Иаҳәозеи Абиблиа?
Иҟаиҵома Анцәа аҳәарақәа зегь рҭак?
ШӘЗЫҚӘШАҲАҬУЗЕИ ШӘАРА?
Анцәа ауаа зегьы рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит.
Анцәа иалкаау ауаа рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит.
Анцәа аӡәгьы иҳәара аҭак ҟаиҵаӡом.
АБИБЛИА ИАҲӘО
«Нцәа Ҳазшаз... дырзааигәоуп аҵабыргаз иашьапкуа зегьы» (Аԥсалом 144:18 [145:18, АдҾ]).
АБИБЛИА АҞЫНТӘ ЕИҬА ЕИЛАҲКААР ҲАЛШО
Анцәа иԥҟарақәа ирықәымныҟәо рыҳәарақәа дырзыӡырҩӡом (Исаиа [Исаия] 1:15). Аха ус еиԥш иҟоу ауаа рыԥсҭазаашьа ԥсахны Анцәеи дареи реизыҟазаашьа еиӷьыртәыр рылшоит (Исаиа [Исаия] 1:18).
Анцәа ауаа рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵарц азы, урҭ аҳәарақәа Абиблиа иану аҭахрақәа ирықәшәозар ауп (1 Иоанн 5:14).
Иахәҭоума Анцәа ҳиҳәалар иалкаау тәашьак, ма гылашьак ҳаманы?
ШЬОУКЫ РГӘЫ ИААНАГОИТ ишьамхышгыланы, рхы лашьҭны, ма рнапқәа еиқәыԥсаны Анцәа иҳәалар ауп ҳәа. Шәара шәгәы ишԥаанаго?
АБИБЛИА ИАҲӘО
Анцәа ауаа рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵон урҭ итәаны, игыланы, иқәианы, ма ишьамхышгыланы ианиҳәозгьы (1 Ашықәсынҵа [1 Летопись] 17:16; 2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 30:27; Ездра [Ездра] 10:1; Аусқәа 9:40). Иара иалкаау тәашьак, ма гылашьак ҳаманы ҳиҳәаларц иҭахӡам.
АБИБЛИА АҞЫНТӘ ЕИҬА ЕИЛАҲКААР ҲАЛШО
Анцәа ахынраалара аазырԥшуа дырзыӡырҩуеит (Аԥсалом 137:6 [138:6, АдҾ]).
Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит иарбан бызшәазаалак алагьы, ҳабжьы ҭыганы, иара убас гәанылагьы (2 Ашықәсынҵа [2 Летопись] 6:32, 33; Неемиа [Неемия] 2:1—6).