Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ииун ад. 11—15
  • Илшәыршома Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду шәыԥсахра?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Илшәыршома Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду шәыԥсахра?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘГӘЫ ЗЫРЏЬБАРАР АЛШО ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
  • ИТАТОУ НЫШӘАԤШЬНЫ ШӘЫҞАЗ
  • ШӘХӘЫҶҚӘА АНЫШӘААӠО, ИЕГОВА ШӘИЗЫӠЫРҨЛА
  • Еилышәкаауама Иегова Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду шиакәу?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иегова ухәыцшьеи ухымҩаԥгашьеи анырра риҭалартә алшара иҭала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
  • Иузааигәоу ауаҩы Иегова данаанижьуа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иаашәырԥшуама шәара Анцәа игәамԥхо аҟазшьақәа?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ииун ад. 11—15
Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду ҳшиԥсахуа узырбо аҿырԥштәы: иқьырсиану аиашьа ҩыџьа аизара аиҳабацәа дырԥырҵуеит; ԥыҭрак ашьҭахь драцәажәарц азы дхынҳәуеит

Илшәыршома Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду шәыԥсахра?

«Аҳаԥшьаҟаҵаҩ инап иаку анышәаԥшь шәаҩызоуп шәаргьы снапаҿы» (ИЕР. [ИЕР.] 18:6)

АШӘАҚӘА: 60, 22

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Избан Иегова илабжьара зҳадҳамкылар ҳалшо?

  • Иарбан ҟазшьақәоу Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду инапаҿы итатоу нышәаԥшьны аҟазаара иҳацхраауа?

  • Ишԥарылшо иқьырсиану аҭаацәа Иегова Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду шиакәу аадырԥшыр?

1, 2. Избан Анцәа Даниил «зыхә ҳараку ауаҩы» ҳәа дзиԥхьаӡоз, насгьы ишԥаҳалшо азыӡырҩра аарԥшраҿы уи аԥааимбар иҿыԥшра?

АИУДЕИАА вавилонтәи атҟәара ианҭашәа, ирбеит уи ақалақь ныхала ишҭәыз, уа инхоз ауаагьы ицәгьоу адоуҳақәа итҟәаны ишрымаз. Аха уеизгьы, Даниил хҩык иҩызцәеи иареи реиԥш иҟаз азиашара аазырԥшуаз аиудеиаа уа иҟаз аҭагылазаашьа рнырыртә алдыршомызт (Дан. [Дан.] 1:6, 8, 12; 3:16—18). Урҭ ӷәӷәала иӡбаны ирыман Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду Иегова изиашаны ишаанхо. Дара уи иагьрылшеит! Даниил иԥсы ҭанаҵы Вавилон дынхон ҳҳәар ҳалшоит, аха Анцәа имаалықь уи «зыхә ҳараку ауаҩы» ҳәа изиҳәеит (Дан. [Дан.] 10:11, 19).

2 Абиблиатә аамҭақәа раан аҳаԥшьаҟаҵаҩ анышәаԥшь аус адиулон, ииҭаху аформа аиҭарц азы. Иахьа Иегова ииашоу имаҵзуҩцәа иазхарҵоит ажәларқәеи амилаҭқәеи закәанла рыԥсахра зылшо Иреиҳаӡоу Зегьирхаку иара заҵәык шиакәу. (Уаԥхьа Иеремиа [Иеремия] 18:6.) Иара убас Анцәа ҳара зегьы хаҭала ҳаԥсахразы амчра имоуп. Ус ишыҟоугьы, иара иҳамоу алхра ахақәиҭра пату ақәиҵоит, насгьы ҳхатәгәаԥхарала ҳаизыӡырҩларц иҭахуп. Шәааи еилҳаргап Анцәа инапаҿы итатоу нышәаԥшьны аҟазаара шҳалшо. Ҳарзааҭгылоит х-зҵаарак: 1) Избан Иегова илабжьара зҳадҳамкылар ҳалшо? 2) Иарбан ҟазшьақәоу Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду инапаҿы итатоу нышәаԥшьны аҟазаара иҳацхраауа? 3) Ишԥарылшо иқьырсиану аҭаацәа Анцәа изыӡырҩра, рхәыҷқәа анырааӡо?

ШӘГӘЫ ЗЫРЏЬБАРАР АЛШО ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

3. Избан ҳгәы џьбарахар залшо? Иаажәга аҿырԥштәы.

3 Ажәамаанақәа (Притчи) 4:23 рҿы иануп: «Зегь раасҭа ихьчалатәу рҟынтәи ихьчала угәы, избанзар уи аҟынтә ауп аԥсҭазаара ахыҵхырҭақәа». Изцәаҳахьчалар акәзеи ҳгәы? Иаҳҳәап, ҳгәы арџьбарар ауеит иахәҭам аԥагьара, агәнаҳа аҟаҵара ашьцылара, ма иԥсыҽу агәрахаҵара. Уи иахҟьаны азымӡырҩра аарԥшра ҳалагар ҳалшоит (Дан. [Дан.] 5:1, 20; Аур. 3:13, 18, 19). Еилҳаргап иԥагьахаз аҳ Озиа иҿырԥштәы. (Уаԥхьа 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 26:3—5, 16—21.) Раԥхьа Озиа «Иегова иҿаԥхьа ииашаз ҟаиҵон», насгьы «Иегова диԥшаауан». Аха «даныӷәӷәаха, игәы ԥагьахеит», имаз амч Иегова иҟынтә шакәызгьы. Иара аныҳәарҭаҿы афимиамгьы иблырц далагеит. Уи аҟаҵара азин змаз Аарон ихылҵшьҭра иатәыз аԥшьаҩцәа рымацара ракәын. Аԥшьаҩцәа Озиа дааныркыларц ианалага, иара даараӡа игәы ԥжәеит. Иалҵшәахазеи уи? Иегова Озиа дахьирхәит, уи иԥсы ахьынӡаҭаз ацәеилабаара иман (Ажәам. [Прит.] 16:18).

4, 5. Иҟалозеи аԥагьара аизҳара алҳаршар? Иаажәга аҿырԥштәы.

4 Агәҽанызаара ааҳмырԥшлар, ҳаргьы ҳԥагьахар алшоит. Усҟан ҳазлаҟоу еиҳаны, иахырҟьаны ҳхы ҳбо ҳалагоит, Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара мап ацәаҳкыргьы ауеит (Рим. 12:3; Ажәам. [Прит.] 29:1). Еилҳаргап Џьим зыхьӡу аизара аиҳабы иҿырԥштәы. Зны егьырҭ аизара аиҳабацәеи иареи аизара иадҳәалоу аусқәа ианрылацәажәоз, ргәаанагарақәа еиқәымшәеит. Џьим игәалашәоит: «Сара аишьцәа ирасҳәеит абзиабара шаадмырԥшуа, нас сгыланы сцеит». Фымз рышьҭахь даҽа еизарак ахь диасит, аха уа аизара еиҳабыс амаҵ аура алшара имамызт. Џьим иҳәоит: «Даара сгәы каҳаны сыҟан. Сышиашаз агәра згон, убри аҟынтә аҵабырг аансыжьит». Жәашықәса рыҩныҵҟа Џьим аизарақәа дырҭааӡомызт. Иара уажәы иҳәоит дышԥагьаз, насгьы иҟалаз зегьы Иегова ишихараиҵоз. Ашықәсқәа рыҩныҵҟа аишьцәа иҭаауан, аха иара урҭ рыцхыраара мап ацәикуан.

5 Џьим иҿырԥштәы иаҳнарбоит ҳԥагьара иахҟьаны ҳхымҩаԥгашьа иашоуп ҳәа ахәыцра ҳалагар шҳалшо, насгьы икьакьоу анышәаԥшь ҳаҩызахар шауа (Иер. [Иер.] 17:9). «Сара сааҟәымҵӡакәа егьырҭ шаҟа ииашам сазхәыцуан»,— еиҭеиҳәоит Џьим. Шәгәы шәдырхьхьоума зныкыр шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо ражәақәа ма русқәа? Мамзаргьы ишәцәыӡхьоума аизараҿы аҭакԥхықәра? Ааи акәзар, шәышԥазнеи уи шәара? Ишәԥырхагазма шәԥагьара? Мамзаргьы еиҳарак шәзызхәыцуаз шәгәы нзырхази шәареи шәыбжьара аҭынчра шыхьчатәу, насгьы Иегова шәизиашаны шәшаанхаша акәзу? (Урыԥхьа Аԥсалом 118:165 [119:165, АдҾ]; Ефесаа рахь 3:13.)

6. Иҟалар алшозеи, агәнаҳа аҟаҵара шьцыларас ишьҭаҳхзар?

6 Иара убас ауаҩы Иегова илабжьара идимкылар ауеит, агәнаҳа аҟаҵара шьцыларас ишьҭихзар, ма ҩ-ԥсҭазаашьак мҩаԥигозар. Знык ииашамкәа ахымҩаԥгара даналагалак, еиҳа-еиҳа агәнаҳа иҽаиҭоит. Иашьак иҳәеит ииашамыз ихымҩаԥгашьа уаҳа игәы ишыҵымхоз (Еккл. [Эккл.] 8:11). Апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас ишьҭызхыз даҽа иашьак ԥыҭрак ашьҭахь иҳәеит: «Сара еилыскааит аизара аиҳабацәа рахь даараӡа агәынамӡара аарԥшра сшалагаз». Ари ашьцылара бааԥс Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьнахит. Аҵыхәтәаны агәнаҳа анеилкааха, уи аиашьа ацхыраара ирҭеит. Ҳәарада, ҳара зегьы ҳнаӡам. Ус ишыҟоугьы, акритика аҟаҵара шҳалоу ҳбозар, ма Анцәа ианажьреи ацхыраареи рыԥшаара аҭыԥан иҽеим ҳхымҩаԥгашьа иашоуп ҳәа ҳхәыцуазар, иҟалап уи ҳгәы аџьбарахара ишаҿу аанарԥшуазар.

7, 8. а) Ишԥаџьбарахеи ажәытәан инхоз израильаа ргәы, рыгәрахаҵара ахьԥсыҽыз иахҟьаны? б) Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

7 Иара убас ҳгәы џьбарахар алшоит, ҳагәрахаҵара ԥсыҽзар. Уи ус шакәу ҳнарбоит Иегова мысратәи атҟәара аҟынтәи зхы иақәиҭитәыз израильаа рҿырԥштәы. Урҭ Анцәа иҟаиҵоз узыршанхоз аџьашьахәқәа рыблала ирбон. Аха израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл ианазааигәаха, рыгәрахаҵара ԥсыҽхеит. Иегова иқәгәыӷра аҭыԥан, ашәара рҽарҭеит, насгьы Моисеи иахь агәынамӡара аарԥшра иалагеит. Дара тәцәас иахьыҟаз Мысраҟа ахынҳәрагьы рҭаххеит! Шәхаҿы иажәг Иегова уи шаҟа игәы инархьыз! Иара иҳәеит: «Шаҟааамҭа патуқәҵарада исызныҟәалозеи сара ари ажәлар?» (Ахыԥхь. [Чис.] 14:1—4, 11; Аԥсал. 77:40, 41 [78:40, 41, АдҾ]). Агәрахаҵара ахьрыцәмаҷыз, насгьы ргәы ахьыџьбарахаз иахҟьаны, уи абиԥара ацәҳәыраҿы иԥсит.

8 Иахьа, ҳара адунеи ҿыц ҳаназааигәоу, ҳагәрахаҵара аԥышәарақәа ирықәшәоит. Убри аҟынтә ҳагәрахаҵара ӷәӷәоу-иӷәӷәаму агәаҭара ҳахәҭоуп. Иаҳҳәап, Матфеи 6:33 иану Иисус иажәақәа ҳшырзыҟоу ҳазхәыцыр ҳалшоит. Шәхы шәазҵаа: «Иудырбома сыӡбарақәеи схықәкқәеи Иисус иажәақәа ииашаҵәҟьаны рыгәра шызго? Аԥара арҳара алшара соузҭгьы, аизарақәа бжьасыжьлозма, ма ажәабжьҳәара еиҳа имаҷны сҽаласырхәлозма? Иҟасҵозеи сусура саамҭеи сымчи еиҳаны исымнахуа иалагар? Ари адунеи анырра снаҭартә, насгьы Анцәа имаҵ аура саҟәыҵыртә алсыршома?»

9. Избан ҳагәрахаҵара згәаҳҭалар акәу, насгьы ишԥаҟаҵалатәу уи?

9 Иааҳгап аҿырԥштәы: Иегова имаҵзуҩык абиблиатә лабжьарақәа уиаҟара иҭахӡамкәа дрықәныҟәоит, иаҳҳәап, аҩызцәа, насгьы агәырҿыхагақәа ралхреи аизара алцареи рганахь ала алабжьарақәа. Иҟаҵатәузеи ҳаргьы ус ҳахьуазар? Урҭ рҩызцәа аҟазшьақәа шҳалоу ҳбозар, аамҭа мгакәа ҳагәрахаҵара гәаҳҭар ауп. Абиблиа иануп: «Шәыҽԥышәшәа, шәхы-шәыԥсы гәашәҭ, агәрахаҵара шәзынханы шәыҟоу-шәыҟаму еилшәырга» (2 Кор. 13:5). Ҳара Анцәа Иажәа ҳхы иархәаны ламысцқьарала ҳхы гәаҳҭалар ауп.

ИТАТОУ НЫШӘАԤШЬНЫ ШӘЫҞАЗ

10. Иҳацхраауазеи Иегова инапаҿы итатоу нышәаԥшьны аҟазаара?

10 Иегова иҳаиҭо зегьы инапаҿы итатоу нышәаԥшьны аҟазаара иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, Иажәа Абиблиа, аизарақәа, ажәабжьҳәаратә маҵзура. Аӡы икьакьоу анышәаԥшь шартато еиԥш, есыҽны Абиблиа аԥхьареи азхәыцреи Анцәа инапаҿы итатоу нышәаԥшьны ҳҟанаҵоит. Ажәытәан Иегова израильтәи аҳцәа адҵа риҭеит Изакәан хҩылааны есыҽны иаԥхьаларц (Ҩынтә. [Втор.] 17:18, 19). Апостолцәа еилыркаауан Анцәа изиашаны имаҵ ауразы Иԥшьоу Аҩыра аԥхьареи азхәыцреи шрыхәҭоу. Дара рысаламшәҟәқәа рҿы Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә акырынтә ацитатақәа ааргон, ма уахь ихьадырԥшуан, ажәабжь зарҳәозгьы уи аҟаҵара ргәазҭарҵон (Аус. 17:11). Ҳаргьы иахьа иаҳбоит есыҽны Анцәа Иажәа аԥхьареи уи азхәыцреи шаҟа ихадоу (1 Тим. 4:15). Убас ҟаҳҵалар, ахынраалара ааҳарԥшлоит, насгьы Иегова ҳиԥсахларц алшара иаҳҭалоит.

Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду ақьырсиан ԥҳәыс диԥсахуеит Абиблиа данаԥхьо, Анцәа даниҳәо, аизарақәа данырҭаауа, ажәабжь анылҳәо

ишәиҭо зегьы шәхы иашәырхәала, инапаҿы итатоу нышәаԥшьны шәыҟазарц азы (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—13.)

11, 12. Ҳашԥаиԥсахуеи Иегова аизарақәа ихы иархәаны, аха уи аамҭазгьы ҳхатә ҭахрақәа дрызхәыцуа? Иаажәга аҿырԥштәы.

11 Иегова аизарақәа ихы иархәаны ҳиԥсахуеит, убри аамҭазгьы досу ҳҭахрақәа дрызхәыцуеит. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Џьим аизара аиҳабы хаала иацәажәара даналага, уи еиҳа дтатахо далагеит. «Уи аиашьа зныкгьы аҽыԥныҳәа симҭеит, дагьсықәмыӡбеит,— еиҭеиҳәоит Џьим.— Иара ақьиара ааирԥшуан, насгьы гәыкала дсыцхраарц иҭахын». Хымзҟа рышьҭахь уи аизара аиҳабы Џьим аизарахь ааԥхьара ииҭеит. «Аизараҿы игәырӷьаҵәа зегь сԥылеит,— иҳәоит Џьим.— Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иаадырԥшыз абзиабара ауп аизарахь ахынҳәра сгәазҭазҵаз. Сара еилыскааит сцәаныррақәа раасҭа еиҳа ихадоу ак шыҟоу. Схатә ҩыза ари аамҭа зегь аҩныҵҟа Анцәа дизиашаны имаҵ луан. Аишьцәеи лареи рыцхыраара абзоурала, сара хәыҷы-хәыҷла доуҳала аизҳара салагеит. Ноиабр 15, 1992 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня» аҿы ианыз астатиақәа „Иегова не виноват“, насгьы „Служи Иегове лояльно“ даараӡа сгәы шьҭырхит».

12 Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Џьим еиҭа аизара еиҳабыс дҟалеит. Уи ашьҭахь иара зныкымкәа аишьцәа дрыцхрааит иҽеим аҟазшьақәа рааныжьра, насгьы рдоуҳара арӷәӷәара. Иара иҳәоит: «Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәоуп ҳәа исыԥхьаӡон, аха уи ус акәмызт. Сгәы иалоуп аԥагьара сыла хнаҩартә ахьалсыршаз. Уи иахҟьаны еиҳа ихадаз саҩсыжьит, насгьы егьырҭ рыгхақәа сыхшыҩ рзысышьҭит» (1 Кор. 10:12).

13. Иарбан ҟазшьақәоу ажәабжьҳәаратә ус абзоурала еизҳарҳар ҳалшо, насгьы иарбан хәарҭоу уи иаанаго?

13 Ҳашԥаԥсахуеи ажәабжьҳәаратә ус, насгьы ҳашԥеиӷьнатәуеи уи? Ажәабжь бзиа ауаа ианрылаҳҳәо, ахынраалареи Анцәа идоуҳа иалҵшәоу егьырҭ аҟазшьақәеи реизырҳара ҳалшоит (Гал. 5:22, 23). Шәазхәыц иарбан ҟазшьақәоу амаҵзура абзоурала шәара еизшәырҳаз. Иара убас ақьырсиантә ҟазшьақәа анааҳарԥшуа, иаҳҳәо ажәабжь еиҳа иҳарԥшӡоит. Иаҳҳәап, иашьаки иаҳәшьаки Австралиа ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анырҳәоз, ԥҳәыск даара ихжәаны драцәажәеит, аха дара уеизгьы аҳаҭырқәҵара аадырԥшит. Ԥыҭраамҭак анҵы, уи аԥҳәыс лхымҩаԥгашьа дацәыԥхашьеит, насгьы афилиал ахь асаламшәҟәы лҩит. Лара илҳәеит: «Ачҳара аазырԥшыз урҭ ауаа ҟәымшәышәқәа рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵарц сҭахуп патуқәҵарада, аԥагьара аарԥшны сахьрызныҟәаз азы. Сара ииашамкәа схы мҩаԥызгеит: урҭ Абиблиа иалацәажәарц иааит, сара иԥхасҵеит, ихжәангьы срацәажәеит!» Илыҩрызма уи аԥҳәыс абри аҩыза асаламшәҟәы, аиашьеи аиаҳәшьеи гәынамӡарак аадырԥшызҭгьы? Илымҩыргьы ҟаларын. Ииашаҵәҟьаны, ҳмаҵзура ҳара ҳаиԥш, егьырҭгьы ахәарҭа ду рзаанагоит.

ШӘХӘЫҶҚӘА АНЫШӘААӠО, ИЕГОВА ШӘИЗЫӠЫРҨЛА

14. Иҟарҵар акәзеи аҭаацәа, ахәыҷқәа рааӡараҿы ақәҿиара рымазарц азы?

14 Ахәыҷқәа реиҳараҩык ак андурҵо бзиа ирбоит, насгьы аԥагьара рылаӡам (Матф. 18:1—4). Убри аҟынтә иҟәыӷоу аҭаацәа рхәыҷқәа аҵабырг ддырҵоит, насгьы уи бзиа ирбарц ирыцхраауеит (2 Тим. 3:14, 15). Уи аҿы аҭаацәа ақәҿиара роурц азы, аҵабырг рхаҭа бзиа ирбароуп, насгьы уи инақәыршәаны инхалар ауп. Аҭаацәа убас аныҟарҵо, рхәыҷқәа аҵабырг бзиа абара еиҳа ирзымариахоит. Уи адагьы, ахәыҷқәа ирбалоит аҭаацәа ирырҭо амҩақәҵарақәа абзиабара шырныԥшуа — аҭаацәа ртәеиԥш, Иегова итәгьы.

15, 16. Ишԥарылшо аҭаацәа Иегова иқәгәыӷра, рхәыҷы аизара даналцоу?

15 Ақьырсиантә ҭаацәарақәа рҿы изызҳауа ахәыҷқәа аҵабырг анаанрыжьуа ыҟоуп. Иқәыԥшу шьоукы аизара иалырцоит. Уи зегьы аҭаацәа даара ргәы днархьуеит. «Сашьа аизара даналырца,— Аладатәи Африка инхо иаҳәшьак еиҭалҳәоит,— дыԥсыз иаҳзаҩызахеит. Ҳхьаа ҳазхымго иҟан!» Рхы шԥамҩаԥыргеи лҭаацәеи лареи ари аҭагылазаашьаҿы? Дара абиблиатә лабжьара иқәныҟәеит. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 5:11, 13.) «Ҳара ӷәӷәала иӡбаны иҳаман Абиблиа ишаҳәо аҟаҵара,— рҳәеит уи аҷкәын иҭаацәа.— Ҳара еилаҳкаауан, Анцәа ҳаизыӡырҩыр, уи алҵшәа бзиақәа шаанаго. Аизара алцара Иегова ауаҩы дызлаириашо азнеишьа шакәыз ҳдыруан, уи еснагь абзиабара ааирԥшуеит, насгьы иахьынӡахәҭоу дахьирхәуеит. Убри аҟынтә ҳҭаацәараҿы ицәырҵуаз аус хадақәа анаҳаӡбоз ада, ҳԥа иацәажәара ҳҽацәаҳахьчон».

16 Иарбан цәаныррақәоу аԥа имаз? Иара иҳәоит: «Сара издыруан сҭаацәа сшырцәымӷмыз, аха дара Иегова иорганизациеи иареи рнапхгара ацныҟәара шырҭаху». Уи иара убас иациҵоит: «Иегова ианажьреи ицхыраареи уамыҳәар ада ԥсыхәа анумам, еилукаауеит иара ида ушхәарҭам». Уи арԥыс Иегова ишаҳаҭҩыс ҿыц даныԥхьаӡаха, иҭаацәа ргәырӷьара ҳәаа амамызт! Ааи, Иегова ҳаԥсҭазаараҿы еснагь ҳаниқәгәыӷуа, уи иреиӷьу алҵшәақәа аанагоит (Ажәам. [Прит.] 3:5, 6; 28:26).

17. Избан ахынраалара аарԥшны ҳаԥсҭазаараҿы еснагь Иегова изыӡырҩра зҳахәҭоу, насгьы хәарҭас иаҳзаанагозеи уи?

17 Аԥааимбар Исаиа вавилонтәи атҟәара аҵыхәтәахьы ианнеиуа аамҭа дахцәажәон. Иара иҩуан усҟан иахьхәыз аиудеиаа ишырҳәо: «Иегова, уара Ҳаб уоуп. Ҳара ҳнышәаԥшьуп, уара ҳзыԥсахуа Аҳаԥшьаҟаҵаҩ уоуп, ҳара зегьы унаплыхқәа ҳауп». Анаҩс дара Анцәа иҳәалоит: «Мыцхәы угәыԥжәара ааумырԥшын, Иегова, наӡаӡа иугәалоумыршәалан ҳагха. Ҳуҳәоит, уҳахәаԥш: ҳара зегьы ужәлар ҳауп» (Ис. [Ис.] 64:8, 9). Ахынраалара аарԥшны ҳаԥсҭазаараҿы Иегова еснагь ҳанизыӡырҩуа, ажәытәан инхоз аԥааимбар Даниил иеиԥш, ҳаргьы Иегова иҿаԥхьа зыхә ҳараку ҳакәхоит. Иегова анаҩсгьы Иажәеи, иԥшьоу идоуҳаи, иорганизациеи рыла ҳиԥсахлоит. Уи абзоурала ҽнак зны инаӡоу ихәыҷқәа реиԥш иҿаԥхьа ҳгылар ҳалшоит (Рим. 8:21).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра