Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 декабр ад. 26—29
  • Сара еснагь аҵара сҵоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Сара еснагь аҵара сҵоит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲҬААЦӘА АҴАБЫРГ ШЕИЛЫРКААЗ
  • ИЕГОВА АКОНГРЕССҚӘА РҾЫ АҴАРА СИРҴОИТ
  • ПИОНЕРС АМАҴ АУРА САЛАГОИТ
  • АНАҨСГЬЫ АҴАРА СҴОИТ — УАЖӘШЬҬА ВЕФИЛЬ АҾЫ
  • СЫԤШӘМА ЛҾЫ АҴАРА СҴОИТ
  • Иегова смаҵзура дазылԥхеит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 декабр ад. 26—29
Џьоел Адамс.

АБИОГРАФИА

Сара еснагь аҵара сҵоит

ЕИҬЕИҲӘЕИТ ЏЬОЕЛ АДАМС

СЫԤСҬАЗААРАҾЫ Иегова еснагь Сымҩақәҵаҩ ду иакәын, уи азы ҭабуп ҳәа иасҳәоит (Ис. 30:20). Иегова имаҵзуҩцәа аҵара дирҵаларц азы Абиблиеи, ашамҭақәеи, иорганизациеи ихы иаирхәоит. Иара убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла дҳацхраауеит. Сара 100 шықәса схыҵырц егь сыгым, аха иахьа уажәгьы Иегова иҿы аҵара сҵоит. Уажәы зегьы акакала ишәзеиҭасҳәоит.

Ҳҭаацәара. 1948-тәи ашықәс

Сара сиит 1927 шықәсазы Чикаго (аштат Иллино́ис, Еиду Аштатқәа) иацәыхарамкәа иҟоу қалақь хәыҷык аҿы. Сани саби хәҩык ахәыҷқәа рыман: Џье́та, Дон, сара, Карл, насгьы Џьои. Ҳара зегьы гәыкала Иегова имаҵ ҳаулар ҳҭахын. 1943 шықәсазы Џьета Галаад ашкол 2-тәи акласс далгеит. Дони, Карли, Џьоии бруклинтәи Вефиль аҟны амаҵ аура иалагеит. Дон уахь даарыԥхьеит 1944 шықәсазы, Карл — 1947 шықәсазы, Џьои — 1951 шықәсазы. Сашьцәеи саҳәшьцәеи, иара убас сани саби рҿырԥш бзиа даара исыцхрааит.

ҲҬААЦӘА АҴАБЫРГ ШЕИЛЫРКААЗ

Сани саби Абиблиа аԥхьара ргәаԥхон. Дара Анцәа бзиа дырбон, ҳаргьы Анцәа иахь абзиабара ҳаларааӡон. Актәи адунеизегьтәи аибашьраан саб Европа деибашьуан, убасҟан ауахәамақәа рыгәра агара даҟәыҵит. Саб деибганы аҩныҟа даныхынҳә, сан уи деигәырӷьан, абас иалҳәеит: «Карл, уааи, уаанӡа ишыҟаҳҵалоз еиԥш, ауахәамахь ҳцап». Иара ус леиҳәеит: «Уанӡа бнаскьазгоит, аха уахь сыҩналаӡом». — «Избан?» — дҵааит сан. Саб ус леиҳәеит: «Аибашьраан аԥшьаҩцәа динхаҵарак шныҟәыргозгьы, дасу реибашьцәа ныҳәаны аибашьрахь ирышьҭуан. Нас, зганаҿы дыҟадаз Анцәа?»

Ҽнак зны ҳан ауахәамахь даныҟаз Иегова ишаҳаҭцәа ҳаҩныҟа иааит. Дара ҳаб «Алашара» захьӡыз ҩ-томк рыла ишьақәгылаз Абиблиа зларҵоз ашәҟәқәа идыргалеит. Уаҟа абиблиатә шәҟәы Аатра еилырган. Ҳаб урҭ ашәҟәқәа игәаԥхан, игеит. Ҳан дхынҳәны аҩныҟа данааи, иаразнак урҭ ашәҟәқәа рыԥхьара далагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь лара агазеҭ аҿы урҭ ашәҟәқәа рыла Абиблиа аҵара зҭаху зегьы рзы ааԥхьара шаныз лбеит. Лара уахь дцарц лыӡбеит. Агазеҭ ианыз аҭыӡҭыԥ ахь днеины ашә данас, ԥҳәыс быргк иаалыртит. Сан ашәҟәы ллырбан, ус дҵааит: «Ароума ари ашәҟәы ахьырҵо?» Аԥҳәыс ус лҳәеит: «Аиеи, нан, бааи арахь». Ҳан уахь даҽазны данцоз, ахәыҷқәа зегь ҳлыманы дцеит. Убас ҳара есымчыбжьа аизарақәа рахь аныҟәара ҳалагеит.

Ҽнак аизара мҩаԥызгоз аиашьа Аԥсалом 144:15 саԥхьарц сеиҳәеит. Уа иануп Иегова имаҵ зуа зегьы насыԥ шрымоу. Ари ажәеинраала даараӡа сгәаҵанӡа инеит. Иара убас даҽа ҩ-жәеинраалак сгәаԥхеит: Иегова — «насыԥ змоу Анцәа» шиакәу ахьаҳәо 1 Тимофеи 1:11, насгьы «Анцәа шәиҿыԥшла» ҳәа ҳгәазҭазҵо Ефесаа 5:1. Сара еилыскааит Ҳазшаз изы иҟасҵо зегьы сгәырӷьаҵәа иҟасҵалар шсыхәҭоу, насгьы уи аҩыза алшара ахьсымоу азы ҭабуп ҳәа иасҳәалар шакәу. Уинахыс убас анхара сҽазысшәоит.

Зегь раасҭа иаҳзааигәаз аизара Чикаго иҟан, уанӡа 32 километра бжьан. Аха уеизгьы ҳара еиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа ҳарҭаауан, насгьы сара еиҳа-еиҳа еиӷьны Абиблиа иану еилыскаауан. Исгәалашәоит ҽнак Џьета аҭак аныҟалҵоз, сара абас схәыцит: «Сара уи сымдыруеи. Саргьы снапы шьҭыхны аҭак ҟасҵар амуази». Убри инаркны сара аизарақәа рҽырзыҟаҵареи аҭакқәа рыҟаҵареи салагеит. Аха еиҳагьы ихадаз, сашьцәеи саҳәшьцәеи реиԥш, саргьы доуҳала сеизҳауан. 1941 шықәсазы аӡы сыҽӡаасхит.

ИЕГОВА АКОНГРЕССҚӘА РҾЫ АҴАРА СИРҴОИТ

Еиҳарак сгәаҿы иаанхеит 1942 шықәсазы Кли́вленд (аштат Ога́ио) имҩаԥысыз аконгресс. Еиду Аштатқәа 50 қалақь инареиҳаны рҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи апрограмма аҭел ала иазыӡырҩуан. Аконгресс ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ иацәыхарамкәа аишьцәа апалаткақәа дыргылеит, ҳаргьы ҭаацәаныла уа ҳанхон. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра цон, Иегова ишаҳаҭцәа ирышьҭашәарыцон. Хәылбыҽхак зны избеит аишьцәа рмашьынақәа алагерь аҿаԥхьа ишдыргылоз, афарақәа аҿоукыр иааиуа ақәылаҩ дубартә еиԥш. Дара еибырҳәеит машьынацыԥхьаӡа аӡәаӡәа шҷаԥшьало, шәарҭарак ҟалар, афарақәа аҿакны асигнал шыҟарҵало. Уи ақәылаҩцәа рылақәа хнакуан, насгьы егьырҭ аишьцәа ацхырааразы иааиртә аамҭа роуан. Сара ус схәыцит: «Иегова имаҵзуҩцәа еиҿкаауп, дара зықәшәалакгьы, иҟарҵо рдыруеит». Убри аҟынтә сгәы рҭынчны сыцәан. Уи аконгресс аӡәгьы даԥырхагамхаӡакәа имҩаԥысит.

Ашықәсқәа рышьҭахь уи аконгресс саназхәыцуаз, сан шаҟа лгәы ҭынчыз сгәалашәон. Уанлыхәаԥшуаз, гәҭынчымрак лымоуп, акы дацәшәоит ҳәа узҳәомызт. Лара Иеговеи иорганизациеи рыгәра лгон. Сан лҿырԥшы ахаан исхашҭӡом.

Уи аконгресс ҟалаанӡа маҷк шагыз ҳан апионертә маҵзура далагеит. Убри аҟынтә апионертә маҵзура иазкыз ажәахәқәа еиҳа зҿлымҳарала дырзыӡырҩуан. Аконгресс ашьҭахь аҩныҟа ҳхынҳәны ҳанцоз, ҳан ус ҳалҳәеит: «Сара анаҩсгьы пионерс амаҵ зуларц сҭахуп, аха аҩнгьы зегь еиҿкаазарц сҭахуп. Сымацара зегьы срыхьӡаӡом». Убри аҟынтә ҳан шәсыцхраалар шәылшома ҳәа дҳазҵааит. Ҳара ҳбыцхраалоит ҳәа лаҳҳәеит, убри аҟынтә лара ашьжьымҭан акраҳфаанӡа дасу уадак-ҩ-уадак еилҳаргаларц ҳадылҵеит. Ашколахь ҳанцалак ашьҭахь ҳан аҩны еилыргоу-еилыргаму гәаҭаны ажәабжьҳәара дцон. Лара лусқәа рацәан, аха ҳаргьы дҳахьӡон. Шыбжьон акраҳфарц азы, насгьы аурокқәа рышьҭахь аҩныҟа ҳанаауаз, еснагь аҩны дыҟан. Зны-зынла ашкол ашьҭахь ажәабжьҳәара ҳлыццон. Уи ҳацхрааит апионертә маҵзура закәу аилкаара.

ПИОНЕРС АМАҴ АУРА САЛАГОИТ

16 шықәса анысхыҵуаз пионерс амаҵ аура салагеит. Усҟан саб Иегова ишаҳаҭ иакәӡамызт, аха ажәабжьҳәараҿы сусқәа шцо дсазҵаауан. Хәылбыҽхак зны иасҳәеит абриаҟара шыҟасҵогьы, Абиблиа аҵара зҭаху ҳәа аӡәгьы дшысзымԥшаац. Нас сааҭгылан, ус сиазҵааит: «Уара иуҭахызар?» Саб даахәыцын, ус иҳәеит: «Иара уаргьы уиашоуп. Изысҭахыми?» Абасала, раԥхьаӡа Абиблиа зсырҵоз саб иакәын. Уи сара сзы гәырӷьара дуун!

Ҳара ашәҟәы «Аҵабырг шәеиқәнархоит» ала Абиблиа аҵара мҩаԥаҳгон. Саб ицхыраарала Абиблиа еиҳа еиӷьны аҭҵаара салагеит, сырҵаҩратә ҟазарагьы еиҳа-еиҳа еиӷьхон. Иаҳҳәап, хәылбыҽхак зны абзац ҳанаԥхьа ашьҭахь, саб ус иҳәеит: «Ашәҟәы иану збоит, аха иабантәиудыруеи ара иану шиашоу?» Уи азҵаара аҭак аҟаҵара сазхиаӡамызт, убри аҟынтә ус иасҳәеит: «Уажәы иуасҳәаша сыздырам, аха иааиуа абиблиатә ҵараан ашьақәырӷәӷәарақәа узаазгоит». Сажәа насыгӡеит. Абзац аҿы иаагаз азхәыцрақәа шьақәзырӷәӷәоз ажәеинраалақәа ԥшааны, саб исырбеит. Уи ахҭыс аматериал ибзианы аҭҵаашьеи Абиблиа аҵара ибзианы аҽазыҟаҵашьеи снарҵеит. Уи сабгьы саргьы доуҳала аизҳара иҳацхрааит. Иара еиликаауаз ихы иаирхәон, 1952 шықәсазы аӡы иҽӡааихит.

АНАҨСГЬЫ АҴАРА СҴОИТ — УАЖӘШЬҬА ВЕФИЛЬ АҾЫ

Сара 17 шықәса анысхыҵуаз, хазы нхара сцеит. Џьетаa миссионерс амаҵ луан, Дон — Вефиль аҿы. Рҩыџьагьы рмаҵзура ргәаԥхон. Рҿырԥшы сгәаҵанӡа инеит, убри аҟынтә Вефиль ахь, насгьы Галаад ашкол ахь арзаҳал аласҵеит. Анаҩс Иегова сизыԥшын. Ииӡбазеи иара? 1946 шықәсазы Вефиль ахь ааԥхьара сырҭеит.

Вефиль аҿы амаҵ зуеижьҭеи еиуеиԥшым адҵақәа насыгӡон. Урҭ исдырҵаз рацәоуп. 75 шықәса ҵуеит Вефиль аҿы амаҵ зуеижьҭеи. Уа сара атипографиаҿы, абухгалтериаҿы, иара убас Вефиль иагу-иабзоу иахылаԥшуа аҟәшаҿы амаҵ зухьеит. Аха зегь раасҭа зыхә ҳаракны исшьо ашьыжьтәи амҵахырхәареи еиуеиԥшым ажәахәқәеи роуп.

Аизара ахылаԥшыҩцәа рзы иҟоу ашкол мҩаԥызгоит

1947 шықәсазы Вефиль амаҵ аура иалагаз сашьа еиҵбы Карл иҿысҵааз рацәоуп. Иара дырҵаҩ бзиан, иара убас Абиблиа ибзианы иҭиҵаауан. Ҽнак зны ажәахә еиқәсыршәар акәын, дсыцхраарц азгьы сиҳәеит. Карл иасҳәеит сажәахә еиқәсыршәарц азы ирацәаны аинформациа шысыԥшааз, аха иалысхра шысзымдыруа. Убасҟан иара дсазҵааит: «Џьоел, иарбан темоу уажәахә иамоу?» Убасҟан сара зегь еилыскааит! Сажәахә еиқәсыршәарц азы атема иаҵанакуаз аинформациа акәын иааныжьтәыз, егьырҭ зегьы аҭахӡамызт. Ари ихадоу аурок ахаан исхашҭӡомызт.

Вефиль аҿы амаҵ анууа, агәырӷьара умазарц азы гәацԥыҳәарала ажәабжь уҳәалароуп. Убасҟан аинтерес зҵоу ахҭысқәа урмықәшәар ауӡом. Абар хәылбыҽхак азы Ньиу-Иорк иаҵанакуа аҳабла Бронкс саныҟаз сзықәшәаз ахҭыс. Иашьаки сареи уаанӡа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Пробудитесь!» згахьаз ԥҳәыск лахь ҳцеит. Ҳара илаҳҳәеит: «Абиблиаҿы шәзыргәырӷьо ак шәҳарбар ҳҭахуп». Лара илҳәеит: «Абиблиа аӡбахә шәалацәажәарц азы шәаазар, арахь шәыҩнал». Ҳара Анцәа Иаҳреи адунеи ҿыци ирызку жәеинраалақәак ҳалзаԥхьеит, насгьы урҭ рҵакы леилҳаркааит. Ҳаицәажәара даараӡа илгәаԥхеит. Иааиуаз амчыбжь азы ҳаннеи, лхала дыҟаӡамызт, лҩызцәагьы аалгеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи аԥҳәыс лыԥшәмеи лареи Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалеит.

СЫԤШӘМА ЛҾЫ АҴАРА СҴОИТ

Сыԥшәмеи сареи ҳаибадыраанӡа аҭаацәара салалар сҭахижьҭеи 10 шықәсаҟа ҵуан. Исыцхрааи иснаало аиаҳәшьа лыԥшаара? Сара Иегова сиҳәон, насгьы аҭаацәара саналалак ашьҭахь сыԥшәмеи сареи ҳаԥсҭазаара зеиԥшрахар сҭаху сазхәыцуан.

Мерии сареи араионтә маҵзураҿы

1953 шықәсазы Ньиу-Иорк астадион «Ианки» имҩаԥысыз аконгресс ашьҭахь Мери Аньиол зыхьӡыз аиаҳәшьа слабадырит. Џьетеи лареи Галаад ашкол 2-тәи акласс аҿы аҵара еицырҵон, нас амиссионерцәа раҳасабала амаҵ еицыруан. Мери илгәарԥханы исзеиҭалҳәон Карибтәи адгьылбжьахақәа рҿы ажәабжь шылҳәоз, насгьы урҭ ашықәсқәа рзы ауаа Абиблиа шыдлырҵоз. Шаҟа ҳаицәажәоз аҟара, убриаҟара еилаҳкаауан ҳдоуҳатә хықәкқәа шеиқәшәоз. Ҳабзиабара еизҳауан, нас 1955 шықәса, апрель мзазы ҳаибагеит. Сара зныкымкәа избахьан Иегова Мери ҳамҭас дышсиҭаз. Лара еиуеиԥшым аганқәа рҿы аҿырԥш бзиа слырбон. Илыдырҵоз адҵақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ дгәырӷьаҵәа иналыгӡон. Мери лхы дамеигӡаӡакәа аџьабаа лбон, насгьы гәыкала егьырҭ дреиҷаҳауан. Лыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра еснагь раԥхьатәи аҭыԥ аҿы игылан (Матф. 6:33). Ҳара хышықәса араионтә маҵзура наҳагӡон, нас, 1958 шықәсазы, Вефиль ахь ҳаарыԥхьеит.

Џьоели Мерии Адамс.

Сара Мери илҿысҵааз рацәоуп. Иаҳҳәап, аҭаацәара ҳаналала, иаразнак иҳаӡбеит Абиблиа аҟынтә 15-ҟа жәеинраала ҳаицаԥхьаларц. Ҳуаӡәк идумыз цыԥҵәахак даԥхьон. Дасу иаҳгәаԥхаз, насгьы еилаҳкааз ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәар шҳалшо еиҭаҳҳәон. Мери лассы-лассы Галаад ашкол аҿы даныҟази миссионерс амаҵ анылуази илҵаз еиҭалҳәон. Лара еиҭалҳәоз ажәахәқәа сҽанырзыҟасҵози, аиҳәшьцәа рыцхраареи ргәы ашьҭыхреи исыцхраауан (Ажәам. 25:11).

2013 шықәсазы бзиа избоз Мери лыԥсҭазаара далҵит. Сара уи даара дыгәхьаазгоит, адунеи ҿыц аҿы иҵегьы ҳанеибабо аамҭагьы сазыԥшуп. Уажәазы, уаанӡа еиԥш Иегова иҿы аҵара сҵоит, насгьы иара сиқәгәыӷуеит (Ажәам. 3:5, 6). Иегова имаҵзуҩцәа адунеи ҿыц аҿы ирызирхиаз саназхәыцуа, агәҭынчреи агәырӷьареи соуеит. Усҟан Ҳамҩақәҵаҩ дуи ишамҭақәеи ирызкны еиҳаны еилаҳкаауеит. Иегова исирҵаз ази агәыҭбаара аарԥшны сара сахь иааирԥшуа ақьиарази ҭабуп ҳәа иасҳәарц азы ажәақәа сызхом.

a Џьета Сунал лбиографиа шәаԥхьар шәылшоит март 1, 2003 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҿы, адаҟьақәа 23—29.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра