АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИААИГӘОУМА АҴЫХӘТӘА?
«Аҵыхәтәа». Иаа́нагозеи уи?
Шәхаҿы иааиуазеи шәара, «аҵыхәтәа ааигәоуп» ҳәа аншәаҳауа? Шәхаҿы дааиуама илақәа ҭырхаха, асцена дықәгыланы, зыбжьы рдуны, знапқәа ҟьо Абиблиа кны Анцәа Иажәа зҳәо ауаҩы? Мамзаргьы зӡараҿы шашәала иҿаҳәаны амаҭәа ҭбаа зшәу, ажакьа зҿоу аҭаҳмада, Аӡбара амш шааигәахо зну аплакат кны амҩа иангылоу шәхаҿы дааиуоу? Абас еиԥш иҟоу анырбо, шьоукы уи иаршәоит, даҽа шьоукы уи иарччоит.
Абиблиа иануп: «Иԥҵәоит зегьы рҵыхәтәа» (Матфеи 24:14). Уи ахҭыс иара убас «Зегьзку Анцәа имш ду», насгьы «Армагеддон» ҳәа хьӡыс иамоуп (Аатра 16:14, 16). Изакәызеи нас «аҵыхәтәа»? Уи аганахь ала иҟоуп улахь еиқәызҵо еиуеиԥшым агәаанагарақәа. Аха Абиблиа ахаҭа аҵыхәтәа закәу еилыкка иаҳәоит. Уи иаанартуеит аҵыхәтәа ҵакыс иамоу, насгьы иамам. Анцәа Иажәа аҵыхәтәа шаҟа иааигәоу аилкаара иҳацхраауеит. Аха зегь раасҭа ихадоу, Абиблиа иаанарԥшуеит уи аҵыхәтәа ҳшацәынхаша! Шәааи раԥхьа ииашам агәаанагарақәа ааныжьны, еилаҳкаап ажәа аҵакы. Изакәызеи, Абиблиа излаҳәо ала, «аҵыхәтәа»?
ИАА́НАМГОЗЕИ АҴЫХӘТӘА:
АҴЫХӘТӘА — АРИ МЦАЛА АДГЬЫЛ АҚӘХРА АКӘӠАМ.
Абиблиа иануп: «[Анцәа] адгьыл ашьаҭа ӷәӷәа аиҭеит, иҵысӡом уи наунагӡа, наӡаӡа» (Ԥсалом 104:5). Ари, насгьы егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа агәра ҳдыргоит Анцәа ахаан адгьыл шықәимхуа, насгьы егьырҭ ишрылимыршо уи аҟаҵара! (Екклезиаст 1:4; Исаиа 45:18).
АҴЫХӘТӘА АРИ ИԤСАБАРАТӘУ, ЗЫԤСАХРА УЛЫМШО ХҬЫСЫМ.
Абиблиа иаҳзаанартуеит аҵыхәтәа Анцәа иазалихыз аамҭазы ишыҟало. Уа иануп: «Уи амши асааҭи ртәы аӡәгьы издыруам, ажәҩан амаалықьцәа ракәыз, Аԥа иакәыз, Аб иоуп издыруа. Абас, шәҷаԥшьала, шәныҳәала; избан акәзар уи аамҭа анааиша шәыздырам» (Марк 13:32, 33). Арҭ ажәақәа рҟынтә иубарҭоуп Анцәа аҵыхәтәа азы иалкаау аамҭа шалихыз.
АҴЫХӘТӘА АУАА, МАМЗАРГЬЫ АКОСМОСТӘ ОБИЕҚТИ АДГЬЫЛИ РЕИДЫСЛАРА ИРЫХҞЬАНЫ АКӘӠАМ ИШЫҞАЛО.
Изыхҟьозеи аҵыхәтәа? Аатра 19:11 аҟны иануп: «Ус, ажәҩан агәашәқәа аатит, жәҩангәашәԥхьарахеит, аҽыхәа иақәтәоу ҽыуаҩык даацәырҵит, Уи — Игәрагоу, Ииаша-ҵабыргу ҳәа ишьҭоуп». Анаҩс, 19-тәи ажәеинраалаҿы иҳәоуп: «Абарҭқәа рышьҭахь избеит агыгшәыги адгьыл аҿтәи аԥсҳацәеи урҭ рыруааи; дара зегьы еизеит, рҽеибырҭеит аҽ Иақәтәази Уи ири ирабашьразы» (Аатра 19:11—21). Ари аԥааимбаражәаҿы иаагоу ахаҿсахьақәа асимволтә ҵакы шрымоугьы, еилкаауп Анцәа иаӷацәа ықәихырц азы амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу ар шдәықәиҵо.
Аҵыхәтәа иазку абиблиатә жәабжь ашәа́ра акәымкәа, агәыӷра ауп иаанаго́
АҴЫХӘТӘА ИАА́НАГО:
РХЫ АНАПХГАРА АҬАРАЗЫ АУАА ИҞАРҴО ЛҴШӘА ЗМАМ АҼАЗЫШӘАРАҚӘА РҴЫХӘТӘА.
Абиблиа иҳаилнаркаауеит: «Жәҩантәи Анцәа ишьақәиргылоит ахаангьы иԥымго аҳра [аиҳабыра]. Ари аҳра даҽа жәларык ирыҭахом. Иара арҭ аҳрақәа зегьы ықәнахуеит, насгьы урҭ рҵыхәтәа ԥнаҵәоит, аха иара ахаҭа наӡаӡа игылазаауеит» (Даниил 2:44). Ахԥатәи апункт аҿы ишҳәаз еиԥш, «адгьыл аҿтәи аԥсҳацәеи урҭ рыруааи», «аҽ Иақәтәази Уи ири ирабашьразы» еизо ықәгахоит (Аатра 19:19).
АИБАШЬРАҚӘЕИ, АҚӘЫМЧРЕИ, АИАШАМРЕИ РҴЫХӘТӘА.
«[Анцәа] адгьыл аҵыхәанӡа аибашьрақәа ааникылоит» (Ԥсалом 46:9). «Ииашақәоу адгьыл аҿы инхалоит, насгьы ицқьақәоу ыҟазаауеит уа; ацәгьоуцәа адгьыл иқәӡаауеит, игьангьашу уа рдац-ԥашә аанхаӡом» (Ажәамаанақәа 2:21, 22). «Иаԥысҵо зегьы ҿыцуп» (Аатра 21:4, 5).
АНЦӘЕИ АУААИ РГӘЫӶРАҚӘА НАЗМЫГӠАЗ АДИНҚӘА РҴЫХӘТӘА.
«Аԥааимбарцәа имцу аԥааимбаражәа рыларҳәоит, насгьы аԥшьаҩцәа ишырҭаху аҳра руеит... Аха иҟашәҵозеи, зегьы рҵыхәтәа анааилак?» (Иеремиа 5:31). «Уи аҽны жәпаҩык Сара абас аиԥш сарҳәашт: „Иҳақәиҭу! Иҳақәиҭу! Уара ухьӡала акәмыз ҳарҭ ҳазлаԥааимбаруаз? Уара ула акәмыз аҩысҭаацәа злархаҳцоз? Уара ухьӡала акәмыз аџьашьатәқәа злаҟаҳҵоз?“ Убасҟан убарҭ абас аиԥш расҳәоит: „Сара ианакәзаалакь шәарҭ шәсыздыруамызт; шәысԥырыцқьа наҟ, азакәандара мҩаԥызго“» (Матфеи 7:21—23).
АРИ АДУНЕИ АҾЫ ИҞОУ ИАХЬАТӘИ АҬАГЫЛАЗААШЬА ЗЗЫМАНШӘАЛОУ АУАА РҴЫХӘТӘА ААИУЕИТ.
Иисус Христос иҳәеит: «Қәыӡбарас иҟоу аԥсабараҿ алашара ахьааиз ауп; аха ауаа алашара аасҭа алашьцара еиӷьыршьеит, избан акәзар русқәа убас еиҵаҟәаҟәан» (Иоанн 3:19). Анкьа Анцәа адунеи ықәиххьан. Уи ҟалеит Анцәа имаҵзуҩы Нои ихаан. Абиблиаҿы иануп: «Ажәытә дунеи ӡхыҵрала ишықәхыз, аҵыхәа шыԥҵәаз. Иахьатәи ажәҩани адгьыли Анцәа Иажәала иаԥҵоуп, урҭгьы аԥыххоит, рҵыхәа ԥҵәахоит, аха мцала ауп уажәшьҭа ауаа мцурашақәа рҵыхәа ԥҵәахараны ишыҟоу» (2 Пиотр 3:5—7).
Иазгәашәҭ иааираны иҟоу «аҵыхәтәа» Нои ихаан иҟаз «адунеи» ақәхра ишаҿырԥшу. Иарбан дунеиз иқәхыз усҟан? Усҟан иқәхыз ҳапланета акәӡамызт, аха Анцәа иаӷацәа «ауаа мцурашақәа» ракәын. Иара убас иааираны иҟоу аӡбара амш аҿы иқәххоит идырны Анцәа иаӷацәахаз. Анцәа иҩызцәа еиқәирхоит, Нои иҭаацәеи иареи шеиқәирхаз еиԥш (Матфеи 24:37—42).
Шәхаҿы иаажәг адгьыл шаҟа иссирхо, Анцәа ацәгьара анықәихлак! Ҳәарада, аҵыхәтәа иазку абиблиатә жәабжь ашәа́ра акәымкәа, агәыӷра ауп иаанаго́. Аха шәара ишәызцәырҵыр алшоит азҵаарақәа: «Иаҳәома Абиблиа аҵыхәтәа анааиуа? Шаҟа иааигәоузеи уи аҵыхәтәа? Иҟасҵар акәзеи сара, сеиқәхарц азы?»