Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/6 ад. 18—22
  • Гәаԥхашәала шәыцқьаны шәаанхала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Гәаԥхашәала шәыцқьаны шәаанхала
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «ШӘИЗААИГӘАХА АНЦӘА»
  • «ИАҬАХУП ИҲӘОУ АНАГӠАРА»
  • АИЗАРА АИҲАБАЦӘА ДРЫԤХЬААИТ
  • ӶӘӶӘАЛА ИӠБАНЫ ИШӘЫМАЗ ГӘАԤХАШӘАЛА ИЦҚЬАНЫ ААНХАРА
  • Ишԥаҳалшо Аҩсҭаа ишьацҳәа ҳҽацәаҳахьчар?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • «Акалҭбааԥсра шәхы ацәышәыхьча»
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • «Шәыхшыҩ рҿыцуа шәҽышәыԥсахла»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/6 ад. 18—22

Гәаԥхашәала шәыцқьаны шәаанхала

«Шәнапқәа шәыӡәӡәа... шәгәы-шәыԥсы шәрыцқьа» (ИАК. 4:8).

ИШԤАҲАЦХРААУЕИ АНАҨСТӘИ АЖӘЕИНРААЛАҚӘА ҲГӘАԤХАШӘАТӘ ЦҚЬАРА АХЬЧАРА?

  • Иаков 1:14, 15

  • Иаков 4:8

  • Иаков 5:13—15

1. Ишԥазыҟоу ауаа адунеи аҿы агәаԥхашәатә цқьара?

АГӘАԤХАШӘАТӘ цқьара иахьа амода цахьеит. Атәылақәа жәпакы рҿы агомосексуализми аҭаацәара анҭыҵтәи асекси ицәгьоу ҳәа акгьы адырбалом. Абри аҩыза ахымҩаԥгашьа аӡыргареи агәырҿыхагақәеи рҿы активла ирыладырҵәоит (Ԥс. 12:8). Адунеи убриаҟара агәаԥхашәадара алаҽны иҟоуп, аӡәырҩы азҵаара рызцәырҵуеит: «Иалшома гәаԥхашәала ицқьоу аԥсҭазаара амҩаԥгара?» Ҳәарада! Иегова ицхыраарала уи ҳара иҳалшоит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 4:3—5.)

2, 3. а) Избан ицқьам агәазыҳәарақәа рҿагылара заҭаху? б) Еилҳаргозеи ҳара ари астатиаҿы?

2 Зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳара еилаҳкаауазар ауп: ҳацқьаны ҳаанхарц азы, агәнаҳахь уназго агәазыҳәарақәа мап рыцәклатәуп. Аԥсыӡкыга иаҿоу ахьырԥшыга аԥсыӡ шаднагало еиԥш, иҟьашьу ахәыцрақәеи агәаҳәарақәеи ақьырсиан иаразнак мап рцәимклар, урҭ дрымпыҵархалар ҟалоит. Урҭ агәнаҳа иаҵоу ҳцәеижь ианыруеит, насгьы игәаԥхашәадоу аусқәа ҳдырҟаҵоит. Аамҭа цацыԥхьаӡа ухызхуа агәнаҳа убриаҟара амч ӷәӷәахоит, ҿагылашьа амамкәа иҟалар алшоит. Убасҟан Иегова имаҵ зуагьы ҭагылазаашьақәак рҿы агәнаҳахь дназго агәазыҳәара иҽеиҭар илшоит. Убас ала «агәаҳәара... агәнаҳа ахшоит». (Шәаԥхьа Иаков 1:14, 15.)

3 Иаҳгәалашәозар хадоуп иаразнак иааузцәырҵуа иҽеим агәаҳәара агәнаҳа ӷәӷәахьы инанагар шалшо. Аха шаҟа игәырҭынчгоузеи иахьаадыруа ицқьам ахәыцрақәа ҳгәаҿы аҭыԥ раҳамҭозар агәнаҳаи уи иахылҿиаауеи ҳаҽшырцәаҳахьчо! (Гал. 5:16). Шәааи ҳахәаԥшып Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа ӷәӷәақәеи, иара Иажәа аҟынтәи абжьагарақәеи, убасгьы доуҳала ишәу ақьырсианцәа рыцхыраареи уҭазырхо агәазыҳәарақәа риааираҿы ишҳацхраауа.

«ШӘИЗААИГӘАХА АНЦӘА»

4. Избан инаӡам ауаа Иегова изааигәахалар зхадоу?

4 Анцәа изааигәахара зҭаху ауаа рзы Абиблиа иануп: «Шәнапқәа шәыӡәӡәа... шәгәы-шәыԥсы шәрыцқьа» (Иак. 4:8). Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә ҳаракны ианаҳшьо, ҳаԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿи, насгьы ҳхәыцрақәа рылеи иргәырӷьара ҳашьҭалоит. Ҳара агәы цқьа ҳамазарц ҳҭахуп, убри аҟынтә ицқьа-шәқьоу, абзиабара иаԥсоу, гәахәара узҭо ҳазхәыцлоит (Ԥс. 24:3, 4; 51:6; Флп. 4:8). Иегова ҳшынаӡам еиликаауеит. Иара идыруеит ҳгәаҿы игәнаҳау агәаҳәарақәа цәырҵыр шрылшо. Аха ҳара еилаҳкаауеит: игәаԥхашәадароу ахәыцрақәа ҳамчқәа зегьы еизганы мап рыцәкра аҭыԥан реизырҳара ҳаҿызар — уи Анцәа игәы инархьуеит (Аҟаз. 6:5, 6). Абарҭқәа зегьы рызхәыцра ҳахшыҩ цқьаны ахьчара иҳацхраауеит.

5, 6. Ишԥалшо анцәаиҳәара иҽеим агәаҳәарақәа рҿагылараҿы иҳацхраар?

5 Ишԥаҳалшо ицқьам ахәыцрақәа рҿагылараҿы Иегова ҳашиқәгәыӷуа аарԥшра? Ацхырааразы ҳаниҳәо. Анцәаиҳәарала иара ҳанизааигәахо, иаргьы ҳара даҳзааигәахоит. Иара меигӡарахда иҳаиҭоит иԥшьоу идоуҳа, уҭазырхо ахәыцрақәа ҳарҿагылаларц, насгьы ҳацқьаны ҳаанхаларц азы. Убри аҟынтә шәааи ӷәӷәала Анцәа ҳиҳәалап, ҳагәҭахәыцрақәа игәаԥхаларц азы (Ԥс. 19:14). Ҳиҳәома ҳара ахынраалара аарԥшуа, «ишәарҭоу амҩа» ҳақәызҵо иҽеим ахәыцрақәеи агәаҳәарақәеи ҳалоу-иҳаламу агәаҭаразы дҳацхраарц? (Ԥс. 139:23, 24). Ҳиҳәома ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳхызхыр зылшо акы ҳанақәшәо, ацқьара ахьчара дҳацхраарц? (Матф. 6:13).

6 Ҳааӡара, ма имҩаԥаҳгоз аԥсҭазаара иахҟьаны, Иегова дызқәыӡбо акы ҳахнахыр ауеит. Ус акәзаргьы, Анцәа иаҭаху аԥсахрақәа рыҟаҵара дҳацхраар илшоит, ҳмаҵзура дазыразхарц азы. Аҳ Давид ари бзианы еиликаауан. Вирсавиа лҿы иҟаиҵаз агәнаҳа ашьҭахь, уи Иегова диҳәон: «Ицқьоу агәы сызҭаҵа... насгьы исыҭ иҿыцу иӷәӷәоу адоуҳа» (Ԥс. 51:10, 12). Инаӡам ҳцәеижь зны-зынла агәнаҳарахь иҳахоит, аха Иегова изыӡырҩразы агәаҳәара ҳамазарц дҳацхраар илшоит. Ииашоу ҳхәыцрақәа ирԥырхагахарц иашьҭоу ииашам агәаҳәарақәа ҳгәаҵаҿы иҟазаргьы, Иегова дҳацхраауеит иԥҟарақәа рықәныҟәара. Иарбан цәгьаразаалакгьы, ҳара иаҳзымиааиртә иҟаиҵар илшоит (Ԥс. 119:133).

Ҳгәаҿы иҽеим агәазыҳәара адацқәа шашьҭуа ҳбозар, уи иаразнак мап ацәаҳкыр ауп (Шәахәаԥш абзац 6.)

«ИАҬАХУП ИҲӘОУ АНАГӠАРА»

7. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа Иажәа игәаԥхашәадоу ахәыцрақәа рҟынтә ҳхы ахьчара?

7 Иегова ацхырааразы иҟаҳҵо ҳаҳәарақәа рҭак ҳаиҭар илшоит Иажәа, Абиблиа ала. Анцәа Иажәа иану аҟәыӷара «зегьы раԥхьаӡа, ицқьоуп» (Иак. 3:17). Есыҽны Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы ҳзыԥхьаз ҳаназхәыцуа, ҳахшыҩ игәаԥхашәадоу ахәыцрақәа рҟынтә иҳахьчоит (Ԥс. 19:7, 11; 119:9, 11). Иара убри адагьы, Абиблиаҿы еиуеиԥшымыз ауаа ирызку ахҭысқәа ануп, иара убасгьы иаагоуп ицқьам агәаҳәарақәа рҟынтәи ҳацәызыхьчо алабжьарақәа.

8, 9. а) Дышԥананагеи иқәыԥшыз арԥыск акаҳԥ лахь? б) Иарбан ҭагылазаашьақәоу иахьа Ажәамаанақәа 7-тәи ахы иану агәҽанҵара ҳхы иаҳархәар ахьҳалшо?

8 Ажәамаанақәа 5:8 иануп: «Умҩа [акаҳԥы] лҟынтәи ихараны икыз, насгьы лыҩны ашә уазааигәамхан». Ажәамаанақәа 7-тәи ахаҿы иануп ари алабжьара азхьамԥшра шаҟа ишәарҭоу, уа иҳәоуп акаҳԥы лыҩны азааигәара илеиҩеиуа арԥыс иӡбахә. Амш ахәларахь инеихеит. Амҩа ахаҵәирҭаҿы иара иаарту амаҭәа зшәу аԥҳәыс днаидгылоит. Уи даанылкылан, игәыдкылара далагоит. Лажәа хаақәа рыла дхылхуеит, изцәырҵуа агәаҳәарагьы аҿагылара ицәыцәгьахоит. Ари асексуалтә ламысдарахь днанагоит. Иҟалап ари арԥыс агәнаҳа аҟаҵара игәы иҭамызҭгьы. Иара дқәыԥшуп, аԥышәа изхом, насгьы уиаҟара ииашаны дызхәыцуам. Ус шакәугьы, ихымҩаԥгашьа иахылҿиааз алҵшәа бааԥсқәа ихигар акәхоит. Ишԥабзиахоз иара уи аԥҳәыс лымԥан дықәымлазҭгьы! (Ажәам. 7:6—27).

9 Иҟалалома ҳаргьы хшыҩ змам реиԥш ҳхы анымҩаԥаҳго, иҽеим агәазыҳәарақәа ҳазцәырызгар алшо аҭагылазаашьақәа рҟынтәи ҳхы анаҳмыхьчо? Иаҳҳәап, аҵх агәахьы ианнеиуа аамҭазы ателехәаԥшрала лассы-лассы иламысдароу афильмқәеи адырраҭарақәеи ддырбоит. Аха ҳара уи аамҭазы ус баша каналк аҟынтәи даҽа каналк ахь аиагара ҳаҿызар? Иара убас ҳхы ашәарҭара иҭаҳаргылоит усда аинтернет ҳҭазар, апорнографиа, ма асекс ахьрыдыргало асаитқәеи ачатқәеи рҿы. Усҟан ҳара иаҳбар ҳалшоит игәнаҳау агәазыҳәара цәырызго, насгьы ҳацқьаны ҳаанхарц азы иҟаҳҵо аҽазышәарақәа зегьы бжьызхуа акы.

10. Избан афлирт зшәарҭоу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

10 Абиблиаҿы иара убасгьы иаагоуп ахаҵеи аԥҳәыси еизыҟазар шрыхәҭоу иазкны алабжьарақәа. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 5:2.) Арҭ алабжьарақәа инарықәыршәаны, афлирт иашам. Шьоукы аромантикатә ҵакы змоу ажестқәеи аихәаԥшышьақәеи — ари ус баша гәырҿыхагоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, избанзар аидкьыслара акәӡам зыӡбахә ҳәоу. Аха афлирт ааҳарԥшуазар, ма афлирт иақәҿаҳҭуазар, асексуалтә ламысдарахь ҳназго ицқьам ахәыцрақәа ҳазцәырҵыр алшоит. Уи аҩыза ацәҟьа иаҿашәаз рацәаҩуп.

11. Иарбан ҿырԥшу Иосиф иаҳзаанижьыз?

