Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ноиабр ад. 27—31
  • Дара амцдинхаҵара атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭхеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дара амцдинхаҵара атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭхеит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «ВАВИЛОН АИЛАҲАРА»
  • АКТӘИ АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АИБАШЬРА ААН ГӘАЦԤЫҲӘАРАЛА АМАҴ АУРА
  • АРИАШАРА АҬАХЫН
  • АКЫР ШЫҚӘСА ИЗЗЫԤШЫЗ АХАҚӘИҬРА
  • Алашьцараҟынтә ааԥхьара роуит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • 1919. Шәышықәса раԥхьа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ноиабр ад. 27—31

Дара амцдинхаҵара атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭхеит

«Шәықәҵ убрахьынтә, Сара сыуаажәлар» (ААТРА 18:4).

АШӘАҚӘА: 72, 82

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥарыԥсахи Абиблиа аҭҵааҩцәа Вавилон Ду ишазыҟаз агәымшәара аарԥшны?

  • Избан Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан Абиблиа аҭҵааҩцәа ариашара зырҭаххаз, насгьы иаанамгози уи?

  • Рхы ианбақәиҭхеи Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа Вавилон Ду атҟәара аҟынтә?

1. Избан Анцәа ижәлар атҟәара аҟынтә рхы иақәиҭхоит ҳәа игәыӷлар зрылшоз, насгьы иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

АРИ АԤХЬА иҟаз астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит Анцәа изиашаз ақьырсианцәа Вавилон Ду атҟәара ишҭашәаз. Аха ари атҟәара ҵыхәаԥҵәара амамкәа иҟамызт. Анцәа иҟаиҵаз адҵа «шәықәҵ убрахьынтә, Сара сыуаажәлар» аҵакы аиуӡомызт, амцдинхаҵара аҟынтә аӡәгьы ахақәиҭра аиура илымшозҭгьы. (Шәаԥхьа Аатра 18:4.) Рхы ианбақәиҭхеи Анцәа ижәлар Вавилон Ду аҟынтә? Раԥхьа анаҩстәи азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵап: ишԥазыҟаз Абиблиа аҭҵааҩцәа Вавилон Ду 1914 шықәсанӡа? Шаҟа гәацԥыҳәарала рхы аладырхәуази аишьцәа ажәабжьҳәаратә ус Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан? Иаҳҳәар ҳалшома урҭ Вавилон Ду атҟәара изҭашәаз ариашара ахьырҭахыз азы ауп ҳәа?

«ВАВИЛОН АИЛАҲАРА»

2. Ишԥазыҟаз Абиблиа аҭҵааҩцәа амцдинхаҵара?

2 Актәи адунеизегьтәи аибашьра алагаанӡа ажәашықәсақәа раԥхьа Чарлз Теиз Рассел иҩызцәеи иареи еилыркааит ақьырсиантә дунеи адинхаҵарақәа ауаа Абиблиа иану аҵабырг шыддмырҵо. Убри аҟынтә дара ирыӡбеит иахьынӡеилыркаауаз ала амцдинхаҵара аҽацәыхьчара. Ноиабр мза 1879 шықәсазы иҭыҵыз «Сионская сторожевая башня» аҿы ианын Христос изҳәоу изиашоу аԥҳәызба цқьа ҳәа зхы зыԥхьаӡо, аха аҳәынҭқарра иадгыло иарбан уахәамазаалак ииашаҵәҟьаны Абиблиа зкалҭ бааԥсу ҳәа зыӡбахә аҳәо Вавилон Ду иахәҭакуп ҳәа. (Шәаԥхьа Аатра 17:1, 2.)

3. Иҟарҵазеи Абиблиа аҭҵааҩцәа амцдинхаҵара иалҵырц шырҭаху аадырԥшырц азы? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

3 Анцәа ицәшәоз аҳәсеи ахацәеи иҟарҵашаз рдыруан. Дара еилыркаауан амцдинхаҵара иахәҭаку аорганизациақәа анаҩсгьы ирыдгылалар, Анцәа иразра шырцәыӡуа. Убри аҟынтә Абиблиа аҭҵааҩцәа аӡәырҩы руахәамақәа шаанрыжьуа ала асаламшәҟәқәа рҩит. Шьоукы урҭ асаламшәҟәқәа ауахәамаҿы зегьы ишраҳауаз иаԥхьон. Уи аҟаҵара азин анрымамыз, урҭ асаламшәҟәқәа ауахәама иалахәыз зегьы ирзырышьҭуан. Дара амцдинхаҵара иадҳәалазар зынӡаск ирҭахӡамызт! Шықәсқәак раԥхьа уи азы иршьыр ауан. Аха XIX ашәышықәса анҵәамҭазы атәылақәа жәпакы рҿы аиҳабыра ауахәама уаанӡа еиԥш иадгыломызт. Урҭ атәылақәа рҿы ауаа ахьырхәра иацәымшәаӡакәа, адинхаҵара иадҳәалаз атемақәа иаартны ирылацәажәалар, насгьы еиуеиԥшым ауахәамақәа рҵарақәа ишрықәшаҳаҭым рҳәалар рылшон.

4. Ишаԥазыҟаз Анцәа ижәлар Вавилон Ду Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан?

4 Абиблиа аҭҵааҩцәа еилыркаауан амцдинхаҵара ишазыҟоу атәы рҭынхацәеи, рҩызцәеи, руахәамахь иныҟәо ауааи рзеиҭаҳәара мацара шазымхо. Вавилон Ду иазкыз аиаша адунеи зегь аҿы еилыркаар акәын, уи символтә ҵакыла иуҳәозар икаҳԥын. Декабр мза 1917 шықәса инаркны 1918 шықәса алагамҭанӡа агәацԥыҳәара аазырԥшуаз зықьҩыла Абиблиа аҭҵааҩцәа абуклет «Падение Вавилона» 10 000 000 екземплиар ршеит. Уи абуклет ақьырсиантә дунеи аусқәа зеиԥшраз аанарԥшит. Ауахәама анапхгаҩцәа даараӡа рыԥсахы еибакит! Аха Абиблиа аҭцааҩцәа акгьы иааннакыломызт. Дара ихадаз ари аус анаҩсгьы инарыгӡон. Урҭ ауааԥсыра раасҭа, Анцәа изыӡырҩлар рҭахын (Аусқәа 5:29). Иҳаилнаркаауазеи ари? Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан арҭ ақьырсианцәа Вавилон Ду атҟәара иҭамызт. Дара уи аҟынтә ахақәиҭра роурц рҽазыршәон, иара убас егьырҭгьы ирыцхраауан.

АКТӘИ АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АИБАШЬРА ААН ГӘАЦԤЫҲӘАРАЛА АМАҴ АУРА

5. Иабантәиаадыруеи Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан ҳашьцәа гәацԥыҳәарала ажәабжь шырҳәоз?

5 Уаанӡа ҳгәы иаанагон Актәи адунеизегьтәи аибашьра ианалага, Иегова имаҵзуҩцәа ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара ахьаадмырԥшуаз азы агәынамӡара ааирԥшуан ҳәа. Убри аҟынтә ҳара иҳаԥхьаӡон Иегова ижәлар аамҭа кьаҿк иалагӡаны Вавилон Ду атҟәара иҭашәартә алиршеит ҳәа. Аха ԥыҭрак ашьҭахь 1914 шықәса инаркны 1918 шықәсанӡа Анцәа имаҵ зуаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиҭарҳәаз еилыкка иаҳнарбеит иааизакны иугозар Анцәа ижәлар ажәабжьҳәаратә ус аанымкыларц ирылшоз зегь шыҟарҵоз. Урҭ ражәақәа шиашоу ала ашьақәырӷәӷәарақәагьы ыҟоуп. Ҳҭоурых еиҳа еиӷьны адырра Абиблиа иану хҭысқәак рҵакы еиӷьны аилкаара иҳацхрааит.

6, 7. а) Иарбан уадаҩрақәоу Абиблиа аҭҵааҩцәа Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан изықәшәаз? б) Иаажәга Абиблиа аҭҵааҩцәа гәацԥыҳәарала ажәабжь шырҳәоз узырбо аҿырԥштәқәа.

6 Афактқәа ҳара излаҳдырбо ала, Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан (1914—1918) Абиблиа аҭҵааҩцәа гәацԥыҳәарала ажәабжь рҳәон. Мзызқәак ирыхҟьаны уи аҟаҵара мариамызт. Еилҳаргап урҭ рахьтә ҩба. Актәи, усҟантәи аамҭазы ажәабжьҳәараҿы Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа ршара ихадоу аҭыԥ ааннакылон. Убри аҟынтә 1918 шықәса алагамҭазы аиҳабыратә мчрақәа ашәҟәы «Завершенная тайна» аларҵәара ҟалом ҳәа анырыӡба, аишьцәа ажәабжь бзиа аҳәара рцәыцәгьахеит. Урҭ ашәҟәы «Завершенная тайна» дара рзы иахьцәажәоз иашьцылахьан, аха уажәшьҭа Абиблиа мацара рхы иархәаны ажәабжь рҳәалар акәын. Аҩбатәи, 1918 шықәсазы испанка ҳәа изышьҭоу агрипп цәырҵит. Хәышәтәышьа змамыз ари ачымазара егьырҭ рахь ииасуан, убри аҟынтә ажәабжьҳәаҩцәа зехьынџьара ажәабжь рызҳәомызт. Абарҭ, насгьы егьырҭ ауадаҩрақәа ирмыхәаԥшӡакәа, Абиблиа аҭҵааҩцәа гәыԥк аҳасабала ажәабжьҳәаратә ус аанымкыларц азы ирылшоз зегь ҟарҵон.

Абиблиа аҭҵааҩцәа ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара аадырԥшуан (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6, 7.)

7 1914 шықәса аҩныҵҟа усҟан зхыԥхьаӡара рацәамыз Абиблиа аҭҵааҩцәа «Фотодрама творения» 9 000 000-ҩык инареиҳаны иддырбеит. Афотодрама акинокадрқәеи, аслаидқәеи, абжьқәеи рыла ишьақәгылан, уа Адгьыл аншаз инаркны Зқьышықәсатәи Иисус инапхгара аҵыхәтәанӡа имҩаԥысуа ахҭысқәа арбан. Ари аҩыза уаанӡа аӡәгьы иҟаимҵацызт! 1914 шықәса мацара аҩныҵҟа «Фотодрама» иахәаԥшыз рхыԥхьаӡара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара аасҭа еиҳауп. Аҳасабрбақәа ишаҳдырбо ала, 1916 шықәсазы Еиду Аштатқәа рҿы аизарақәа 809 393-ҩык рҭааит, 1918 шықәсазы уи ахыԥхьаӡара 949 444 аҟынӡа еизҳаит. Ииашаҵәҟьаны, Абиблиа аҭҵааҩцәа ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара ду аадырԥшуан.

8. Ишԥацхраауаз Иегова иорганизациа аишьцәа рдоуҳатә ҭахрақәа рынагӡара Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан?

8 Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан аҭакԥхықәра здыз аишьцәа рымч иамеигӡаӡакәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы инхоз Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәы шьҭырхуан, насгьы адоуҳатә фатә рымазарц еиҷаҳауан. Уи аишьцәа анаҩсгьы ажәабжь аҳәара ирыцхраауан. Абар уи аамҭа иазкны гәацԥыҳәарала ажәабжь зҳәоз аишьцәа ируаӡәкыз Ричард Барбер еиҭеиҳәаз: «Ҳара араионтә хылаԥшыҩцәақәак рмаҵзура иацырҵаларц, насгьы „Сторожевая башня“ анаҩсгьы иҭыҵларц ҳахылаԥшуан. Иара убас уи ажурнал мап ахьацәкыз Канада иҳашьҭуан. [...] Сара исыдырҵеит аџьыба иакуа форматла иҟаз ашәҟәы „Завершенная тайна“ уи змырхыз аишьцәа ԥошьҭала ирзысышьҭларц. Аиашьа Рутерфорд дҳаҳәеит Еиду Аштатқәа мраҭашәаратәи ақалақьқәа рҿы аконгресс еиҿаҳкаарц, насгьы аишьцәа зегьы ргәы шьҭаҳхырц азы уахь ажәахәқәа зманы иқәгылоз аишьцәа ҳашьҭырц».

АРИАШАРА АҬАХЫН

9. а) Избан 1914 шықәса инаркны 1919 шықәсанӡа Абиблиа аҭҵааҩцәа ариашара зырҭахыз? б) Иаанамгози уи ариашара?

9 1914 шықәса инаркны 1919 шықәсанӡа Абиблиа аҭҵааҩцәа еснагь абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны инхомызт. Аишьцәа гәык-ԥсык ала иҟан, аха зны-зынла иаԥу амчрақәа рзыӡырҩра иаанаго ииашаны ирзеилкаауамызт (Римаа рахь 13:1). Убри азоуп гәыԥк аҳасабала аибашьра аан еснагь анеитралитет зырмыхьчоз. Иаҳҳәап, Еиду Аштатқәа рыпрезидент 1918 шықәса, маи 30 аҭынчразы анцәаиҳәара иамшуп ҳәа анрылеиҳәа, «Сторожевая башня» Абиблиа аҭҵааҩцәа уи рҽаладырхәырц ргәазҭанаҵон. Аишьцәа шьоукы аибашьра ԥарала иацхраауан, егьырҭ абџьар шьҭыхны еибашьра ицон. Аха урҭ Вавилон Ду атҟәара изҭашәаз ариашара ахьырҭахыз азы ауп ҳәа аҳәара иашахомызт. Дара ибзианы еилыркаауан адунеизегьтәи амцдинхаҵара аимпериа рҽацәырыхьчалар шрыхәҭоу, убри аҟынтә Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан уи аҵыхәтәанынӡа иалҵит ҳҳәар ҳалшоит. (Шәаԥхьа Лука 12:47, 48.)

10. Ишԥаадырԥшуаз Абиблиа аҭҵааҩцәа аԥсҭазаарахь апатуқәҵара?

10 Усҟан Абиблиа аҭҵааҩцәа ақьырсиантә неитралитет ахьчара иаанаго ҳара ҳаиԥш аҵыхәтәанынӡа ишырзеилымкаауазгьы, дара ибзиаӡаны еилыркаауан Абиблиа ауаа рышьра азин шаҳнамҭо. Убри аҟынтә абџьар шьҭыхны еибашьра ицоз зхыԥхьаӡара рацәамыз аишьцәагьы ауаа рышьра мап ацәыркуан. Урҭ рахьтә шьоукы аибашьра ахьеилашуаз ирышьҭуан, уа иршьырц азы.

11. Ишԥазнеи аиҳабыратә мчрақәа Абиблиа аҭҵааҩцәа ауаа рышьра мап ахьацәыркыз?

11 Аишьцәа аибашьра аганахь ала ирымаз азнеишьа уиаҟара ииашамызт, аха уи уеизгьы Аҩсҭаа игәы ԥнажәон. Убри аҟынтә иара азакәан ихы иархәаны, ацәгьара рзура иҽазишәеит (Аԥсалом 94:20, АдҾ). Џьеимс Франклин Белл, америкатәи ар аинрал-маиорс иамаз, Џьозеф Рутерфорди Уилиам ван Амбурги данрацәажәоз иҳәеит Еиду Аштатқәа реиҳабыра азакәан ҿыц аԥырҵарц ргәы ишҭаз. Уи инақәыршәаны абџьар шьҭыхны еибашьра имцоз ашьра рзыԥшын. Иажәақәа рыла, ари азакәан раԥхьа иргыланы изҵанакуаз Абиблиа аҭҵааҩцәа ракәын. Аинрал Белл иԥсахы еибакны аиашьа Рутерфорд иеиҳәеит: «Азакәан рыдрымкылаӡеит, уи Вильсон [Еиду Аштатқәа рыпрезидент] даԥырхагахеит; аха ҳара иаҳдыруеит шәара шәҟынӡа анеиразы иҟаҵатәу, уи иагьыҟаҳҵоит!»

12, 13. а) Избан аҭакԥхықәра змаз ааҩык аишьцәа акыраамҭа абахҭа иҭаркырц зырыӡбаз? б) Ирԥырхагахама аишьцәа абахҭа иахьҭаркыз Иегова изыӡырҩра? Иҳаилшәыркаа.

12 Ииашаҵәҟьаны, аиҳабыра ирҳәаз аҟаҵара рҽазыршәеит. Аишьцәа Рутерфорди, ван Амбурги, Ахьчаратә Бааш аилазаара фҩык ахаҭарнакцәеи абахҭа иҭаркит. Урҭ ианрықәыӡбоз, аӡбаҩ иҳәеит: «Арҭ ахацәа инарыгӡоз адинхаҵаратә пропоганда анемец дивизиа аасҭа ишәарҭоуп. Урҭ ихадоу аӡбарҭа аусуҩцәеи арратә ԥшыхәратә усбарҭеи рыдагьы, ауахәамақәа зегьы ладырҟәуеит. Урҭ гәымбылџьбарала иахьырхәтәуп» (Макмиллан А. Х. Вера на марше). Ус иагьыҟалеит. Ааҩык Абиблиа аҭҵааҩцәа акыраамҭа абахҭа иҭаркырц рыӡбеит, урҭ Атланта (аштат Џьорџьиа) иҟоу ихадоу абахҭахь ирышьҭит. Аха аибашьра анеилга, урҭ аурыжьит, насгьы ахара рхырхит.

13 Абахҭа ианҭакызгьы ааҩык арҭ аишьцәа Аҩыра иану апринципқәа иахьынӡеилыркаауаз ала ирықәныҟәон. Аишьцәа рганахь ала ирыдыркылаз аӡбара рыԥсахырц азы Еиду Аштатқәа рыпрезидент иахь иҟарҵаз аҳәараҿы ирҩит Абиблиа ауаа рымшьларц шранаҳәо, насгьы Анцәа зҽизызкыз, аха идырны изымӡырҩуа зегьы иразра шырцәыӡуа, насгьы наӡаӡа ишықәгахо. Дара ирҳәеит ауаҩы ишьра мап зацәыркуа убри азы шакәу. Апрезидент абас еиԥш иҟоу ажәақәа изыҩразы агәымшәара аҭахын. Ҳәарада, арҭ аишьцәа аҵыхәтәанынӡа Анцәа изиашаны аанхара иазхиан.

АКЫР ШЫҚӘСА ИЗЗЫԤШЫЗ АХАҚӘИҬРА

14. Иаҳзеиҭашәҳәа Абиблиа инақәыршәаны 1914 шықәса инаркны 1919 шықәсанӡа иҟаз.

14 Малахиа (Малахия) 3:1—3 (шәаԥхьа) аҿы Анцәа идоуҳала иалху «Леви иԥацәа» аныриашахоз аамҭа (1914 шықәса инаркны 1919 шықәса алагамҭанӡа) атәы ануп. Уи аамҭазы «ииашаҵәҟьаны Иҳақәиҭу» Анцәа Иегова «аиқәшаҳаҭра ажәабжьҳәаҩ» Иисус Христос дицны адоуҳатә уахәамаҿы амаҵ зуаз гәеиҭарц азы дааит. Иаҳәҭаз ариашара анроу, Иегова ижәлар адҵа ҿыцқәа рынагӡара иазхиан. 1919 шықәсазы Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа зегьы адоуҳатә фатәы рыҭаразы игәрагоу, иҟәышу атәы далхын (Матфеи 24:45). Анцәа ижәлар Вавилон Ду анырра аҟынтә ахақәиҭра роуит. Убри инаркны Иегова иааирԥшуа ақьиара абзоурала имаҵзуҩцәа игәаԥхара еиӷьны еилыркаауеит, рыбзиабарагьы еиҳа иӷәӷәахоит. Иара ириҭо азылԥхарақәа рзы аџьшьара аадырԥшуеит1.

15. Ҳгәазызҭанаҵалар акәзеи Вавилон Ду анырра аҟынтә ҳхы ҳахьақәиҭхаз?

15 Шаҟа инасыԥ дуузеи Вавилон Ду анырра аҟынтә ҳхы ҳахьақәиҭу! Ииашаҵәҟьоу ақьырсианра ықәихырц азы Аҩсҭаа иҟаиҵоз аҽазышәарақәа зегьы лҵшәада иаанхеит. Иегова ари ахақәиҭра зҳаиҭаз ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлар ауп (2 Коринфаа рахь 6:1). Гәыкала иҟоу ауаа аӡәырҩы макьана амцдинхаҵара итҟәаны иамоуп. Урҭ ахақәиҭра роурц ҳрыцхраар ауп. Ҳара уи шыҟаҵатәу дҳарбар ҳалшоит. Шәааи иҳаҩсыз ашәышықәсазы инхоз ҳашьцәа ҳарҿыԥшны, урҭ ауаа ҳрыцхраарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап!

^ 1 Абзац 14. Аиудеиаа 70 шықәса рыҩныҵҟа изҭаз вавилонтәи атҟәареи аҵыхәтәантәи апостол данԥсы ашьҭахь иҟалаз ахьаҵра аан ақьырсианцәа зықәшәази злеиԥшу рацәоуп. Аха вавилонтәи атҟәара 1919 шықәсанӡа Анцәа идоуҳала иалхыз ақьырсианцәа зықәшәаз иаҿырԥшӡам. Иаҳҳәап, раԥхьа иҟаз атҟәареи аҩбатәи атҟәареи шаҟа аамҭа ицоз еиԥшӡам. Убри аҟынтә ажәытәан иҟаз вавилонтәи атҟәара иадҳәалоу зегьы аԥааимбаражәатә ҵакы рымоуп ҳәа агәаанагара ҳамамзар ауп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра