Иҟауҵар улшозеи Абиблиа аԥхьара еиҳаны ахәарҭеи агәырӷьареи узаанагаларц азы?
ИИСУС НАВИН израильтәи ажәлар Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеигар акәын. Уи даара имариамыз усын. Аха Иегова уи абас иаҳәаны дирӷәӷәеит, насгьы игәы шьҭихит: «Агәымшәара умаз, уӷәӷәаз». Иегова иҳәеит Иисус Навин Азакәан даԥхьалар, насгьы уи иану дықәныҟәалар, иҟәыӷоу аӡбарақәа шидикылало, насгьы ақәҿиара шиоуа (Иисус Навин 1:7, 8).
Ҳаргьы ҳаԥсҭазаара мариам, избанзар ихьанҭоу аамҭақәа рзы ҳанхоит (2 Тимофеи иахь 3:1). Иисус Навин иеиԥш ақәҿиара ҳамазарц ҳҭахызар, Иегова уи ииҭаз алабжьара ҳақәныҟәалар ауп. Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҳаԥхьалар, насгьы ииашоу аӡбарақәа рыдкыларазы еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәалар ауп.
Аха иҟалап шьоукы ирзымдыруазар Абиблиа шҭырҵаалаша, мамзаргьы уи агәырӷьара рзаанамгозар алшоит. Ус акәзаргьы, Абиблиа аҭҵаара даара ихадоуп. Арамка «Шәхы иашәырхәар шәылшо азнеишьақәа» аҟны ишәыԥшаар шәылшоит Абиблиа аԥхьара еиҳаны ахәарҭа алхра, насгьы агәырӷьара аиура ишәыцхраауа алабжьарақәа.
Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәеит: «Уԥҟарақәа рымҩала сгала, избанзар сара урҭ рҿы агәырӷьара сыԥшаауеит» (Аԥсалом 119:35, АдҾ). Анцәа Иажәа аҭҵаара шәаргьы агәырӷьара шәзаанагалар алшоит. Уи аҭҵаара абзоурала шәара зыхә ҳараку азхәыцрақәа шәыԥшаалоит.
Шәара Иисус Навин иеиԥш ажәлар рымҩақәҵара шәыдӡам, аха шәхатә уадаҩрақәа шәрықәшәоит. Убри аҟынтә иара иеиԥш Анцәа Иажәа ҭышәҵаала, насгьы иану шәықәныҟәала. Ус ҟашәҵалар, иҟәыӷоу аӡбарақәа шәыдышәкылалоит, насгьы ақәҿиара шәымазаауеит.