Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ноиабр ад. 22—26
  • Алашьцараҟынтә ааԥхьара роуит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Алашьцараҟынтә ааԥхьара роуит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АТҞӘАРАҾЫ АԤСҬАЗААРА
  • ҲААМҬАЗТӘИ АНЦӘА ИМАҴЗУҨЦӘА АТҞӘАРАҾЫ
  • ИАНБАЛАГЕИ АТҞӘАРА?
  • ИЦӘЫЛАШО ИАЛАГЕИТ
  • Дара амцдинхаҵара атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭхеит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ноиабр ад. 22—26

Алашьцараҟынтә ааԥхьара роуит

«... [Иегова] шәара алашьцарахьтә Иара илашара ссир ашҟа дшәыԥхьеит» (1 ПИОТР 2:9).

АШӘАҚӘА: 95, 74

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҭашәеи Анцәа ижәлар Вавилон Ду атҟәара аҵыхәтәантәи апостол данԥсы ашьҭахь?

  • Изыбзоурахазеи амцдинхаҵара анырра хәыҷы-хәыҷла аԥсыҽхара иахьалагаз?

  • Рыҽшԥаҽазыршәоз XIX ашәышықәсазы Анцәа идоуҳала иалхыз ақьырсианцәа Анцәа Иажәа ииашаны аилкаара?

1. Иаҳзеиҭашәҳәа Иерусалим анрымпыҵадырхалоз аамҭазы иҟаз ахҭысқәа.

ИЦОН 607-тәи ашықәс ҳ. ҟ. Аҳ Навуходоносор II дызхагылаз вавилонтәи ар ду Иерусалим иақәлеит. Ақалақь шьала иҭәит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Абиблиа узыршәаӡыӡоз урҭ ахҭысқәа абас ирыхцәажәоит: «...[Навуходоносор] иԥшьоу аҭыԥ аҿы аҳәала урҭ рырԥарцәа ишьит, ирыцҳаимшьеит арԥарцәеи, аҭыԥҳацәеи, зықәрахь инеихьази, зхы иамыхәози. [...] Уи иҵабыргу Анцәа иҩны иблит, насгьы Иерусалим аҭӡамц хирбгалеит. Анхарҭатә баашқәа, насгьы хәы змаз зегьы мцала иқәиблааит — зегь ықәхын» (2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 36:17, 19).

2. Ргәышԥарҽаниҵоз Иегова аиудеиаа Иерусалим шықәххоз, насгьы иарбан ԥеиԥшу ирзыԥшыз?

2 Иерусалим инхоз рзы рықалақь иахьыз џьашьатәымызт. Акыр шықәса рыҩныҵҟа Анцәа иԥааимбарцәа аиудеиаа ргәырҽанырҵон анаҩсгьы Иегова Изакәан иазхьамԥшлар, вавилонаа ишырытҟәо. Аԥааимбарцәа заа ирҳәон аиудеиаа аӡәырҩы шҭахо. Аиқәхара зылшо атҟәара иҭашәоит, насгьы рыԥсы ахьынӡаҭоу Вавилон анхара рықәшәар ауеит (Иеремиа [Иеремия] 15:2). Аха изеиԥшрази вавилонтәи атҟәараҿы аԥсҭазаара? Иҟазма уи аҩыза ақьырсиантә аамҭақәа раан? Ааи акәзар, ианбаҟаз уи?

АТҞӘАРАҾЫ АԤСҬАЗААРА

3. Излеиԥшымзи вавилонтәи атҟәареи мысратәи атәреи?

3 Аԥааимбарцәа ирҳәоз зегь ҟалеит. Иеремиа ила Иегова аиудеиаа ирзыԥшыз атҟәара рҽандырнааларц, насгьы уатәи аԥсҭазаара рҽақәдыршәарц реиҳәон: «[Вавилон] аҩнқәа шәыргыл, насгьы уа шәынхала, абаҳчақәа еиҭашәҳа, урҭ ршәырқәагьы шәфала. [...] Сара сгәаԥхарала атәра шәахьақәшәаз ақалақь азы аҭынчра шәыԥшаала, насгьы уи азы Иегова шәиҳәала, избанзар уа аҭынчра ҟалар, шәаргьы аҭынчра шәымазаауеит» (Иеремиа [Иеремия] 29:5, 7). Анцәа имҩақәҵарақәа ирықәныҟәоз аиудеиаа Вавилон ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәомызт. Вавилонаа аиудеиаа рхатә усқәа реиҳарак рхала ирыӡбаларц алшара рырҭеит, иара убасгьы атәыла аҩныҵҟа иахьырҭахыз иныҟәалар рылшон. Ажәытәан Вавилон ахәаахәҭрақәа рцентр хада акәын. Археологиатә нышәжрақәа раан иԥшааз адокументқәа изларҳәо ала, ирытҟәаз аиудеиаа ахәаахәҭшьа рҵеит, насгьы еиуеиԥшым аусқәа ирызҟазахеит. Шьоукы даара амал ду дырҳаит. Вавилонтәи атҟәара ашәышықәсақәа раԥхьа израильаа ахьгәаҟуаз мысратәи атәра иузаҿырԥшуамызт. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа [Исход] 2:23—25.)

4. Иақәшәада еиҭа вавилонтәи атҟәара, аҿагылара аазырԥшуаз аиудеиаа рыда? Ишԥаныри уи Иегова имҵахырхәара?

4 Излаҳбаз ала атҟәара иҭашәаз аиудеиаа аматериалтә уадаҩрақәа рымамызт. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи рдоуҳатә ҭагылазаашьа иазкны? Иегова иныҳәарҭеи амҭанагарҭеи ықәхын, еиҿкааны иҟаз аԥшьаҩцәа рмаҵзурагьы уаҳа иҟамызт. Атҟәацәа рыбжьара Иегова изиашаз имаҵзуҩцәагьы ыҟан, урҭ акгьы рхарамызт, аха егьырҭ реиԥш атҟәара иҭашәеит. Ус ишыҟазгьы, дара Иегова изакәан иқәныҟәаларц азы ирылшоз зегь ҟарҵон. Иаҳҳәап, Даниил иҩызцәа Седрахи, Мисахи, Авденагои иареи Азакәан инақәыршәаны ауриацәа зыфара азин рымамыз афатә рфаӡомызт. Иара убас, ишдыру еиԥш, Даниил есыҽны Анцәа диҳәон (Даниил [Даниил] 1:8; 6:10). Аха уеизгьы Анцәа ицәшәоз аиудеиаа амурҭаҭцәа рнапхгара аҵаҟа Азакәан иаҳәоз зегьы ақәныҟәара рылшомызт.

5. Изқәиргәыӷзеи Иегова ижәлар, насгьы избан уи џьоушьар залшоз?

5 Ирылшома израильаа Иегова иҭахрақәа зегьы инарықәыршәаны ҿыц имаҵ аура иалагар? Усҟантәи аамҭазы уи аӡәгьы дзақәгәыӷуамызт. Вавилонаа ирытҟәаз ахаангьы иоурыжьуамызт. Аха дара ирхашҭит израильаа рынцәа Иегова шиакәыз. Иара заа иҳәахьан ижәлар ахақәиҭра шроуаз, иажәагьы наигӡеит. Иегова еснагь ииҳәо ҟаиҵоит (Исаиа [Исаия] 55:11).

ҲААМҬАЗТӘИ АНЦӘА ИМАҴЗУҨЦӘА АТҞӘАРАҾЫ

6, 7. Избан Анцәа имаҵзуҩцәа Вавилон Ду атҟәара ианҭашәаз аганахь ала ҳаилкаара ариашара заҭаху?

6 Ирықәшәахьазма ақьырсианцәа вавилонтәи атҟәара иеиԥшу аҭагылазаашьақәа? Акыр шықәса рыҩныҵҟа «Сторожевая башня» аҿы ианын, ҳаамҭазтәи Анцәа имаҵзуҩцәа Вавилон Ду атҟәара 1918 шықәсазы иҭашәеит, аха 1919 шықәсазы иҭыҵит ҳәа. Аха ари, насгьы иааиуа астатиа ишаҳдырбо ала, ари аилкаара ариашара аҭаххеит.

