АБИОГРАФИА
Иегова иҿы аҵара аҵареи иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәареи еиӷьысшьо ак ыҟам!
САРА исызҳаит Истон (аштат Пенсильваниа, Еиду Аштатқәа). Санхәыҷыз ауниверситет салгарц хықәкыс исыман. Сара аԥсҭазаараҿы аихьӡара сымазар сҭахын. Аҵара аҵара бзиа избон, насгьы аматематикеи аԥсабара ҭызҵаауа анаукақәеи бзианы еилыскаауан. 1956 шықәсазы ауаа рзинқәа зыхьчоз организациак аҵара бзианы иахьысҵоз азы апремиа сырҭеит. Сара 25 доллар сырҭеит, зцәа еиқәаҵәаз аҵаҩцәа рыбжьара зегь иреиӷьыз ахәшьарақәа ахьсымаз азы. Аха ԥыҭрак ашьҭахь схықәкқәа рҽырыԥсахит. Еилышәкаар шәҭахума, избан?
ИЕГОВА ИӠБАХӘ ШСАҲАЗ
1940 шықәса шыҟаз еиԥш Иегова ишаҳаҭцәа сҭаацәа Абиблиа ддырҵон. Уи ашьҭахь урҭ Абиблиа аҵара ишаҟәыҵызгьы, сан анаҩсгьы «Ахьчаратә бааш», насгьы «Пробудитесь!» лзааргон. 1950 шықәсазы Ниу-Иорк жәларбжьаратәи аконгресс мҩаԥысуан. Ҳара уи ҭаацәаныла ҳаҭааит.
Уи ашьҭахь дук мырҵыкәа аиашьа Лоренс Џьеффрис ҳара ҳахь даауа далагеит. Иара аҵабырг ахь аинтерес сызцәыригар иҭахын. Аха раԥхьа уи усҟак исҭахымызт. Сара исгәаԥхаӡомызт Иегова ишаҳаҭцәа аполитика рҽахьаладмырхәуа, насгьы арра иахьымцо. Сара ус сиазҵааит: «Америка инхо зегьы аибашьра имцар, изыхьчода ҳаԥсадгьыл?» Аиашьа Џьеффрис ачҳара аарԥшны сеилыркаара далагеит: «Ухаҿы иааг, Америка инхо зегьы Иегова имаҵ руашәа. Угәы ишԥаанаго, иҟаиҵозеи Анцәа, аӷацәа ҳақәлар?» Ари, насгьы егьырҭ азҵаарақәа ирызкны исеиҳәаз сышиашамыз сеилнаркааит. Убас Абиблиа иану ахь еиҳа аинтерес соуит.
Аӡы сҽанӡаасхыз
Сара рыԥхьара салагеит сан аподвал аҿы иҵәахны илымаз «Ахьчаратә бааш», насгьы «Пробудитесь!» иажәхьаз аҭыжьымҭақәа. Хәыҷы-хәыҷла аҵабырг шысыԥшааз еилыскааит. Убри аҟынтә аиашьа Џьеффрис Абиблиа аҵара ансыдигала, сақәшаҳаҭхеит. Уи адагьы, аизарақәа рахь, ибжьамыжьӡакәа, аныҟәара салагеит. Сгәы аҵабырг ала иҭәын. Убри аҟынтә агәырӷьажәабжь ауаа ирзеиҭасҳәаларц азы жәабжьҳәаҩыс сҟалеит. «Иегова имш ду» шааигәоу анеилыскаа, схықәкқәа рҽырԥсахит (Соф. 1:14). Сара уаҳа ауниверситет схы иҭаӡамызт, исҭахыз Абиблиа иану аҵабырг ауаа идсырҵалар акәын.
1956 шықәса, ииун 13 азы ашкол салгеит. Хымш рышьҭахь араионтә конгресс аҿы сыҽӡаасхит. Сара Анцәа иҿы аҵара аҵареи егьырҭ аҵабырг дырҵареи сыԥсҭазаара зегь азыскит. Усҟан сара схаҿгьы исзаагомызт, Иегова сара сзы шаҟа ҳамҭа рхианы имаз.
АҴАРА СҴОИТ, ЕГЬЫРҬГЬЫ ИДСЫРҴОИТ ПИОНЕРС АМАҴ УА
Аӡы сҽанӡаасх ашьҭахь шықәсыбжак анҵы пионерс амаҵ аура салагеит. 1956 шықәса, декабр мзазы иҭыҵыз «Иԥшьоу ҳмаҵзура» аҿы ианын астатиа «Могли бы вы служить там, где нужна помощь?». Сара исылшон. Сара исҭахын ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз аҭыԥ аҿы амаҵ зулар (Матф. 24:14).
Сара Аладатәи Каролина, Еџьфилдҟа сиасит. Аҭыԥантәи аизараҿы ԥшьҩык ажәабжьҳәаҩцәа мацара ракәын иҟаз. Сара саннеи еиҳа ҳрацәаҩхеит, хәҩык ҳҟалеит. Аизарақәа иашьак иҩны имҩаԥаҳгон. Есымза 100 сааҭк ажәабжь сҳәон. Сара смаашьаӡакәа ирацәаны ажәабжь сҳәон, насгьы лассы-лассы ажәахәқәа сыманы сықәгылон. Иџьоушьаша, аизара аусқәа еиҳаны сыҽрыласырхәцыԥхьаӡа, Иегова еиҳагьы еиӷьны деилыскаауан.
Абиблиа зсырҵоз ԥҳәыск Џьонстон аԥсыжратә биуро лыман, уаанӡа ҳара ҳҟынтә километрақәак бжьан. Сара аусура сашьҭан, убри аҟынтә амчыбжь аҩныҵҟа мышқәак лара лҿы аус зуларц сыдылгалеит. Уи адагьы, уи аԥҳәыс қьиа Аҳратә зал еиԥш ҳхы иаҳархәоз ҩны хәыҷык ҳалҭеит.
Нас Бруклинынтә Џьолли Џьеффрис даҳзааит. Уи Абиблиа сзырҵоз аиашьа иԥа иакәын. Ҳара амаҵ еицаҳуа ҳалагеит. Ҳара иашьак итреилер хәыҷ аҿы ҳанхон.
Аладатәи аштатқәа рҿы аулафахәы зынӡа имаҷын. Мышкы ҩба-хԥа доллар мацара акәын иаҳзыршәоз. Исгәалашәоит, зны, аҵыхәтәантәи сԥара хәыҷқәа афатә иахҭынҵаны адәқьан санаадәылҵ, хаҵак исықәҿиҭит: «Аусура уҭахӡами? Сааҭк азы долларк узысшәоит». Иара аргыларатә усурақәа рышьҭахь аилыргара ҳәа хымш сигеит. Еилыкка иубарҭан: Иегова иҭахын, Еџьфилд саанхарц. Исымаз аԥара шмаҷызгьы, 1958 шықәсазы Ниу-Иоркҟа жәларбжьаратәи аконгресс ахь сцеит.
Ҳчара аҽны
Аконгресс аҩбатәи амш аан иҷыдаз хҭыск ҟалеит. Сара Руби Уодлингтон слабадырит. Лара Галлатин, Теннесси пионерс амаҵ луан. Рубигьы саргьы миссионерс амаҵ ҳаулар ҳҭахын. Убри аҟынтә Галаад аҵара иахысырц зҭахыз рзы, уи аконгресс аҿы иҟаз аиқәшәара ҳаҭааит. Ԥыҭрак ашьҭахь лареи сареи асаламшәҟәқәа рыла ҳаицәажәо ҳалагеит. Зны Галлатин ажәахә сыманы сықәгыларц ааԥхьара сырҭеит. Усҟан аамҭа мгакәа Руби хаҵа дсыццарц лыдызгалеит. Сара леизарахь сиасит, насгьы 1959 шықәсазы ҳаибагеит.
АИЗАРАҾЫ АҴАРА СҴОИТ, ЕГЬЫРҬГЬЫ АҴАРА ДСЫРҴОИТ
23 шықәса анысхыҵуаз аизара амаҵзуҩыс сҟарҵеит (уажәы уи аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор иоуп). Убри аамҭазы Чарлз Томпсон араионтә маҵзура далагеит. Иара раԥхьаӡа дызҭааз аизара Галлатин иҟаз аизара акәын. Уи аиашьа аԥышәа ду шимазгьы, дсазҵааит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҭахрақәас ирымоу, насгьы егьырҭ араионтә хылаԥшыҩцәа рҭаарақәа шымҩаԥысуаз. Сара уи аиашьа иҿысҵааит, аӡбара удукылаанӡа азҵаарақәа шықәыргылалатәу, насгьы афактқәа зегь шеилкаатәу.
1964 шықәса, маи мзазы мызкы имҩаԥысуаз Иԥшьоу амаҵзура ашкол аҿы аҵара сахысырц ааԥхьара сырҭеит. Уи Саут-Лансинг имҩаԥысуан. Аҵара ҳзырҵоз аишьцәа еиҳагьы аҵара сҵаларц, насгьы доуҳала сеизҳаларц агәаҳәара сырҭеит.
АРАИОНТӘ ИАРА УБАС АОБЛАСТТӘ МАҴЗУРААН АҴАРА СҴОИТ, ЕГЬЫРҬГЬЫ АҴАРА ДСЫРҴОИТ
Ианвар, 1965 шықәсазы Рубии сареи араионтә маҵзура ҳалагеит. Ҳраион дуун, уи Теннесси иҟаз Ноксвилл инаркны Виргиниа иҟаз Ричмонд аҟынӡа егьагымкәа аҵанакуан. Ҳраион иаҵанакуан аштатқәа Аҩадатәи Каролина, Кентукки, насгьы Мраҭашәаратәи Виргиниа иҟаз аизарақәа. Уи аамҭазы Еиду Аштатқәа аладатәи ахәҭаҿы асегрегациа ыҟан, убри аҟынтә зцәа еиқәаҵәаз аишьцәеи зцәа шкәакәаз аишьцәеи џьарак еизалар ҟалаӡомызт. Убри азы зцәа еиқәаҵәаз аишьцәа ахьыҟаз аизарақәа мацара ракәын ҳазҭаауаз. Аишьцәа ӷарын, убри аҟынтә иҳамаз рыцеиҩшашьа ҳҵеит. Акыршықәса араионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуаз, аԥышәа ду змаз иашьак абас сеиҳәеит: «Иашьак иеиԥш уҟаз. Аизараҿы зегьы уреиҳаушәа ухы мҩаԥумгалан. Иашьак иеиԥш ушырзыҟоу анырбалак ауп аишьцәеи аиҳәшьцәеи урыцхраар анулшо».
Зны Рубии сареи ихәыҷыз еизарак ҳанаҭаауаз, Руби шықәсык зхыҵуаз аԥҳа дызмаз аԥҳәыс Абиблиа лырҵара далагеит. Уа Абиблиа лырҵара зылшоз аӡәгьы дыҟамызт, убри аҟынтә Руби асаламшәҟәқәа рыла Абиблиа ллырҵон. Анаҩстәи ҳҭаара аан уи аԥҳәыс аизарақәа бжьалыжьӡомызт. Анаҩс уи аҭыԥ ахь ҩыџьа аиҳәшьцәа иҷыдоу пионерцәас амаҵ руларц инарышьҭит. Дара уи аԥҳәыс Абиблиа лырҵара иацырҵеит. Хара имгакәа лара лыҽӡаалхит. 30 шықәса рышьҭахь, 1995 шықәсазы, Паттерсон, Вефиль аҿы Руби иқәыԥшыз иаҳәшьак даалыдгылеит. Уи Руби Абиблиа злырҵоз аԥҳәыс лыԥҳа лакәын. Лхаҵеи лареи Галаад ашкол 100-тәи акласс аҿы аҵара рҵон.
Аҩбатәи ҳраион Флорида агәҭанытәи ахәҭаҿы иҟан. Ҳара ҳазланыҟәалашаз ак ҳҭахын, убри аҟынтә зыхә мариаз машьынак ааҳхәеит. Аха мчыбжьыкгьы мҵӡацызт еиԥш, уи бжьысит, излаҟаҳҵоз аԥарагь ҳамаӡамызт. Сара иашьак сизасын, ацхырааразы сиҳәеит. Уи иусуҩцәа руаӡәк даҳзааишьҭит, насгьы мааҭкгьы ҳамимхӡеит. Аиашьа иҳәеит: «Уагьазымхәыцын. Акгьы аҭахӡам». Уи инеиҳангьы арахь ԥара хәыҷыкгьы ҳаиҭеит. Ари ахҭыс агәра снаргеит Иегова имаҵзуҩцәа дшырхылаԥшуа, насгьы агәыҳалалра ааҳарԥшлар шаҟа ихадоу сгәаланаршәеит.
Ҳара аизарақәа ҳанырҭаауаз есымша аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿы ҳаангылон. Убри аҟынтә аҩызцәа бзиақәа рацәаҩны иҳарҳаит. Зны сара аизара сшаҭааз иазкыз аҳасабырба анышьақәсыргылоз, уи акьыԥхьгатә машьына ишаҿаз иааныжьны сцеит. Саныхынҳә избеит, зҿы ҳаангылаз аҭаацәа хышықәса зхыҵуаз рхәыҷы аҳасабырба алгара «дышсыцхрааз». Уи ашьҭахь акыршықәса уи алаф илысхуан.
1971 шықәсазы сара Ниу-Иорк аобласттә хылаԥшҩыс амаҵ зуларц сыдырҵеит. Ҳара уи зынӡа ҳазыԥшӡамызт! Уахь ҳаннеи 34 шықәса ракәын исхыҵуаз. Аха аишьцәа сара — раԥхьатәи зцәа еиқәаҵәаз робласттә хылаԥшҩы — гәаартыла срыдыркылеит.
Сара даара исгәаԥхон есымчыбжьа аԥсшьарамшқәа раан араионтә конгрессқәа рҿы ауаа Иегова еиӷьны иеилкаара рыцхраара. Араионтә хылаԥшыҩцәа аӡәырҩы сара саасҭа аԥышәа рыман. Урҭ руаӡәк сҽанӡаасхуаз ажәахә зҳәаз иакәын. Даҽаӡәы, Теодор Иарач, ԥыҭрак ашьҭахь Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ иуан. Иара убас уа бруклинтәи Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәа рацәаҩны иҟан. Сара ахә ҳаракны исшьон араионтә хылаԥшыҩцәеи Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи амаҵ рыцура абас иахьымариаз. Сара сыблала избон, абзиабара злаз урҭ ахьчацәа Анцәа Иажәа ишақәгәыӷуа, насгьы иорганизациа гәыкала ишадгыло. Аԥагьара зламыз урҭ аишьцәа амаҵ рыцура еиӷьыз ак ыҟамызт.
АРАИОНТӘ МАҴЗУРАХЬЫ СХЫНҲӘУЕИТ
1974 шықәсазы Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа аобласттә маҵзуразы даҽа раионтә хылаԥшыҩцәак алырхит. Убасҟан сара араионтә маҵзурахьы схынҳәит. Аладатәи Каролина сраион ҿыц акәхеит. Уи аамҭаз аизарақәеи араионқәеи расала ишаӡамызт. Уи ҳара зегь даара ҳаигәырӷьон.
1976 шықәса анҵәамҭазы Џьорџьиаҟа срышьҭит. Сраион Атлантеи Колумбуси рыбжьара иҟан. Ахаан исхашҭуам зцәа еиқәаҵәаз хә-ҩык ахәыҷқәа анҭахаз рыԥсыжраҿы ажәахә сыманы сшықәгылоз. Ацәгьаҟаҵаҩцәа рыҩны амца адыркит. Ахәыҷқәа ран ааха ӷәӷәақәа лоуит аҟынтә, ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Иегова ишаҳаҭцәа — зцәа еиқәаҵәазгьы, зцәа шкәакәазгьы — ҵыхәаԥҵәарада ахәышәтәырҭахь ицон, ахәыҷқәа рҭаацәа ргәы дырҭынчырц азы. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаадырԥшыз абзиабара ҳәашьа сзаҭом. Анцәа имаҵзуҩцәа анрыцҳеибашьо, ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәаргьы, урҭ рыхгара рылшоит.
ВЕФИЛЬ АҾЫ СХАҬАГЬЫ АҴАРА СҴОИТ ЕГЬЫРҬГЬЫ ИДСЫРҴОИТ
1977 шықәсазы ҳара бруклинтәи Вефиль аҿы проектк аҿы ҳрыцхраарц азы ааԥхьара ҳарҭеит. Уи ҳалгарц маҷк шагыз Анапхгаратә хеилак аҟынтә ҩыџьа аишьцәа сазҵааит, Рубии сареи Вефиль ҳаангыларц ҳҭахӡами ҳәа. Ҳара ҳақәшаҳаҭхеит.
24 шықәса рыҩныҵҟа сара амаҵзуратә ҟәша аҿы амаҵ зуан. Уа аишьцәа лассы-лассы иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбоит. Урҭ рыӡбаразы Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа абиблиатә принципқәа шьаҭас измоу амҩақәҵарақәа рырҭоит. Урҭ рыцхыраарала амаҵзуратә ҟәшаҿы амаҵ зуа аишьцәа азҵаарақәа рҭак ҟарҵоит, насгьы араионтә хылаԥшыҩцәеи, аизара аиҳабацәеи, апионерцәеи аҵара ддырҵоит. Уи арҵара абзоурала аӡәырҩы доуҳала еизҳауеит. Уи Иегова иорганизациа арӷәӷәоит.
1995 шықәса инаркны 2018 шықәсанӡа сара Анапхгаратә хеилак ахаҭарнак иаҳасабала еиуеиԥшым афилиалқәа сырҭаауан. Афилиал акомитет аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи, Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи, амиссионерцәеи сареи ҳаиқәшәон, урҭ ргәы шьҭысхырц азы, насгьы ауадаҩрақәа змаз срыцхраарц азы. Урҭ иаҳзеиҭарҳәоз ахҭысқәа Рубии сареи ҳгәы шьҭырхуан. Иаҳҳәап, 2000 шықәсазы ҳара Руанда ҳаҭааит. Уа инхоз аишьцәеи вефильтәи аҭаацәареи 1994 шықәсазы иҟаз агеноцид аан ирхыргаз анаҳзеиҭарҳәа, ҳгәаҵанӡа инеит. Аӡәырҩы рҭынхацәа ԥсит, аха ахҭыс ҿаасҭақәа ишрықәшәозгьы, агәрахаҵареи, агәыӷреи, агәырӷьареи дмырӡӡеит.
Ҳанеибагаз амш 50 шықәса аназгәаҳҭоз
Ҳара 80 шықәса ҳарҭысхьеит. Аҵыхәтәантәи 20 шықәса рыҩныҵҟа Еиду Аштатқәа рҿы афилиал акомитет аҿы амаҵ зуеит. Сара ауниверситет салымгаӡеит, аха Иеговеи иара иорганизациеи рыбзоурала зегь иреиҳау аҵара соуит. Уи абзоурала сара исылшоит наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо абиблиатә ҵабыргқәа ауаа дырҵара (2 Кор. 3:5; 2 Тим. 2:2). Сара избон Абиблиа ауаа рыԥсҭазаара аԥсахра, насгьы Ҳазшаз изааигәахара ишрыцхраауа (Иак. 4:8). Рубии сареи ҳааҟәымҵӡакәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи иргәалаҳаршәоит, Иегова иҿы аҵара аҵареи егьырҭ аҵабырг дырҵареи шҳаҭыр дуу. Иегова имаҵ зуа изы еиҳау гәырӷьарак ыҟам!