АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА
Дышԥарзыҟоу Анцәа аибашьрақәа?
Ишԥаҟашәҵарыз шәара ари азҵаара аҭак? Аӡәырҩы Анцәа аибашьрақәа дырзыразуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Дара ирҳәоит Анцәа ажәытәан имаҵзуҩцәа шьоукы еибашьларц адҵа риҭон ҳәа; Абиблиагьы уи шьақәнарӷәӷәоит. Егьырҭ иазгәарҭоит Анцәа Иԥа Иисус Христос ишьҭанеицәа ишыдирҵоз раӷацәа бзиа ирбаларц (Матфеи 5:43, 44). Убри аҟынтә Анцәа аибашьрақәа дшырзыҟоу аҽаԥсахит, насгьы уажәшьҭа урҭ дрықәыӡбоит ҳәа алкаа ҟарҵоит.
Шәгәы иаанагозеи шәара? Дырзыразума Анцәа аибашьрақәа? Ааи акәзар, дзыдгылода иара иахьатәи аибашьрақәа рҿы? Арҭ азҵаарақәа рҭак аибашьрақәа шәшырзыҟоу ианырыр алшоит. Иаҳҳәап, шәара Анцәа аибашьрақәа дшырзыразу адагьы, шәзыдгылоу рган шааникыло еилышәкаазар, уи шәышиашоу, насгьы «шәара шәтәқәа» шаиааиуа ала шәыгәрагара арӷәӷәар ауеит. Убри аамҭазгьы, шәхы шԥажәбо шәара, Анцәа шәаӷацәа дышрыцхраауа еилышәкаар? Иҟалап аҭагылазаашьа даҽакала шәахәаԥшуа шәалагар.
Аха иҟоуп ихадоу даҽа моментк. Анцәа аибашьрақәа дшырзыҟоу адырра иара ихаҭа шәшизыҟоу ианырыр алшоит. Миллионҩыла егьырҭ ауаа реиԥш, шәаргьы аибашьра агәаҟреи ахьааи шәзаанагазар, хымԥада, шәгәы иҭыхоит абри азҵаара: Анцәа иоума, шьоукы ргәы ишаанаго ала, аибашьрақәа хацзыркуа, ақәымчра иаҩжьуа, уи адагьы, аизҳара дацхраауа? Имоума иара хьаас ауаа ргәаҟрақәа?
Абиблиа иану аҭак арҭ агәаанагарақәа зынӡа ишреиԥшым еилышәкаар, даараӡа иџьашәшьар шәылшоит. Уи инеиҳангьы, жәытә-натә аахыс Анцәа аибашьрақәа дшырзыҟоу аҽамԥсахӡеит. Шәааи еилҳаргап ажәытәан, Иисус Христос иаамҭазы, I ашәышықәса ҳ. ҳ. Анцәа аибашьрақәа дшырзыҟаз атәы Абиблиа иану. Уи ҳара иҳацхраауеит Анцәа иахьатәи аибашьрақәа дшырзыҟоу аилкаара, иара убас ҳаԥхьаҟа аибашьрақәа ҟалоу-иҟамлоу.