АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИЕРЕМИА (ИЕРЕМИЯ) 17—21
Иегова ухәыцшьеи ухымҩаԥгашьеи анырра риҭалартә алшара иҭала
Иегова инапаҿы итатоу нышәаԥшьны уҟаз
18:1—11
Иегова алабжьарақәеи амҩақәҵарақәеи рыла ҳдоуҳатә хаҭара иԥсахуеит.
Ҳара инапаҿы итатоу нышәаԥшьны ҳаҟазароуп, насгьы ҳаизыӡырҩлароуп.
Иегова иаҳҭахым аҟаҵара ахаан мчыла иҳадицалом.
Аҳаԥшьаҟаҵаҩ анышәаԥшь аус анадиуло, игәҭакы ԥсахны даҽа маҭәарк алихыр илшоит
Иегова алхра ахақәиҭра ҳаиҭеит, убри аҟынтә ҳзеиԥш нышәаԥшьхо ҳхала иҳаӡбоит: икьакьоу ма итатоу.
Иегова ҳара дшаҳзыҟоу зхьыԥшу иара илабжьареи имҩақәҵареи шҳадаҳкылоу ауп.