Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 декабр ад. 18
  • Ишәгәалашәома шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәгәалашәома шәара?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ишәгәалашәома шәара?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Шәаҟәыҵ агәҭынчымра аарԥшра
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Уҭаацәа Иегова имаҵ рымуазаргьы, уара имаҵ ула
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Гәыкала иҟоу абзиабара еизырҳала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2022
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 декабр ад. 18

Ишәгәалашәома шәара?

Игәашәҭ анаҩстәи азҵаарақәа рҭак аҟаҵара шәылшоу-ишәылымшоу.

Иарбан гәнаҳақәоу Иисус Матфеи 18:15—17 рҿы зыӡбахә иҳәоз?

Иара зыӡбахә иҳәоз аимак-аиҿак зыбжьоу рхала зегь аӡбара анрылшо ауп. Аха уеизгьы Иисус зыӡбахә иҳәоз агәнаҳақәа ӷәӷәоуп ҳҳәар алшоит, насгьы урҭ ӡбамзар, аизара алцарахь унаргоит. Урҭ рахь иаҵанакуеит, иаҳҳәап, аӡәы ацәгьа изҳәара, ма мцҳәарала аӡәы ак ицәгара (bw570, адаҟьа 7).

Иҟашәҵар шәылшозеи, Абиблиа аԥхьара еиҳа ахәарҭа шәзаанагарц азы?

Абар лабжьарақәак: шәыхшыҩ Анцәа Иажәа аԥхьара иазыҟашәҵала; шәзыԥхьаз шәхы иашәырхәар шшәылшо шәазхәыцла; азҵаарақәа ықәшәыргылала (иаҳҳәап, ишԥасылшо арҭ ажәеинраалақәа егьырҭ рыцхрааразы схы иасырхәар?); ишәымоу амыругақәа шәхы иархәаны, аҭҵаара мҩаԥыжәгала (bw570, адаҟьақәа 24—26).

Ииашоума ақьырсиан изааигәоу ауаҩы данԥсуа дгәырҩалар, аԥсҭалара шыҟало агәра шигогьы?

Аԥсҭалара шыҟало агәра шаҳгогьы, иаҳзааигәоу ауаҩы иԥсра ахьаа ҳзаанагоит. Сарра данԥсы, Авраам дгәырҩон (Аҟаз. [Быт.] 23:2). Аамҭа цацыԥхьаӡа, ахьаа хәыҷы-хәыҷла еиқәтәоит (bp170-U, адаҟьа 4).

Иаадырԥшуада Иезекииль (Иезекииль) 9-тәи ахаҿы аписар ичернилаҭра зыҟәну ауаҩи абџьар зку фҩык ауааи?

Урҭ иаадырԥшуеит Иерусалим ақәхра иалахәыз, насгьы Армагеддон аҿы ицқьам Аҩсҭаа идунеи ақәхраҿы иалахәхо жәҩантәи ар. Ҳаамҭазы аписар ичернилаҭра зыҟәну ауаҩы ажәҩан аҿы иҟоу Иисус Христос дааирԥшуеит. Уи еиқәырхахо ауаа рылахь адырга аниҵоит (bw571, адаҟьақәа 16—17).

Иарбан шәарҭарақәоу Абиблиа зҭагылаз?

1) Абиблиатә напылаҩырақәа зныз аматериал апапируси апергаменти ирылхын, урҭ аамҭа анцалак ибжьысуеит; 2) аиҳабыреи адиннапхгаҩцәеи уи ықәыргарц иашьҭан; 3) Абиблиа атекст аԥсахра иашьҭан (bw572, адаҟьақәа 4—7).

Ишԥалшо аԥсҭазаара армариара?

Аԥсҭазааразы ишәҭахыҵәҟьоу шәазхәыц. Баша аԥара нышәымхлан. Ишәнаало абиуџьет шьақәшәыргыл. Ишәҭахым амаҭәарқәа ықәыжәга. Шәуалқәа шәшәа. Аусура иазышәкуа аамҭа шәырмаҷ. Амаҵзураҿы аҽырҭбааразы ахықәкы ықәшәыргыл (bw572, адаҟьа 12).

Зыхә ҳаракузеи ахьи араӡни раасҭа, Абиблиа иаҳәо инақәыршәаны?

Иов (Иов) 28:12, 15 ирну ажәақәа иаадырԥшуеит Анцәа иҟәыӷара ахьи араӡни раасҭа ахә шыҳараку. Ари аҩыза аҟәыӷара анышәыԥшаауа, ахынраалареи агәрахаҵара ӷәӷәеи аашәырԥшла (bw573, адаҟьақәа 18—19).

Иҟалома аиашьа иӡамҩеи ицламҳәеи хызҩо аԥаҵа ауижьыр?

Культурақәак рҿы аӡамҩеи ацламҳәеи хызҩо иԥшӡаны ирҟәыдны аԥаҵа аныҟәгара цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам, насгьы уи ауаа ажәабжь бзиа азыӡырҩра ирԥырхагаӡам. Аха уеизгьы, иҟоуп уи аныҟәгара мап ацәызкуа аишьцәа (1 Кор. 8:9). Даҽа культурақәак рҿы аӡамҩеи ацламҳәеи хызҩо аԥаҵа аужьра иашахом (bw574, адаҟьа 21).

Избан Давиди Голиафи ирызкны Абиблиа иаҳәо агәра ҳгар зҳалшо?

Голиаф иоура документла ишьақәырӷәӷәоу зегь раасҭа иау ауаҩы иоура аасҭа 20 сантиметра рыла еиҳан. Давид ииашаҵәҟьаны дшыҟаз шьақәнарӷәӷәоит анышәжрақәа раан Давид иҩны иазкны ирыԥшааз аҩыра; уи адагьы Давид дшыҟаз Иисусгьы ишьақәирӷәӷәон. Абиблиаҿы аибашьра ҭыԥқәа ирызкны иаҳәо афактқәа ирҿагылом (bp174-U, адаҟьа 13).

Излеиԥшымзеи адырреи, аилкаареи, аҟәыӷареи?

Адырра змоу ауаҩы ажәабжьқәеи афактқәеи еизигоит. Аилкаара змоу ауаҩы афактқәа шеидҳәалоу ибоит. Аҟәыӷара змоу ауаҩы адырреи аилкаареи еидиҳәалоит, насгьы аус аҿы ихы иаирхәоит (bw575, адаҟьа 18).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра