Атәым бызшәала иҟоу аизараҿы амаҵ аныжәуа, доуҳала шәыӷәӷәаны шәаанхала
«Сгәаҿы исҵәахит Уара уажәа» (АԤСАЛ. 118:11 [119:11, АДҾ]).
1—3. а) Иарбан усу ҳара зегь раԥхьаӡа иҳаргылалар ҳахәҭоу? б) Иарбан уадаҩрақәоу атәым бызшәа зҵо ауаа зықәшәо, насгьы иарбан зҵаарақәоу уи инадҳәаланы ицәырҵуа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ЗЫҚЬҨЫЛА Иегова ишаҳаҭцәа «абшьҭрақәас, хылҵшьҭрақәас, бызшәақәас, жәларқәас иҟоу зегьы» ажәабжь бзиа шрылаҳәахо иазку аԥааимбаражәа анагӡараҿы гәацԥыҳәарала рхы аладырхәуеит (Аат. 14:6). Иҟалап шәара атәым бызшәа аҵара шәҽазышәкзар, миссионерс амаҵ жәуазар, ма ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо даҽа тәылак ахь шәиасызар. Мамзаргьы шәтәылаҿы атәым бызшәала иҟоу аизара шәаҭаауазар алшоит.
2 Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы рҭаацәеи дареи рдоуҳатә гәабзиара зегь раԥхьаӡа идыргылозар ауп (Матф. 5:3). Аха зны-зынла аамҭа маҷны иахьҳамоу иахҟьаны, ҳара иаҳцәыцәгьоуп ҳхатә ҭҵаара ахәарҭа ҳзаанагартә еиԥш амҩаԥгара. Аха атәым бызшәала иҟоу аизара, ма агәыԥ аҿы амаҵ зуа ирымоуп егьырҭ ауадаҩрақәагьы.
3 Ус еиԥш иҟоу ақьырсианцәа атәым бызшәа аҵара адагьы, еснагь ргәы иҵаулоу адоуҳатә ҵабыргла идырҭәлароуп (1 Кор. 2:10). Аха ишԥаҟаҵатәу уи, макьана абызшәа ибзианы ирзымдыруазар? Насгьы избан иқьырсиану аҭаацәа рхәыҷқәа Анцәа Иажәа ргәаҵанӡа ишнеиуа агәра ганы иҟазар зрыхәҭоу?
ҲДОУҲАТӘ ГӘАБЗИАРА АШӘАРҬАРА ИҬАЗЫРГЫЛО
4. Избан доуҳала ҳаԥсыҽхар залшо? Иаажәга аҿырԥштәы.
4 Атәым бызшәала Анцәа Иажәа ибзианы иаҳзеилымкаауазар, доуҳала ҳаԥсыҽхар ҳалшоит. V ашәышықәсазы ҳ. ҟ. инхоз Неемиа даара игәы инархьит вавилонтәи атҟәара аҟынтәи ихынҳәыз аиудеиаа шьоукы рхәыҷқәа ауриа бызшәала ишымцәажәоз аниаҳа. (Уаԥхьа Неемиа [Неемия] 13:23, 24.) Урҭ ахәыҷқәа Анцәа ижәлар ишрыҵанакуаз аилкаара рылшомызт, избанзар Анцәа Иажәа иану ибзианы ирзеилкаауамызт (Неем. [Неем.] 8:2, 8).
5, 6. Иарбан уадаҩроу атәым бызшәала иҟоу аизараҿы амаҵ зуа аҭаацәа шьоукы иазгәарҭо, насгьы мзызс иамоузеи уи?
5 Атәым бызшәала иҟоу аизараҿы амаҵ зуа аҭаацәа шьоукы иазгәарҭоит рхәыҷқәа аҵабырг ахь аинтерес шырцәыӡуа. Ахәыҷқәа Аҳратә зал аҿы ираҳауа ишахәҭоу ирзеилкаауам аҟынтә, адоуҳатә ҵабыргқәа ргәаҵанӡа инеиуам. Аиашьа Педро1 иҭаацәеи иареи Аладатәи Американтәи Австралиаҟа ииасит. Абар иара ииҳәо: «Адоуҳатә темақәа уанрылацәажәо, уи ахәыҷқәа ремоциақәа ирнырлар, насгьы ргәаҵанӡа инеилар ауп» (Лука 24:32).
6 Атәым бызшәала акы ҳанаԥхьо, ҳхатә бызшәала ҳанаԥхьо еиԥш ҳгәаҵанӡа инеиуам. Уи инеиҳангьы, даҽа бызшәак ала аицәажәара анаҳцәыцәгьо, емоциалеи доуҳалеи даара ҳааԥсар алшоит. Убри азоуп атәым бызшәала иҟоу аизарахь ииасыз рдоуҳатә гәабзиара дырӷәӷәалар зрыхәҭоу. Убри аамҭазы дара амаҵзураҿгьы агәацԥыҳәара дмырӡлар ауп (Матф. 4:4).
ДАРА ДОУҲАЛА ИӶӘӶӘАНЫ ААНХАРА РЫЛШЕИТ
7. Ишԥаидырцалоз вавилонаа Даниил урҭ рҵасқәеи рдинқәеи?
7 Даниил иҩызцәеи иареи Вавилонҟа итҟәаны ианырга ашьҭахь, дара «халдеиаа рбызшәа» ддырҵон, урҭ рҵасқәеи рдинқәеи рыдырцаларц азы. Убри адагьы, ақьаҳиа хада урҭ вавилонтәи ахьӡқәа риҭеит (Дан. [Дан.] 1:3—7). Даниил ирҭаз ахьӡ вавилонаа иреиҳау рынцәахәы Бел идҳәалан. Иҟалап аҳ Навуходоносор Даниил ихы иҭеигалар иҭахызҭгьы ари анцәахәы Даниил инцәа Иегова дииааит ҳәа (Дан. [Дан.] 4:8).
8. Ицхраауази Даниил атәымтәылаҿы доуҳала дыӷәӷәаны аанхара?
8 Даниил аҳ иеишәа аҟынтә акрифалар шилшозгьы, иара «игәаҿы иӡбеит ак даҟьашьыртә шалимыршо» (Дан. [Дан.] 1:8). Ихатә бызшәала иҟаз иԥшьоу ашәҟәқәа рыҭҵаара дахьаҿыз абзоурала, иара атәымдгьыл аҿы доуҳала дыӷәӷәаны аанхара илшеит (Дан. [Дан.] 9:2). Убри азоуп Вавилонҟа ианиас нахыс 70 шықәса анҵы ашьҭахьгьы, Даниил ауриа хьӡы ала дзырдыруаз (Дан. [Дан.] 5:13).
9. Ишԥаиныруаз Аԥсалом 118 (119 АдҾ) автор Анцәа Иажәа?
9 Аԥсалом 118 (119 АдҾ) автор аҳра ашҭаҿы амаҵ зуаз ӷәӷәала ихыччон. Аха иара егьырҭ дреиԥшымхарц азы Анцәа Иажәаҿы амч иԥшаауан (Аԥсал. 118:23, 61 [119:23, 61, АдҾ]). Иара Анцәа иажәақәа дрызхәыцуан, убри аҟынтә урҭ игәаҵанӡа инеиуан. (Уаԥхьа Аԥсал. 118:11, 46 [119:11, 46, АдҾ].)
ШӘДОУҲАТӘ ГӘАБЗИАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА
10, 11. а) Иарбан хықәку иқәҳаргылалар акәу Анцәа Иажәа анҭаҳҵаауа? б) Ишԥаҳалшо уи ахықәкы анагӡара? Иаажәга аҿырԥштәы.
10 Аизараҿы иҳаду аҭакԥхықәрақәеи егьырҭ адҵақәеи ирыхҟьаны ҳара даара ҳаилахазар ауеит. Аха уеизгьы, ҳхатә ҭҵаареи аҭаацәаратә мҵахырхәареи рзы аамҭа алҳхлар ауп (Еф. 5:15, 16). Аха хықәкыс иҳамазар акәу даҟьақәак баша рыԥхьара, ма аизараҿы аҭак аҟаҵаразы аҽазыҟаҵара мацара акәӡам. Даара ихадоуп Анцәа Иажәа ҳгәаҵанӡа инеиртә, насгьы ҳагәрахаҵара арӷәӷәартә еиԥш аԥхьара.
11 Уи азы Абиблиа аҭҵаара аан егьырҭ рдоуҳатә ҭахрақәа рыдагьы, ҳхатә ҭахрақәагьы ҳрызхәыцлар шхадоу ҳхаҳмыршҭлар ауп (Флп. 1:9, 10). Ажәабжьҳәаратә маҵзуреи, аизарақәеи, ма ажәахә аҳәареи ҳҽанырзыҟаҳҵо, ҳзыԥхьо зегьы еснагь ҳхы ишадҳамкыло ҳгәалашәозар ауп. Иааҳгап аҿырԥштәы: афатәҟаҵаҩ зныкымкәа иҟаиҵо агьама ибоит, аха уи изхоит ҳәа узҳәом. Агәабзиара имазарц иҭахызар, ихаҭа ибзианы акрифалар ауп. Убас еиԥш ҳаргьы ҳдоуҳатә ҭахрақәа рынагӡаразы доуҳала ибзианы акраҳфалар ауп.
12, 13. Избан атәым бызшәала иҟоу аизараҿы амаҵ зуа аӡәырҩы иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа рхатә бызшәала изҭырҵаауа?
12 Атәым бызшәала иҟоу аизараҿы амаҵ зуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа рхатә бызшәала иҭырҵаауеит (Аус. 2:8). Амиссионерцәагьы ирдыруеит доуҳала иӷәӷәаны иаанхаларц азы, аизараҿы ираҳауа хыхь-хыхьла аилкаара мацара шырзымхо.
13 Аашықәса раҟара абызшәа фарси зҵо Ален иҳәоит: «Фарси ала аизарақәа сҽанырзыҟасҵо, схы ззысышьҭуа абызшәа ауп. Раԥхьаӡа иргыланы сыхшыҩ абызшәа ауп изызку аҟынтә, адоуҳатә ҵабыргқәа еснагь сгәаҵанӡа инеиуам. Убри азоуп Абиблиеи ҳпубликациақәеи схатәы бызшәала рыҭҵааразы аамҭа залсхуа».
ШӘХӘЫҶҚӘА РГӘАҴАНӠА ИНАЖӘГАЛА
14. Зыгәра ганы иҟазар акәзеи аҭаацәа, насгьы избан?
14 Иқьырсиану аҭаацәа агәра ганы иҟазар ауп Анцәа Иажәа ахәыҷқәа ргәаҵанӡа ишнеиуа. Серж ихатә ҩыза Миурьельи иареи хышықәса инареиҳаны атәым бызшәала иҟоу аизараҿы амаҵ аныру ашьҭахь ирбеит 17 шықәса зхыҵуа рыҷкәын адоуҳатә усқәа уаҳа агәырӷьара шизаарымго. «Ихатәы францыз бызшәала иара гәахәарыла ажәабжь иҳәон, аха атәым бызшәала ажәабжь аҳәара игәамԥхо далагеит»,— лҳәоит Миурьель. Серж иациҵоит: «Доуҳала аизҳара дшаҟәыҵыз анеилаҳкаа, уаанӡа ҳахьыҟаз аизарахь ҳхынҳәырц ҳаӡбеит».
Анцәа Иажәа шәхәыҷы игәаҵанӡа ишнеиуа агәра жәгала (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)
15. а) Ргәазҭазҵар алшозеи аҭаацәа рхәыҷқәа еиҳа еиӷьны еилыркаауа абызшәала иҟоу аизарахь ахынҳәра? б) Иарбан лабжьарақәоу Ҩынтәзакәан (Второзаконие) 6:5—7 аҭаацәа ирнаҭо?
15 Ргәазҭазҵар алшозеи аҭаацәа рхәыҷқәа еиҳа еиӷьны еилыркаауа абызшәала иҟоу аизарахь ахынҳәра? Актәи, дара еилыркаар ауп ахәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рылааӡареи, убри аамҭазгьы атәым бызшәа дырҵареи рзы аамҭеи амчи рымоу-ирымаму. Ҩбагьы, аҭаацәа ирбар ауеит ахәыҷқәа адоуҳатә усқәа рахь аинтерес шырцәыӡыз, насгьы атәым бызшәала иҟоу аизараҿы амаҵ аура уиаҟара ишыргәамԥхо. Ус иҟазар, иқьырсиану аҭаацәа ирыӡбар алшоит рхәыҷқәа Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәаанӡа еиҳа еилыркаауа абызшәала иҟоу аизараҿы амаҵ рулар еиӷьуп ҳәа. (Уаԥхьа Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 6:5—7.)
16, 17. Ишԥарылшо атәым бызшәала иҟоу аизараҿы амаҵ зуа аҭаацәа шьоукы рхәыҷқәа аҵабырг дырҵара?
16 Ҭаацәарақәак рхәыҷқәа рхатәы бызшәала аҵабырг дырҵареи уи аамҭазы атәым бызшәала иҟоу аизара ма агәыԥ аҭаареи ирыцхраауа азнеишьа рыԥшааит. Шарль 13, 12, 9 шықәса зхыҵуа аԥҳацәа имоуп. Иара иҭаацәеи иареи лингала бызшәала иҟоу агәыԥ ахь иныҟәоит. Абар уи ииҳәо: «Ҳара иҳаӡбеит ҳхатәы бызшәала ахәыҷқәа Абиблиа дырҵареи аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгареи. Уи аамҭазгьы ҳара лингала абызшәа дҳарҵоит, насгьы абызшәа аҵара агәырӷьара рзаанагарц азы еиуеиԥшым ахәмаррақәа мҩаԥаҳгоит».
Атәым бызшәа аҵаразы, насгьы аизарақәа зегьы рыҽрылархәразы аџьабаа жәбала (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)
17 Хәышықәсеи аашықәсеи зхыҵуа ҩыџьа аԥҳацәа змоу Кевин аизараҿы ирҳәо ахәыҷқәа аҵыхәтәанынӡа ишырзеилымкаауа аниба, абри аҩыза аӡбара идикылеит: «Схатә ҩызеи сареи ҳаԥҳацәа Абиблиа рхатәы францыз бызшәала идҳарҵоит. Иара убас ҳара иҳаӡбеит мызкахь знык францыз бызшәала иҟоу аизара аҭаара, аԥсшьара ҳаныҟоу аконгрессгьы ҳаҭаауеит».
18. а) Иарбан принципу Римаа рахь 15:1, 2 иану шәхәыҷқәа рзы еиҳа еиӷьхо аилкаара ишәыцхраауа? б) Иарбан лабжьарақәоу аҭаацәа шьоукы иҟарҵо? (Шәахәаԥш азгәаҭа.)
18 Ҳәарада, шәара еиҳа ижәдыруеит шхәыҷқәа рдоуҳатә гәабзиара азы еиӷьу (Гал. 6:5)2. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Миурьель илҳәеит рыҷкәын доуҳала изҳаларц азы лхатә ҩызеи лареи бзиа ирбоз амаҵзура мап ацәкра шрықәшәаз. (Уаԥхьа Римаа рахь 15:1, 2.) Уажәы Серж еиликаауеит дара усҟан ирыдыркылаз аӡбара шиашаз. Уи иҳәоит: «Францыз бызшәала иҟоу аизарахь ҳаныхынҳә, ҳаҷкәын доуҳала изҳаит, насгьы аӡы иҽӡааихит. Уажәы иара пионерс амаҵ иуеит. Иара убас уи атәым бызшәала иҟоу агәыԥ ахь аиасра дазхәыцуеит!»
АНЦӘА ИАЖӘА ШӘГӘАҴАНӠА ИНЕИЛААИТ
19, 20. Ишԥаҳалшо Анцәа Иажәа бзиа ишаҳбо ааҳарԥшыр?
19 Абзиабара аарԥшны Иегова «ауаа зегьы» еиқәхарц, насгьы аиаша-ҵабырг еилыркаарц азы, Иажәа шәкыла абызшәақәа рыла иҟазарц деиҷаҳаит (1 Тим. 2:4). Иегова идыруеит ауаа ргәаҵанӡа инеиуа рхатәы бызшәала Абиблиа ианаԥхьо, насгьы иара данеилыркаауа, рдоуҳатә ҭахрақәа рынагӡара шрылшо.
20 Ҳҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы, даара ихадоуп адоуҳатә фатәы адкылара. Ҳхатәы бызшәала Абиблиа иааиԥмырҟьаӡакәа ианҭаҳҵаауа, ҳхаҭа доуҳала ҳаӷәӷәаны аанхара ҳалшоит, насгьы ҳҭаацәа доуҳала аизҳара ҳрыцхраауеит. Убас ҳара иааҳарԥшуеит Анцәа иажәақәа ҳгәаҿы ишаҳҵәахуа (Аԥсал. 118:11 [119:11, АдҾ]).
^ 1 Абзац 5. Ахьӡқәа ԥсахуп.
^ 2 Абзац 18. Аҭаацәа ирыцхраар алшо апринципқәа ртәы шәаԥхьа октиабр 15, 2002 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня» иану астатиа «Воспитание детей в чужой стране. Усилия вознаграждаются» аҿы.