АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ДЫШԤАРЗЫҞОУ АНЦӘА АИБАШЬРАҚӘА?
Анцәа аибашьрақәа дшырзыҟаз ажәытәан
Ажәлар даара игәаҟуан. Дара иааҟәымҵӡакәа Анцәа иҳәон ахақәиҭра роурц азы, аха аҭагылазаашьа аҽаԥсахуамызт. Урҭ ажәытәан инхоз израильаа ракәын, уи ажәлар зыргәаҟуазгьы амч ду змаз мысратәи аҳәынҭқарра акәын (Ақәҵымҭа 1:13, 14). Акыр шықәса израильаа ԥшын Анцәа ас еиԥш игәымбылџьбароу агәаҟра аҵыхәтәа анбаԥиҵәо ҳәа. Абар иааит уи аамҭа (Ақәҵымҭа 3:7—10). Абиблиаҿы иҳәоуп Анцәа хаҭала мысраа дышрабашьуаз. Уи Мысра арыцҳарақәа ирықәиршәеит, афараон ири иареи Амшын ҟаԥшь аҿы иҭаирхеит (Аԥсалом 135:15 [136:15, АдҾ]). Анцәа Иегова ижәлар дрыдгылеит, уи алагьы «игәымшәоу аибашьҩы» иеиԥш ихы ааирԥшит (Ақәҵымҭа 15:3, 4).
Анцәа мысраа дахьырҿагылаз аибашьрақәа зегьы дшырмықәыӡбо аанарԥшуеит. Аха Анцәа аибашьра еснагь иара далагомызт. Зны-зынла ижәлар Израиль ирыдиҵон аибашьра иалагарц. Иаҳҳәап, иара израильаа адҵа риҭеит даараӡа гәаԥхашәала илаҟәыз ханаанаа ықәыргарц (Ҩынтәзакәан 9:5; 20:17, 18). Иара убас израильтәи аҳ Давид идиҵеит Анцәа ижәлар ирықәыӷәӷәоз филистимаа дырҿагыларц. Уи адагьы, Анцәа Давид иҵеиҳәеит аиааира агара ицхраауаз иҷыдоу амҩақәҵарақәа (2 Самуил 5:17—25).
Арҭ ахҭысқәа иаҳдырбоит Анцәа израильаа еибашьларц адҵа шриҭоз иҽеимыз анырреи ақәыӷәӷәареи рҟынтә ижәлар ихьчарц, насгьы ицқьоу амҵахырхәара мыӡырц азы. Аха иазгәашәҭ Анцәа дыззыразыз аибашьрақәа еснагь егьырҭ аибашьрақәа излареиԥшмыз х-ҷыдарак шрымаз.
АНЦӘА ИХАЛА ИӠБОН АИБАШЬРА ЗХЫ АЛАЗЫРХӘУАЗ. Ҭагылазаашьак аҿы Анцәа израильаа ус реиҳәеит: «Уажәы шәара шәеибашьыр акәхаӡом». Избан? Избан акәзар Анцәа ихаҭа дара рзы деибашьуан (2 Ашықәсынҵа 20:17; 32:7, 8). Ус изныкымкәа иҟаиҵахьан. Уи аазырԥшуа ҿырԥштәык ари астатиа алагамҭаҿы иаагоуп. Егьырҭ аҭагылазаашьақәа рҿы Анцәа израильтәи ажәлар еибашьларц адҵа риҭон. Ажәытәтәи урҭ аибашьрақәа хықәкыс ирыман Изқәыргәыӷыз адгьыл агара, насгьы уи ахьчара (Ҩынтәзакәан 7:1, 2; Иисус Навин 10:40).
АНЦӘА ИХАЛА ИӠБОН АИБАШЬРА ИАНАЛАГАТӘУ. Анцәа имаҵзуҩцәа ачҳара аарԥшны иазыԥшызар акәын ақәыӷәӷәареи амцқьареи рықәгара иазалихыз аамҭа анааиуа. Дара аибашьра раԥшьгарала изалагомызт. Аха уеизгьы аибашьра иалагозҭгьы, Анцәа иразра рцәыӡуан. Абиблиаҿы иазгәаҭоуп израильаа Анцәа игәаԥхара иаҿагыланы, рхы иақәгәыӷны еибашьра ианцоз арыцҳарахь ишнанагозa.
АНЦӘА АУАА РЫԤСРА ДЕИГӘЫРӶЬАӠОМ, УРҬ УАА ЦӘГЬАЗАРГЬЫ. Анцәа Иегова иоуп аԥсҭазаара Ахыҵхырҭа, ауаатәыҩса Ршаҩы (Аԥсалом 35:10 [36:9, АдҾ]). Убри аҟнытә иара игәы инархьуеит ауаа шыԥсуа анибо. Аха рыцҳарас иҟалаз, шьоукы егьырҭ ирықәыӷәӷәоит, ашьра аҟынӡагьы инеиуеит (Аԥсалом 36:12, 14 [37:12, 14, АдҾ]). Ажәытәан Анцәа ацәгьара аҵыхәтәа ԥиҵәарц азы, израильаа амцқьақәа ирабашьларц азы зны-зынла адҵа риҭон. Аха усҟангьы иара «иразу... акыр зычҳауа» иакәны даанхон израильаа зыргәаҟуаз рганахь ала (Аԥсалом 85:15 [86:15, АдҾ]). Иаҳҳәап, иара адҵа ҟаиҵеит израильаа ақалақь иаҿагыланы аибашьра иалагаанӡа, «аҭынчра аԥҟарақәа» аларҳәарц, уа инхоз ажәлар рҽырыԥсахырц, насгьы аибашьра рхы ацәырыхьчарц (Ҩынтәзакәан 20:10—13). Убасала, Анцәа иааирԥшит агәахәара изаазго «ауаҩы цәгьа иԥсра акәымкәа, уи дызҿу даҟәыҵны дынынхо» шакәу (Иезекииль 33:11, 14—16)b.
Ишаҳбаз еиԥш, Анцәа ажәытәан аибашьрақәа еиуеиԥшым аформақәа змаз аргәаҟрақәеи амцқьареи закәанла рықәхра злалшоз ак акәны дышрыхәаԥшуаз. Аха иалкаатәуп ауаа ракәымкәа Анцәа шиакәу изыӡбоз аибашьра ианалагатәу, насгьы уи мҩаԥызгало. Аха ирныԥшуазма Анцәа имҩаԥигоз аибашьрақәа агәымбылџьбарара? Ҟалашьа амам, избанзар Анцәа ақәымчра ицәымӷуп (Аԥсалом 10:5 [11:5, АдҾ]). Аҽаԥсахма Анцәа аибашьрақәа дшырзыҟоу, Иԥа Иисус Христос актәи ашәышықәсазы адгьыл ахь данылбаа?
a Иаҳҳәап, еиҿагыларак аҿы амаликааи ханаанааи израильаа ӷәӷәала иаҵадырхеит. Уи зыхҟьаз Анцәа аибашьра азин шримҭазгьы дара ахьалагаз ауп (Ахыԥхьаӡарақәа 14:41—45). Акыр шықәса рышьҭахь ииашаз аҳ Иосиа аибашьра далагеит Анцәа азин иимҭакәа. Цқьа дазымхәыцкәа идикылаз ари аӡбара иԥсҭазаара ахҭниҵар акәхеит (2 Ашықәсынҵа 35:20—24).
b Израильаа ханаанаа ианрабашьуаз, аҭынчра аԥҟарақәа рыларымҳәаӡеит. Избан? Избанзар Ханаан иқәынхоз ажәлар рҽырыԥсахырц азы 400 шықәса рыҭан. Аха урҭ рҽырымԥсахит. Израильаа ханаанаа рабашьра ианалагоз аамҭазы, ханаанаа, жәларык аҳасабала, иузыԥсахуа иҟамызт (Аҟазаара 15:13—16). Убри аҟынтә урҭ рықәхра ахәҭан. Аха зҽызыԥсахыз ауаа еиқәырхан (Иисус Навин 6:25; 9:3—27).
Анцәа ханаанаа дышрабашьуазгьы, иара шьоукы рыцҳаишьеит, иаҳҳәап, Раав лҭаацәеи лареи