Атәымтәылауаа рахь ақьиара аарԥшра шәхашәмыршҭлан
«Асасдкыларатә [иаанагоит «иузымдыруа рахь ақьиара»] шәхашәмыршҭлан» (АУР. 13:2).
1, 2. а) Иарбан уадаҩрақәоу иахьа даҽа тәылак ахь ииасыз аӡәырҩы ауаа зықәшәо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иргәалаиршәазеи апостол Павел ақьырсианцәа, насгьы иарбан зҵаарақәоу уи инадҳәаланы ицәырҵуа?
ҨАЖӘИЖӘАБА шықәса инареиҳаны раԥхьа Осеи1 Ганантәи европатәи тәылак ахь нхара диасит. Усҟан иара Иегова ишаҳаҭ иакәмызт. Иара игәалашәоит: «Сара иаразнак еилыскааит ауаа реиҳараҩык хьаас сышрымамыз. Уи адагьы, аҳауа сзышьцылахьаз еиԥшмызт. Аҳаирбаӷәаза аҟынтә сандәылҵ, раԥхьаӡа акәны ахьҭа закәыз еилыскааит, аҵәуарагьы салагеит». Осеи абызшәа ҿыц аҵара даара ицәыцәгьан, убри аҟынтә шықәсык еиҳаны инаалоз аусурҭа ҭыԥ изыԥшаауамызт. Иҭаацәа дахьырцәыхараз азы дзаҵәны ихы ибон, насгьы урҭ гәхьааигон.
2 Шәара Осеи иҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы, егьырҭ шәызныҟәар шԥашәҭаххоз? Ҳәарада, шәгәы иахәон Аҳратә зал аҿы гәахәарыла шәрыдыркылазҭгьы, даҽа милаҭк шәатәызаргьы, ма шәцәа аԥшшәы даҽакызаргьы. Абиблиа иҵабыргу ақьырсианцәа аанаԥхьоит: «Асасдкыларатә [мамзаргьы «иузымдыруа рахь ақьиара»] шәхашәмыршҭлан» (Аур. 13:2). Убри аҟынтә ҳара анаҩстәи азҵаарақәа еилҳаргоит: дышԥарзыҟоу Иегова даҽа тәылак ахь ииасуа ауаа? Избан урҭ ҳшырзыҟоу аԥсахра ҳақәшәар залшо? Иҟаҵатәузеи дара ҳаизараҿы рхы заҵәны ирымбаларц азы?
ИЕГОВА АТӘЫМТӘЫЛАУАА ДШЫРЗЫҞОУ
3, 4. Ишԥарызныҟәалар акәыз Анцәа ижәлар атәымтәылауаа Ақәҵымҭа (Исход) 23:9 иану инақәыршәаны, насгьы избан?
3 Иегова израильаа Мысра ианалига, азакәанқәа риҭеит. Урҭ азакәанқәа израильаа иддырҵон ирыццаз егьырҭ ажәларқәа рахь ақьиара аарԥшра (Ақәҵ. [Исх.] 12:38, 49; 22:21). Лассы-лассы атәымтәылауаа ӷарны инхон, убри аҟынтә Иегова абзиабара аарԥшны дреиҷаҳаит. Убас, иара аҽаҩра анҭаргалалак иаанхоз аизгара азин риҭеит (Алев. [Лев.] 19:9, 10).
4 Иегова израильаа мчыла ирыдицаломызт атәымтәылауаа пату рықәырҵаларц. Иара урҭ агәрыцҳцашьара аадырԥшларц ргәазҭеиҵон. (Уаԥхьа Ақәҵымҭа [Исход] 23:9.) Дара ибзианы ирдыруан атәымтәылаҿы анхара иаанаго. Израильаа тәцәас иҟарҵаанӡа, мысраа ирымаз арасеи адини ирыдҳәалаз ииашамыз агәаанагарақәа ирыхҟьаны урҭ атәарбомызт (Аҟаз. [Быт.] 43:32; 46:34; Ақәҵ. [Исх.] 1:11—14). Атәымтәылаҿы израильаа имаҷымкәа агәаҟрақәа рхыргеит, убри аҟынтә Иегова дазыԥшын дара атәымтәылауаа атәым уаа реиԥш акәымкәа, рџьынџьуаа реиԥш ирызныҟәалоит ҳәа (Алев. [Лев.] 19:33, 34).
5. Иҳацхраауазеи даҽа тәылак ахь ииасыз иреиҷаҳауа Иегова иҿыԥшра?
5 Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова иахьагьы даҽа тәылак ахь ииасыз, насгьы уа ҳаизарақәа ирҭаауа ауаа дышреиҷаҳауа (Ҩынтә. [Втор.] 10:17—19; Мал. [Мал.] 3:5, 6). Урҭ зықәшәо ауадаҩрақәа — адискриминациа ишақәшәо, ма абызшәа шырзеилымкаауа — ҳазхәыцуазар, ақьиареи арыцҳашьареи раарԥшразы алшара ҳаԥшаауеит (1 Пиотр 3:8).
ИҲАԤСАХЫР АУМА АТӘЫМТӘЫЛАУАА ҲШЫРЗЫҞОУ?
6, 7. Иузырбозеи раԥхьатәи ақьырсианцәа ирылаҽны иҟаз ииашам агәаанагарақәа рааныжьра рыҽшазыршәоз?
6 Актәи ашәышықәсазы аиудеиаа иреиуаз ақьырсианцәа ирылаҽны иҟаз ииашам агәаанагарақәа рааныжьра рҽазыршәон. Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәсазы ҳ. ҳ. Иерусалим инхоз иқьырсианыз ауриацәа егьырҭ аҭыԥқәа рҟынтә иааз ҿыц ақьырсианра здызкылаз рахь асасдкылара аадырԥшит (Аус. 2:5, 44—47). Урҭ дара рмилаҭ иатәымыз рашьцәеи раҳәшьцәеи рахь иаадырԥшыз абзиабареи аиҷаҳареи иаадырԥшуан ажәа «асасдкылара» — бырзен бызшәала иаанаго «иузымдыруа рахь ақьиара» — аҵакы шеилыркаауаз.
7 Раԥхьатәи ақьырсиантә еизара анеизҳа, ауадаҩра цәырҵит. Иҟалап уи адискриминациа иадҳәалазҭгьы. Бырзен бызшәала ицәажәоз аиудеиаа агәынамӡара аарԥшра иалагеит, афатә аныршоз рыҳәсеибацәа ииашамкәа иахьрызныҟәоз азы (Аус. 6:1). Ари ауадаҩра аӡбаразы апостолцәа быжьҩык ахацәа алырхит, дара уи аус иахылаԥшлар акәын. Урҭ ахацәа зегьы абырзен хьӡқәа рыман. Иҟалап апостолцәа ус зыҟарҵаз милаҭла еиԥшымыз ақьырсианцәа рыбжьара аилибамкаарақәа цәырымҵларц азы акәзар (Аус. 6:2—6).
8, 9. а) Иҳацхраауазеи жәларк тәамбашақә ҳарзыҟоу-ҳарзыҟаму, мамзаргьы расак еиӷьушәа агәаанагара ҳалаҽны ҳаҟоу-ҳаҟаму аилкаара? б) Иарбан ҟазшьақәоу ҳгәы аҟынтә шьаҭанкыла иқәгатәу? (1 Пиотр 1:22).
8 Ишыҟазаалакгьы, ҳара зегьы ҳахьынхо иҟоу акультура даараӡа иаҳныруеит (Рим. 12:2). Уи инеиҳангьы, зны-зынла иҳаҳауазар алшоит ҳгәылацәа, аус ҳацызуа, класск аҿы аҵара ҳацызҵо хылҵшьҭрала, цәа ԥшшәала, ма милаҭла иреиԥшым ауаа шладырҟәуа. Иаҳныруама ҳара ус еиԥш иҟоу агәаанагарақәа? Ҳашԥазыҟоу ҳмилаҭ алаф анахырҳәаауа, иаҳҳәап, ҳмилаҭ иатәу ауаа рҟазшьақәа иҽеимкәа ианрыхцәажәо?
9 Апостол Пиотргьы аиудеиаа иреиуамыз ауаа тәамбашақә данырзыҟаз аамҭақәа ыҟан, аха иара хәыҷы-хәыҷла ииашам агәаанагарақәа аанижьит (Аус. 10:28, 34, 35; Гал. 2:11—14). Ҳгәаҿы атәамбареи ҳмилаҭ арҳаракреи зныԥшуа аҟазшьақәа шҳамоу ҳбозар, уи ус иаанҳмыжьроуп. (Уаԥхьа 1 Пиотр 1:22.) Ҳара ҳазхәыцлар алшоит аиқәырхара иаԥсоу аӡәгьы дшыҟам. Ауаа зегьы наӡам, милаҭлеи расалеи изҵанакуазаалакгьы (Рим. 3:9, 10, 21—24). Убри аҟынтә ииашоума егьырҭ раасҭа ҳаиӷьуп ҳәа аԥхьаӡара? (1 Кор. 4:7). Ҳара Павел ҳаиҿыԥшлар ауп, уи Анцәа идоуҳала иалху ирзиҩуан «уажәшьҭа шәарҭ шәтәымуаам, џьарантә иаақәаз шәакәым... Анцәа иҩнра иатәу шәоуп» ҳәа (Еф. 2:19). Амилаҭ еилыхра аазырԥшуа аҟазшьақәа рааныжьразы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, уи уаҩ ҿыцны аҟалара иҳацхраауеит (Кәал. 3:10, 11).
АТӘЫМТӘЫЛАУАА РАХЬ АҚЬИАРА ШААРԤШЛАТӘУ
10, 11. Ишԥааирԥши Вооз Иегова дшиҿыԥшуа моавтәи аԥҳәыс Руфь дышлызныҟәаз ала?
10 Атәымтәылауаа ишырзыҟазаалатәу аганахь ала Иегова иҿыԥшуаз дыруаӡәкын Вооз. Уи моавтәи аԥҳәыс Руфь дышлызныҟәаз иаанарԥшит. Аҭагалара аан Вооз имхурсҭахьы даннеи, иаразнак дгәеиҭеит даара аџьабаа збоз, аашьара зламыз атәымтәыла аҟынтәи иааз аԥҳәыс. Лара аусуҩцәа рышьҭа дхыланы ирцәынхаз ачахҳәаҵәқәа еизылгон. Руфь ачаҳҳәаҵәқәа реизгаразы закәанла азин шлымазгьы, уеизгьы уи аҟаҵара азин лырҭарц даҳәеит. Вооз уи аниаҳа, агәшаҭара аарԥшны идырххьаз, иҿаҳәаны ишьҭаз ачахҳәаҵәқәа рыбжьарагьы аизгара азин лиҭеит. (Уаԥхьа Руфь [Руфь] 2:5—7, 15, 16.)
11 Анаҩс иҟаз Руфьи иареи реицәажәара аҟынтәи иубарҭоуп Вооз агәрыцҳашьара шааирԥшыз, избанзар лара дахьтәымтәылауаҩыз азы лҭагылазаашьа мариамызт. Убас, иара имхурсҭаҿы аус зуаз аҳәса дрывагыланы дцаларц лыдигалеит, ахацәа лгәы ндмырхарц азы. Иара убас уи деиҷаҳаит иусуҩцәа реиԥш, ларгьы акрыфара алшара лоурц. Уи адагьы, Вооз иӷарыз ари атәымтәылауаҩ данлацәажәоз ахамаԥагьара ааимырԥшӡеит, аха лгәы шьҭихит (Руфь [Руфь] 2:8—10, 13, 14).
12. Ишԥарнырыр алшо иааҳарԥшуа ақьиара даҽа тәылак аҟынтәи иааз ауаа?
12 Вооз дзыршанхаз Руфь ланхәа лахь иаалырԥшуаз абзиабара мацара акәӡам, аха Иегова имаҵ аура дахьалагазгьы ауп. Иегова атәымтәылауаҩ лахь азиашара зныԥшуа абзиабара ааирԥшит. Уи Вооз иқьиара ианыԥшит ҳҳәар алшоит. Лара Иегова имҵәыжәҩақәа рыҵаҟа ахыҵакырҭа лыԥшаауан (Руфь [Руфь] 2:12, 20; Ажәам. [Прит.] 19:17). Иахьагьы иааҳарԥшуа ақьиара абзоурала, «ауаа зегьы» аҵабырг рыдыркылар, насгьы Иегова дара шаҟа бзиа ибо еилыркаар рылшоит (1 Тим. 2:3, 4).
Иҳадаҳкылома гәахәарыла даҽа тәылак аҟынтәи иааз ауаа? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)
13, 14. а) Избан ҳтәылахь нхара ииасыз Аҳратә зал ахь ианнеиуа гәахәарыла ҳарԥылалар зҳахәҭоу? б) Ишԥаҳалшо аԥхашьара ҳаиааины ҳмилаҭ иатәым ауаҩы ҳиацәажәар?
13 Даҽа тәылак аҟынтәи иааз рахь ақьиара ааҳарԥшуеит, Аҳратә зал аҿы гәахәарыла ҳарԥылозар. Иҟалап игәашәҭахьазар ус еиԥш иҟоу ауаа зны-зынла иԥхашьаны хазы ишгыло. Шьоукы рааӡара, рматериалтә ҭагылазаашьа, ма рмилаҭ иахҟьаны, егьырҭ арасақәеи амилаҭқәеи раасҭа еицәоушәа рхы рбоит. Убри аҟынтә гәык-ԥсык ала ринтерес шҳамоу аарԥшразы, раԥхьатәи ашьаҿа ҳара иҟаҳҵалар ауп. Атәым бызшәақәа рҵара иуцхраауа апрограмма шәбызшәала иҟазар, жәақәак шәҵар ауеит, ус шәара ишәылшоит дара рбызшәала аԥсшәа раҳәара. (Уаԥхьа Филиппаа рахь 2:3, 4.)
14 Иҟалап шәара даҽа милаҭк иатәу ауаҩы ишиацәажәатәу шәзымдыруазар, насгьы шәыԥхашьозар. Ус иҟазар, раԥхьа шәыԥсҭазаара шәалацәажәар шәылшоит. Иҟалап иаарласны игәашәҭар, шәгәы ишаанагоз акәымкәа, шәызлеиԥшу шырацәоу. Иара убас ижәбоит акультурақәа зегь рҿы ицәгьоугьы, ибзиоугьы шыҟоу.
РЫҨНЫ ИҞАЗШӘА РХЫ РБАРЦ ШӘРЫЦХРАА
15. Иҳацраауазеи даҽа тәылак аҿы аԥсҭазаара ашьцылара иаҿу ауаҩ иахь аилкаара аарԥшра?
15 Шәеизараҿы егьырҭ рхы заҵәны ирымбаларц азы шәрыцхраарц шәҭахызар, шәхы шәазҵаа: «Сара дара рҭыԥ аҿы сыҟазҭгьы, егьырҭ сызныҟәар шԥасҭаххоз?» (Матф. 7:12). Атәыла ҿыц аҿы анхара ашьцылара иаҿу рахь ачҳара аашәырԥшла. Раԥхьа рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи цқьа иаҳзеилымкаар алшоит. Зегь рыла ҳкультура рҽақәдыршәоит ҳәа азыԥшра иахәҭам. Еиӷьуп дара шыҟаҵәҟьоу иҳадаҳкылар. (Уаԥхьа Римаа рахь 15:7.)
16, 17. а) Иҟаҳҵар ҳалшозеи даҽа культурак иатәу ауаа еиӷьны еилаҳкаарц азы? б) Ишԥаҳалшо даҽа тәылак аҟынтәи иааз ҳаизараҿы иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳрыцхраар?
16 Ҳҭыԥ ахь ииасыз ауаа ртәылеи ркультуреи ирызкны еиҳаны еилаҳкаар, урҭ рзааигәахара еиҳа иаҳзымариахоит. Уи ҭаҳҵаар ҳалшоит аҭаацәаратә мҵахырхәара аан, усҟан ҳаизараҿы ма ҳҭыԥ аҿы инхо атәымтәылауаа еиӷьны еилаҳкаалоит. Иара убас еиӷьны ҳрабадырырц азы ҳара иҳалшоит креицаҳфарц азы урҭ сасра иааҳаԥхьар. Иегова егьырҭ ажәларқәа агәрахаҵара амҩа рзааиртит аҟынтә, иҳалымшаӡои ҳаргьы ҳашьцәа-атәымтәылауаа ҳашәқәа рзааҳартыр? (Аус. 14:27; Гал. 6:10; Иов [Иов] 31:32).
Иааҳарԥшуама асасдкылара даҽа тәылак аҟынтәи иааз ауаа рахь? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)
17 Даҽа тәылак аҟынтәи иааз аҭаацәа аамҭа анрыцаҳхаҳго, ҳара иаҳбоит атәымтәылауаа ҳкультура рҽақәдыршәарц азы иаадырԥшуа аҽазышәарақәа. Иҟалап иаҳбар абызшәа аҵараҿы ацхыраара шырҭаху. Мамзаргьы аусуреи анхарҭа ҭыԥи рыԥшаара ҳрыцхраар ҳалшоит. Ус еиԥш иҟоу ацхыраара дара рзы даара акраҵанакуеит (Ажәам. [Прит.] 3:27).
18. Изҿыԥшлар рылшода даҽа тәылак аҟынтәи иааз ауаа?
18 Ҳәарада, даҽа тәылак ахь ииасыз ауаа акультура ҿыц иашьцыларц азы ирылшо зегь ҟарҵалоит. Руфь уи аҿы аҿырԥш бзиа аанлыжьит. Акы, лара ачахҳәаҵәқәа реизгаразы азин данаҳәа, атәым ҵасқәа рахь апатуқәҵара аалырԥшит (Руфь [Руфь] 2:7). Руфь уи иаԥу ак ауп ҳәа лыԥхьаӡомызт, насгьы егьырҭ лара илыцхраалароуп ҳәа лгәы иаанагомызт. Ҩбагьы, лара лахь иаадырԥшыз ақьиаразы гәык-ԥсык ала аџьшьара аалырԥшуан (Руфь [Руфь] 2:13). Атәымтәылауаа убас еиԥш иҟоу агәазыҟашьа аадырԥшуазар, иахьиасыз аҭыԥ аҿы инхо ауааи рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо рашьцәеи раҳәшьцәеи пату рықәырҵалоит.
19. Иарбан мзызқәоу «иузымдыруа рахь ақьиара» аарԥшразы иҳамоу?
19 Ҳара даара ҳаигәырӷьоит Иегова ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны еиуеиԥшым ауаа ажәабжь бзиа аӡбахә аилкаара алшара ахьриҭо. Иҟалап ртәылаҿы Абиблиа аҵара, ма Иегова ижәлар рыҿцәажәара алшара рымамызҭгьы. Аха уажәшьҭа дара уи аҩыза алшара рымоуп аҟынтә, уаҳа тәымтәылауааны рхы рымбаларц азы хрыцхраар ауп. Ҳара ԥарала ма даҽакала еснагь ацхыраара ҳазрымҭозаргьы, ақьиара аарԥшуа Иегова ӷәӷәала бзиа ишибо дҳарбоит. Шәааи Анцәа ҳаиҿыԥшны, «иузымдыруа рахь ақьиара» аарԥшразы, насгьы гәахәарыла иҳадаҳкылаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап! (Еф. 5:1, 2).
^ 1 Абзац 1. Ахьӡ ԥсахуп.