АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Гәыкала иҟоу абзиабара еизырҳала
[Идырба авидеонҵамҭа «Ашәҟәы Руфь ахҳәаа».]
Ноеминь Орфеи Руфьи Моавҟа ихынҳәырц ралҳәоит (Руфь 1:8—13; w16.02 14, абз. 5).
Руфь Ноеминьи Иеговеи шаанылмыжьуа лыӡбоит (Руфь 1:16, 17; w16.02 14, абз. 6).
Гәыкала абзиабара — ари аҭакԥхықәреи, ауаҩреи, гәык-ԥсыкала азыҟазаареи, ашьцылара ӷәӷәеи шьаҭас измоу бзиабароуп. Уи аҩыза абзиабара Иегова гәыкала имаҵ зуа имаҵзуҩцәа рахь иааирԥшуеит (Аԥсал. 63:3). Ҳаргьы гәыкала егьырҭ бзиа иаҳбалароуп (Ажәам. 21:21).