АБИБЛИА АԤСҬАЗААРА АԤСАХУЕИТ
Исыҭ шықәсызаҵәык акәзаргьы иҭынчу аԥсҭазаара
ДАНИЗ АШЫҚӘС: 1971
ДАХЬИЗ АТӘЫЛА: ФРАНЦИА
АНКЬА: ИГӘАԤХАШӘАДОУ АԤСҬАЗААРА МҨАԤИГОН, ДЫЦӘГЬАУАҨЫН, АНАРКОТИКҚӘА ИДИКЫЛОН
УААНӠАТӘИ СЫԤСҬАЗААРА.
Ҳҭаацәара Франциа аҩада-мрагылара иҟоу Телланкур захьӡу ақыҭаҿы инхон. Саб дыфранцызын, сан диталиан ԥҳәысуп. Аашықәса анысхыҵуаз, ҳара нхара ҳаиасит Рим (Италиа) аҵыхәахь иҟаз, аусуҩцәа ахьынхоз, иӷарыз араион ахь. Ҳҭаацәараҿы ауадаҩрақәа ҟалеит. Аԥара амамзаара иахҟьаны сани саби есымша еисуан.
Сан аҩызцәа ԥшаа ҳәа адәахьы слышьҭуан, убри аҟынтә аамҭа рацәаны адәахьы исхызгон. Иаарласны сара иҽеимыз ауаа срыланагалеит. 15 шықәса анысхыҵуаз, ҽнак зны даасыдгылеит хаҵак, уи уахьихәаԥшуаз уаҩ бзиоуп ҳәа уҳәар ҟалон. Иара анаркотик сыдигалеит. Сара сақәшаҳаҭхеит уи адкылара, избанзар егьырҭ сдууп ҳәа срыԥхьаӡар сҭахын. Иаарласны анаркотикқәеи агәаԥхашәадареи рыкаҭа сакит. Изныкымкәа амш сыларгахьан. Аԥсҭазаара сара сзы уаҳа аҵакы амамызт. Сара сыԥсы-сынха хьаас исымамызт. Даара сзаҵәны схы збон. 16 шықәса анысхыҵуаз, сҽысшьуеит ҳәа ԥаҭлыкак ависки зжәын, аӡиа сҽаласыжьит. Уи иахҟьаны хымш акома салан.
Уи ашьҭахь аԥсҭазаара ахә сшьо салагеит, аха уи аамҭазгьы сгәымбылџьбараны, сымцҳәаҩханы сҟалеит. Ауаа асекс рыдызгало салагеит. Дара рыҩныҟа саннаргоз, анаркотик рысҭон, нас уи анрыдыркылалак ашьҭахь исырҳәуан. Ацәгьоуцәа ргәыԥ дуқәа исыдырҵон Италиа ахьынӡанаӡааӡо анаркотикқәа рыҭира. Лассы-лассы аполициа сышьҭан. Сыԥсҭазаара еилаҩынтит, ҵак амамкәа иҟалеит. Аха уеизгьы сара агәра згон сыԥсы зҭо мзызк ыҟоуп ҳәа. Анцәа сиҳәон шықәсызаҵәык акәзаргьы иҭынчу, инасыԥу аԥсҭазаара сиҭарц.
АБИБЛИА СЫԤСҬАЗААРА ШАԤСАХЫЗ.
24 шықәса анысхыҵуаз Англиаҟа нхара сиасырц сыӡбеит. Анаркотик зҭиуаз ауаа срыдҳәалан аҟынтә, сыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Сцаанӡа сан лбара снеит, уа Анунсиато Лугаруa данызба, даара иџьасшьеит. Иара Абиблиа аӡбахә сан илзеиҭеиҳәон. Сара издыруан уи уаанӡа ацәгьоурақәа шыҟаиҵоз, убри аҟынтә сшәан, узааи ҳәа сиазҵааит. Иара Иегова ишаҳаҭҩыс дҟаларц азы иԥсҭазаара зегь шьаҭанкыла ишиԥсахыз сеиҳәеит. Анунсиато ажәа сымихит Англиа саннеилак Иегова ишаҳаҭцәа сышрацәажәо ала. Аха Англиа саннеи, уаанӡа сызҿыз сусқәа рахь схынҳәит.
Зны ауаа ахьырацәаз Лондон амҩаду аҿы дысԥылеит ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Шәҿыха!» рыдызгалоз Иегова ишаҳаҭ. Анунсиато ажәа исҭаз сгәалашәан, исԥылаз Иегова ишаҳаҭ сиҳәеит Абиблиа аҵара дсыцхраарц.
Абиблиа аҟынтә сара еилыскааз даара иџьасшьеит. Иаҳҳәап, 1 Иоанн 1:9 иану ажәақәа сара сгәаҵанӡа инеит, уа Анцәа изкны иануп: «Ҳазҵоу агәнаҳарақәа рызбахә аартны аргама ҳрылацәажәозар, усҟан Иара урҭ зегьы ҳанаижьуеит, ҳгәы-ҳаԥсы рыцқьаны». Ари ажәеинраала исхамышҭуа сгәаҿы иаанхеит, избанзар сара сыԥсҭазаашьа иахҟьаны схы даара иҟьашьны избон. Сара иаразнак Иегова ишаҳаҭцәа рқьырсиантә еизарақәа ахьымҩаԥысуа Аҳратә зал ахь аныҟәара салагеит. Иегова ишаҳаҭцәа даара ибзианы срыдыркылеит. Урҭ ирыбжьоу аиҩызара ӷәӷәа анызба,— сара еснагь сзышьҭаз — аҭаацәара иаҩызоу урҭ реизара сахәҭакзарц сҭаххеит.
Анаркотикқәеи аԥсҭазаара бааԥси рааныжьра сцәыуадаҩӡамызт. Сҟазшьа аԥсахра акәын исцәыуадаҩыз. Сара еилыскааит, ауаа рахь апатуқәҵареи азҿлымҳареи аарԥшра шаҭаху. Аиаша уҳәозар, иахьа уажәраанӡагьы саҿуп сҟазшьақәак риааира. Аха Иегова ицхыраарала исылшаз рацәоуп. Фымыз Абиблиа аҵара саҿын, нас 1997 шықәсазы Иегова ишаҳаҭ ҳәа сыҽӡаасхит.
СЫԤСҬАЗААРА ШЕИӶЬХАЗ.
Санҽӡаасх ашьҭахь сара ԥҳәысс дызгеит ааигәа Иегова ишаҳаҭҩыс иҟалаз Барбара. Уаанӡа ҩызцәас исымаз руаӡәк шаҟа сҽысыԥсахыз аниба, иаргьы Абиблиа аҵара далагеит. Нас уи иаҳәшьагьы иаргьы Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалеит. Анаҩс Абиблиахь аинтерес лызцәырҵит 80 шықәса зхыҵуаз санду лаҳәшьа. Лара дыԥсаанӡа аҽӡаахра дахьӡеит.
Уажәы сара Лондон иҟоу аҭыԥантәи ақьырсиантә еизараҿы аизара аиҳабыс Иегова имаҵ зуеит. Сыԥшәма ԥҳәыси сареи аиталиан бызшәала ицәажәо ауаа Абиблиа дырҵо, ҳаамҭа рацәаны ажәабжьҳәаратә ус иазаҳкуеит. Уаанӡатәи сыԥсҭазаара саназхәыцуа, уи сылахь еиқәнаҵоит, аха Барбара сгәы шьҭылхуеит. Сара даара сеигәырӷьоит еснагь сзышьҭаз аҭаацәара бзиеи бзиа сызбо Аби ахьсоуз! Сара Анцәа сиҳәон шықәсызаҵәык акәзаргьы иҭынчу аԥсҭазаара сиҭарц, аха иара исиҭаз еиҳа ирацәоуп!
Сара даара сеигәырӷьоит еснагь сзышьҭаз аҭаацәара бзиеи бзиа сызбо Аби ахьсоуз!
a Анунсиато Лугару изкны шәаԥхьа аброшиура «Избан ауаа бзиақәа ацәгьара изақәшәо?», адаҟьақәа 8—9 (аурыс) аҟны иаагоу астатиа «Абиблиа аԥсҭазаара аԥсахуеит. Еснагь атапанча сыман».