Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ииун ад. 32
  • Ишәгәалашәома шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәгәалашәома шәара?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ишәгәалашәома шәара?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иегова ҩыџьа аҳәса рыла ижәлар еиқәирхеит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
  • Уҭаацәа Иегова имаҵ рымуазаргьы, уара имаҵ ула
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Аҭаацәара урыцаламлалан
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ииун ад. 32

Ишәгәалашәома шәара?

Шәрыԥхьама шәыхшыҩ рзышьҭны аҵыхәтәантәи аброшиурақәа? Игәашәҭ анаҩстәи азҵаарақәа рҭак аҟаҵара шәылшоу-ишәылымшоу.

Избан Иегова ажәытәан ижәлар Израиль имҩаԥыргоз аибашьрақәа дзырзыразыз?

Иегова абзиабара аазырԥшуа Нцәоуп. Аха зны-зынла ижәлар амцқьареи агәаҟрақәеи рҟынтә ихьчарц азы, еибашьларц рыдиҵон. Анцәа ихала иӡбон аибашьра ианалагатәыз, насгьы уи зхы алазырхәуаз (bp164, адаҟьақәа 3—4).

Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәа, ихбыџу рхәыҷқәа Иегова имаҵ аура ргәазҭарҵарц азы?

Дара ихбыџу рхәыҷы бзиа дырбалар, насгьы ахынраалара аадырԥшлар ауп. Иара убас аҭаацәа агәеилых бзиеи аилкаареи аадырԥшлар рыхәҭоуп (bp164, адаҟьақәа 9—11).

Изызхәыцтәузеи, ацәажәара ҳалагаанӡа?

Ҳажәақәа егьырҭ ахәарҭа рзаанагаларц азы, иазхәыцтәуп: 1) ианҳәатәу (Еккл. [Эккл.] 3:7); 2) иҳәатәу (Ажәам. [Прит.] 12:18); 3) ишҳәатәу (Ажәам. [Прит.] 25:15) (bp165, адаҟьақәа 19—22).

Иарбан ииашам хымҩаԥгашьоу ақьырсианцәа зҽырцәырыхьчо?

Ақьырсианцәа амц рҳәаӡом, насгьы аӡәы ацәгьа изырҳәаӡом. Дара ишымцу дырны аӡәы ихьӡ зырцәгьо аинформациа рыладырҵәом, иӷьычӡом, мцҳәарала аӡәы иитәу ицәыргаӡом (bp166, адаҟьа 5).

Изусҭцәада «аԥшьаҩ-еиҳабацәа» ҳәа Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу?

Ажәақәа «аԥшьаҩ-еиҳабацәа» ҵакыс ирымазҭгьы ҟаларын аԥшьаҩцәа ихадаз рхаҭарнакцәа, насгьы уаанӡа ԥхьаԥшьаҩцәас иҟаз (bp166, адаҟьа 10).

Ҳашԥарзыҟазар акәу Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы ачеи аҩи здызкыло?

Ақьырсианцәа ачеи аҩи здызкыло ҳараркӡом. Анцәа идоуҳала иалхҵәҟьоу ақьырсианцәа ҷыдала иалкааны ирызнеилоит ҳәа иазыԥшӡам Урҭ ақьырсианцәа Анцәеи дареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа ахьрымоу иахыҽхәаӡом (Матф. 23:8—12) (bw566, адаҟьақәа 23—24).

Иаҳҵозеи ҳара Авраам Анцәа дшиҩызахаз аҟынтә?

Иҟалап Авраам Анцәа деиликаазар Сим иҟынтәи. Иара убас иблақәа рыла ибон Анцәа иҭаацәеи иареи дышреиҷаҳауаз, убри ала аԥышәа ду ирҳаит. Ҳара убри аҿы Авраам игәрахаҵара ҳаҿыԥшлар ҳҭахуп (bw567, адаҟьақәа 9—10).

Ишԥеихшаз Абиблиа ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла?

XIII ашәышықәсазы аԥшьаҩы Стефан Ленгтон Абиблиа ахқәа рыла еихишеит. Раԥхьаӡа Ауриатә Ҩырақәа жәеинраалала еихызшаз аиудеиатә хҩылааҩцәа роуп, XVI ашәышықәсазы аҵарауаҩ Робер Етьиенн Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа убасҵәҟьа еихишеит (bp169, адаҟьақәа 14—15).

Аҩсҭаа Иисус данԥишәоз, дықәиргылаҵәҟьама уи аныҳәарҭа аҭӡамц?

Ара иалкааны ак узышьақәырӷәӷәом. Матфеи 4:5, насгьы Лука 4:9 ирну ажәақәа иаанагозар рылшоит уи уахь абара ала днаган ҳәа, ма ииашаҵәҟьаны аныҳәарҭа аҭӡамц дықәгылан ҳәа (bw568, адаҟьақәа 31—32).

Ишԥеиԥшу ақьырсиантә маҵзура аӡаӡа?

Аӡаӡа хәыҷы-хәыҷла ауп ишыҟало. Уи аҵиаақәа рыԥсҭазаара зыбзоуроу ауп. Ииашаҵәҟьаны аӡаӡа Анцәа иҟынтә зылԥхароуп (Ҩынтә. [Втор.] 33:13). Анцәа ижәлар ақьырсиантә маҵзураҿы ирбо аџьабаа аӡаӡа иаҿурԥшыр алшоит (bw569, адаҟьа 4).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра