Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 сентиабр ад. 8—13
  • Аҿар рыхә шәшьала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҿар рыхә шәшьала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АХЫНРААЛАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • АХӠЫРЫМГАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • ҬАБУП ШӘҲӘАЛА
  • АГӘЫҲАЛАЛРА ААШӘЫРԤШЛА
  • Азиашара аазырԥшуа аишьцәа еиҳаны аҭакԥхықәрақәа рышәҭала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхә шәшьала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Имариам аҭагылазаашьақәа рҿгьы ахӡырымгара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 сентиабр ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 36

Аҿар рыхә шәшьала

«Аҿар зырԥшӡо рымч ауп» (АЖӘАМ. 20:29).

АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт

АХҲӘААa

1. Иарбан хықәку зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿаԥхьа иқәдыргылар рылшо?

ЛАССЫ-ЛАССЫ зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уаанӡа Иегова имаҵ аураҿы иҟарҵоз уажәы иахьырзыҟамҵо ргәы иалоуп. Урҭ рықәра цацыԥхьаӡа уи еиҳагьы игәныргоит. Еилкаауп, дара еиҳа-еиҳа рымчқәа маҷхоит. Аха урҭ аԥышәа ду рымоуп. Уи рхы иадырхәалар рылшоит иқәыԥшу рҟазара еиӷьыртәларц, насгьы аизараҿы еиҳаны аџьабаа абара ирыцхрааларц азы. Абар акыршықәса аизара аиҳабыс амаҵ зуа аиашьа ииҳәо: «Сықәра шцаз сныруеит. Аха шаҟа ибзиоузеи зыгәрагара иаԥсоу, адҵақәа здуҵартә иҟоу иқәыԥшу аишьцәа ахьҳамоу».

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи зықәрахь инеихьоу ҩызцәас ианышьҭырхуа хәарҭас ирзаанаго. Ари астатиаҿы еилаҳкаауеит ахынраалареи, ахӡырымгареи, аџьшьара аарԥшреи, агәыҳалалреи зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирымоу аԥышәа иқәыԥшу рыцеиҩшара ишрыцхраауа, насгьы уи аизара зегьы хәарҭас ирзаанаго.

АХЫНРААЛАРА ААШӘЫРԤШЛА

3. Иузырбозеи ахынраалара ҳалоу-иҳаламу, Филиппаа рахь 2:3, 4 иану инақәыршәаны, насгьы избан уи ақьырсиан изы изхадоу?

3 Зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхрааларц азы ахынраалара рҭахуп. Ахынраалара иаанагоит егьырҭ иуеиҳау реиԥш рыхәаԥшра. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:3, 4.) Лассы-лассы уск анагӡаразы Абиблиа иаҿамгыло еиуеиԥшым алшарақәа ыҟазар ауеит. Ахынраалара зықәрахь инеихьоу уи аилкаара ирыцхраауеит, насгьы егьырҭгьы дара шашьцылахьоу еиԥш зегь ҟарҵалароуп ҳәа ихәыцлаӡом (Еккл. 7:10). Ҳәарада, зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыхәаша аԥышәа ду рымоуп. Аха дара еилыркаауеит ари адунеи аҽшаԥсахуа, насгьы урҭ аԥсахрақәа рыҽрықәдыршәалар шакәу (1 Кор. 7:31).

Зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа ирымоу аԥышәа егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи иахьрыцеиҩыршо еигәырӷьоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 5.)b

4. Излареиԥшузеи араионтә хылаԥшыҩцәа алевитцәа?

4 Зықәрахь инеихьоу ахынраалара рыцхраауеит ианқәыԥшыз иҟарҵоз аҟара уажәшьҭа ишырзыҟамҵо аилкаара. Ҿырԥштәыс иааҳгап араионтә хылаԥшыҩцәа. Урҭ 70 шықәса анырхыҵлак араионтә маҵзура хдыркәшароуп. Уи мариамзар ҟалоит, избанзар дара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара агәырӷьара ду рзаанагон, насгьы рмаҵзура бзиа ирбон. Иахьагьы уи анагӡара агәаҳәара рымоуп. Аха дара еилыркаауеит араионтә маҵзура анагӡаразы иқәыԥшу, насгьы амчи алшареи змоу аишьцәа шаҭаху. Уи аҿы араионтә маҵзуҩцәа ажәытә Израиль амаҵ зуаз алевитцәа иреиԥшуп. Урҭ 50 шықәса анырхыҵлак иԥшьоу ақьалаҿ амаҵ аура иаҟәыҵуан. Дара ргәырӷьара ирыдыз адҵақәа ракәӡамызт издырҳәалоз. Урҭ иқәыԥшыз алевитцәа ирыцхрааларц азы иарбанзаалак адҵа нарыгӡон (Ахыԥхь. 8:25, 26). Убас ауп уаанӡа раионтә хылаԥшыҩцәас амаҵ зуазгьы. Дара уажәшьҭа ирацәаны аизарақәа рхылаԥшра аҭыԥан, амаҵ ахьыруа аизара иацхраауеит.

5. Ишәнарҵозеи Дени Кетии рҿырԥшы?

5 23 шықәса раионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуаз Ден иҿырԥшы ҳахцәажәап. 70 шықәса анихыҵ иԥҳәыс Кетии иареи иҷыдоу пионерцәас амаҵ аура ирышьҭит. Бзиа ирбама урҭ иҿыцу рмаҵзура? Ден иҳәоит уажәеиԥш ахаан дшеилахамыз. Ден иду адҵақәа рыдагьы маҵзуратә цхырааҩцәаны аҟалара зҭаху аишьцәа дрыцхраауеит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ауаарацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿи абахҭақәа рҿи ажәабжьҳәара дрыцхраауеит. Акыр иаҳзаԥсоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәаамҭа зегь амаҵзура иазышәкуазаргьы-иазышәымкуазаргьы егьырҭ рыцхрааразы алшарақәа рацәаны ишәымоуп. Аха ишәыцхраар алшозеи уи аҿы? Зҽызыԥсахуа шәҭагылазаашьақәа шәыҽрықәшәыршәала, иҿыцу ахықәкқәа ықәшәыргылала, насгьы ишәзыҟамҵо акәымкәа, иҟашәҵалар шәылшо шәхы азышәышьҭла.

АХӠЫРЫМГАРА ААШӘЫРԤШЛА

6. Избан ахӡырымгара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.

6 Ахӡырымгара злоу ауаҩы илшарақәа ахьынӡаҟоу еиликаауеит (Ажәам. 11:2). Уи аҟазшьа ицхраауеит ихы ииашоу ахәшьара аҭара, насгьы илымшо дашьҭалаӡом. Убасҟан гәыкала аџьабаа ибалоит, агәырӷьарагьы имазаауеит. Ахӡырымгара злоу ауаҩы машьынала амардара ихало ауаҩы диҿҳарԥшыр ҳалшоит. Амашьына мыцәарц азы ҭынч дмыццакыкәа дхалароуп. Ааи, амашьына еиҳа ҭынч ицалоит, аха иаангылаӡом. Убас еиԥш, ахӡырымгара злоу ауаҩы анаҩсгьы Иегова имаҵ иуларц азы ак аныԥсахтәу идыруазар ауп (Флп. 4:5).

7. Ишԥааирԥши Верзеллии ахӡырымгара?

7 Иаҳгәалаҳаршәап Верзеллии иҿырԥшы. Уи 80 шықәса анихыҵуаз аҳ Давид иара иҩнаҭаҿы амаҵ аура идигалеит. Аха Верзеллии ахӡырымгара илан, убри аҟынтә мап ицәикит. Иара еиликаауан иқәра шцахьаз, насгьы уаанӡа еиԥш имч шҭамыз. Убри аҟынтә еиҳа иқәыԥшыз Кимгам иӡбахә изеиҭеиҳәеит (2 Сам. 19:35—37). Верзеллии иеиԥш зықәрахь инеихьоу аишьцәагьы иқәыԥшу аишьцәа амаҵзураҿы адҵақәа рыдҵара иазхиоуп.

Иегова аныҳәарҭа аргыларазы иқәыԥшу Соломон далихит. Аҳ Давид уи аӡбара дадгылеит. (Шәахәаԥш абзац 8.)

8. Ишԥааирԥши Давид ахӡырымгара аныҳәарҭа аргылара аус аҿы?

8 Ахӡырымгара аҿырԥш бзиа Давид ихаҭагьы иҳаиҭеит. Иара Иегова изы аныҳәарҭа иргылар даара иҭахын. Аха уи адҵа анагӡаразы Иегова иқәыԥшу Соломон дшалихыз анеиликаа, Давид уи аӡбара дадгылеит. Уи адагьы, иара аџьабаа ду ибеит аныҳәарҭа аргыларазы иаҭахыз амаҭәахә аизгаразы (1 Аш. 17:4; 22:5). Давид игәы иаанагаӡомызт Соломон дқәыԥшцәоуп, насгьы аԥышәа имаӡам аҟынтә уи аус анагӡаразы иара еиҳа данаалоит ҳәа (1 Аш. 29:1). Давид еиликаауан уи Иегова иширманшәалоз, насгьы уи аус назыгӡало рықәреи ирымоу аԥышәеи шхадамыз. Убас еиԥш иахьагьы, зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа ирыду адҵақәа рҽанырыԥсахуагьы Иегова имаҵ аураҿы гәыкала аџьабаа рбоит. Урҭ агәра ганы иҟоуп дара рҭыԥан еиуеиԥшым адҵақәа назыгӡо иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова дышрыцхраауа.

9. Ишԥааирԥши афилиал акомитет аҿы амаҵ зуаз иашьак ахӡырымгара?

9 Иахьатәи ҳаамҭақәа рзы ахӡырымгара аазырԥшуа ақьырсианцәа дреиуоуп аиашьа Сигео. 1976 шықәсазы, 30 шықәса анихыҵуаз афилиалқәа руак акомитет аҿы амаҵ аура далагеит. 2004 шықәсазы иара афилиал акомитет акоординаторс амаҵ аура далагеит. Аамҭак ашьҭахь иара еиликааит, иқәра иахҟьаны уи аҭакԥхықәра анагӡара имч шақәымхо. Сигео игәҭынчымрақәа Иегова изеиҭеиҳәеит, анаҩс идыз аҭакԥхықәра еиҳа иқәыԥшыз аиашьа инаигӡаларц дрыҳәеит. Сигео идыз аҭакԥхықәра шаанижьызгьы иахьа уажәраанӡагьы афилиал акомитет иацхраауа аусқәа рацәаны инаигӡоит. Верзеллии, аҳ Давид, насгьы Сигео рҿырԥштәқәа иаҳдырбоит ахынраалареи ахӡырымгареи злоу ауаҩы иқәыԥшу аԥышәа шрымам дамыхәаԥшкәа, урҭ ирылшо ихы шазишьҭуа. Иара урҭ драцлабӡом, аха гәыкала амаҵ рыциуеит (Ажәам. 20:29).

ҬАБУП ШӘҲӘАЛА

10. Ишԥарзыҟоу зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

10 Зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова иҟынтә ҳамҭақәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Урҭ рзы Иегова иҭабуп ҳәа иарҳәоит. Дара рымчқәа еиҳа-еиҳа имаҷхоит аҟынтә, иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизараҿи амаҵзураҿи ирыдырҵо аҭакԥхықәрақәа иахьырцәымаашьо еигәырӷьоит.

11. Ишԥаҳнарбо Ноеминь лҿырԥштәы, зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа иқәыԥшу рыцхыраара гәыкала ирыдыркылалар шрыхәҭоу? (Руфь 4:13—16).

11 Ноеминь лҿырԥшы иаҳнарбоит зықәрахь инеихьоу ауаҩы иқәыԥшу ицхыраара идикылалар шилшо. Ноеминь еибахаз лҭаца Руфь лыжәлар рахь дхынҳәырц лалҳәон. Аха Руфь Ноеминь лааныжьра лыгәгьы иҭамызт. Лара Вифлеемҟа лыццара дазхиан. Ноеминь Руфь лыцхыраара лыдылкылеит, насгьы уи ахә ҳаракны илшьеит (Руфь 1:7, 8, 18). Убас ала, рҩыџьагьы иҿыцу аԥсҭазааратә мҩа ианылеит! (Шәаԥхьа Руфь 4:13—16). Ахынраалара зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Ноеминь лҿыԥшра ирыцхраауеит.

12. Ҭабуп ҳәа зеиҳәодаз апостол Павел, насгьы избан?

12 Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраара ахә ҳаракны ишьон. Иаҳҳәап филиппаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы урҭ реизара ԥарала иахьицхрааз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит (Флп. 4:16). Иара Тимофеи ицхыраарагьы ахә ҳаракны ишьон (Флп. 2:19—22). Павел аруаа ицҵаны Рим даныргоз, Анцәа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи игәы шьҭырхырц азы иахьнеиз (Аус. 28:15). Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи дреиҷаҳаларц, иара убас ажәабжь иҳәаларц азы даара ихараны дцон, насгьы ирацәаны аџьабаа ибон. Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраара идкылара дацәыԥхашьомызт.

13. Ишԥарылшо зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа, иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Иегова ҭабуп ҳәа иарҳәалар?

13 Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәара шәеизараҿы иҟоу иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Иегова ҭабуп ҳәа злаиашәҳәаша алшарақәа рацәаны ишәымоуп. Машьынала џьара шәыргарц, ак шәзаархәарц, ма аҩны ак шәзыҟарҵарц шәыдыргалозар, мап рцәышәымклан. Урҭ рыла Иегова шәара шәахь абзиабара шааирԥшуа гәашәҭала. Уи адагьы, иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас ишәзыҟалар рылшоит. Убри аҟынтә Иегова изааигәахара шәрыцхраала. Дара амаҵураҿы, насгьы аизараҿы гәыкала аџьабаа ахьырбо шәгәы шыҟанаҵо рашәҳәала. Рацәажәаразы шәаамҭа шәамеигӡалан, насгьы аԥсҭазаараҿы ишәоуз аԥышәа рыцеиҩышәшала. Убас ала Иегова аизарахь иааиԥхьаз иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы аџьшьара шаашәырԥшуа ишәырбоит (Кәал. 3:15; Иоанн 6:44; 1 Фес. 5:18).

АГӘЫҲАЛАЛРА ААШӘЫРԤШЛА

14. Ишԥааирԥши аҳ Давид агәыҳалалра?

14 Аҳ Давид иҿырԥшы зықәрахь инеихьоу иднарҵо даҽакгьы ыҟоуп. Уи агәыҳалалра аарԥшра ауп. Давид имаз акы дамеигӡакәа аныҳәарҭа аргыларахь ишьҭит (1 Аш. 22:11—16; 29:3, 4). Уи аныҳәарҭа Соломон иныҳәарҭа ҳәа зегьы ишырдырлозгьы, иара акы дамеигӡеит. Шәара ҳорганизациаҿы иҟоу аргыларатә проектқәа рыҽрылархәра шәылымшозаргьы, хатәгәаԥхарала иҟашәҵо аҭарақәа рыла урҭ шәрыцхраалар шәылшоит. Уи адагьы, акыршықәса рыҩныҵҟа ишәырҳаз аԥышәа еиҳа иқәыԥшу ирыцеиҩышәшалар ауеит.

15. Ишԥааирԥшуаз Павел Тимофеи иахь агәыҳалалра?

15 Апостол Павелгьы агәыҳалалра илан. Иара амиссионертә ныҟәарахьы данцоз, Тимофеи диццарц иеиҳәеит. Павел Тимофеи ажәабжь шҳәатәу, насгьы аҵаҩцәа шазыҟаҵалатәу иирҵаларц азы иаамҭа деигӡомызт (Аус. 16:1—3). Уи абзоурала Тимофеи аҟазара злоу жәабжьҳәаҩны дҟалеит, насгьы Павел иҟынтә еиликааз егьырҭгьы дырҵара илшеит (1 Кор. 4:17).

16. Избан Сигео егьырҭ аишьцәа аҵара зыдирҵоз?

16 Иахьагьы зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа иқәыԥшу адҵақәа рынагӡашьа ддырҵоит. Дара уи рԥырхагахоит, насгьы рыцхыраара уаҳа аӡәгьы иҭаххаӡом ҳәа ргәы иаанагаӡом. Иаҳҳәап, Сигео акыршықәса афилиал акомитет аҟынтә еиҳа иқәыԥшу аишьцәа аҵара дирҵон. Избан? Иара иҭахын Анцәа Иаҳра аус ԥхьаҟа ицаларц. Убри аҟынтә, иара идыз аҭакԥхықәра анагӡара аницәыцәгьаха, иҭыԥаҿ ибзиан иазыҟаҵаз даҽа иашьак амаҵ аура далагеит. Сигео афилиал акомитет аҿы амаҵ иуеижьҭеи 45 шықәса ҵуеит, насгьы имоу аԥышәа ду еиҳа иқәыԥшу аишьцәа ирыцеиҩишоит. Шаҟа ибзиоузеи Анцәа ижәлар рыбжьара Сигео иҩызцәа ақьырсианцәа ахьыҟоу!

17. Иҟарҵалар рылшозеи зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа, Лука 6:38 иану инақәыршәаны?

17 Ҳаҭыр зқәу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәара шәыԥсҭазаарала ишьақәшәырӷәӷәоит Иегова гәыкала имаҵ аура аасҭа еиӷьу ак шыҟам. Шәара абиблиатә принципқәа ҭышәҵаарц, насгьы урҭ рыла шәынхаларц азы ирацәаны аџьабаа жәбахьеит. Шәыԥсҭазаара иаанарԥшуеит ус аҟаҵара ишаԥсоу. Шәара ибзианы ижәдыруеит уаанӡа ҳорганизациа шеиҿкааз. Насгьы еилышәкаауеит аамҭа аҽшаԥсахуа, убри аҟынтә иҿыцу аҭагылазаашьақәа шәыҽрықәшәыршәалар шхадоу. Шәара ааигәа аӡы шәыҽӡаашәхызаргьы иқәыԥшу идшәырҵар шәылшо рацәоуп. Шәара ирзеиҭашәҳәар ауеит Иегова изку аҵабырг анеилышәкаа шәықәра шцахьазгьы, уи шәыԥсҭазаара шаԥсахыз, насгьы аԥсҭазаара ишәнарҵаз. Ишәымоу аԥышәа егьырҭ ирыцеиҩышәшалар, Иегова ирацәаны аҳамҭақәа шәиҭоит. (Шәаԥхьа Лука 6:38.)

18. Ишԥарылшо зықәрахь инеихьоуи иқәыԥшуи еицхыраалар?

18 Зықәрахь инеихьоуи иқәыԥшуи еицхыраалар рылшоит. Зықәрахь инеихьоу аҟәыӷареи аԥышәа дуи рымоуп, иқәыԥшу амч рылоуп. Урҭ амаҵ анеицыруа ргәы шьҭибахуеит (Рим. 1:12). Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи зықәрахь инеихьоуи иқәыԥшуи амаҵ аицура адагьы, ианеиҩызцәоу. Убас ала дара бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб дҳараркуеит, аизарагьы дырӷәӷәоит!

ИШԤАРЫЦХРААУЕИ АРҬ АҞАЗШЬАҚӘА ЗЫҚӘРАХЬ ИНЕИХЬОУ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ИРЫМОУ АԤЫШӘА ИҚӘЫԤШУ РЫЦЕИҨШАРАҾЫ?

  • Ахынраалареи ахӡырымгареи

  • Аџьшьара аарԥшра

  • Агәыҳалалра

АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла

a Ишԥабзиоу Иегова иорганизациаҿы гәыкала аџьабаа збо иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьырацәоу! Ҳахьынхо аҭыԥ аҿы аҵасқәа зеиԥшразаалакгьы, зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи иқәыԥшу рмаҵзура арҭбаара ирыцхраалароуп.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Араионтә хылаԥшҩы 70 шықәса анихыҵ иԥҳәыси иареи еизарак ахь амаҵ аура ирышьҭит. Урҭ ирымоу аԥышәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхрааразы рхы иадырхәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра