Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 декабр ад. 3—7
  • Зегьы рзы зегьы сҽырхьысыгӡоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Зегьы рзы зегьы сҽырхьысыгӡоит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ИМАҴ АУРА САЛАГОИТ
  • АҲӘААНЫРЦӘ АМАҴ АУРА САЛАГОИТ
  • АԤСАХРА ҾЫЦҚӘА ААЗГО АДҴА ҾЫЦҚӘА
  • АНАҨСТӘИ АԤСАХРАҚӘА СРЫЗХИОУП
  • Иҳақәиҭу ишьҭанеиразы, иаансыжьыз рацәоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иегова иҿы аҵара аҵареи иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәареи еиӷьысшьо ак ыҟам!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ҳара зныкымкәа Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҳнырит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 декабр ад. 3—7

АБИОГРАФИА

Зегьы рзы зегьы сҽырхьысыгӡоит

Еиҭеиҳәеит Дентон Ҳопкинсон

«Аӡы быҽӡаабхыр, бкасыжьуеит!» — саб сан илеиҳәеит. Уи 1941 шықәсазы акәын. Аха иара сан лыршәара илымшеит, лара уеизгьы Анцәа Иегова лыҽшизылкыз аалырԥшырц азы аӡы лыҽӡаалхит. Саб ииҳәаз наигӡеит, ҳааныжьны дцеит. Сара аашықәса ракәын исхыҵуаз.

АРИ зегь ҟалаанӡа Анцәа Иажәа иану аҵабырг сара даара исгәаԥхеит. Сан иаалгоз Абиблиа шьаҭас измаз апубликациақәа даара исгәаԥхон, еиҳарак асахьақәа. Сара саб сан еилылкаауаз сзеиҭаҳәара азин лиҭомызт. Аха сара сааҟәымҵӡакәа азҵаарақәа лысҭон, лара саб аҩны даныҟамыз Абиблиа слырҵон. Убас саргьы сыԥсҭазаара Иегова изыскырц сыӡбеит. Аӡы сыҽӡаасхит Блекпул (Англиа) 1943 шықәсазы, усҟан сара 10 шықәса схыҵуан.

ИЕГОВА ИМАҴ АУРА САЛАГОИТ

Уи нахыс сани сареи иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь аҳәара ҳалагеит. Ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәаразы апатефонқәа ҳхы иаҳархәон. Урҭ дуун, ԥшь-кьылак инареиҳаны иҟан. Шәхаҿы иаажәг, сара, аҷкәын хәыҷы, убри рҳәазо ишызгоз!

14 шықәса санырҭаз, пионерс амаҵ аура сҭаххеит. Сан раԥхьа аишьцәа рмаҵзуҩы (усҟан араионтә хылаԥшҩы убас ихьӡын) сиацәажәарц салҳәеит. Уи пионерс амаҵ анызуло схы аныҟәгара исыцхраауа занааҭк соурц сабжьеигеит. Убас иагьыҟасҵеит. Ҩышықәса аус анызу ашьҭахь, даҽа раионтә хылаԥшҩык сыгәҭакы изеиҭасҳәеит. Иара ҭакс исеиҳәеит: «Уеиха!»

Абас, апрель, 1949 шықәсазы сани сареи ҳаҩнымаҭәа ҳшеит, насгьы иаҳҭиит, анаҩс Манчестер азааигәара иҟаз Мидлтонҟа ҳаиасит, уа пионерс амаҵ аура ҳалагеит. Ԥшьымз рышьҭахь апионертә маҵзураҿы аҩыза дсыԥшааит. Афилиал аҟынтә иҳарҳәеит ааигәа аизара ахьеиҿкаахаз Ирламҟа ҳаиасырц. Сан лҩызеи лареи даҽа еизарак аҿы пионерс амаҵ руан.

Сара 17 шықәса шысхыҵуазгьы, сҩызеи сареи аизарақәа рымҩаԥгара ҳадырҵеит, избанзар ҳаизара ҿыц аҿы аԥышәа змаз аишьцәа азхомызт. Ԥыҭрак ашьҭахь ақалақь Бакстон иҟаз аизарахь сиасырц сарҳәеит. Уа ажәабжьҳәаҩцәа даара имаҷҩын аҟынтә, ацхыраара аҭахын. Уи зегьы аԥхьаҟа иҟалоз аԥсахрақәа ибзианы сазыҟарҵеит.

