Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 маи ад. 27—32
  • Иӷару алагамҭа, аха ибеиоу аҵыхәтәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иӷару алагамҭа, аха ибеиоу аҵыхәтәа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • СҚӘЫԤШРА ААМҬАҚӘА
  • АԤСҬАЗААРА ҼЫЦ САЛАГОИТ
  • АРАСИЗМИ АСЕГРЕГАЦИЕИ ИРЫХҞЬОЗ АУАДАҨРАҚӘА
  • АҚЬИАРА ЗНЫԤШУА ИСХАМЫШҬУА АУСҚӘА
  • АРАИОНТӘ МАҴЗУРАҾЫ
  • ИБЕИОУ АҴЫХӘТӘА
  • Иегова иҿы аҵара аҵареи иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәареи еиӷьысшьо ак ыҟам!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иегова исыдыскылаз аӡбара меигӡарахда дазылԥхеит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 маи ад. 27—32

АБИОГРАФИА

Иӷару алагамҭа, аха ибеиоу аҵыхәтәа

Еиҭеиҳәеит Семиуел Ҳиорд

Сара сиит амҿы иалху аҩн хәыҷ аҿы Либерти (аштат Индиана, Еиду Аштатқәа) захьӡу ақалақь хәыҷ аҟны. Усҟан сҭаацәа ҷкәынки ҩыџьа аӡӷабцәеи роухьан. Ԥыҭрак ашьҭахь сан еиҭа ҩыџьа аҷкәынцәеи ӡӷабки лоуит.

Сахьиз амҿы иалху аҩн хәыҷы

АШКОЛ санҭаз ашықәсқәа рзы сыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа рацәамызт. Ашкол сзыцҭалаз сҩызцәеи сареи ашкол ҳаицалгеит. Ҳақалақь аҿы инхоз ауаа реиҳараҩык еибадыруан.

Сара быжьҩык ахәыҷқәа сыруаӡәкын, насгьы схәыҷаахыс ақыҭанхамҩатә усқәа рынагӡашьа сҵон

Ҳақалақь амхқәа акәыршан иҟан, еиҳарак иаадрыхуаз аџьықәреи акәын. Саниз саб фермерк иҟны аус иуан. Санхбыџыз атрактор аныҟәгашьеи егьырҭ ақыҭанхамҩатә усқәа рынагӡашьеи сҵеит.

Сара саб иқәыԥшра аамҭа сымбаӡеит. Саниз иара 56 шықәса ихыҵуан, сан — 35 шықәса. Ус шакәызгьы, саб амчи агәабзиареи иман. Иара аџьабаа дацәаашьомызт, ҳаргьы уи абзиабара ҳалаиааӡеит. Ҳаб ахаан аԥара рацәаны ирҳауамызт, аха иара ибзоурала ҳхы ахьыҵаҳкыша аҩни, иаҳшәаҳҵаша амаҭәеи, иҳазхаша афатәи еснагь иҳаман. Иара убас уи еснагь аамҭа ҳацихигон. Иара данԥсы 93 шықәса ихыҵуан, сан — 86 шықәса. Дара Иегова ишаҳаҭцәа ракәмызт. Аха сашьцәа руаӡәк 1972 шықәса инаркны зиашарыла аизара аиҳабыс амаҵ иуеит.

СҚӘЫԤШРА ААМҬАҚӘА

Сан ӷәӷәала Анцәа дхалҵон. Есымҽыша лара ҳлыманы абаптистцәа руахәамахь дцон. 12 шықәса ансхыҵуаз раԥхьаӡакәны исаҳаит х-хаҿрак змоу Анцәа изку аҵара. Сара сан слазҵааит: «Ишԥаилшо Иисус Аԥагьы Абгьы иакәны дыҟазарц?» Исгәалашәоит ҭакс исалҳәаз: «Сыҷкәын уи амаӡа аилкаара ҳара иҳалшом». Уи сара сзы ииашаҵәҟьаны имаӡан. Аха уеизгьы 14 шықәса анысхыҵуаз аҭыԥантәи аӡиас хәыҷ аҿы сыҽӡаасхит. Сара хынтә аӡы сӡааршьит, зны Аб ихьӡ ала, нас Аԥа ихьӡ ала, нас Аԥсы Цқьа ихьӡ ала.

1952-тәи ашықәс. Аррахь сцаанӡа, 17 шықәса анысхыҵуаз

Аиҳабыратә классқәа рҿы сантәаз абокс иалаз аҩыза дсыман, иара саргьы уи салаларц агәра сиргеит. Абасала абокс аҽазыҟаҵара салагеит, насгьы «Ахьтәы Напҭарԥақәа» захьӡыз агәыԥ сахәҭакхеит. Аха уи аганахь ала акгьы сылымҵит, убри аҟынтә саҟәыҵит. Ԥыҭрак ашьҭахь Еиду Аштатқәа рҿы аррахь исыԥхьеит, насгьы Германиаҟа срышьҭит. Уа арратә маҵзура санахысуаз, арратә еиҳабыра академиа сҭарҵеит, избанзар аԥхьагылаҩ бзиа сакәхоит ҳәа ргәы иаанагон. Дара ирҭахын арратә ус снапы асыркыр. Аха сара уа саанхарц сҭахымызт, убри аҟынтә ҩышықәса рышьҭахь 1956 шықәса рзы шьҭахьҟа схынҳәит. Дук мырҵыкәа сара зынӡа даҽа аррак сахәҭакхеит.

1954—1956-тәи ашықәсқәа. Ҩышықәа Еиду Аштатқәа рҿы арра сахысуан

АԤСҬАЗААРА ҼЫЦ САЛАГОИТ

Аҵабырг еилыскаанӡа ииашаҵәҟьоу ахаҵа дзеиԥшразар акәу аганахь ала ииашам агәаанагара сыман. Афильмқәеи иаасыкәыршаны иҟаз ауааи анырра ӷәӷәа сырҭон. Сгәы иаанагон Абиблиа иану ажәабжь зҳәо ахаҵа дхаҵам ҳәа. Аха нас сыԥсҭазаара зыԥсахыз ак еилыскаауа салагеит. Ҽнак зны ҳақалақь аҿы смашьына ҟаԥшь сақәтәаны санцоз, ҩыџьа аԥҳәызбацәа сааныркылеит. Урҭ саҳәшьеиҳаб лхаҵа иаҳәшьцәа аиҵбацәа ракәын. Дара Иегова ишаҳаҭцәан. Уаанӡа урҭ рҟынтә ажурналқәа «Сторожевая башня», насгьы «Пробудитесь» сыдыскылахьан, аха «Сторожевая башня» аилкаара цәгьоуп ҳәа сыԥхьаӡон. Уажәы дара саарыԥхьеит рыҩнаҿы имаҩаԥысуаз аизарахь, уа ашәҟәы рхы иархәаны Абиблиа ҭырҵаауан. Сара исҳәеит уи ааԥхьара сшазхәыцуа. Дара ааԥышәарччан исазҵааит: «Ажәа ҳауҭома?» — «Ишәысҭоит»,— сҳәеит сара.

Сара исҳәаз сахьхәит, аха сажәа насыгӡароуп ҳәа сыԥхьаӡон. Убри аҟынтә уи ахәылбыҽхазы аизарахь сцеит. Еиҳарак сзыршанхаз ахәыҷқәа роуп. Сара исызхаҵомызт урҭ Абиблиа абас ибзианы иахьырдыруаз! Есымҽыша сан слыцны ауахәамахь сышныҟәозгьы, Абиблиа иазкны издыруаз даара имаҷын. Аха уажәшьҭа Абиблиа еиҳа еиӷьны еилыскаар сҭахын, убри аҟынтә абиблиатә ҵара сақәшаҳаҭхеит. Раԥхьаӡакәны еилыскааз уи Зегьзымчу Анцәа Иегова шихьӡу ауп. Шықәсқәак раԥхьа сан слазҵаахьан изусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа. Лара илҳәеит: «Аа, урҭ Иегова зыхьӡу ҭаҳмадак имҵахырхәо роуп». Аха уажәшьҭа еилыскааит сыблақәа шыхтыз!

Сара еилыскааит аҵабырг шысыԥшааз, убри аҟынтә доуҳала ирласны сеизҳауан. Раԥхьаӡакәны аизара санаҭаа ашьҭахь жәымз анҵы, март 1957 шықәсазы, сара аӡы сыҽӡаасхит. Схәаԥшышьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Сара даараӡа сеигәырӷьоит Абиблиа аҟынтә иахьеилыскааз ииашаҵәҟьоу ахаҵа дзеиԥшразар акәу. Иисус инаӡаз уаҩын. Иара иеиԥш амчра ӷәӷәа змаз аӡәгьы дыҟамызт. Аха уи имч цәгьашақә ихы иаирхәаӡомызт. Уи аҭыԥан, Абиблиаҿы заа ишҳәаз еиԥш, иара ддыргәаҟыртә алиршеит (Исаиа 53:2, 7). Сара еилыскааит Христос ишьҭанеицәа еснагь аҟәымшәышәра аадырԥшлар шрыхәҭоу (2 Тимофеи иахь 2:24).

1958 шықәсазы сара апионертә маҵзура салагеит. Аха иаарласны аамҭала уи аансыжьит. Избан? Сара Глориа ԥҳәысс дызгарц сыӡбеит, лара аизарахь ааԥхьара сызҭаз ҩыџьа аԥҳәызбацәа дыруаӡәкын! Иҟасҵаз алхра зныкгьы сахьымхәӡеит. Анкьа еиԥш иахьагьы сара сзы Глориа лыхә даара иҳаракуп. Сара уи зегь раасҭа зыхә ҳараку абриллиантқәа дреиӷьысшьоит. Ҳәашьа сзаҭом лара ԥҳәысс дахьызгаз шаҟа сеигәырӷьо! Абар лара лхазы еиҭалҳәо:

«Ҳҭаацәараҿы 17-ҩык ахшара ҳаҟан. Сан зиашарыла Иегова имаҵ луан. Лара данԥсыз сара 14 шықәса схыҵуан. Уи ашьҭахь саб Абиблиа аҵара далагеит. Уаҳа ан дахьҳамамыз азы саб ҳашкол адиректор аказы диҳәеит. Саҳәшьеиҳаб ашкол алгаразы шықәсык акәын илыгыз, убри аҟынтә саб адиректор диҳәеит лареи сареи еиҭныԥсахло ашкол ахь ҳныҟәаларц азы азин ҳаиҭарц. Усҟан инеимда-ааимдо иҳаиҵбацәаз ҳархылаԥшлар ҳалшон. Иара убас ҳаб аусура аҟынтә даныхынҳәуаз аамҭазы афатә ҳархиар ҳалшон. Ҳашкол адиректор уи дақәшаҳаҭхеит, убри аҟынтә саҳәшьа ашкол далгаанӡа ус ҟаҳҵон. Иегова ишаҳаҭцәаз ҩ-ҭаацәарак Абиблиа ҳдырҵон, насгьы ахәыҷқәа ҳҟынтә 11-ҩык аҵабырг ҳадаҳкылеит. Еснагь сшыԥхашьаҩызгьы, ажәабжьҳәаратә маҵзура агәырӷьара сзаанагон. Сыԥшәма Сеим ашықәсқәа рыҩныҵҟа аԥхашьара аиааира дсыцхраауеит».

1959 шықәсазы Глориеи сареи ҳаибагеит. Ҳара ҳҩыџьагьы пионерс амаҵ ҳуан, уи агәахәара ду ҳзаанагон. Уи ашықәсан ииуль мзазы Вефиль амаҵ ауразы арзаҳал хаҳарҭәааит. Ҳара ииашаҵәҟьаны иаҳҭахын ихадоу аусбарҭаҿы амаҵ аура. Аиашьа Саимон Креикер уи иазкны дҳацәажәеит. Иара иҳаиҳәеит аҭаацәара иалаз усҟан Вефиль амаҵ аура ишаармыԥхьоз. Ус шакәызгьы, ҳара иҳамаз агәаҳәара ҳцәымӡӡеит, аха уа амаҵ аура ҳалагаанӡа акыршықәса цеит.

Ҳара ихадоу аусбарҭахь асаламшәҟәы ҩны еиҳаны ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭаху ҳрышьҭырц ҳрыҳәеит. Дара ҭыԥ заҵәык ҳадыргалеит: Паин-Блафф (аштат Арканзас). Усҟан уа ҩ-еизарак ракәын иҟаз. Еизарак ахь ишкәакәаз ракәын иныҟәоз, даҽа еизарак ахь — еиқәаҵәақәаз. Ҳара аиқәаҵәақәа ахьеизоз аизарахь ҳрышьҭит, уа 14-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа роуп иҟаз.

АРАСИЗМИ АСЕГРЕГАЦИЕИ ИРЫХҞЬОЗ АУАДАҨРАҚӘА

Иҟалап шәара иџьашәшьозар зцәа шкәакәаз, насгьы зцәа еиқәаҵәаз Иегова ишаҳаҭцәа хаз-хазы иахьеизоз. Рыцҳарас иҟалаз уи аамҭазы уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт. Усҟан еиуеиԥшым арасақәа ирыҵанакуаз ауаа ҭыԥк аҿы аизара закәанла азин рымамызт. Уи инеиҳангьы, ари азакәан еилазгоз ауаа гәымбылџьбарала иахьдырхәуан. Аҭыԥқәа жәпакы рҿы аишьцәа даара ишәон Аҳратә зал ԥырҽыр ҳәа, уа даҽа расак иаҵанакуа рашьцәеи дареи Анцәа имҵахырхәаларц азы еицеизозҭгьы. Ус иагьыҟалахьан. Еиқәаҵәақәаз Иегова ишаҳаҭцәа ишкәакәаз ауаа ахьынхоз ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь рҳәозҭгьы, абахҭа иҭаркыр, мамзаргьы ирыпҟар ауан. Убри аҟынтә ажәабжьҳәаратә ус аанымкыларц азы ҳара уи азакәан ҳазыӡырҩуан, насгьы ҳақәгәыӷуан знымзар-зны аҭагылазаашьа еиӷьхоит ҳәа.

Ҳмаҵзура еснагь имариамызт. Зны-зынла аиқәаҵәақәа ахьынхоз ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәоз, ишкәакәаз ауаа ҳрықәшәон. Усҟан иҟаҳҵаша ирласны иҳаӡбар акәын: иааркьаҿны адгалара ҟаҳҵарызу, ма аҭамзаара шьҭаҵаны даҽа ҩнык ахь ҳцарызу. Убас иҟан ҳусқәа.

Пионерс амаҵ ҳауларц, насгьы ҳхы ныҟәаҳгаларц азы аџьабаа ҳбалар акәын. Аус ахьаҳуаз еиҳараҩык мышказы х-долларк ракәын иаҳзыршәоз. Глориа ҩнаҭақәак рҿы аҩн усқәа налыгӡон. Ҩнык аҿы слыцхрааларц азин сырҭеит, уи абзоурала лус еиҳа ирласны далгалар лылшон. Уи аҭаацәараҿы акраҳҿарҵон. Дара ирҵа́аны иҟаз афатә ҳарҭон, Глориеи сареи уи рԥханы еиҩаҳшон. Есымчыбжьа Глориа даҽа ҭаацәарак рҿы дуанҭон. Сара абаҳчаҿы аус зуан, асаркьақәа сыӡәӡәон, насгьы аҩны анҭыҵ егьырҭ аусқәа насыгӡон. Иара убас ҳара ишкәакәаз даҽа ҭаацәарак рҿы асаркьақәа ҳаӡәӡәон, Глориа аҩн аҩныҵҟала, сара адәахьала. Уи шьыжьы инаркны хәлаанӡа ҳаҿын, убри аҟынтә уа акраҳҿарҵон. Глориа аҩн аҩныҵҟа акрылҿарҵон, аха хазы ддыртәон. Сара адәахьы, амашьынаҭаргыларҭаҿы, аха уи акгьы ахысҳәаауамызт. Афатә даара ихаан, аҭаацәарагьы бзиан, аха рыкәша-мыкәша иҟаз ауаа анырра рырҭон. Исгәалашәоит зны абылтәыҭаҭәарҭаҿы ҳзықәшәаз хҭыск. Ҳмашьына абылтәы анҭаҳҭәа ашьҭахь уа аус зуаз ишкәакәаз ахаҵа сиазҵааит иҟалома Глориа ашьышьмаҭра лхы иалырхәар ҳәа. Иара иҽырцәгьаны дсыхәаԥшны иҳәеит: «Уи аркуп».

АҚЬИАРА ЗНЫԤШУА ИСХАМЫШҬУА АУСҚӘА

Даҽа ганкахьала ҳашьцәа рыбжьара зеиԥшыҟам аизыҟазаашьақәа ҳаман, насгьы ҳмаҵзура бзиа иаҳбон! Раԥхьаӡакәны Паин-Блафф ҳаниас, ҳара аизара маҵзуҩыс амаҵ зуаз аиашьа иҿы ҳанхон. Уи иԥшәмаԥҳәыс Иегова ишаҳаҭ лакәмызт, убри аҟынтә Глориа Абиблиа лырҵара далагеит. Уи аамҭазы саргьы рыԥҳаи рымаҳәи Абиблиа дырҵара салагеит. Ани аԥҳаи аҵабырг рыдыркылеит, насгьы рыҽӡаархит.

Ҳара аизара шкәакәаҿы бзиа иаҳбоз аҩызцәа ҳаман. Урҭ акреицаҳфарц азы рыҩныҟа ҳаарыԥхьон, аха сасра анеира ианылашьцалак ашьҭахь акәын ианҳалшоз, аӡәгьы ҳшеизо имбарц азы. Урҭ аамҭақәа рзы агәымбылџьбарареи арасизми зырҿиоз аорганизациа ку-клукс-клан даара ибзианы аус ауан. Исгәалашәоит Ҳеллоуин аназгәарҭоз уахык азы хаҵак ку-клукс-клан иршәыз амаҭәа аҩыза ишәҵаны иҽырԥагьаны абарҵаҿы дыштәаз. Ус еиԥш иҟаз ахҭысқәа ирмыхәаԥшӡакәа аишьцәа ақьиара аадырԥшуан. Ԥхынрак азы аконгресс ахь ҳцарц азы аԥара ҳҭахын, убри аҟынтә иашьак ҳмашьына аахәара дақәшаҳаҭхеит. Мызк ашьҭахь, ҽнак зны ҳааԥсаха аҩныҟа ҳааит. Уи амш азы ашоураха ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ҳҳәон, насгьы ирацәаны абиблиатә ҵарақәа мҩаԥаҳгеит. Аҩныҟа ҳанааи аҳамҭа ҳзыԥшын. Ҳаҩнаԥхьа ҳмашьына гылан! Аԥхьатәи асаркьа ус анын: «Умашьына сара сҟынтә ҳамҭас иудукылар улшоит. Уашьа».

Еиҭа даҽа хҭыс сгәаҵанӡа инеит. 1962 шықәсазы Саут-Лансинг (аштат Ниу-Иорк) имҩаԥызуаз Иԥшьоу амаҵзура ашкол ахь ааԥхьара соуит. Уа мызк аҩныҵҟа аизара амаҵзуҩцәеи, араионтә, насгьы аобласттә хылаԥшыҩцәеи азыҟарҵон. Усҟан аус зуамызт, насгьы ҳԥарақәа шынҵәара иҟан. Аха аҭелтә компаниа аҿы аусура алагаразы аицәажәара сахысхьан. Уахь саарыԥхьазҭгьы, уа раԥхьаӡакәны ирыдыркылаз аиқәаҵәа сакәхон. Аҵыхәтәаны дара исарҳәеит аусура сшаарыԥхьо. Иҟасҵар акәзи сара? Ниу-Иорк ацаразы аԥара сымамызт. Сара аусура сақәшаҳаҭхар, насгьы ашкол ахь ааԥхьара мап ацәыскыр сҭахын. Вефильҟа асаламшәҟәы аҩра сгәы ианҭаск, ахаан исхамшҭуа ак ҟалеит.

Шарԥазык азы ҳаизара аҟынтә иаҳәшьак ҳашә дасит, насгьы аконверт сылҭеит, уи лхаҵа Иегова ишаҳаҭ иакәмызт. Аконверт аҿы ирацәаны аԥара ҭан. Лхәыҷқәеи лареи ашьыжь шаанӡа абамба ахьеизҳауаз амхурсҭахь ицаны, уи ажәырҭ аҟынтә идрыцқьон. Дара уи ҟарҵон Ниу-Иорк ацара исыцхраарц азы. Лара ус салҳәеит: «Ашкол ахь уца, насгьы ибзианы аҵара ҵа, анаҩс ухынҳәны ҳаргьы иҳарҵала!» Уи ашьҭахь аҭелтә компаниа сазҵааит ишрасҳәахьаз еиԥш акәымкәа, хәымчыбжь рышьҭахь аусура салагар ҟалома ҳәа. Дара мап сцәыркит, аха уи хьаас иҟасымҵеит, избанзар аӡбара сыдыскылахьан. Сара даараӡа сеигәырӷьоит уа аусура сахьаламгаз!

Абар Глориа Паин-Блафф ҳаныҟаз аамҭа иахылҳәаауа: «Сара ари аҭыԥ даараӡа бзиа избеит! Уа 15—20 ҩык раҟара Абиблиа дсырҵон. Убри аҟынтә ҳара ашьжьымҭан ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара ҳцон, анаҩс хәылбыҽханӡа абиблиатә ҵарақәа мҩаԥаҳгон, зны-зынла асааҭ 11-ӡа. Ҳмаҵзура даара иџьашьахәын! Уа анаҩсгьы амаҵ аура цәгьа избомызт. Аиаша сҳәозар, араионтә маҵзура алагара уиаҟара исҭахымызт, аха Иегова даҽа гәҭакык иман». Иара уи егьынаигӡеит.

АРАИОНТӘ МАҴЗУРАҾЫ

Паин-Блафф апионертә маҵзура анынаҳагӡоз, ҳара иҷыдоу пионерцәас ҳҟаларц азы арзаҳал хаҳарҭәааит. Ҳара ииашаҵәҟьаны ари аҭакԥхықәра ҳазыԥшын. Избан? Избанзар аобласттә хылаԥшҩы иҭахын ҳара Техас иҟаз аизара ҳацхрааларц, насгьы уа иҷыдоу пионерцәас амаҵ ҳауларц. Ҳаргьы уи ҳҭахын. Убри аҟынтә акыраамҭа аҭак ҳазыԥшын, аха аҭак ҳауамызт. Аҵыхәтәаны асаламшәҟәы ҳзаарышьҭит. Ҳара араионтә маҵзура ҳадырҵеит! Уи ианвар 1965 шықәсазы акәын. Уи аамҭазы аиашьа Лион Уивергьы араионтә маҵзура идырҵеит, уажәы иара Еиду Аштатқәа рҿы Афилиал акомитет далахәуп.

Аҭакԥхықәра ҿыц ахьсыдырҵаз азы сгәы даара ихыҭ-хыҭуан. Шықәсык аԥхьа аҟара аобласттә хылаԥшҩы Џьеимс Томпсон санкета дахәаԥшхьан. Иара хаала исирбеит аус здысулаша ак шыҟаз, насгьы араионтә хылаԥшҩы иааирԥшлар акәу ҟазшьақәак сгәалаиршәеит. Араионтә маҵзура саналага еилыскааит илабжьарақәа шаҟа ахәарҭа рыҵаз. Араионтә маҵзураҿы раԥхьаӡакәны амаҵ зцызуаз аобласттә хылаԥшҩы аиашьа Томпсон иакәын. Азиашара аазырԥшуа ари аиашьа иҿысҵааз рацәоуп.

Аԥышәа ду змоу аишьцәа исырҭаз ацхыраара ахә ҳаракны исшьоит

Усҟан араионтә хылаԥшыҩцәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны аҵара иахысуан. Мчыбжьык аҩныҵҟа араионтә хылаԥшҩы аизара дшаҭаауаз гәасҭон, анаҩстәи амчыбжь азы сара аизара санаҭаауаз иара дсыцын. Уи ашьҭахь иара алабжьарақәеи анапхгареи сиҭон. Абасала арҵара хыркәшахон. Исгәалашәоит Глориа ишласҳәаз: «Ииашаҵәҟьаны иара абас ирласны дцома?» Ус шакәызгьы, сара ихадаз ак еилыскааит: уахьыҟазаалакгьы уааигәара еснагь ацхыраара узҭо аишьцәа ыҟазаауеит, дара рыцхыраара адкылара уазхиазар. Араионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуаз аиашьа Џьеимс Браун, насгьы Вефиль амаҵ зуаз Фред Раск реиԥш иҟаз аԥышәа змаз аишьцәа исырҭаз ацхыраара уажәгьы даара ахә ҳаракны исшьоит.

Урҭ аамҭақәа рзы арасатә еилыхра зегьы амҽхакны иаман. Зны аштат Теннесси иҟоу қалақьк аҿы аизара ҳанаҭаауаз ку-клукс-кланаа амарш рыман. Иара убас исгәалашәоит гәыԥла ажәабжь анаҳҳәоз ашьҭахь акы ҳнацҳарц азы акрыфарҭахь ҳашнеиз. Ашьышьмаҭрахьы сандәықәла ишкәакәаз хаҵак дсышьҭалеит. Иара иҽырцәгьаны дсыхәаԥшуан, ицәа ианыз асахьақәа рыла иубарҭан арасистцәа дшыруаӡәкыз. Усҟан уи ахаҵеи сареи ҳаасҭа зоуреи зыҭбаареи еиҳаз ишкәакәаз иашьакгьы ашьышьмаҭрахьы дыҩналеит. «Кыр ҟалама аиашьа Ҳиорд?» — дсазҵааит иара. Уи ахаҵа иаразнак ддәылҵит. Ашықәсқәа рыҩныҵҟа сара избон арасизм зыхҟьо ауаҩы ицәаԥштәы шакәым, аха ҳаззегьы иҳалоу агәнаҳа шакәу. Сара лабҿаба агәра згеит аиашьа ицәаԥштәы зеиԥшразаалакгьы дышуашьоу, иаҭаххаргьы иԥсҭазаара шуқәиҵо.

ИБЕИОУ АҴЫХӘТӘА

Ҳара 12 шықәса араионтә маҵзура иазаҳкит, 21 шықәса — аобласттә маҵзура. Урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова гәыҭбаарала даҳзылԥхон, насгьы ҳгәы зырӷәӷәоз имаҷымкәа ахҭысқәа ҳрықәшәон. Аха ҳаԥхьаҟа даҽа зылԥхарак ҳзыԥшын. Август 1997 шықәсазы акыршықәса ҳаззыԥшыз ҳгәахәтәы наӡеит. Вефиль амаҵ ауразы раԥхьаӡакәны арзаҳал анхаҳарҭәаа ашьҭахь 38 шықәса анҵы, ҳара Еиду Аштатқәа рҿы уа амаҵ аура ҳаарыԥхьеит. Сентиабр мзазы ҳмаҵзура ҳалагеит. Сгәы иаанагон аишьцәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны ацхыраара рысҭаларц рҭахын ҳәа, аха уи ус акәмызт.

Глориа ԥҳәысс данызгаз еиԥш уажәгьы сара сзы лыхә даара иҳаракуп

Раԥхьа амаҵзуратә ҟәша ацхыраара асҭаларц сыдырҵеит. Шаҟа ирацәоузеи уа еилыскааз! Ари аҟәшаҿы амаҵ зуа аишьцәа аизара аиҳабацәа рхеилакқәеи араионтә хылаԥшыҩцәеи рҟынтә иуадаҩу азҵаарақәа роуеит. Урҭ асаламшәҟәқәа атәыла зегь аҟынтә иаарышьҭуеит. Сара аишьцәа даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит, ачҳара аарԥшны иахьсыцхраауаз азы. Уажәы еиҭах уа амаҵ аура сыдырҵазҭгьы, урҭ аишьцәа ирҿысҵаашаз даара ирацәахон.

Глориеи сареи вефильтәи аԥсҭазаара даара бзиа иаҳбеит. Ҳара еснагь заа ҳгылон, ари ашьцылара ара даара иҳахәеит. Шықәсык ашьҭахь аҟара Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак Амаҵзуратә ҟәша ацхырааҩыс сҟалеит. 1999 шықәсазы Анапхгаратә хеилак сахәҭакхеит. Ари амаҵзуратә хкы иснарҵаз даара ирацәоуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы сара еилыскааит ақьырсиантә еизара хадас иамоу ауаҩы иакәымкәа, Христос шиакәу.

1999 шықәса инаркны Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ аура аҳаҭыр саҭәашьахеит

Сыԥсҭазаара саназхәыцуа зны-зынла аԥааимбар Амос иеиԥш схы збоит. Иегова ахынраалара злаз ари ахьча дгәеиҭеит, иара пату зқәымыз аус наигӡон — алаҳа иеиԥшу ашәыр кылиҵәон, уи зфоз иӷарыз ауаа рымацара ракәын. Аха Иегова уи ԥааимбарс дҟаиҵеит, насгьы меигӡарахда дизылԥхон (Амос 7:14, 15). Убас еиԥш Иегова сара, Индиана инхоз иӷарыз ақыҭанхаҩ иԥа, сгәеиҭеит. Насгьы меигӡарахда азылԥхарақәа сиҭеит, ари астатиаҿы зыӡбахә сҳәазгьы налаҵаны (Ажәамаанақәа 10:22). Иӷарыз аҭаацәараҿы сышизгьы, ахаан схаҿы исзаамгоз адоуҳатә беиара сырҳаит!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра