Азиашара аазырԥшуа аишьцәа еиҳаны аҭакԥхықәрақәа рышәҭала
«Сара сахьтә иуаҳаз... ажәабжь уазҳәарала ирыларҵәала, иԥшаала убри ажәабжь дырҵара, уазҳәара азыҟаҵара зылшаша агәрахаҵара змоу ауаа» (2 ТИМ. 2:2).
АШӘАҚӘА: 123, 53
1, 2. Ишԥазыҟоу ауаа аӡәырҩы русура?
ЛАССЫ-ЛАССЫ ауаа рзы ихадоу дара иааныркыло аҭыԥи инарыгӡо ауси ауп. Уи рхы шаҟа пату ақәырҵо ианыруеит. Культурақәак рҿы ауаа анеибадыруа, зегь раԥхьаӡа иргыланы «аус абажәуеи?» ҳәа иҵаар алшоит.
2 Зны-зынла Абиблиа еиуеиԥшым ауаа занааҭс ирымаз аҳәоит. Иаҳҳәап, уа иануп «аҳазалхҩы Матфеии», «ацәарҵәҩы Симон», насгьы «аҳақьым Лука» рыӡбахә (Матф. 10:3; Аус. 10:6; Кәал. 4:14). Иҟан Иегова ирыдиҵаз ҳаҭыр зқәу адҵақәа рыла еицырдыруаз ауаа. Убас, Абиблиаҿы аҳ Давид, аԥааимбар Илиа, иара убас апостол Павел рыӡбахә ануп. Урҭ рмаҵзура ахә ҳаракны иршьон. Ҳаргьы Анцәа иорганизациаҿы иҳаду ҳаҭыр зқәу адҵақәа рыхә ҳаракны иаҳшьалар ауп.
3. Избан еиҳа еиҳабу аишьцәа иқәыԥшу аишьцәа азыҟарҵалар зрыхәҭоу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
3 Ҳара иаҳгәаԥхоит иҳамоу адҵақәа, насгьы урҭ анаҩсгьы инаҳагӡалар ҳҭахуп. Илахьеиқәҵагоуп, аха Адам иаамҭақәа инадыркны ауаа ажәуеит, насгьы абиԥарақәа рҽырыԥсахуеит (Еккл. [Эккл.] 1:4). Ҳаамҭазгьы уи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ауадаҩрақәа рзаанагоит. Иегова ижәлар инарыгӡо аус амҽхак даара иҭбаауп. Апроект ҿыцқәа рынагӡаразы иҿыцу аметодқәа ҵалатәуп, уи азы зҽызыԥсахуа азнеишьақәа рхархәара аҭахуп. Аха зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа шьоукы иҿыцу аметодқәа рҵара рцәыцәгьоуп (Лука 5:39). Ишыҟазаалакгьы, иқәыԥшу еиҳаны амчи алшареи рымоуп (Ажәам. [Прит.] 20:29). Убри аҟынтә еиҳа еиҳабу аишьцәа иқәыԥшу азыҟарҵалар ауп, урҭ еиҳаны аҭакԥхықәрақәа ргара иазхиазарц азы, уи ала дара аҟәыӷареи абзиабареи аадырԥшуеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 70:18 [71:18, АдҾ].)
4. Избан шьоукы ирыду аҭакԥхықәрақәа егьырҭ рыҭара зырцәыцәгьоу? (Шәахәаԥш арамка «Шьоукы ирыду аҭакԥхықәрақәа егьырҭ рыҭара зырҭахым».)
4 Зны-зынла аҭакԥхықәра зду шьоукы рыдҵақәа еиҳа иқәыԥшу аишьцәа рыдҵара рцәыцәгьоуп. Шьоукы бзиа ирбо адҵақәа рцәыӡыр ҳәа ишәоит. Егьырҭ уаҳа зегьы аконтроль рзура рылымшар ҳәа ишәоит, насгьы дара инарыгӡоз аус иқәыԥшцәоу ус ибзианы ирзынагӡом ҳәа ргәы иаанагоит. Даҽа шьоукы егьырҭ разыҟаҵаразы аамҭа рымам ҳәа рыԥхьаӡоит. Аха даҽа ганкахьала, иқәыԥшу аишьцәа ачҳара аадырԥшлар ауп, макьана еиҳаны аҭакԥхықәрақәа рыдрымҵозар.
5. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?
5 Ари астатиаҿы ихадоу ҩ-зҵаарак еилҳаргоит. Актәи, ишԥарылшо еиҳа еиҳабу аишьцәа иқәыԥшу еиҳаны аҭакԥхықәрақәа ргара ирыцхраар, насгьы избан уи аҟаҵара зхадоу? (2 Тим. 2:2). Аҩбатәи, избан иқәыԥшу аишьцәа еиҳа еиҳабу ианрыцхраауа, насгьы ак анырҿырҵаауа аамҭазы ииашоу агәазыҟашьа аадырԥшлар зрыхәҭоу? Шәааи раԥхьа еилҳаргап аҳ Давид ихадоу адҵа анагӡаразы иԥа дшазыҟаиҵаз.
ДАВИД СОЛОМОН ДАЗЫҞАИҴЕИТ, НАСГЬЫ ДИЦХРААИТ
6. Иарбан гәазыҳәароу имаз аҳ Давид, аха иеиҳәазеи уи Иегова?
6 Шықәсқәак рыҩныҵҟа Давид ишьҭашәарыцон аҟынтә, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иҽиҵәахлар акәын, аха нас аҳас дҟалеит, насгьы идуӡӡаз, иԥшӡаз аҩнаҿы анхара далагеит. Иара ихьааигон Израиль Иегова изкыз аҩны, ма ауахәама, ахьыҟамыз, убри аҟынтә уи иргыларц иӡбеит. Давид аԥааимбар Нафан иеиҳәеит: «Сара аԥса иалху аҩнаҿы сынхоит, Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег ақьала иҵагылоуп». Нафан ҭакс иҳәеит: «Угәы иҭоу зегь нагӡа, избанзар ииашаҵәҟьоу Анцәа уара дуцуп». Аха Иегова ихәаԥшышьа даҽакын, убри аҟынтә Нафан абарҭ ажәақәа Давид иеиҳәарц идиҵеит: «Уара уакәӡам сахьынхало аҩны зыргыло». Анцәа Давид анаҩсгьы дшизылԥхало дақәиргәыӷит, аха иара иӡбеит ауахәама зыргыло аҳ иԥа Соломон шиакәхо. Ишԥақәҿиҭи Давид уи? (1 Аш. [1 Лет.] 17:1—4, 8, 11, 12; 29:1).
7. Ишԥақәҿиҭи Давид Иегова инапхгара?
7 Давид ауахәама аргыларазы ахьӡ-аԥша иара иахьимоуа азы аӡәгьы дицхраауам ҳәа имыӡбаӡеит. Ишаҳдыруа еиԥш, уи ахыбра ду Давид иуахәама ҳәа акәымкәа, Соломон иуахәама ҳәа ауп ишеицырдыруаз. Иҟалап Давид игәҭакы ахьизынамыгӡаз игәы каҳазар, аха иара гәыкала аргылара дацхрааит. Иара аусуҩцәа еизигеит, насгьы аихеи, абҩеи, араӡни, ахьи, аԥса қыдқәеи ирхиеит. Уи ашьҭахь иара Соломон абарҭ ажәақәа рыла игәы шьҭихит: «Уажәшьҭа, сԥа, Иегова дуцзааит. Уара ақәҿиара уоуеит, насгьы у-Нцәа Иегова ишиҳәаз еиԥш аҩны изургылоит» (1 Аш. [1 Лет.] 22:11, 14—16).
8. Избан Давид игәы изаанагоз Соломон адырреи аԥышәеи изхаӡом ҳәа, аха иҟаиҵазеи иара?
8 Уаԥхьа 1 Ашықәсынҵа (1 Летопись) 22:5. Иҟалап Давид игәы иаанагозҭгьы Соломон ихадоу ари адҵа анагӡаразы адырреи аԥышәеи изхаӡом ҳәа. Иргылатәын ауахәама ду, аха Соломон макьана дқәыԥшын, насгьы аԥышәа имамызт. Аха Давид идыруан уи адҵа анагӡараҿы Соломон Иегова дышицхраауа. Убри аҟынтә иара иганахь ала иҟаиҵар илшоз ихы азишьҭит,— аргыларазы иаҭахыз амаҭәахәқәа рацәаны реизгара далагеит.
ГӘЫРӶЬАРАЛА ЕГЬЫРҬ АЗЫҞАШӘҴАЛА
Еиҳа иқәыԥшу аишьцәа еиҳаны аҭакԥхықәрақәа ргара иахьазхиоу ҳгәы шьҭнахуеит (Шәахәаԥш абзац 9.)
9. Избан еиҳа еиҳабу аишьцәа ирыду адҵақәа егьырҭ ианрырҭо игәырӷьалар зрылшо? Иаажәга аҿырԥштәы.
9 Еиҳа еиҳабу аишьцәа инарыгӡо адҵақәа иқәыԥшу рыҭара анрықәшәо ргәы кармыжьлар ауп. Избанзар иқәыԥшу аишьцәа еиҳаны аҭакԥхықәра агара анддырҵо, уи зегьы ахәарҭа рзаанагоит. Аҭакԥхықәра зду аишьцәа гәырӷьалар ауп, аҵара здырҵоз еиҳа иқәыԥшу аишьцәа урҭ рыдҵақәа шынарыгӡо анырбо. Шәааи ҳазхәыцып аби аԥеи рҿырԥштәы. Аԥа амашьына аныҟәцашьа иҵар иҭахуп. Аҷкәын даныхәыҷу иаб амашьына шныҟәицо дацклаԥшуеит. Аԥа изҳацыԥхьаӡа, аб иҟаиҵо инарҭбааны изеиҭеиҳәоит. Аԥа иқәра анынаӡалак, насгьы амашьына аныҟәцаразы азин изҭо аршаҳаҭга аниоулак, ихала амашьына аныҟәцара далагоит, аха аб уеизгьы имоу аԥышәа иԥа анаҩсгьы ицеиҩишоит. Иҟалап аԥхьа амашьына еимда-ааимдо иныҟәырцозар, аха аб иқәра цацыԥхьаӡа, аԥа еиҳа лассы-лассы амашьына ныҟәицо далагоит. Аҟәыӷара злоу аб уи деигәырӷьоит, насгьы аԥа аконтроль изулатәуп ҳәа иԥхьаӡаӡом. Убас еиԥш, еиҳа еиҳабу аишьцәа иқәыԥшу аишьцәа Иегова иорганизациаҿы адҵақәа нарыгӡаларц азы разыҟаҵара ахьрылшаз еигәырӷьоит.
10. Дышԥарзыҟаз Моисеи ахьӡ-аԥшеи амчреи?
10 Еиҳа еиҳабу аишьцәа ахыбаареи ашьыцреи иаламгарц ргәырҽанызар ауп. Шәахәаԥш израильтәи алагер аҿы шьоукы аԥааимбарцәа реиԥш рхы мҩаԥырго ианалага, Моисеи уи ишақәҿиҭыз. (Уаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа [Числа] 11:24—29.) Моисеи ицхырааҩ Иисус Навин урҭ ааникыларц иҭахын. Урҭ Моисеи имчра иаҿагылоит ҳәа игәы иаанагазар ҟалап. Аха Моисеи уи иеиҳәоит: «Сҭыԥ уахыбаауама уара? Иаҭахӡам. Сара исҭахуп Иегова идоуҳа ажәлар зегьы ириҭар, насгьы зегьы ԥааимбархарц!» Моисеи еиликаауан арҭ ахҭысқәа зегьы Иегова игәаԥхара ишақәшәоз. Иара ахьӡи-аԥшеи иҭахымызт, уи иҭахын иара иоуз адоуҳатә ҳамҭақәа Иегова имаҵзуҩцәа зегьы ироурц. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара иҳазкны? Ҳаигәырӷьома ҳара егьырҭ адҵақәа анроуа?
11. Ииҳәазеи иашьак, идыз аҭакԥхықәра даҽаӡәы ииҭар анакәха?
11 Аишьцәа аӡәырҩы ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа рымч иамеигӡаӡакәа Иегова имаҵ руан, иара убас егьырҭ еиҳаны аҭакԥхықәрақәа ргаларц иазыҟарҵон. Абар 74 шықәса инареиҳаны заамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазызкуаз Питер иҿырԥштәы. Урҭ рахьтә 35 шықәса Европа иҟоу афилиалқәа руак аҿы амаҵ иуан. Аакьыскьанӡа иара амаҵзуратә ҟәша хылаԥшҩыс даман. Уажәы Питер инаигӡоз адҵақәа Пол зыхьӡу еиҳа иқәыԥшу аиашьа инаигӡоит. Уи шықәсқәак рыҩныҵҟа Питер аус ициуан. Питер ари аԥсахра аганахь ала игәы иаанагозеи ҳәа ианиазҵаа, иҳәеит: «Сара даара сеигәырӷьоит иҿыцу адҵақәа рынагӡара иазыҟаҵоу, насгьы урҭ адҵақәа бзиаӡаны иназыгӡо аишьцәа ахьыҟоу».
ЕИҲА ЕИҲАБУ, НАСГЬЫ АԤЫШӘА ЗМОУ ҲАҬЫР РЫҚӘЫШӘҴАЛА
12. Иаҳнарҵар алшозеи Ровоам иҿырԥштәы?
12 Соломон данԥсы ашьҭахь, иԥа Ровоам аҳас дҟалеит. Идҵақәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаара анизцәырҵ, иара раԥхьа алабжьаразы аиҳабацәа дрыҳәеит. Аха урҭ рылабжьара иара игәамԥхеит, убри аҟынтә идимкылеит. Убасҟан Ровоам ицеизҳаз, насгьы имаҵ зуаз иқәлацәа рҿы алабжьара аԥшаара далагеит. Уи аҵыхәтәа даара илахьеиқәҵагахеит (2 Аш. [2 Лет.] 10:6—11, 19). Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Алабжьаразы ҳара ҳаҵкыс еиҳабу, насгьы аԥышәа змоу ҳрыдҵаалозар, иара убас уи ибзианы ҳазхәыцуазар, аҟәыӷара ааҳарԥшуеит. Еиҳа иқәыԥшу аишьцәа ргәы иаанамгалароуп ирыдырҵаз адҵа дара ирыдырҵаанӡа егьырҭ ишынарыгӡоз еиԥш инарыгӡалар ауп ҳәа. Убри аамҭазгьы, еиҳа еиҳабу аишьцәа ирырҭо алабжьарақәа зегь мап рцәырымклар ауп.
13. Ишԥарылшо иқәыԥшу аишьцәеи еиҳа еиҳабу аишьцәеи аус еицырулар?
13 Иқәыԥшу аишьцәа шьоукы дара раасҭа еиҳабу, еиҳа аԥышәа змоу аишьцәа инарыгӡо аус напхгара аназыруа ыҟоуп. Дара имаҷымкәа аҭакԥхықәрақәа рыдуп, аха аӡбарақәа рыдыркылаанӡа, еиҳа аԥышәа змоу, зықәрахь инеихьоу аишьцәа иҟәыӷоу рылабжьарақәа ирзыӡырҩлар ауп. Абар хыхь зыӡбахә ҳәаз Питер иҭыԥан амаҵзуратә ҟәша хылаԥшҩыс иҟалаз аиашьа Пол ииҳәо: «Сара еснагь Питер игәаанагара еилыскаарц азы аамҭа сыԥшаауан, егьырҭгьы ус аҟаҵара ргәазҭасҵон».
14. Иаҳнарҵозеи Тимофеии апостол Павели аус шеицыруаз?
14 Иаҳгәалаҳаршәап ҳара Тимофеи иҿырԥштәы. Уи иара иаҵкыс еиҳабыз апостол Павел акыр шықәса амаҵ ициуан. (Уаԥхьа Филиппаа рахь 2:20—22.) Павел Коринф инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит: «Дышәзынасышьҭуеит, Иҳақәиҭу иҿы бзиабарала, гәрагарала сыззыҟоу сԥа, уи шәара ишәзеиҭеиҳәап Христос Иисус иахь инагоу сымҩа аӡбахә [«схы иасырхәо азнеишьақәа», АдҾ], иара убас уахәамас иҟоу зегьы рҿы агәрахаҵара шрыласырҵәо, сышуазҳәауа ртәы» (1 Кор. 4:17). Арҭ ажәақәа ишаҳдырбо еиԥш, Павели Тимофеии рыжәҩахыр еибыҭаны аус еицыруан. Павел Иисус Христос иҿы ихы иаирхәоз азнеишьақәа Тимофеи иирҵаларц азы аамҭа алихуан. Тимофеи дҵаҩ бзиан, Павелгьы уи бзиа дибон. Иара агәра ганы дыҟан Тимофеи ишилшо Коринф инхо ақьырсианцәа рдоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳара. Аизараҿы анапхгара шыҟаҵалатәу егьырҭ идзырҵо аизара аиҳабацәа рзы Павел аҿырԥш бзиа аанижьит.
ДАСУ ИНАҲАГӠО АРОЛЬ ДААРА ИХАДОУП
15. Ишԥаҳацхраауеи Павел Рим инхоз ақьырсианцәа ириҭаз алабжьара, ҳҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахзар?
15 Ҳара иааџьоушьаша аамҭазы ҳанхоит. Иегова иорганизациа адгьылтәи ахәҭа ирласны аизҳара иаҿуп, аизҳара еснагь аԥсахрақәа ирыдҳәалоуп. Урҭ аԥсахрақәа ҳаргьы ианаҳныруа, шәааи ахынраалара аарԥшуа ҳара ҳзы акәымкәа, Иегова изы ихадоу ҳазхәыцлап. Ус ҟаҳҵозар, акзаара ҳахьчалоит. Павел Рим инхоз ақьырсианцәа ирзиҩуан: «Шәарбанзаалакь ишәасҳәоит: шәызлаҟоу еиҳаны, иахырҟьаны шәхы шәымбан, шәахнамԥаан; Анцәа доусы ишәаҭәеишьаз агәрахаҵара ишаҳәо ала, хӡырымгарала шәыҟаз. Дарбанзаалакь цәеижьки уи ахәҭақәеи рыла дшышьақәгылоу, ацәеижь ахәҭақәагьы доусы дара зызку шрымоу аиԥш, Ҳарҭ зегьы Христос иҿы цәеижькны ҳаҟоуп» (Рим. 12:3—5).
16. Иҟарҵалар акәзеи еиҳа еиҳабу аишьцәеи иқәыԥшу аишьцәеи, иара убас урҭ рыҳәсеи Иегова иорганизациаҿы аҭынчреи акзаареи ыҟазарц азы?
16 Ҳҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы, шәааи иҳалшо зегь ҟаҳҵалап Аҳра аус ԥхьаҟа ицаларц азы. Зықәрахь инеихьоу аишьцәа, идшәырҵала иқәыԥшу шәус шынагӡалатәу. Иқәыԥшу аишьцәа, шәазхиаз аҭакԥхықәрақәа ргара, ахӡырымгара аашәырԥшла, насгьы шәара шәаасҭа еиҳабу пату рықәышәҵала. Аҳәса, шәылҿыԥшла Прискилла, лара еснагь лыԥшәма Акилла дицын, насгьы рыԥсҭазаараҿы аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуаз дидгылан (Аус. 18:2).
17. Зыгәра ганы дыҟази Иисус иҵаҩцәа рганахь ала, насгьы избан урҭ зазыҟаиҵоз?
17 Егьырҭ разыҟаҵара шаҭаху аганахь ала Иисус иреиӷьу аҿырԥштәы ҳзынижьит. Иара идыруан адгьыл аҿы имаҵзура шхыркәшахо, насгьы иара дызлагаз аус егьырҭ ишацырҵо. Иҵаҩцәа наӡаӡамызт, аха иара рыгәра игон, насгьы иҳәеит урҭ иара иҟаиҵоз аусқәа раасҭа еиҳау шыҟарҵо (Иоанн 14:12). Иара урҭ ибзиаӡаны иазыҟаиҵеит, убри аҟынтә дара усҟантәи адунеи зегь ажәабжь бзиа аларҵәара рылшеит (Кәал. 1:23).
18. Иарбан ԥеиԥшу иаҳзыԥшу, насгьы иҟаҳҵалар ҳалшозеи иахьа?
18 Иисус кәырбанс ихы наганы иԥсҭазаара анҳахҭниҵа ашьҭахь, Анцәа уи жәҩантәи аԥсҭазааразы иԥсы ҭеиҵеит, иара убас еиҳаны аҭакԥхықәрақәеи амчреи ииҭеит. Абиблиаҿы иануп: «Уи имч-илшара адунеи аҿы мчрас иҟоу зегьы раҵкыс иӷәӷәоуп, хьӡи-ԥшеис иҟоу, маҵурас иҟоу зегьы иреиҳауп» (Еф. 1:19—21). Анцәа ҳизиашаны ҳаанхозар, Армагеддон алагаанӡа ҳаԥсыргьы, амцқьара ахьыҟам адунеи ҿыц аҿы ҳаԥсы ҭалоит, уа аинтерес зҵоу адҵақәа рацәахоит. Уажәы ҳара зегьы, зықәрахь инеихьоугьы, иқәыԥшугьы, даара ихадоу аус ҳҽалаҳархәлар ҳалшоит — ажәабжь бзиа аиҭаҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи. Шәааи Иҳақәиҭу иус аҿы ирацәаны аџьабаа ҳбалап! (1 Кор. 15:58).