Рочестер (аштат Ниу-Иорк) ауаа ажәахә ахь ааԥхьара раҳҭоит, 1953 шықәса

1951 шықәсазы Ахьчаратә Бааш абиблиатә школ Галаад аҟны аҵара сахысырц азы арзаҳал хасырҭәааит. Аха декабрь, 1952 шықәсазы арра исыԥхьеит. Сара аԥшьамаҵзуҩы иеиԥш арратә маҵзура аҟынтәи схы сақәиҭыртәырц сҽазысшәон, аха аусӡбарҭаҿы уи мап ацәыркит, насгьы фымз ҳәа абахҭа сҭаркит. Абахҭа санҭакыз Галаад ашкол 22-тәи акласс ахь ааԥхьара сзааит. Ииуль, 1953 шықәсазы аӷба «Џьорџьик» сақәтәаны Ниу-Иоркҟа сдәықәлеит.

Уахь саннеи аконгресс «Общество нового мира» саҭааит. Анаҩс ашкол мҩаԥысраны иахьыҟаз Саут-Лансингҟа (аштат Ниу-Иорк) дәыӷбала сдәықәлеит. Уи нахыс автобусла сцар акәын. Абахҭа ааигәоуп санҭыҵыз аҟынтә, аԥара сымамызт уҳәар алшоит, убри аҟынтә сымҩақьыра сшәарц азы автобус исыцҭатәаз 25 цент имсыԥсахыр акәхеит.

АҲӘААНЫРЦӘ АМАҴ АУРА САЛАГОИТ

Галаад ашкол аҟны иҳауз зеиԥшыҟам аҵара ҳара, астудентцәа, амиссионертә маҵзураҿы зегьы рзы зегьы рҽырхьыгӡара иҳацхрааит (1 Кор. 9:22). Ҳара ҳҟынтә хҩык, Пауль Брууни, Реимонд Личи сареи Афилиппинқәа рахь ҳрышьҭит. Авизақәа ҳзыҟарҵаанӡа мызқәак рыҩныҵҟа ҳаԥшын, анаҩс аӷба ҳақәтәаны Роттердамҟа (Нидерландқәа) ҳцеит. Уи ашьҭахь Адгьылбжьаратәи Амшын, Суецтәи аӡымҩахга, Индиатәи Аокеан ҳархысны Малаизиаҟа ҳцеит, анаҩс Гонконгҟа. Ҳара ҳныҟәара 47 мшы агеит. Убас, ноиабр 19, 1954 шықәсазы Афилиппинқәа раҳҭнықалақь Манила ҳнеит.

Амиссионертә маҵзураҿы исыцыз сҩыза Реимонд Личи сареи. Афилиппинқәа рҟынӡа ҳамҩа 47 мшы агеит

Ҳара иҿыцу акультура, иҿыцу атәыла, иҿыцу абызшәа ҳашьцылар акәын. Аха раԥхьа Кесон-Сити иҟаз аизараҿы амаҵ аура ҳрышьҭит, уа инхоз аӡәырҩы англыз бызшәала ицәажәон. Убри аҟынтә раԥхьатәи шықәсыбжак аҩныҵҟа тагал бызшәала жәақәак роуп иаҳҵаз. Аха анаҩстәи адҵа анҳарҭа зегь аҽаԥсахит.

Зны, 1955 шықәса маи мзазы Реимонд Личи сареи амаҵзура аҟынтәи аҩныҟа ҳаныхынҳә, ҩ-саламшәҟәык ҳбеит. Уа ианын раионтә хылаԥшыҩцәас амаҵ аура шҳадырҵаз. Сара 22 шықәса ракәын исхыҵуаз, аха ари амаҵзура ахкы абзоурала зегьы рзы зегьы рҽырхьыгӡаразы алшара соуит.

Бикольтә бызшәала имҩаԥысуаз араионтә конгресс аҿы ажәахә сыманы сықәгылоит

Араионтә хылаԥшҩы иеиԥш раԥхьатәи ажәахә сҳәеит адәахьы, ақыҭаҿы иҟаз адәқьан аҿаԥхьа. Иаарласны еилыскааит Афилиппинқәа рҿы ус ишаԥыз. Усҟан иаарту ажәахәқәа ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ирҳәон. Сраион аҿы аизарақәа санырҭаауаз ажәахәқәа сыманы сықәгылон абарҵақәа, аџьармыкьақәа, аҳәынҭқарратә хыбрақәа, амҵәышәымпыл иахьасуа аҭыԥқәа, апаркқәа, насгьы амҩадуқәа ркәакьқәа рҿы. Зны Сан-Пабло ақалақь аџьармыкьаҿы ажәахә сыманы сықәгылар акәын, аха ақәаршҩы аура иалагеит, убри аҟынтә аҭакԥхықәра здыз аишьцәа ирасҳәеит Аҳратә зал аҿы аизара мҩаԥаҳгарц. Уи ашьҭахь аишьцәа сазҵааит аҳасабрбаҿы ари аизара иаарту аиԥылара еиԥш иадырбар рылшома ҳәа. Дара азҵаара рызцәырҵит, избанзар уи ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥ аҿы акәӡам иахьымҩаԥысыз.

Аизарақәа санырҭаауаз, сара еснагь аишьцәа рҿы саангылон. Дара амал ду рымамызт, аха рыҩнқәа еснагь ицқьан. Лассы-лассы сахьыцәоз амҿтәы дашьма иқәыршәыз иԥаны иҟаз ауарҳал аҿы акәын. Уҽуӡәӡәар ахьулшоз ауаа зегьы уахьырбоз адәаҿы акәын, уи сашьцылар акәхеит. Аизарақәа рахь аҭыԥантәи амикроавтобусқәеи (џьипни) автобусқәеи рыла сцон, егьырҭ адгьылбжьахақәа рахь снеирц азы анышь сақәтәон. Сара амашьына ахаангьы исымамызт.

Ажәабжь анысҳәоз, насгьы аизарақәа санырҭаауаз тагал бызшәала ацәажәашьа сҵон. Сара абызшәаҵаратә урокқәа сырхымсӡеит. Аишьцәа амаҵзураҿы, насгьы аизараҿы ианцәажәоз сахьырзыӡырҩуаз абызшәа аҵара исыцхрааит. Аишьцәа даара ирҭахын ацхыраара сыҭара, урҭ ачҳара ахьаадырԥшуаз, иара убас ариашара анысҭахыз сахьдыриашоз азы иҭабуп ҳәа расҳәоит.

Адҵа ҿыцқәа сырҭацыԥхьаӡа исҵашаз рацәан. 1956 шықәсазы Афилиппинқәа рҿы атәыла зегь аҿы инхоз ажәабжьҳәаҩцәа рзы аконгресс мҩаԥысыр акәын. Уи даҭаар акәын Неитан Норр. Сара ажурналистцәа рацәажәара сыдырҵеит. Уаанӡа уи аҩыза аус ахаангьы иҟасымҵацызт, аха аишьцәа гәахәарыла исыцхраауан. Шықәсыкгьы мҵӡацызт убри еиԥшыз аконгресс ду анеиҿыркаа. Уи даҭааит ихадоу аусбарҭа аҟынтә аиашьа Фредерик Френц. Усҟан сара аконгресс ахылаԥшҩыс сыҟан. Даара иџьасшьеит аиашьа Френц аҭыԥантәи акультура аҽақәыршәара дахьазхиаз. Аишьцәа аиашьа Френц баронг-тагалог — афилиппинцәа рмилаҭ маҭәа — ишәҵаны асценаҿы данырба, даара ргәы иахәеит.

Аобласттә хылаԥшҩыс саныҟарҵа, еиҳаны аԥсахрақәа ҟасҵар акәхеит. Усҟантәи ашықәсқәа раан ҳара афильм «Счастье общества нового мира» ауаа идҳарбон, еиҳарак ауаа рацәа ахьеизоз адәқәа рҿы. Зны-зынла амц-чымҵқәа ҭаха ҳарҭомызт. Дара апроектор иашьҭуаз алашара анырбоз, уахь иԥыруан, нас уа ицәыҵахон. Уи срыцқьарц азы имаҷымкәа аџьабаа збар акәын. Зегь аиҿкаара ус имариамызт, аха шаҟа игәахәара дуузи ауаа жәларбжьаратәи Иегова иорганизациа аилкаара шырҭаху абара.

Акатоликтә уахәама аԥшьаҩцәа аҭыԥантәи аиҳабырақәа анырра ӷәӷәа рырҭон, уи иахҟьаны зны-зынла аконгресс амҩаԥгара азин ҳарҭомызт. Аконгресс ауахәама азааигәара ианымҩаԥысуаз, ажәахә змаз аиашьа асценахь дааицыԥхьаӡа, аԥшьаҩцәа асаркьал абжьы дыргон. Аха уеизгьы, ҳара ауаа аҵабырг дырҵара ҳаҟәыҵуамызт, иахьа Афилиппинқәа рҿы Иегова имаҵзуҩцәа рацәоуп.

АԤСАХРА ҾЫЦҚӘА ААЗГО АДҴА ҾЫЦҚӘА

1959 шықәсазы асаламшәҟәы соуит. Уи уажәшьҭа афилиал аҿы амаҵ шызуло атәы аҳәон. Еиҭа иҿыцу ак сҵар акәын. Ԥыҭрак ашьҭахь азоналтә хылаԥшҩы иаҳасабала егьырҭ атәылақәа сырҭааларц исыҳәеит. Убас зны Таиланд миссионерс амаҵ зуаз Џьанеҭ Диумонд слабадырит. Аамҭақәак рыҩныҵҟа лареи сареи асаламшәҟәқәа еимаҳдон, анаҩс ҳаибагеит. Ҳара 51 шықәса Анцәа имаҵ еицаҳуеит.

Џьанеҭи сареи зхыԥхьаӡара рацәоу Афилиппинқәа рыдгьылбжьахақәа руак аҿы

Иааизакны 33 тәыла сырҭааит, уа Иегова имаҵзуҩцәа ргәы шьҭысхуан. Даара сеигәырӷьоит сқәыԥшра аамҭазы исырҳаз хәы змам аԥышәа, избанзар уи еиуеиԥшым ауаа рацәажәашьа снарҵеит. Уажәшьҭа еилыскааз рацәоуп. Сара избеит Иегова еилых-еилаҵа ҟамҵакәа, иарбан милаҭзаалак шидикыло (Аус. 10:34, 35).

Иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь аҳәара ҳҽазаҳшәоит

АНАҨСТӘИ АԤСАХРАҚӘА СРЫЗХИОУП

Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит Афилиппинқәа рҿы ҳашьцәа Анцәа имаҵ рыцура! Иахьа ари атәылаҿы ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара арахь санааз аасҭа жәантә еиҳауп. Џьанеҭи сареи уажәгьы Кесон-Сити иҟоу афилиппинтәи афилиал аҿы амаҵ ҳуеит. Аҳәаанырцә амаҵ зуеижьҭеи 60 шықәса инареиҳаны иҵуеит, аха сара анаҩсгьы Иегова игәаԥхара инақәыршәаны сҽысыԥсахлар ауп. Аорганизациаҿы ааигәа иҟалаз аԥсахрақәа иаадырԥшуеит Анцәеи ҳашьцәеи рымаҵ анаҳуа, аҽынраалара ааҳарԥшлар шакәу.

Иегова ишаҳаҭцәа рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа ҳаигәырӷьоит

Ҳара еснагь Анцәа игәаԥхара аилкаареи уи инақәыршәаны анхареи ҳҽазаҳшәон. Уи еиӷьу ыҟам! Иара убас ҳара ҳазхиан ҳашьцәа рыцхрааразы ҳаԥсҭазаараҿы ак аԥсахра. Ааи, Анцәа игәаԥхара иақәшәонаҵы, ҳара зегьы рзы зегьы ҳҽырхьаҳагӡалоит.

Ҳара уажәгьы Кесон-Сити иҟоу афилиал аҿы амаҵ ҳуеит

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра