Ишәыхьчома шәара «ихархәагоу аҟәыӷара»?
ҚЫҬА кҿахак аҿы иӷарыз ҷкәына хәыҷык дынхон. Иара зегь ихыччон, насгьы агаӡа хәыҷы ҳәа ишьҭан. Зны-зынла агәылацәа рысасцәа рҿаԥхьа аҵәы илырхуан. Иара ҩ-базк идыргалон — идуу араӡнытә, насгьы ҩынтә еиҳаны зыхә ҳаракыз ихәыҷыз ахьтәы баз. «Иуҭаху алх»,— иарҳәон дара. Иара араӡнытә баз рымҵԥааны дыҩны дцон.
Ҽнак зны аӡәы аҷкәын диазҵааит: «Иузымдырӡои уара ахьтәы базк ҩ-раӡнытә ишаԥсоу?» Аҷкәын дааԥышәарччан ҿааиҭит: «Ҳәарада, издыруеит».— «Нас избан уара еснагь араӡнытә зуго?» — дҵааит уи ауаҩ. Ҭакс уи аҷкәын ус иҳәеит: «Ахьтәы баз алсхыр, ахәмарра аҵыхәтәа ԥҵәоит. Ишәдыруандаз шаҟа раӡны баз сымоу!» Ари аҷкәын хәыҷ иман ихархәагоу аҟәыӷара — уи аҟазшьа аиҳабацәагьы иҿырҵаар рылшоит.
Абиблиаҿы иануп: «Ихархәагоу аҟәыӷареи ухәыцратә лшарақәеи хьчала... Убасҟан ишәарҭадоу амҩала уцалоит, насгьы џьаргьы ушьацәхныслаӡом» (Ажәам. [Прит.] 3:21, 23). Ус анакәха «ихархәагоу аҟәыӷара» закәу, насгьы уи ахархәашьа адырра,— ари ҳшәарҭадара зхьыԥшу ауп. Уи ҳара иҳацхраауеит ииашоу амҩаҿы ашьацәхнымслара, насгьы ҳамшәаӡакәа, лак-ҩакрада ԥхьаҟа ацара.
ИЗАКӘЫЗЕИ ИХАРХӘАГОУ АҞӘЫӶАРА?
Ихархәагоу аҟәыӷара иаҵанакуа адырреи аилкаареи мацара акәӡам. Адырра змоу ауаҩы ажәабжьқәеи афактқәеи еизигоит. Аилкаара змоу ауаҩы афактқәа шеидҳәалоу ибоит. Аҟәыӷара змоу ауаҩы адырреи аилкаареи еидиҳәалоит, насгьы аус аҿы ихы иаирхәоит.
Еилҳаргап ҿырԥштәык. Абиблиа зшәырҵо ауаҩы аҵаразы ацхыраагӡа ирласны даԥхьеит, насгьы еиликааит. Аҵара аан иара азҵаарақәа зегь рҭак иашаны иҟаиҵоит. Иара аизарақәа рахь дныҟәоит, насгьы аҭакқәа рыҟаҵараҿы иҽалаирхәуеит. Уи зегьы иаанарԥшуазар алшоит доуҳала ишизҳауа. Аха иаҳҳәар ҳалшома иара аҟәыӷара иоуит ҳәа? Ус ауп ҳәа ҳазҳәом. Иҟалап иаҳауа зегьы аилкаара изымариазар. Аха уи аҟәыӷара иоуеит аҵабырг инақәыршәаны дынхалар, насгьы иоуз адырреи аилкаареи ииашаны ихы иаирхәалар. Иара иӡбарақәа ахшыҩ рыҵазар, насгьы ибзианы дрызхәыцуазар, агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит ихархәагоу аҟәыӷара ааирԥшуеит ҳәа.
Матфеи 7:24—27 аҟны иануп Иисус Христос иааигаз хазы-хазы аҩнқәа зыргылаз ауаа ирызку аҿырԥштәы. Урҭ рахьтә руаӡәк дуаҩ ҟәышын. Иара ԥхьаҟа дхәыцны, иҩны ацаҟьа иаҿаиргылеит. Уи хара ихәыцуа иеиԥш ихы мҩаԥигеит, насгьы агәҽанызаара ааирԥшит. Иара дхәыцуамызт аԥслымӡ аҿы аҩны аргылара мариоуп, насгьы ахарџь амам ҳәа. Аҟәыӷара аарԥшны иара ԥхьаҟа иҟало дазхәыцны, иусқәа наигӡон. Убри аҟынтә афырҭын ӷәӷәа аныҟала, иҩны акгьы амыхьӡеит. Ишԥаҳалшо ихархәагоу аҟәыӷара аиура, насгьы ахьчара?
ИШԤАСЫЛШО УИ АИУРА?
Актәи, шәазхьаԥш Михеи [Михей] 6:9 иану: «Ихархәагоу аҟәыӷара змоу ауаҩы [Анцәа] ихьӡ дацәшәалоит». Иегова ихьӡ иацәшәо иара иахь апатуқәҵара имоуп. Иара Иегова ихьӡ иадҳәалоу зегьы дрыхӡыӡаауеит, инормақәагьы уахь иналаҵаны. Ҳара ауаҩы ҳаҭырла изыҟазаара ҳалшом, уи ихәаԥшышьақәа ҳзымдыруазар. Урҭ анеилаҳкаалак ашьҭахь ҳара игәрагара ҳалагоит, иара иҿы аҵара ҳҵалоит, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылараҿы ҳаиҿыԥшлоит. Ҳара иҳадаҳкыло аӡбарақәа Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ишырныруа ҳазхәыцуазар, насгьы урҭ анҳадаҳкыло Анцәа инормақәа ҳрықәныҟәозар, ихархәагоу аҟәыӷара ҳауеит.
Ҩбагьы, иазгәашәҭ Ажәамаанақәа [Притчи] 18:1 иану: «Зхала аҟазаара иашьҭоу ихатә гәазыҳәарақәа дрышьҭоуп, насгьы ихархәагоу аҟәыӷара даҿагылоит». Ҳара агәҽанызаара ааҳмырԥшлар, Иегова ижәлари иареи ҳарцәыхарахар ҳалшоит. Зхала аҟазаара иашьҭоу уааны ҳҟамларц азы, Анцәа ихьӡ иацәшәо, насгьы инормақәа пату рықәызҵо ауаа аамҭа рыцаҳхаҳгалароуп. Ҳҭагылазаашьа иаҳнаҭозар, ихадоуп еснагь Аҳратә зал аҿы ҳаизарақәа рахь анеира, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи уаҟа рацәажәара. Урҭ аизарақәа рҿы иҳаҳауа ҳгәи ҳахшыҩи рҟынӡа инаҳгалароуп, насгьы иаҳнырлартә алҳаршалар ауп.
Уи адагьы, ҳгәы иҭоу зегь Иегова изеиҭаҳҳәозар, еиҳагьы ҳаизааигәахоит (Ажәам. [Прит.] 3:5, 6). Ҳара Абиблиеи Иегова иорганизациа аҟынтә иҳауа алитературеи ирну ҳаԥхьозар, иара убас инарҵауланы ҳазхәыцуазар, иҟаҳҵо аусқәа рылҵшәа заа иаҳбар ҳалшоит, насгьы ииашоу алхра ҟаҳҵоит. Иара убас доуҳала ишәу аишьцәа иҳарҭо алабжьарақәа ҳгәаҟынӡа инаҳгалар ауп (Ажәам. [Прит.] 19:20). Усҟан ҳара «ихархәагоу аҟәыӷара» ҳаҿагылалом, аха иҳарҳалоит.
ШАҞА ИХАДОУЗЕИ УИ АҬААЦӘАРАҾЫ?
Ихархәагоу аҟәыӷара аҭаацәараҿы аизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчара иацхраауеит. Убас ала Абиблиа иаҳәоит «аԥҳәыс лхаҵа дицәшәалааит [«ӷәӷәала пату иқәылҵалааит», АдҾ] ҳәа (Еф. 5:33). Ишԥаилшо ахаҵа иԥҳәыс лпатуқәҵара аиура? Ахаҵа иԥҳәыс пату иқәылҵаларц азы, гәымбылџьбарала ихы мҩаԥигозар, уи алҵшәа изаанагом. Ҳәарада, аимак рыбжьамларц азы, иԥҳәыс иара ааигәа даныҟоу патуқәҵарала лхы мҩаԥылгаларгьы ауеит. Аха лхы шԥамҩаԥылго иара даныҟам? Иҟалап иара иахь апатуқәҵара зынӡа илцәыӡыр. Ахаҵа ихы шымҩаԥигаша дазхәыцыр ихәҭоуп иԥҳәыс ииашаҵәҟьаны пату иқәылҵаларц азы. Иара адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ааирԥшуазар, бзиабаралеи қьиаралеи длызныҟәозар, лпатуқәҵара ӷәӷәа ирҳауеит. Ҳәарада, иқьырсиану аҳәса рхацәа пату рықәырҵалароуп дара уи иаԥсазаргьы, иаԥсамзаргьы (Гал. 5:22, 23).
Абиблиаҿы иара убас иануп «ахацәагьы... рыҳәса бзиа ирбозароуп» ҳәа (Еф. 5:28, 33). Лхаҵа ибзиабара лцәыӡыр ҳәа дшәаны аԥҳәыс ицәылҵәахыр лылшоит игәамԥхар алшо, аха здырра азин имоу аинформациа. Иаҳҳәар ҳалшома уи ихархәагоу ҟәыӷароуп ҳәа? Иахиҳәаауазеи лхаҵа зегь анеиликаалак? Иарӷәӷәома уи дара реизыҟазаашьақәа? Аха аԥҳәыс ианаало аамҭа ԥшааны ҭынч лхаҵа зегь изеиҭалҳәар, иара, хымԥада, уи ахә ҳаракны ишьоит, насгьы еиҳагьы бзиа дибалоит.
Иахьа шәхәыҷқәа ишыдшәырҵо ԥхьаҟатәи шәеизыҟазаашьақәа ирнырыр алшоит
Ахәыҷқәа ииашоу амҩа иқәызҵо рҭаацәа рҳәатәы харҵалароуп (Еф. 6:1, 4). Иаанагома уи аҭаацәа рхәыҷқәа рзы аԥҟарақәа рсиа ду шьақәдыргылароуп ҳәа? Ахәыҷқәа рҭаацәа дара рҟынтә иззыԥшу, насгьы азымӡырҩра аадырԥшыр иарбан хьырхәроу ирзыԥшу мацара акәӡам ирдыруазар акәу. Аҭаацәа ихархәагоу аҟәыӷара рымазар, рхәыҷқәа идеилдыркаауеит азыӡырҩра аадырԥшлар зрыхәҭоу.
Иаҳҳәап, ахәыҷы иҭаацәа руаӡәк патуқәымҵарала диацәажәоит. Ахәыҷы уиқәыҳәҳәар, ма уԥсахы еибакны уаныҟоу дахьурхәыр, иара дшәар ауеит, мамзаргьы зынӡа акгьы уеимҳәо далагар илшоит. Иара дгәаар, насгьы иҭаацәа дырцәыхарахар ҟалоит.
Ихархәагоу аҟәыӷара змоу аҭаацәа рхәыҷы инаало ахьырхәра, насгьы уи иара ишиныруа иазхәыцуеит. Аҭаацәа рхәыҷы дахьдмырхәлароуп рыԥсахы еибакны ианыҟоу. Еиӷьуп ҭынч, ихала даныҟоу хаала иацәажәара. Иара убас ахәыҷы иеилыркаатәуп Иегова ишиҭаху иҭаацәа пату рықәиҵаларц, насгьы наӡаӡа адгьыл аҿы дынхаларц. Убасҟан ахәыҷы еиликаауеит аҭаацәа пату анрықәиҵо Иегова дышҳараикуа (Еф. 6:2, 3). Ус еиԥш иҟоу азыҟазаашьа ахәыҷы игәаҵанӡа инеир алшоит. Иара ибоит иҭаацәа гәыкала бзиа дшырбо, насгьы еиҳагьы пату рықәиҵалоит. Ԥхьаҟагьы иара дшәалаӡом гәхьаас имоу рзеиҭаҳәаразы рааигәа анеира.
Ҭаацәарақәак ахәыҷы дгәаар ауеит ҳәа ахаан дахьдырхәӡом. Аха дышԥаҟало ахәыҷы ианизҳалак? Дицәшәалома иара Иегова, насгьы еиликаалома Анцәа инормақәа инарықәыршәаны анхара шаҟа иҟәыӷароу? Иҭаххома иара гәык-ԥсык ала Иегова имҩақәҵарақәа рыдкылара, мамзаргьы адоуҳатә усқәа мап рыцәкны зхала аҟазаара иашьҭоу уаҩны дҟалоу? (Ажәам. [Прит.] 13:1; 29:21).
Аскульптор бзиа иҟаиҵарц ииҭаху заа идыруеит. Иара иҟаиҵо ашедевр алҵырц азы, ус баша ахаҳә ахәҭақәа амирҷҷаӡом. Ихархәагоу аҟәыӷара змоу аҭаацәа раамҭа еигӡаӡом Иегова инормақәа реилкаареи урҭ инарықәыршәаны анхареи рзы, уи ала дара иаадырԥшуеит иара ихьӡ ишацәшәо. Иегова иорганизациеи иареи рҟынтә рҽаныԥхьарымкуа, дара ихархәагоу аҟәыӷара роуеит, насгьы рҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа дырӷәӷәоит.
Ҳара есыҽны аӡбарақәа ҳадаҳкылоит, урҭ рҟынтә ӡбарақәак ҳаԥсҭазаара зегь ианырыр алшоит. Иаҭахӡам ирццакны аӡбара адкылара. Еиӷьуп шәааҭгылар, насгьы шәыӡбарақәа шәахькылырго шәазхәыцлар. Иегова инапхгара шәашьҭаз, насгьы Анцәа иҟәыӷара шәхы иашәырхәала. Убас ала шәара ихархәагоу аҟәыӷара шәыхьчоит, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара шәоур шәылшоит (Ажәам. [Прит.] 3:21, 22).