7 Ишаҳдыруа еиԥш, Вавилон Ду адунеизегьтәи амцдинхаҵара аимпериа ауп. Анцәа ижәлар Вавилон Ду атҟәара 1918 шықәсазы иҭашәазҭгьы, усҟан уи амцдинхаҵара итҟәаны иамазар акәын. Аха афактқәа излаҳдырбо ала, Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагаанӡа ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Анцәа идоуҳала иалхыз имаҵзуҩцәа Вавилон Ду аҟынтә ахақәиҭра роуан. Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан Анцәа идоуҳала иалхыз имаҵзуҩцәа ирышьҭашәарыцон, аха уи зыхҟьоз Вавилон Ду акәӡамызт, еиҳарак аҳәынҭқарратә мчрақәа ракәын. Убри аҟынтә Иегова ижәлар Вавилон Ду атҟәара 1918 шықәсазы иҭашәеит ҳәа ҳҳәар залшом.

ИАНБАЛАГЕИ АТҞӘАРА?

8. Иҳаилшәыркаа аҵыхәтәантәи апостол данԥсы иҟалаз. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

8 Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. зықьҩыла аиудеиааи апрозелитцәеи ақьырсианра рыдыркылеит, насгьы иԥшьоу адоуҳа роуит. Дара иалху-иалыԥшаау иреиуахеит, Аҳра уааны иԥхьаӡахеит, иԥшьахеит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:9, 10.) Апостолцәа ақьырсиантә еизараҿы имҩаԥысуаз зҿлымҳарыла иацклаԥшуан. Аха аамҭақәак анҵы, амцҵара иадгылоз аҵаҩцәа амҩа иаша иаҟәганы дара рганахь ииаргарц иашьҭаз ауаа цәырҵит. Урҭ рхыԥхьаӡара апостолцәа анԥсы ашьҭахь еиҳагьы иацлон (Аусқәа 20:30; 2 Фессалоникаа рахь 2:6—8). Урҭ рахьтә аӡәырҩы аизараҿы аҭакԥхықәра рыдын, хылаԥшыҩцәас амаҵ руан (анаҩс урҭ епископцәас иҟалеит). Абасала адиннапхгаҩцәа цәырҵуа иалагеит, Иисус иҵаҩцәа «шәарҭ зегьы шәеишьцәоуп» ҳәа шреиҳәазгьы (Матфеи 23:8). Аристотельи Платони рфилософиатә идеиақәа згәаԥхоз аизараҿы аҭакԥхықәра змаз ахацәа хәыҷы-хәыҷла Анцәа Иажәа ианыз аҵабыргқәа амцдинхаҵаратә ҵарақәа рыла ирыԥсахуан.

9. Еиҭашәҳәа ихьаҵыз ақьырсианцәа Римтәи аимпериа ацхыраара шроуз, насгьы уи иалҵшәахаз.

9 313 шықәса ҳ. ҳ. амурҭаҭцәа иреиуаз римтәи аимператор Константин ихьаҵыз ақьырсианцәа динхаҵарак аҳасабала закәанла ишьақәирӷәӷәеит. Убри нахыс ауахәамеи аҳәынҭқарреи еидгыло иалагеит. Иаҳҳәап, Константин адиннапхгаҩцәа еизигеит, ԥыҭрак ашьҭахь урҭ Никеиатәи ахеилак ҳәа еицырдыруа иҟалеит. Уи аизара ашьҭахь Константин А́ри зыхьӡыз аԥшьаҩы дитҟәоит, Иисус Нцәас дахьимԥхьаӡоз азы. Феодоси императорс даныҟаз (379—395 шықәсқәа ҳ. ҳ.) Римтәи аимпериаҿы акотолицизм ихадоу динхаҵарахеит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәаанагарала амурҭаҭра злаҽны иҟаз Рим ақьырсианра аднакылеит IV ашәышықәсазы. Аха ииашаҵәҟьаны, уи аамҭазы аҵабырг иацәхьаҵхьаз ақьырсианра Рим иҟаз амурҭаҭтә хаҵарақәа адкыланы Вавилон Ду иахәҭакхеит. Уи аамҭазы ачарыц иеиԥшу Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа Анцәа имаҵ руларц азы ирылшоз зегь ҟарҵон, аха урҭ аӡәгьы дырзыӡырҩуамызт. (Шәаԥхьа Матфеи 13:24, 25, 37—39.) Ииашаҵәҟьаны, урҭ Вавилон итҟәаны иаман!

10. Избан раԥхьатәи ашәышықәсақәа рзы ҳ. ҳ. инхоз гәык-ԥсык ала иҟаз ауаа ауахәама аҵарақәа рыгәра зырымгоз?

10 Раԥхьатәи ашәышықәсақәа рзы ҳ. ҳ. инхоз ауаа аӡәырҩы Абиблиа бырзен, ма лаҭын бызшәала аԥхьара рылшон. Дара Анцәа Иажәа аҵарақәеи ауахәама аҵарақәеи реиҿырԥшра алшара рыман. Шьоукы алкаақәа аныҟарҵа, Абиблиа шьаҭас измамыз ауахәама аҵарақәа рыгәра агара иаҟәыҵит. Аха ргәаанагара иаартны аҳәара дара рзы даара ишәарҭан, уи азы иршьыр алшон.

11. Иҟанаҵози ауахәама, ауаа Абиблиа аилкаара ирԥырхагахарц азы?

11 Аамҭа цацыԥхьаӡа, Абиблиа злаҩыз абызшәақәа ажәуан, урҭ рхархәара иаҟәыҵуан, насгьы ауахәама анапхгаҩцәа Анцәа Иажәа уиаҟара аҵара змамыз ауаа еилыркаауаз абызшәахьы аиҭагара иаԥырхаган. Уажәшьҭа адиннапхгаҩцәеи аҵара змаз шьоуки ракәын Абиблиа аԥхьара зылшоз. Иазгәаҭатәуп ибзианы аԥхьареи аҩреи аԥшьаҩцәа зегьы ишрылымшоз. Ауахәама аҵарақәа ирҿагылоз дарбанзаалак гәымбылџьбарала дахьдырхәуан. Анцәа идоуҳала иалхыз изиашаз имаҵзуҩцәа маӡала, гәыԥ-гәыԥла акәын еизалар шрылшоз, уи аҟаҵара алшара змамызгьы ыҟан. Вавилонтәи атҟәара иҭаз аиудеиатәи аԥшьаҩцәа реиԥш, доуҳала иалхыз Анцәа имаҵ еиҿкааны ирызуамызт. Вавилон Ду ауаа анырра ӷәӷәа рнаҭон.

ИЦӘЫЛАШО ИАЛАГЕИТ

12, 13. Изыбзоурахазеи Вавилон Ду анырра хәыҷы-хәыҷла аԥсыҽхара иахьалагаз?

12 Ирылшома ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа знымзар-зны атҟәара аҟынтәи рхы иақәиҭхар, насгьы Анцәа ишигәаԥхо еиԥш имаҵ рулар? Ааи! Ҩ-факторк рыбзоурала доуҳала ицәылашо иалагеит. Актәи, XV ашәышықәса азбжазы иҭыжьын акьыԥхьгатә машьынка. Уи ҭрыжьаанӡа, Абиблиа инҭырҳәыцааны напыла ихырҩылаауан. Уи ахҩылаақәа даара имаҷын, насгьы ахә даара ицәгьан. Бжьаратәла хҩылаак аҟаҵаразы аԥышәа змаз ахҩылааҩ уи аус жәамз ицәагон! Иара убас Иԥшьоу Аҩыра ахьырыҩуаз аматериал — апергамент, мамзаргьы аԥстәы ацәа иалхыз аматериал — даара рыхә цәгьан. Аԥышәа змаз акьыԥхьҩы акьыԥхьгатә машьынкеи ақьаади ихы иархәаны мышкала 1 300 даҟьа ҭижьыр илшон.

Акьыԥхьреи агәымшәара аазырԥшуаз Абиблиа аиҭагаҩцәа рҽазышәарақәеи рыбзоурала, Вавилон Ду иҟанаҵоз анырра амч ацәыӡуа иалагеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)

13 Аҩбатәи, XVI ашәышықәса алагамҭазы агәымшәара аазырԥшуаз ауаа Анцәа Иажәа уиаҟара аҵара змамыз ауаа еилыркаауаз абызшәахьы аиҭагара иалагеит. Аиҭагаҩцәа аӡәырҩы уи аус азы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылон. Адиннапхгаҩцәа шәаӡыӡаны иҟан, избанзар урҭ шәон гәык-ԥсык ала иҟаз ауаа Абиблиа еилыркаауаз абызшәала ироур, абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа рызцәырҵуеит ҳәа: иабану Анцәа Иажәаҿы ауаа анԥслак ашьҭахь џьанаҭ иақәшәаанӡа рыгәнаҳақәа рҟынтә ирыцқьарц азы иргәаҟуеит ҳәа? Ауаҩы дужаанӡа ақьабзқәа рымҩаԥгаразы аԥшьаҩцәа ааԥхьатәуп, насгьы аԥара рызшәатәуп ҳәа? Папеи акардинали рыӡбахә? Арҭ амцҵарақәа реиҳарак Иисус Христос адгьыл ахь даанӡа инхоз афилософцәа Аристотельи Платони ргәаанагарақәа роуп шьаҭас ирымаз. Адиннапхгаҩцәа даара ргәы ԥнажәон аҵара змамыз ауаа абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа ахьықәдыргылоз. Убри аҟынтә аԥшьаҩцәа рҵарақәа мап рцәызкуаз аҳәсеи ахацәеи ршьуан. Дара ауаа Абиблиа аԥхьареи азҵаарақәа рықәыргылареи иаҟәыҵырц рҭахын, уи аҟаҵарагьы рылшон. Аха иҟан агәымшәара аазырԥшуаз, Вавилон Ду анырра зҽазымҭаз ауаа. Дара Абиблиатә ҵабырг шаҟа иссиру рбеит, насгьы еиҳаны еилыркаар рҭахын. Ари амцдинхаҵара аҟынтә ахақәиҭрахь уназго амҩаҿы раԥхьатәи шьаҿақәан.

14. а) Иарбан ҭагылазаашьақәоу XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Абиблиа иану аҵабырг аилкаара иацхрааз? б) Иаҳзеиҭашәҳәа аиашьа Рассел аҵабырг аилкаара дшашьҭаз?

14 Абиблиа иану аҵабырг аилкаара зҭахыз аӡәырҩы ауахәамақәа рнырра уиаҟара иахьыӷәӷәамыз атәылақәа рахь ибналон. Дара Анцәа Иажәа ԥырхагада аԥхьареи, аҭҵаареи, егьырҭ рзеиҭаҳәареи рҭахын. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы Чарлз Теиз Расселл иҩызцәеи иареи иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҭҵаара иалагеит. Раԥхьа аиашьа Рассел иарбан динхаҵароу ауаа аҵабырг дзырҵо аилкаара дашьҭан. Иара еиуеиԥшым адинқәа рҵарақәа, иқьырсиантәымгьы уахь иналаҵаны, Абиблиа иаҳәо иаҿирԥшуан. Иаарласны уи еиликааит урҭ адинхаҵарақәа зегьы Анцәа Иажәа иаҳәо ишақәымшәо. Иара аԥшьаҩцәагьы дрыҿцәажәон, иҩызцәеи иареи иаадыртыз абиблиатә ҵабыргқәа рыдыркылоит, насгьы ауахәамахь инеиуа ауаа иддырҵалоит ҳәа дгәыӷуа. Аха дара уи иақәҿырымҭит. Абиблиа аҭҵааҩцәа еилыркаар акәын амцдинхаҵара ааныжьра зҭахым ауааи дареи ирзеилоу ҳәа акгьы шыҟам. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 6:14).

15. а) Ианбақәшәеи ақьырсианцәа Вавилон Ду атҟәара? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

15 Ишаҳбаз еиԥш, ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа Вавилон Ду атҟәара иҭашәеит аҵыхәтәантәи апостол данԥсы ашьҭахь. Аха уи инадҳәаланы зҵаарақәак цәырҵуеит: иаҳзырбозеи доуҳала иалху ақьырсианцәа 1914 шықәса ҟалаанӡа ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Вавилон Ду атҟәара аҟынтә ахақәиҭра шроуаз? Иааирԥшыма Иегова агәынамӡара Актәи адунеизегьтәи аибашьра ианалага имаҵзуҩцәа ажәабжьҳәараҿы иаадырԥшуаз агәацԥыҳәара ахьԥсыҽхаз азы? Иҟазма ақьырсиантә неитралитет змыхьчаз, насгьы Иегова иразра зцәыӡыз? Ақьырсианцәа II ашәышықәсазы ҳ. ҳ. инаркны амцдинхаҵара итҟәаны иамазҭгьы, ианбароуи урҭ ахақәиҭра? Аинтерес зҵоу арҭ азҵаарақәа рҭак ҳауеит анаҩстәи астатиаҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра