Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 октиабр ад. 3—7
  • Зеиԥшыҟам аҿырԥшы сызҭоз сырҿыԥшуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Зеиԥшыҟам аҿырԥшы сызҭоз сырҿыԥшуеит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЗҾЫԤШРА СҬАХЫЗ АУАА
  • ДЫРҨЕГЬ АМҨА СЫҚӘЛЕИТ
  • ИҾЫЦУ АМҨА
  • АДҴА ҾЫЦ ҲАУЕИТ
  • ДЫРҨЕГЬ АԤСАХРАҚӘА
  • ҲАЗҚӘЫМГӘЫӶУАЗ ААԤХЬАРА
  • Иегова аԥсҭазаараҿы сымҩақәиҵалартә алшара исҭоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Сара еснагь аҵара сҵоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова иҿы аҵара аҵареи иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәареи еиӷьысшьо ак ыҟам!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иӷару алагамҭа, аха ибеиоу аҵыхәтәа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 октиабр ад. 3—7

АБИОГРАФИА

Зеиԥшыҟам аҿырԥшы сызҭоз сырҿыԥшуеит

Еиҭеиҳәеит Томас Маклеин

— Шаҟа схыҵуа удыруама? — сҵааит сара.

— Ҳәарада, издыруеит,— аҭак ҟаиҵеит Исак Мареи, уи Паттерсон (аштат Ниу-Иорк, Еиду Америкатәи Аштатқәа) аҟынтә Колорадоҟа аҭел дысзасуан. Иарбан хҭысқәоу уи аԥхьа иҟалаз? Абар сҭоурых.

САРА сиит ақалақь Уичито 1936 шықәса декабр 10 рзы (аштат Канзас, Еиду Америкатәи Аштатқәа), насгьы ԥшьҩык ахәыҷқәа рҟынтә сеиҳабын. Сҭаацәа, Уилиами Џьини, Иегова имаҵ руан. Саб аилазаара амаҵуҩы иакәын (уаанӡа аизараҿы напхгара зуаз аишьцәа убас ирышьҭан). Сан Абиблиатә ҵабырг лан Емма Уагнер лҟынтәи илаҳаит. Емма ирацәаҩны ауаа Абиблиа длырҵон, Гертруд Стилгьы уахь дналаҵаны. Лара акыр шықәса Пуерто-Рико миссионерс амаҵ луанa. Саныхәыҷыз инаркны сааигәара иҟан зеиԥшыҟам аҿырԥшы сызҭоз ауаа.

ЗҾЫԤШРА СҬАХЫЗ АУАА

Саб имҩасуа ауаа ажурналқәа рыдигалоит

Сабшак ахәылԥаз — усҟан сара хәышықәса схыҵуан — саби сареи адәахьы ауаа ажурналқәа «Сторожевая башня», «Утешение» (уажәшьҭа уи «Пробудитесь!» ауп) рыдаҳгалон. Усҟан Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аилашымҭа акәын. Иаалырҟьаны даацәырҵит аҩы иашьны иҟаз хаҵак, (уи дҳақьымын), насгьы саб ажәа бааԥсқәа иаҳәара далагеит. Саб ақьырсиантә неитралитет хьчаны, аибашьра дахьымцоз азы ашәаргәында, насгьы ачарҳәаҩ ҳәа изиҳәеит. Уи саб днаидыххылан диқәыҳәҳәеит: «Уара ашәаргәында! Аҳы, усыс!» Сара сшәаны сыҟан, аха саб игәымшәара саршанхеит. Акгьы ҟамлазшәа иара иҳадеизалаз ауаа ажурналқәа рыдгалара даҿын. Аруаҩ данааҳадгыла уи ахаҵа дҵәааит: «Дышәмышьҭын ари ашәаргәында!» Аруаҩ уи ауаҩ аҩы дашьны дшыҟаз аниба, ус иеиҳәеит: «Аҩныҟа уцаны, уԥсы шьа!» Дара цеит. Уи ахҭыс анысгәалашәо, сара еилыскаауеит Иегова шиакәу саб усҟан агәымшәара изҭаз. Уичито ақалақь аҟны саб иман ҩ-хцәыҟаҵарҭак, насгьы уи аҳақьым иклиент иакәын!

Ҳҭаацәеи ҳареи Уичито аконгресс ахь ҳцоит (1940-тәи ашықәсқәа)

Сара аашықәса анысхыҵ, сҭаацәа ҳаҩни ахцәыҟаҵарҭақәеи ҭины, акәырқәа зҵаз аҩны аархәеит, насгьы Колорадоҟа ииасит, ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз аҭыԥ аҿы амаҵ руларц азы. Ҳара ақалақь Гранд-Џьанкшен азааигәара ҳаангылеит. Сҭаацәа пионерцәас амаҵ руан, убри аҟынтә афермаҿы амш абжарак акәын аус ахьыруаз. Иегова гәыкалатәи рмаҵзура дазылԥхеит, уи абзоурала уи аҭыԥ аҿы аизара шьақәгылеит. 1948 шықәса ииун 20 рзы саб ашьха аҟынтә илбаауаз аӡиас аҿы сареи, Бил Николз иԥҳәыси иареи, иара убас еиҭа ԥыҭҩык ауаа аӡы ҳӡааихит. Ԥыҭрак ашьҭахь урҭ аизарақәа ирҭаауа хылаԥшыҩцәаны иҟалеит. Урҭ рыҷкәыни рҭацеи ԥыҭрак ашьҭахь убас еиԥш иҟаз адҵа роуит.

Ҳара лассы-лассы заамҭа зегь Аҳра амаҵ аура иазызкуаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аамҭа рыцаҳхаҳгон, насгьы адоуҳатә темақәа ҳрыцалацәажәон. Еиҳараӡак сара исгәаԥхон Стил иҭаацәара — Дони Ерлини, Деиви Џьулиеи, Саии Мартеи, урҭ сара сыԥсҭазаара ӷәӷәала ианырит. Дара рҿырԥшы иснарбеит Аҳра аинтересқәа аԥхьатәи аҭыԥ аҿы иургылар, уԥсҭазаара аҵак иашаҵәҟьеи анасыԥи шаиуа.

ДЫРҨЕГЬ АМҨА СЫҚӘЛЕИТ

Сара 19 шықәса анысхыҵуаз, ҳҭаацәара ирҩызаз Бад Хеисти исыдигалеит алада Еиду Аштатқәа рахь пионерс амаҵ ауразы ҳаиасырц. Араионтә хылаԥшҩы дҳаҳәеит Растонҟа (аштат Луизиана) ҳаиасырц, уа аӡәырҩы Иегова ишаҳаҭцәа аизарахь аныҟәара иаҟәыҵны иҟан. Ҳара есымчыбжьа аизарақәа мҩаԥаҳгалар акәын, уахь шаҟаҩы неиуаз ҳамыхәаԥшыкәа. Ҳара иҳаԥшааит ианаалоз аҭыԥ, насгьы еилырганы, иаҭахыз зегь ҟаҳҵеит. Ԥыҭраамҭак аизарахь ҩыџьа ҳамацара ҳакәын инеиуаз. Ҳара инеимда-ааимдо апрограмма ахәҭақәа зегь мҩаԥаҳгон — аӡәы асценаҿы дықәгылан, егьи азҵаарақәа рҭак ҟаиҵон. Адемонстрациа аҟаҵаразы ҳара ҳҩыџьагьы асценахь ҳнеины иҭацәыз азал аҿаԥхьа ҳақәгылон. Аамҭак ашьҭахь аизарақәа дырҭаауа далагеит зықәрахь инеихьаз иаҳәшьак. Анаҩс аизарақәа рахь инеиуа иалагеит Абиблиа зҵоз, иара убас аизарахь аныҟәара иаҟәыҵхьаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Иаарласны аизара ӷәӷәахеит, насгьы аизҳара иалагеит.

Ҽнак зны Бади сареи дҳақәшәеит Христос Иуахәама амаҵзуҩы. Уи сара уиаҟара исзымдыруаз ажәеинраалақәа рылацәажәара далагеит. Уи аицәажәара сара сгәазҭанаҵеит зыгәра згоз зҿлымҳарыла азхәыцра. Мчыбжь дуӡӡак сара ҵхабжьонынӡа уи ауаҩы ишьҭихыз азҵаарақәа рҭак сашьҭан. Уи сара исыцхрааит издыруаз аҵабырг ашьақәырӷәӷәара. Иара убас сара исҭаххеит еиҭа жәабжьҳәаҩык дсықәшәарц.

Уи ашьҭахь иаарласны араионтә хылаԥшҩы дсыҳәеит Ель-Дорадо (аштат Арканзас) сиасырц, уа иҟоу аизара ацхрааразы. Сара лассы-лассы аррахь ааԥхьаразы акомиссиа ахысразы аштат Колорадо сцалар акәын. Урҭ аныҟәарақәа руак аҿы сара егьырҭ апионерцәагьы сыцын. Ҳара Техас авариа ҳахьит, насгьы смашьына умыхәо иҟалеит. Ҳара иашьак аҭел ҳаизасит, уи раԥхьа иҩныҟа ҳаигеит, нас аизарахь. Аизараҿы иҳахьыз рыларҳәеит. Аишьцәа ҳара ҳахь ақьиара ду аадырԥшит, насгьы ԥарала иҳацхрааит. Уи адагьы, уи аиашьа 25 доллар ҳәа смашьына иҭиит.

Ҳара Уичитонӡа ҳнеит, уаҟа пионерс амаҵ иуан ҳҭаацәара ирҩызаз Евериџь Маккартни. Иара иман еициз ҩыџьа аҷкәынцәа Френки Франсиси, урҭ иахьа уажәраанӡагьы ҩызцәа бзиақәаны исымоуп. Дара исаадырхәеит акры зхыҵуаз рмашьына 25 доллар ҳәа — убриаҟара ауп сара исоузгьы иԥҽыз смашьына азы. Убасҟан сара раԥхьаӡа акәны еилыкка избеит Анцәа Иаҳра зегь раԥхьа исыргылозар, Иегова исҭаху зегь шсиҭо. Сара Маккартниаа рҿы сасра саныҟаз, дара дсабадырдырит иблахкыгаз аиаҳәшьа Бетел Креин. Уи лан Рут гәацԥыҳәарыла Веллингтон (аштат Канзас) ажәабжь лҳәон. Лара пионерс амаҵ луан, 90 шықәса анылхыҵуазгьы. 1958 шықәсазы шықәсыкгьы мҵыкәа Бетели сареи ҳаибагеит, насгьы пионерс Ель-Дорадо амаҵ аура ҳаицалагеит.

ИҾЫЦУ АМҨА

Ҳаныхәыҷыз инаркны иаҳдыруаз амаҵзуҩцәа рҿырԥш бзиақәа ҳанрызхәыц, ҳара иҳаӡбеит иаҭаххар Иегова иорганизациа аҟынтә иарбанзаалак ааԥхьара шҳадаҳкыло. Ҳара иҳадырҵеит иҷыдоу пионерцәас Уолнат-Риџь (аштат Арканзас) амаҵ аура. 1962 шықәсазы иҿыцу амҩа ҳзыԥшын — ҳара Галаад ашкол 37-тәи акласс ахь ааԥхьара ҳауит. Шаҟа ҳаигәырӷьазеи Дон Стил аҵара шҳациҵало анеилаҳкаа! Ашкол ҳаналга ашьҭахь, ҳара Наироби (Кениа) ҳдәықәырҵеит. Ниу-Иорк аҟынтә ҳанцоз, ҳалаӷырӡқәа ҳзынкыломызт, аха Наироби аҳаирбаӷәазаҿы аишьцәа анаҳԥыла, дырҩегь ҳалаӷырӡқәа ааит, аха уажәшьҭа ҳгәырӷьон.

Мери, насгьы Криси Канаиа ҳареи Наироби ажәабжь ҳҳәоит

Ҳара Кениа даара бзиа иаҳбеит, насгьы уаҟа амаҵ аура ирацәаны агәырӷьара ҳзаанагон! Криси Мерии Канаиа раԥхьаӡа Абиблиа зырҵара ҳалагаз, насгьы адоуҳатә қәҿиарақәа ҟазҵаз роуп. Дара уажәраанӡагьы раамҭа зегь Кениа амаҵзура иазыркуеит. Шықәсык ашьҭахь Уганда аҳҭнықалақь Кампалаҟа ҳаисырц иҳаҳәеит. Убас, уи атәылаҿы ҳара раԥхьатәи амиссионерцәа ҳакәхеит. Уи зеиԥшыҟам аамҭан: аӡәырҩы ауаа абиблиатә ҵабырг ахь аинтерес аадырԥшуан, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ракәны иҟалон. Аха хышықәсеи бжаки рышьҭахь Еиду Аштатқәа рахь ҳхынҳәит. Ҳара ахшара дҳаураны ҳаҟан. Африка анаанҳажьуаз, ҳалаӷырӡ ҳзынкыломызт — арантәи ақәҵра еиҳагьы иуадаҩхеит, Ниу-Иоркнтәи ҳанцоз аасҭа. Ҳара гәыкала уа инхоз ауаа бзиа иаҳбеит, насгьы знымзар-зны арахь ҳхынҳәып ҳәа ҳақәгәыӷуан.

АДҴА ҾЫЦ ҲАУЕИТ

Ҳара ҳаангылеит Колорадо мраҭашәара, сҭаацәа рзааигәара. Иаарласны диит раԥхьатәи ҳаԥҳа Кимберли, иара убас шықәсыки бжаки рышьҭахь диит — Стефани. Ҳара иҳауз ароль ҿыц ҭакԥхықәрала ҳазнеит — иҿыцу адҵа еиԥш. Ҳара ҳҽазаҳшәон ҳаԥҳацәа аҵабырг ахь абзиабара рылааӡара. Иаҳҭахын ҳҩызцәеи ҳҭынхацәеи рҿыԥшра. Еилаҳкаауан аҿырԥш бзиа ҳхәыҷқәа ӷәӷәала ирнырыр шалшозгьы, уи ишаанамгоз Иегова имаҵ хымԥада ирулоит ҳәа. Сара исеиҵбыз сашьеи саҳәшьеи аҵабырг аанрыжьит. Аха даара сгәыӷуеит знымзар-зны дара Анцәа иорганизациахь ихынҳәып ҳәа, насгьы азиашара аазырԥшуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи дырҩегь рҿыԥшра иалагоит ҳәа.

Ахәыҷқәа рааӡара агәырӷьара ду ҳзаанагон, насгьы еснагь ҳҿазаҳшәон ҳусқәа зегь реицыҟаҵара. Ҳара ҳанхон ашәаҩаныҟәаразы еицырдыруаз акурорт Аспен азааигәара, убри аҟынтә ҳара иҳаӡбеит ашәаҩаныҟәара ҳалагарц ҭаацәаныла зны-зынла аамҭа еицаҳхаҳгаларц азы. Ашьҭыхга ала ашьхахь ҳанхалоз, ҳаԥҳацәа еснагь ҳрацәажәон. Иара убас ныҟәара ҳаиццалон. Ҳара даара иаҳгәаԥхон амца еиқәҵаны, ҳаидтәаланы гәыкала аицәажәара. Ианқәыԥшыз инаркны ҳаԥҳацәа ирыман азҵаарақәа: иарбан усу снапы зласкуа сандухалак? Дарбан уаҩу аҭаацәара сзыцалалар сҭаху? Ҳара ҳҽазаҳшәон зыхә ҳаракыз адоуҳатә ҵабыргқәа рхи ргәи аҟынӡа инеиртә еиԥш дырҵара. Ҳара ргәазҭаҳҵон раамҭа зегь амаҵзура азкразы ахықәкы ықәдыргылаларц, насгьы убас еиԥш ахықәкқәа змоу хатә ҩызцәас иалырхларц. Ҳара иаҳҭахын дара еилыркаарц заа аҭаацәа алалара шҟәыӷарам. Ҳара адевизгьы ҳхәыцит: «Ачҳара аарԥшны, ма 23-нӡа уԥшы».

Ҳҭаацәа ҳарҿыԥшны ҳара ҭаацәаныла аизарақәа рҭаареи иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь аҳәареи ҳҽазаҳшәон. Ҳаҩнаҭаҿы еснагь иаангылон заамҭа зегь амаҵзура иазызкуаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Иара убас ҳхәыҷқәа миссионерс амаҵ анаҳуаз аамҭа иазкны имаҷымкәа ирзеиҭаҳҳәон. Ҳара лассы-лассы иаҳҳәон шаҟа ибзиахоз ҭаацәаныла Африка ҳцар. Уи агәҭакы дара даара иргәаԥхон!

Аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы ҳара еснагь иқәҳаргылон ашкол аҿы изықәшәар алшоз аҭагылазаашьақәа. Ҳаԥҳацәа Иегова ишаҳаҭцәа рроль нарыгӡон, насгьы ираҳҭоз азҵаарақәа рҭак ҟарҵалар акәын. Ус еиԥш иҟаз аусқәа угәы дырҿыхон, ахәыҷқәагьы еиҳа рхы иақәгәыӷуа иалагон. Хәыҷык ианрызҳа, аҭаацәаратә мҵахырхәара алагара ҳгәы ианҭаҳкуаз, дара уи уиаҟара иргәаԥхомызт. Ҽнак зны сара иҟасҵара сзымдыруа санықәха, аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥаҳгаӡом ҳәа ҳәаны, руадақәа рахь ицарц расҳәеит. Ахәыҷқәа исҳәаз ажәақәа идыршанхан, иаразнак аҵәуара иалагеит. Дара ирҳәеит Абиблиа аҵара шырҭаху. Убри аминуҭазы ҳара еилаҳкааит ҳхәыҷқәа Иегова иеилкаара агәахәара рзаанагалартә аҟаҵара шҳалшаз. Дара Абиблиа аҵара бзиа ирбеит, насгьы ҳара еснагь ргәазҭаҳҵон рхәыцрақәеи рыгәҭыхақәеи аартны ирҳәаларц. Ҳәарада, ҳара зны-зынла ҳгәы ҳнархьуан дара библиатә ҵарақәак иахьрықәшаҳаҭмыз. Аха ус шакәызгьы, уи ҳара ргәы иҭаз аилкаара иҳацхраауан. Ҳара ачҳара аарԥшны урҭ азҳархәыцуан, аҵыхәтәаны дара Иегова ихәаԥшышьа иақәшаҳаҭхон.

ДЫРҨЕГЬ АԤСАХРАҚӘА

Ахәыҷқәа раааӡаратә проект иҳазгәамҭаӡакәа ахыркәшарахь инеит. Анцәа иорганизациа алабжьарақәа ҳхы иархәаны, ҳара иахьынӡаҳалшоз ҳҽазаҳшәон Иегова иахь абзиабара рылааӡара. Ҳара даара ҳаигәырӷьеит ҳаԥҳацәа рҩыџьагьы ашкол ашьҭахь пионерцәас амаҵ аура ианалага, насгьы рхы зланыҟәыргалаша азанааҭ ахьроуз. Дара егьырҭ ҩыџьа аиаҳәшьцәа ирыцны Кливленд (аштат Теннесси) ииасит ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо амаҵ руларц азы. Ҳара урҭ даара игәхьааҳгон, аха убри аамҭазгьы ҳаигәырӷьон раамҭа зегь амаҵзура иахьазыркыз. Бетели сареи дырҩегь пионерцәас амаҵ аура ҳалагеит, насгьы алшара ҿыцқәа ҳзаатит. Сара араионтә хылаԥшҩы ихаҭыԥуаҩ сакәны сҟалеит, насгьы аконгрессқәа реиҿкаара салахәын.

Теннессиҟа ииасаанӡа ҳаԥҳацәа Лондонҟа ицарц рыӡбеит, насгьы британиатәи афилиал аҿы аекскурсиа иахысит. Усҟан 19 шықәса зхыҵуаз Стефани Вефиль амаҵ зуаз иқәыԥшыз Пол Нортон диабадырит. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳаԥҳацәа Лондон даҽа знык ианца, Кимберли Пол аус ицызуаз Браиан Ллуеллин диабадырит. Поли Стефани еибагеит 23 шықәса анылхыҵ ашьҭахь. Анаҩстәи ашықәс азы Браиани Кимберли ачара руит, усҟан лара 25 шықәса лхыҵуан. Ҳаԥҳацәа ҳдевиз иазиашаны иаанхеит: «Ачҳара аарԥшны, ма 23-нӡа уԥшы». Ҳара урҭ иҟарҵаз алхра ҳгәы иахәеит.

Малавитәи афилиал аҿы Пол, Стефан, Кимберли насгьы Браиан ҳрыцны 2002 шықәса рзы

Ҳаԥҳацәа изларҳәо ала, ҳҭаацәеи ҳареи рҿырԥшы Иисус зегь раԥхьаӡа шәзышьҭалаша Анцәа Иаҳра ауп ҳәа ииҳәаз аԥҟара ақәныҟәара ирыцхрааит, дара аԥара иадҳәалаз ауадаҩрақәа анрымазгьы (Матф. 6:33). 1998 шықәса апрель мзазы Поли Стефани Галаад ашкол 105-тәи акласс ахь ааԥхьара роуит, анаҩс дара амаҵзуразы Африка, Малавиҟа ирышьҭит. Убасҟан Браиани Кимберли амаҵзуразы иаарыԥхьеит лондонтәи Вефиль ахь, ԥыҭрак ашьҭахь малавитәи афилиал ахь ииаргеит. Ҳара даара ҳгәырӷьон, избан акәзар уи иқәыԥшу ауаа рыԥсҭазаара ззыркыр алшо зегь иреиӷьу усуп!

ҲАЗҚӘЫМГӘЫӶУАЗ ААԤХЬАРА

2001 шықәса ианвар мзазы астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз ҭелла аицәажәара сыман. Аиашьа Мареи, аиҭагаратә гәыԥқәа ацхыраара рызҭо аҟәша ахылаԥшҩы, иҳаилиркааит акурсқәа мҩаԥысраны ишыҟоу, урҭ хықәкыс ишрымоу аорганизациаҿы иҟоу аиҭагаҩцәа зегьы англыз бызшәа еиӷьны аилкаара рыцхраара. Иара исыдигалеит урҭ акурсқәа рызҭо сыруаӡәкны сҟаларц азы арҵара сахысырц. Усҟан сара 64 шықәса схыҵуан. Бетели сареи уи иазкны Анцәа ҳиҳәеит, насгьы иҳаӡбеит зықәрахь инеихьаз ҳанацәа ргәаанагара еилаҳкаарц. Дара рҩыџьагьы даара ирҭахын уи ааԥхьара ҳадаҳкыларц, ҳацхыраарада ишынхоз шеилыркаауазгьы. Сара Паттерсон аҭел сасын исҳәеит ҳара уи зеиԥшыҟам амаҵзура гәырӷьарыла ҳаҽшалаҳархәуа.

Иаалырҟьаны сан адиагноз «акьыба» лзықәдыргылеит. Сара иласҳәеит ҳшаангыло лара лхылаԥшраҿы саҳәшьа Линда лыцхрааразы. «Уагьазымхәыцын! — лҳәеит сан.— Шәара уахь шәымцар сара еиҳагьы сеицәахоит». Линда уи дақәшаҳаҭын. Ҳара даараӡа пату ҳзақәын урҭ иаҳзыҟарҵаз, насгьы аҭыԥантәи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыцхыраара. Паттерсон иҟоу Ахьчаратә Бааш арҵаратә центр ахь ҳанца, адырҩаҽны Линда аҭел даҳзасны иҳалҳәеит сан дшыԥсыз. Сан ишылҭахыз еиԥш ҳара ҳмаҵзура ҿыц ҳхы зегь азаҳашьҭит.

Ҳара даара ҳаигәырӷьеит раԥхьатәи ҳазҭаауа афилиал Малавитәи шакәыз анеилаҳкаа. Уаҟа ҳаԥҳацәа рхацәеи дареи амаҵ руан. Ҳара дырҩегь зегь џьарак ҳаицыҟан. Малави ашьҭахь Зимбабве ҳцеит, анаҩс Замбиаҟа. Хышықәсеи бжаки аиҭагаҩцәа аҵара дҳарҵон, уи ашьҭахь Малавиҟа ҳхынҳәырц иҳаҳәеит ақьырсиантә неитралитет аазырԥшуаз Иегова ишаҳаҭцәа рҭоурых аҭаҩразыb.

Ажәабжьҳәараҿы смаҭацәа сыцны

2005 шықәсазы ҳара еиҭа ҳалақәа лаӷырӡыла ишҭәыз аҩныҟа Басолт (аштат Колорадо) ҳхынҳәит, насгьы ҳпионертә маҵзура иацаҳҵеит. 2006 шықәсазы ҳара ҳгәылара анхара иалагеит Браиани Кимберли, урҭ ироуит ҩыџьа аԥҳацәа Маккензии Елизабети. Поли Стефани уажәыгь Малави инхоит, уаҟа Пол афилиал Акомитет аҿы амаҵ иуеит. Иаарласны сара 80 шықәса срылгоит. Шықәсырацәала сара еиҳа иқәыԥшыз аишьцәа аус рыцызуан, насгьы сгәы иахәоит зны сара исыдырҵоз атеократиатә дҵақәа дара ишроуа анызбо. Ҳара инасыԥыз аԥсҭазаара ду наҳҵит, насгьы иҳамоуп зеиԥшыҟам ахәыҷқәеи амаҭацәеи — уи зегь зыбзоурахаз ҳҭынхацәеи ҳҩызцәеи еснагь зықәныҟәара ҳҽыззаҳшәоз аҿырԥш бзиа ахьҳарҭоз ауп.

a Шәахәаԥш маи 1, 1956 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня», адаҟьақәа 269—272 (англ.), насгьы март 15, 1971 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня», адаҟьақәа 186—190 (англ.), уаҟа иануп Стил иҭаацәа миссионерцәас амаҵ шыруаз.

b Шәахәаԥш, иаҳҳәап, Трофим Нсомба ибиографиа, уи ануп аброшиура «Старейшины, стараетесь ли вы обучать братьев?» адаҟьақәа 14—18 рҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра