿы иуцхраауа имариоу, ахәарҭа узаазго аурокқәа рахьc.
Навуфеи иҿырԥшы иаҳнарҵо рацәоуп (Шәахәаԥш абзац 11.)
11. а) Ишԥеилаҳкаауеи ҳара уажәшьҭа Навуфеи изку ажәабжь, насгьы изаҳзааигәоузеи ҳара иара иҿырԥшы? б) Избан аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳпубликациақәа рҿы аиҿырԥшрақәеи урҭ рынаӡареи иазкны уиаҟара заным? (Шәахәаԥш ари аброшиураҿы иану арубрика «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҟынтә астатиа.)
11 Аҽшԥаԥсахи Навуфеи изку ажәабжь шеилаҳкаауаз? Уажәы уи еиҳа имариахеит, еилыкка иҟалеит: ииашаз ари ауаҩы дзыԥсыз Иисус, мамзаргьы Анцәа идоуҳала иалху дахьырҿырԥшыз азы акәӡам, аха ацқьара ахьихьчоз азы ауп. Иара Иегова Изакәан дықәныҟәон, егьырҭ рымчра цәгьашақә рхы ишадырхәозгьы (Ахыԥхь. 36:7; 1 Аҳ. 21:3). Навуфеи иҿырԥшы ҳара иаҳзааигәоуп, избанзар ҳаргьы уи аҩыза аҿагылара ҳақәшәар ауеит. (Уаԥхьа 2 Тимофеи иахь 3:12.) Еиуеиԥшым ауаа ирзымариахоит угәрахаҵара зырӷәӷәо арҭ аурокқәа реилкаареи, ргәынкылареи, рықәныҟәареи.
12. а) Иарбан лкаау иҟаҵатәым абиблиатә хҭысқәа рганахь ала? б) Изыбзоурозеи ҳара иҵаулоу адоуҳатә ҵабыргқәа ахьеилаҳкаауа? (Шәахәаԥш албаага.)
12 Иԥхьаӡатәума нас абиблиатә хҭысқәа ахәарҭа узаазго аҵакы мацара ауп ирымоу ҳәа? Мап. Иахьа ҳпубликациақәа рҿы лассы-лассы хҭыск даҽа хҭыск шугәаланаршәо, ма ахәарҭа шамоу ауп иаарԥшу. Уа абиблиатә хҭысқәа аԥааимбаражәатә еиҿырԥшрақәа реиԥш, насгьы урҭ рынаӡара атәы уиаҟара анӡам. Абас, агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит Навуфеи аԥышәарақәа раан иааирԥшыз аиашареи иԥсреи иаҳгәаладыршәоит Христос, насгьы Анцәа идоуҳала иалху риашара ҳәа. Аха иара убас Навуфеи иҿырԥшы иаҳгәаланаршәоит Иҳақәиҭу «егьырҭ иуасақәа» ииашоу рмаҵзура. Абас еиԥш имариоу, еилыкка иҟоу аиҿырԥшрақәа Анцәа имҩаԥиго арҵара дыргас иамоупd.
ИИСУС ИҾЫРԤШТӘҚӘА РАХЬ ЕИҲА ИМАРИОУ АХӘАԤШЫШЬА
13. Иаажәга Иисус иҿырԥштәқәа реилыркаашьа еиҳа ишымариахаз, насгьы еилукаартә ишыҟалаз узырбо аҿырԥштәқәа.
13 Иисус Христос, аҭоурых аҿы зегь иреиҳау Арҵаҩы, бзиа ибон аҿырԥштәқәа ихы иархәаны ауаа дырҵара (Матф. 13:34). Аинтерес зҵоу, згәынкылара мариоу аҿырԥштәқәа еиҳа ухахьы иааиуеит, насгьы угәаҵанӡа инеиуеит. Иаҳҳәар ҳалшома аамҭа анца ҳпубликациақәа рҿы Иисус иҿырԥштәқәа реилыркаашьа еиҳа имариахеит, насгьы еилукаартә иҟалеит ҳәа? Хымԥада! Шаҟа ҳаргәырӷьазеи 2008 шықәса ииуль 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианыз аҵәырсеи, абаџеи, акаҭеи ирызку Иисус иҿырԥштәқәа реилкаара ҿыц. Уажәшьҭа ҳара еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит арҭ аҿырԥштәқәа Анцәа Иаҳрахь ишаҵанакуа, насгьы иаадырԥшуеит ицқьам ари адунеи аҿы имҩаԥысуа Иисус ииашоу ишьҭанеицәа реизгара аус шаҟа ақәҿиара амоу.
14. а) Ишԥаҳаилыркааз уаанӡа иқьиоу самариатәи ахаҵа изку Иисус иажәамаана? б) Ишԥеилаҳкаауеи ҳара уажәшьҭа уи ажәамаана?
14 Иаҳҳәар ҳалшозеи еиҳа инарҭбаау Иисус иажәамаанақәа ирызкны? Иажәамаанақәак, ҳәарада, аԥааимбаражәатә ҵакы рымоуп, аха егьырҭ еиҳарак ахәарҭа аазго аурокқәа рымоуп. Аха ишԥеилыргатәу дара? Аамҭа цацыԥхьаӡа, ари азҵаара аилкаара еизҳауан. Ҳахәаԥшып ишеилыркааз иқьиаз самариатәи ахаҵа изкыз ажәамаана (Лука 10:30—37). 1924 шықәсазы «Ахьчаратә бааш» аҿы иҳәан самариатәи ахаҵа Иисус дшиҿырԥшыз; ашьхантәи илбаауаз Иерусалимынтәи Иерихонынӡа ицоз амҩа символс иамоуп Едем иҟаз аҿагылара инаркны ауаатәыҩса рхыбгалара; арҳәцәа — анаплак дуқәеи зыламыс цқьам урҭ реиҳабацәеи ирсимволуп; аԥшьаҩи алевити адинхаҵаратә еиҿкаарақәа аадырԥшуеит. Иахьа ҳпубликациақәа рҿы Иисус ари иажәамаана иаҳгәаланаршәоит ақьырсианцәа еилых ҟамҵакәа ацхыраара зҭаху зегьы ишрыцхраалар акәу, еиҳарак адоуҳа аганахь ала. Шаҟа ҳаргәырӷьозеи ҳара, Иегова абиблиатә ҵабыргқәа еиҳа еиӷьны реилкаара дахьҳаацхраауа!
15. Еилҳаргозеи ҳара анаҩстәи астатиаҿы?
15 Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку Иисус иажәамаана (Матф. 25:1—13). Ииҳәарц ииҭахызи Иисус аинтерес зҵоу ари аҿырԥштәала, насгьы хәарҭас иаҳзаанагозеи аҵыхәтәантәи аамҭазы инхо ҳзы? Ирымоума ари ажәаамаана аганқәеи ахаҿсахьақәеи зегьы аԥааимбаражәатә ҵакы? Мамзаргьы Иисус ишьҭанеицәа аҵыхәтәантәи амшқәа раан ахәарҭа рзаазго аурок дирбац иҭахызу? Шәааи еилҳаргап.
a Ирмариоу аҭыжьымҭа англыз бызшәала аҭыҵра иалагеит 2011 шықәсазы. Уажәы ирмариоу аҭыжьымҭа даҽа бызшәақәак рылагьы иҟоуп.
b «Адунеи ҿыц аиҭага» еиҭарҿыцу аҭыжьымҭа егьырҭ абызшәақәа рылагьы аус адулара иаҿуп.
c Абас, «Урҭ рыгәрахаҵара шәаҿыԥшла» (аурыс) захьӡу ашәҟәаҿы инарҭбааны еиҭаҳәоуп 14 библиатә хаҿсахьак рыӡбахә. Еиҳарак уи ашәҟәы ахәарҭа узаазго аанарԥшуеит, асимволтә, ма аԥааимбаражәатә ҵакы акәымкәа.
d Ҳәарада, Анцәа Иажәаҿы иҟоуп «зеилкаара мариам», иаҳҳәап Павел исаламшәҟәқәа рыхәҭақәак. Аха Абиблиа зыҩуаз зегьы иԥшьоу адоуҳа рыцхраауан. Убри амч ауп иахьа ииашоу ақьырсианцәа абиблиатә ҵабыргқәа реилкаараҿы ирыцхраауа. Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала «Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоу» инаӡам ауаҩы ихшыҩ еилнакаартә иҟоуп (2 Пиот. 3:16, 17; 1 Кор. 2:10).