11 Иосиф аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иосиф зымаҵ иуаз Потифар иԥҳәыс дхылхырц дашьҭан, ҭаха илҭомызт, аха иара ҟәыӷарыла ихы мҩаԥигон. Лара уеизгьы лҽеиқәылкуамызт. Есҽны хазы еицаанхарц идылгалон (Аҟаз. 39:7, 8, 10). Библиаҭҵааҩык игәаанагарала, Потифар иԥҳәыс илҳәон: «Уааи, хәыҷык ҳаицаанхап», Иосиф ихала раԥхьатәи ашьаҿа ҟаиҵарц дақәгәыӷуа. Аха Иосиф лхы игәалырԥхарц азы иааҟалҵоз зегьы мап рцәикуан, насгьы иара ихаҭагьы ихы лгәаирԥхомызт. Иара ахаангьы лара лганахь ала афлирт ааирԥшуамызт, ииашам агәазыҳәарақәа изцәырымҵларц азы. Лара ацәеижьтә еизааигәарахь Иосиф игәаназҭалҵа, иара лак-ҩакрада мап ацәкра дазхиан. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Имаҭәа лнапы ишакыз иаанижьын, дыҩны дцеит» (Аҟаз. 39:12).

12. Иарбан нырроу иаҳнаҭо ҳазхәаԥшуа, насгьы иабантәиаадыруеи уи ҳара?

12 Абиблиа ишаҳәо ала, ҳабла зқәаҳкуа ҳазну амҩа иаша ҳақәнарҟьар алшоит. Иаҳҳәап ахаҵа аԥҳәыс игәы хыҭ-хыҭуа длыхәаԥшуазар, ма аԥҳәыс ахаҵа дихәаԥшуазар, усҟан асексуалтә гәаҳәарақәа еицралар, ма еизнарҳар ауеит. Иисус ргәырҽаниҵон «згәы хыҭ-хыҭуа аԥҳәыс илыхәаԥшуа дарбанзаалакь, гәыла-ԥсыла уи лҿы дкалҭшьҭаныҟәеит ҳәа» (Матф. 5:28). Иаҳгәалаҳаршәап аҳ Давид ихьыз. Ҽнак зны «ахыб аҟынтәи дибеит зҽызкәабоз аԥҳәыс» (2 Сам. 11:2). Иара ибла лхимгеит, насгьы лызхәыцра даҟәымҵит. Ари ахьнанагаз убри ауп, иара иитәымыз аԥҳәыс диҭаххеит, аҵыхәтәангьы акалҭбааԥсрахь днанагеит.

13. Избан ҳаблақәеи ҳареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭра зыбжьаҳҵар акәу, насгьы иаанагозеи уи?

13 Игәаԥхашәадоу афантазиақәа риааиразы, ҳаргьы Иов иеиԥш иҳазҳәозар ауп «сыблақәеи сареи ҳҿы аиқәшаҳаҭра» бжьасҵеит ҳәа (Иов 31:1, 7, 9). Ҳара ӷәӷәала иӡбаны иҳамазар ауп ҳгәы хыҭ-хыҭуа даҽаӡәы ихәаԥшра ҳхы азин шаҳамҭо. Ари иара убас иаанагоит ҳабла шахаҳгало аеротикатә сахьақәа иахьыҟазаалакгьы, иаҳҳәап: акомпиутер аекран аҿы, аӡыргаратә ӷәаҿы, ажурнал ацәаҿы, ма даҽаџьара.

14. Ианбаҳзаарго ахәарҭа абиблиатә лабжьарақәа?

14 Иҟалап ари астатиа шәанаԥхьо ииашам агәазыҳәарақәа рҿагылара ахьырӷәӷәатәу шәыԥсҭазаара аганқәа гәашәҭазар. Ус акәзар, аамҭа шәымган. Агәнаҳа шәҽацәышәыхьчаларц, насгьы гәаԥхашәала шәыцқьаны шәаанхаларц азы, Анцәа Иажәа иану алабжьарақәа рықәныҟәара шәазхиаз. (Шәаԥхьа Иаков 1:21—25.)

АИЗАРА АИҲАБАЦӘА ДРЫԤХЬААИТ

15. Избан ицқьам агәазыҳәарақәа ҳанырҿагыло ацхыраара а́ҳәара зхадоу?

15 Ииашам асексуалтә гәазыҳәарақәа риааираҿы ҳара ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ҳацхраар рылшоит. Ҳәарада, ари атема алацәажәара уиаҟара имариам. Аха агәымшәара аарԥшны, иҳамоу ауадаҩра доуҳала ишәу ақьырсиан иаартны иаҳҳәар, ииашам агәазыҳәарақәа анҳазцәырҵуа ҳхы ҳариашалаӡом (Ажәам. 18:1; Аур. 3:12, 13). Ари аҩыза аицәажәара иԥсыҽу ҳганқәа рбара иҳацхраауеит. Уи иабзоураны Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара ҳахьчарц азы, иахәҭоу аҽыԥсахрақәа рыҟаҵара ҳалшоит.

16, 17. а) Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа ицқьам агәазыҳәарақәа ирҿагылоу ирыцхраар? Иаажәга аҿырԥшы. б) Избан апорнографиа иахәаԥшуа ацхыраара даҳәар зхадоу?

16 Зегь иреиӷьу ацхыраара ҳарҭар рылшоит аизара аиҳабацәа. (Шәаԥхьа Иаков 5:13—15.) Бразилиа инхо арԥыск шықәсы рацәала ицқьамыз игәазыҳәарақәа дырҿагылан. Иара убас иҳәоит: «Сара издыруан, Иегова ишигәамԥхоз сзызхәыцуаз, аха сыԥхашьон аӡәы изеиҭаҳәара». Иара дахьныҟәоз аизара аҟынтәи аизара аиҳабы игәеиҭеит ак игәы ишҭыхоз, убри аҟынтә ацхыраара даҳәарц идигалт. Ари арԥыс қәыԥш игәалашәоит: «Сара иџьасшьеит аизара аиҳабацәа сара сахь шаҟа ақьиара аадырԥшыз. Дара аилкаареи агәрыцҳашьареи убриаҟара сара сахь иаадырԥшит, сара уиаҟара саԥсоуп ҳәа сыҟамызт. Аизара аиҳабацәа азҿлымҳара аарԥшны исзыӡырҩит. Абиблиа рхы иархәаны Иегова бзиа сшиибо агәра сдыргеит, насгьы Анцәа исыциҳәеит. Уи иабзоураны Абиблиа аҟынтәи исырҭаз алабжьара адкылара сзымариан». Ԥыҭрак ашьҭахь ари аиашьа адоуҳатә шьаҿақәа ҟаиҵеит. Иара убас иҳәоит: «Уажәшьҭа сара еилыскаауеит шаҟа ихадоу ацхыраара аҳәара, ухала ауадаҩрақәа рыӡбара уалагар аасҭа».

17 Апорнографиа ахәаԥшра ҟазшьа бааԥсны иахьҳамоу иахҟьаны иҟьашьу агәазыҳәарақәа ҳазцәырҵуазар, ацхыраара аҳәара даара ихадоуп. Ауаҩы ацхыраара аҳәара данахымццакуа, игәаҳәара агәнаҳахь днанагар алшоит, уи егьырҭ ахьаа рзаанагоит, насгьы Анцәа ихьӡ бжьнахуеит. Аӡәырҩы Иегова иргәырӷьареи, насгьы ақьырсиантә еизараҿы аанхареи рҭахын аҟынтә, ацхыраара рыдыркылеит (Иак. 1:15; Ԥс. 141:5; Аур. 12:5, 6).

ӶӘӶӘАЛА ИӠБАНЫ ИШӘЫМАЗ ГӘАԤХАШӘАЛА ИЦҚЬАНЫ ААНХАРА

18. Ишәымоузеи шәара шәхазы иӡбаны?

18 Аҩсҭаа идунеи еиҳа-еиҳа агәнаҳа алаҽуеит, аха зыԥсҭазаара Анцәа изызкыз имаҵзуҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит рыхшыҩ ахьчаразы, насгьы иҳаракӡоу гәаԥхашәала ицқьоу анормақәа рыҽрықәдыршәарц азы. Шаҟа деигәырӷьозеи уи Иегова! Убри аҟынтә шәааи ҳхазы иҳаӡбап Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахьчара, Иажәеи ақьырсиантә еизареи рҟынтәи иҳаиҭо анапхгара ақәныҟәара. Ҳгәаԥхашәатә цқьара хьчауа, ҳара ицқьоу аламыси ҳгәаҿы аҭынчреи ҳауеит (Ԥс. 119:5, 6). Аҩсҭаа данықәгахалак ашьҭахь, ҳара наунагӡа ҳанхалоит иара инырра цәгьа ахьыҟамло адунеи аҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра