Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 апрель ад. 10—12
  • Ҟәыӷарыла шәхы иашәырхәома ахаҿаагара алшара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҟәыӷарыла шәхы иашәырхәома ахаҿаагара алшара?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АХАҾААГАРА АЛШАРА ИИАШАМКӘА АХАРХӘАРА
  • АХАҾААГАРА АЛШАРА ҞӘЫӶАРЫЛА АХАРХӘАРА
  • «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара»
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2015
  • Иҟауҵар улшозеи Абиблиа аԥхьара еиҳаны ахәарҭеи агәырӷьареи узаанагаларц азы?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Уҽазышәала узыԥхьо ибзианы ухаҿы аагара
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2020
  • Ишԥеизырҳатәу абзиабара Анцәа иахь, насгьы иаҳзааигәоу рахь?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 апрель ад. 10—12

Ҟәыӷарыла шәхы иашәырхәома ахаҿаагара алшара?

УИ КЬЫЛАКИ БЖАКИ раҟара ауп иахьыҟоу, аха «иахьа Жәҩантәылаҿы иҭырҵаахьоу зегь раасҭа зеиҿартәышьа даараӡа ицәгьоу» ак акәны ирыԥхьаӡоит. Изакәи иара? Ауаҩы ихшыбаҩ. Иара аиҿартәышьа даараӡа иџьашьахәуп. Уи иазкны еиҳа еилаҳкаацыԥхьаӡа, ҳара Иегова иааџьоушьаша иусқәа рзы ҳагәқәа џьшьарала иҭәуеит (Аԥсал. 138:14 [139:14, АдҾ]). Шәааи ҳахшыбаҩ иамоу алшарақәа руак еилҳаргап. Уи ахаҿаагара алшара ауп. Изакәызеи ахаҿаагара? Жәарк аҿы уи «иҿыцу ма иџьашьахәу, мамзаргьы шәызқәымшәац акы ахаҿаагара, ахаҿы асахьа аҭыхра алшара» ауп ҳәа еиҭагоуп. Шәақәшаҳаҭзар акәхап ҳара лассы-лассы ахаҿаагара алшара ҳхы ишаҳархәо. Иаҳҳәап, шәара шәаԥхьеит ма ишәаҳаит ахаангьы шәахьыҟамыз ҭыԥк аӡбахә. Аха ишәԥырхагазма уа шәахьыҟамыз уи аҭыԥ шәхаҿы аагара? Ииашаҵәҟьаны ахаан иҳамбац, иаҳмаҳац, згьама ҳамбац, иаҳамкыц, зыфҩы ҳмаҳац акы ҳаназхәыцуа, ахаҿаагара алшара ҳхы иаҳархәоит. Абиблиаҿы иануп Анцәа ауаҩы дишеит иара диеиԥшны ҳәа (Аҟаз. [Быт.] 1:26, 27). Иаанамгаӡои уи Иегова ихаҭа ахаҿаагара алшара шимоу? Иара уи алшара ҳаҭаны ҳаишеит аҟынтә, игәҭакы аилкаараҿы уи ҳхы иаҳархәаларц иҭахуп (Еккл. [Эккл.] 3:11). Ишԥаҳалшо уи алшара ҟәыӷарыла ҳхы иаҳархәалар, насгьы уи ахархәараҿы ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи?

АХАҾААГАРА АЛШАРА ИИАШАМКӘА АХАРХӘАРА

Ахаҵа аԥҳәыс дгәыдикылошәа ихаҿы иааигоит

1. Ианаамҭам афантазиа аҽаҭара, мамзаргьы иахәҭам ахаҿы аагара.

Афантазиақәа ицәгьоу ҳәа акгьы рылаӡам. Урҭ ахәарҭагьы узааргоит, уи ус шакәу ашьақәырӷәӷәарақәа ыҟоуп. Аха Екклезиаст (Экклезиаст) 3:1 аҿы иануп «зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп» ҳәа. Уи иаанагоит зны-зынла ак аҟаҵара ишаамҭам. Иаҳҳәап, аизара анымҩаԥысуа, мамзаргьы ҳхатә ҭҵаара ҳанаҿу ҳхәыцрақәа џьара ҳрыманы ицозар, ҳхаҿаагара алшара ахәарҭа ҳзаанагоит ҳәа ҳазҳәом. Зны Иисус иҵаҩцәа ухшыҩ аҭыԥ ахь иаазго алабжьара риҭеит. Иара урҭ иреиҳәеит ицқьам ахәыцрақәа реизырҳара шшәарҭоу (Матф. 5:28). Ҳхаҿы иааҳго зегьы Иегова даргәырӷьалаӡом. Игәаԥхашәадоу афантазиақәа игәаԥхашәадоу аусқәа рахь уназго цҳаны иҟалар рылшоит. Шәхаҿаагара алшара иахҟьаны Иегова шәицәыхарахартә ахаан иалшәмыршан!

2. Аматериалтә мазара ҳа́хьчар алшоит ҳәа ахәыцра.

Ҳәарада, аматериалтә маҭәарқәа рыда ԥсыхәа ҳамам. Аха урҭ роуп анасыԥ ҳзаазго, насгьы ҳзыхьчо ҳәа ахәыцра ҳалагар, иаарласны ҳгәы каҳар алшоит. Иҟәыӷаз аҳ Соломон иҩуан: «Ауаҩ беиа имал — иқалақь ду ауп, уи ихаҿы иааиго аҭӡамц ҳарак иеиԥшуп» (Ажәам. [Прит.] 18:11). Шәазхәыц: 2009 шықәса сентиабр азы ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны аӡхыҵра ҟалеит. Уи Манила ақалақь (Афилиппинқәа) 80 процент инареиҳаны аԥхасҭа ӷәӷәа азаанагеит. Ирылшама еиҳа амал змам ауаа ахыхьчара? Змазара рацәаны изцәыӡыз ибеиаз хаҵак иҳәеит: «Аӡхыҵра абеиақәеи аӷарцәеи еиҟаранатәит. Уи урҭгьы егьырҭгьы ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи рзаанагеит». Аматериалтә мазара ҳахьчоит ҳәа агәра агара мариоуп. Аха уи зегь баша иллиузиоуп.

3. Ахаан иҟамлар алшо азы агәҭынчымра аарԥшра.

Иисус мыцхәы агәҭынчымра ааҳмырԥшларц ҳгәаҳҽаниҵон (Матф. 6:34). Зегь гәҭыхас аҟаҵара шьцыларас измоу дааҟәымҵӡакәа ак ихаҿы иааигоит. Макьана ицәырымҵыц, мамзаргьы ахаан иҟамлар алшо ауадаҩрақәа рзы иааҳарԥшуа агәҭынчымра ҳамч рацәаны иҳамнахыр ҟалоит. Иԥшьоу Аҩыраҿы иануп ус еиԥш иҟоу агәҭынчымра агәкаҳареи адепрессиеи шузцәырнагар ауа (Ажәам. [Прит.] 12:25). Убри аҟынтә Иисус илабжьара ақәныҟәара хадоуп: мыцхәы агәҭынчымра ааҳмырԥшлап, ауадаҩрақәагьы цәырҵаанӡа рыӡбара ҳаламгап.

АХАҾААГАРА АЛШАРА ҞӘЫӶАРЫЛА АХАРХӘАРА

Ахаҵа Абиблиа иану азхәыцрақәа дрызхәыцуеит

1. Ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа заа рбара, насгьы рҽырцәыхьчара.

Иԥшьоу Аҩыра ԥхьаҟа ҳаԥшларц ҳаанаԥхьоит (Ажәам. [Прит.] 22:3). Ахаҿаагара алшара абзоурала ҳаӡбарақәа ирылҵшәахо заа иаҳбар ҳалшоит. Иаҳҳәап, хәылԥазык ахь ааԥхьара шәырҭеит. Ишԥалшо шәхаҿаагара алшара ацара иаԥсоу-иаԥсаму аӡбара ишәыцхраар? Раԥхьа шәазхәыц уахь ааԥхьара змоу, уа шаҟаҩ ҟало, насгьы ахәылԥаз ахьыҟало, ианыҟало. Анаҩс шәазхәыц уи ахәылԥаз шымҩаԥысуа. Ишәҳәар шәылшома уа иҟало зегьы абиблиатә принципқәа ирықәныҟәалоит ҳәа? Абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа уи ахҭыс шәхаҿы аагара ишәыцхраауеит. Убас ахаҿаагара алшара абзоурала, шәара иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылареи адоуҳатә шәарҭарақәа рҽырцәыхьчареи шәылшоит.

2. Имариам аҭагылазаашьаҿы шәхы шымҩаԥыжәго гәаныла аҽазыҟаҵара.

Ахаҿаагара алшара ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, аизараҿы аӡәи шәареи аилибамкаара шәыбжьалеит. Ишԥашәылшо уи аиашьа ма аиаҳәшьа шәинышәар? Ара изызхәыцтәу рацәоуп. Изеиԥшроузеи ицәажәашьа? Ианбеиӷьу уи ауадаҩра алацәажәара? Иҳәатәузеи, насгьы ишԥаҳәатәу? Ари аҭагылазаашьа шәхаҿы иаажәгар, шәара ишәылшоит ауадаҩра злашәыӡбаша знеишьақәак «шәҽырзыҟашәҵар», насгьы урҭ рахьтә еиҳа еиӷьуп ҳәа шәгәы иаанаго алшәхыр (Ажәам. [Прит.] 15:28). Ари ауадаҩра аӡбашьа абас еиԥш хшыҩла азнеира аизараҿы аҭынчра ахьчара ишәыцхраауеит. Уи ахаҿаагара алшара ахархәаразы ииашаҵәҟьаны знеишьа бзиоуп.

3. Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи еиҳа аинтерес аҵаҵара.

Есыҽны Абиблиа аԥхьара даара ихадоуп. Аха хықәкыс иҳамазар акәу мышкала ирацәаны ахқәа рыԥхьара акәӡам. Ҳара Абиблиаҿы ҳхы иаҳархәаша аурокқәа ҳаԥшаалар, насгьы урҭ ҳаԥсҭаазараҿы рхархәаразы агәаҳәара ӷәӷәа ҳамазар ҳахәҭоуп. Абиблиа аԥхьара Иегова иахь иааҳарԥшуа аџьшьара еизнарҳалар ауп. Уи аҿы ҳара ҳхаҿаагара алшара ҳацхраар алшоит. Ишԥа? Ҳазхәыцып «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара» захьӡу ашәҟәы. Ари ашәҟәы ҳанаԥхьо, ҳхаҿаагара алшара ҳарҿыхоит, избанзар уи абиблиатә фырхацәа исахьаркны ҳхаҿы аагара иҳацхраауеит. Ҳара иҳалшоит ахҭысқәа ахьымҩаԥысуаз ҳбар, абыжьқәеи афыҩқәеи ҳаҳар, насгьы Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу рцәаныррақәа еилаҳкаар. Убасала ибзианы иаҳдыруеит ҳәа ҳгәы иаанагоз абиблиатә цыԥҵәахақәа рҿы акрызҵазкуа аурокқәеи ҳгәы шьҭызхуа азхәыцрақәеи ҳаԥшаар ҳалшоит. Ҳхаҿаагара алшара убас еиԥш ҳхы иаҳархәозар, Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи еиҳа аинтерес аҵаҵара иҳацхраауеит.

4. Агәрыцҳашьара аизырҳареи аарԥшреи.

Агәрыцҳашьара зеиԥшыҟам ҟазшьоуп. Уи абзоурала ҳара аӡәы ихьаа еилаҳкаар ҳалшоит. Иеговеи Иисуси уи аҟазшьа аадырԥшуеит, ус анакәха ҳаргьы иҳахәҭоуп (Ақәҵ. [Исх.] 3:7; Аԥсал. 71:13 [72:13, АдҾ]). Ишԥаҳалшо агәрыцҳашьара аизырҳара? Уи аҿы ахаҿаагара алшара даараӡа иҳацхраауеит. Иҟалап ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьа уажәы ихиго ма ҳаҳәшьа илхылго ауадаҩра ахаангьы ҳақәымшәацзар. Аха ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Сара иара иҭыԥ аҿы ма лара лҭыԥ аҿы сыҟазҭгьы, иарбан цәаныррақәоу исызцәырҵуаз? Исҭаххарызи еиҳараӡак?» Арҭ азҵаарақәа рҭак аныҟаҳҵо ҳхаҿаагара алшара ҳхы иаҳархәозар, уи еиҳа агәрыцҳашьара аарԥшра иҳацхраауеит. Ақьырсиан иԥсҭазаараҿы еснагь зегь рахь агәрыцҳашьара ааирԥшуазар, игәрахаҵара ицеиҩызшои ажәабжь аниҳәо иԥыло ауааи уахь ианалаҵаны, уи иара иеиԥш, егьырҭгьы ахәарҭа рзаанагоит.

5. Адунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭазаара ахаҿаагара.

Адунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭазаара иазкны Абиблиа иаҳәо рацәоуп (Ис. [Ис.] 35:5—7; 65:21—25; Аат. 21:3, 4). Ҳпубликациақәа рҿы уи лассы-лассы асахьа ԥшӡақәа рыла иаарԥшуп. Избан? Асахьақәа ҳхаҿаагара алшара дырҿыхоит, насгьы арҭ азылԥхарақәа анынаӡо аамҭа аныҟало исахьаркны азхәыцра иҳацхраауеит. Ахаҿаагара алшара ҳазҭаз Ҳазшаз Иегова уи иамоу амч даараӡа ибзианы идыруеит. Анцәа иқәыргәыӷрақәа рызхәыцразы ари алшара ҳхы иаҳархәозар, уи ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит, насгьы аԥышәара ӷәӷәақәа ҳанрықәшәогьы Анцәа ҳизиашаны аанхара иҳацхраауеит.

Ҳара ахаҿаагара алшаразы Иегова даараӡа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Уи есыҽны азиашара аарԥшуа имаҵ аура иҳацхраауеит. Шәааи ҳхаҿаагара алшара ҟәыӷарыла ҳхы иаҳархәалап. Убасала ҳара хәы змам ари аҳамҭазы Иегова аџьшьара иаҳҭоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра