Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 апрель ад. 3—9
  • «Иуҳәаз ажәа нагӡа»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Иуҳәаз ажәа нагӡа»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ДАРА РҾАҬАХЬА НАРЫГӠЕИТ
  • АҼАЗКРА ИАДҲӘАЛОУ АҾАҬАХЬА
  • АИБАГАРАТӘ ҾАҬАХЬА
  • ААМҬА ЗЕГЬ ЗЫЗКУ ИҶЫДОУ АМАҴЗУРА ИАЛАХӘУ РҾАҬАХЬА
  • Иегова иаҳҭаз ажәа еснагь инаҳагӡалароуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Анцәа иахь азиашара аазырԥшуа азылԥхарақәа риҭоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 апрель ад. 3—9

«Иуҳәаз ажәа нагӡа»

«Уқәра еилоумган, уи Иҳақәиҭу иҿаԥхьа инагӡала» (МАТФ. 5:33).

АШӘАҚӘА: 124, 51

ШАҞА ИХАДОУЗЕИ АНХАРА...

  • ...аҽазкра иадҳәалоу аҿаҭахьа инақәыршәаны?

  • ...аибагаратә ҿаҭахьа инақәыршәаны?

  • ...аамҭа зегь зызку иҷыдоу амаҵзура иазкны аҿаҭахьа инақәыршәаны?

1. а) Еицырзеиԥшузеи Иеффаии Аннеи? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

ИАРА агәымшәара злаз Анцәа ижәлар рыԥхьагылаҩ иакәын. Лара ахынраалара злаз, азыӡырҩра аазырԥшуаз ԥҳәысын. Зыӡбахә ҳҳәо аӡбаҩ Иеффаии Елкана иԥҳәыс Аннеи роуп. Раԥхьа ҳгәы иаанагар алшоит урҭ злеиԥшыз Нцәак имаҵ ахьыруаз ауп ҳәа. Аха дара рҩыџьагьы Анцәа аҿаҭахьа ирҭеит, насгьы инарыгӡеит. Иегова аҿаҭахьа иҭара зыӡбаз иахьатәи ахацәеи аҳәсеи рзы Иеффаии Аннеи аҿырԥш бзиа аанрыжьит. Аха изакәызеи аҿаҭахьа? Ҳрызнеилар шԥаҳахәҭоу Анцәа иаҳҭо аҿаҭахьақәа? Иаҳдырҵозеи ҳара Иеффаии Аннеи рҭоурых?

2, 3. а) Изакәызеи аҿаҭахьа? б) Иаҳәозеи Абиблиа Анцәа ирҭо аҿаҭахьақәа ирызкны?

2 Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аҿаҭахьа — ари Анцәа иуҭо акрызҵазкуа ажәа ауп. Аҿаҭахьа ҟазҵо Анцәа ажәа ииҭоит ак шыҟаиҵо, аҳамҭа шнеиго, иҷыдоу амаҵзура дшалаго, мамзаргьы ак мап шацәикуа. Ауаҩы аҿаҭахьа хатәгәаԥхарала, иҭахны иҟаиҵоит. Аха Анцәа иҿаԥхьа аҿаҭахьа ԥшьоуп, уи наумыгӡар ҟалом. Иара аҭоуба еиԥш амч амоуп (Аҟаз. 14:22, 23; Аур. 6:16, 17). Иаҳәозеи Абиблиа Анцәа иаҳҭо аҿаҭахьақәа ҳшырзыҟазар акәу аганахь ала?

3 Моисеи изакәан иануп ауаҩы Иегова аҿаҭахьа ииҭазар, уи «иажәа еилеимгар ауп, иҿы иаҳәаз зегьы наигӡар ауп» ҳәа (Ахыԥхь. 30:2). Ԥыҭрак ашьҭахь Соломон иҩит: «Анцәа аҿаҭахьа аниуҭо, аамҭа мгакәа инагӡа, избанзар иҟәышым аӡәгьы дизыразым. Иуҳәаз ажәа нагӡа» (Еккл. 5:4). Иисус ари азҵаара даара акыр шаҵанакуа шьақәирӷәӷәеит: «Шәара ишәаҳахьеит иара убас ажәытә уаа ирҳәамҭоу: „уқәра еилоумган, уи Иҳақәиҭу иҿаԥхьа инагӡала“» (Матф. 5:33).

4. а) Шаҟа аҵакы дуузеи Анцәа аҿаҭахьа иҭара? б) Иарбан зҵаарақәоу Иеффаии Аннеи ирызкны еилҳарго?

4 Ишаҳбо еиԥш, Иегова иаҳҭаз ажәа даара акраҵанакуеит аҟынтә, ишахәҭоу еиԥш ҳазнеилар ауп. Уи иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоуп. Давид иҩуан: «Ихаларыда Анцәа ишьха, мамзаргьы Иара иҭыԥ ԥшьа нызкыларыда?... Мцыла имқәыц» (Аԥсал. 23:3, 4 [24:3, 4, АдҾ]). Аха ҳхынҳәып Иеффаии Аннеи рахь. Иарбан ҿаҭахьақәоу дара иҟарҵаз? Ирзымариазма урҭ рынагӡара?

ДАРА РҾАҬАХЬА НАРЫГӠЕИТ

5. Иарбан ҿаҭахьоу Иеффаи иҟаиҵаз, насгьы иҟалазеи анаҩс?

5 Иеффаи аммонитаа рабашьра дцаанӡа, Иегова ииҭаз аҿаҭахьа наигӡеит. Дара Анцәа ижәлар даара идыргәаҟуан (Аӡб. 10:7—9). Иеффаи аиааира игарц даара иҭахын, убри аҟынтә Анцәа иҿаԥхьа аҿаҭахьа ҟаиҵеит: «Аммон иԥацәа риааира усыцхраар, урҭ рҟынтә аҭынчра сыманы аҩныҟа схынҳәны санаауа раԥхьа исԥыло Иегова дитәхоит». Иҟалазеи анаҩс? Иеффаи аммонитаа импыҵаирхалеит, насгьы дхынҳәны аҩныҟа данаа, бзиа иибоз иԥҳа диԥылеит. Иеффаи иԥҳа Иегова дииҭар акәын (Аӡб. 11:30—34). Иаанагар алшози уи лара лзы?

6. а) Ирзымариазма Иеффаи иԥҳаи иареи Анцәа ирҭаз аҿаҭахьа анагӡара? б) Ишԥаҳдырбо Ҩынтәзакәан 23:21, 23, насгьы Аԥсалом 14:4 (15:4, АдҾ) аҿаҭахьақәа ишабалак ишрызнеитәым?

6 Иеффаи иҿаҭахьа анагӡаразы иԥҳа лыԥсҭазаара зегьы иԥшьоу ақьалаҿы Иегова имаҵ аура иазылкыр акәын. Иаҳҳәар ҳалшома Иеффаи иҿаҭахьа цқьа дазымхәыцкәа иҟаиҵеит ҳәа? Мап, избанзар иара идыруан иԥҳа диԥылар шалшоз. Аха уеизгьы, уи аныҟала, абгьы аԥҳагьы еилыркааит: рҩыџьагьы ахамеигӡара ду аадырԥшыр акәхоит. Иеффаи иԥҳа даниба, «имаҭәақәа ишәхаԥижәеит», насгьы иҳәеит: «Сгәы еиҟәыбжәеит». Иара иԥҳа дҵәуон, избанзар лара аҭаацәара далалар ҟаломызт. Избан? Иеффаи аԥа димамызт, лара, иԥҳа заҵә, уажәшьҭа аҭаацәара аԥҵаны, ишьҭра иацызҵоз амаҭацәа иҭара лылшомызт. Аха ихадаз даҽак акәын. Иеффаи иҳәеит: «Сара Иегова иҿаԥхьа сҿы еихысхит, уажәшьҭа сышьҭахьҟа сызхьаҵӡом». Иԥҳа ҭакс иҟалҵеит: «Уҿы ишаурҳәаз еиԥш усызныҟәа» (Аӡб. 11:35—39). Урҭ рхахьгьы иааргомызт Анцәа ирҭаз аҿаҭахьа аилагара, уи дара рзы даара ишымариамызгьы. (Урыԥхьа Ҩынтәзакәан 23:21, 23; Аԥсалом 14:4 [15:4, АдҾ].)

7. а) Иарбан ҿаҭахьоу Анна Анцәа илҭаз, избан ус еиԥш иҟаз аҿаҭахьа зилҭаз, насгьы ишԥаҟаиҵеи Анцәа лыҳәара аҭак? б) Иаанагози Анна лҿаҭахьа Самуил изы? (Шәахәаԥш албаага.)

7 Аннагьы Иегова илҭаз аҿаҭахьа налыгӡеит. Анна дзыргәаҟуаз ҩ-ҭагылазаашьак ыҟан: ахшара длоуамызт, насгьы Феннана уи лгәы дахаԥылжәон (1 Сам. 1:4—7, 10, 16). Анна лгәы иҭаз зегьы Анцәа изеиҭалҳәеит, насгьы дқәит: «Иегова, ар реиҳабы, умаҵзуҩы лгәаҟрақәа убар, сугәалашәар, умаҵзуҩы духоумыршҭыр, насгьы аԥа длуҭар, иԥсы ҭанаҵы Иегова дисҭоит, адалақьгьы ихы иқәыршьуам» (1 Сам. 1:11)a. Анцәа Анна лыҳәара аҭак ҟаиҵеит — лара аԥа длоуит. Уи лгәырӷьара ҳәаа амамызт! Аха уеизгьы, лара Анцәа илҭаз аҿаҭахьа лхамышҭӡеит. Аԥа данлоу ашьҭахь, ус лҳәеит: «Сӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова сыззиҳәаз сиҭеит» (1 Сам. 1:20).

8. а) Илзымариазма Анна лҿаҭахьа анагӡара? б) Ишԥаҳгәаладыршәо Аԥсалом 60 (61, АдҾ) аҿы иану Давид иажәақәа Анна илымаз ииашаз лгәазыҟашьа атәы?

8 Самуил хышықәса раҟара анихыҵуаз, Анна Анцәа илҭаз аҿаҭахьа налыгӡеит. Анна лхахьгьы иаалгомызт даҽакала аҟаҵара. Лара Силом иԥшьоу ақьалаҿы ԥхьаԥшьаҩыс амаҵ зуаз Илиа иҿы Самуил дналган, ус лҳәеит: «Абри аҷкәын изы Анцәа сиҳәон, Иеговагьы сыззиҳәаз дсиҭеит. Уажәшьҭа Иегова дисҭоит. Уи иԥсы ахьынӡаҭоу Иегова дитәуп» (1 Сам. 1:24—28). Абиблиаҿы иануп «Самуил қәыԥш Иегова иҿы изҳауан» ҳәа (1 Сам. 2:21). Иаанагози ари Анна лзы? Лара лԥа ӷәӷәала бзиа дшылбозгьы, есыҽны дылбалартә алшара лоуамызт. Шәхаҿы иаажәг лара шаҟа илҭахыз лԥа дылгәыдлыҳәҳәалар, дицыхәмарлар, насгьы длааӡалар! Лара илбалар лҭахын лԥа дшеизҳауа, насгьы ихәыҷреи иқәыԥшра аамҭақәеи лгәалашәараҿы иаанхарц! Аха уеизгьы, Анна Анцәа илҭаз аҿаҭахьа дахьхәуамызт. Лара Иегова диеигәырӷьон (1 Сам. 2:1, 2; уаԥхьа Аԥсалом 60:2, 6, 9 [61:1, 5, 8, АдҾ]).

Инашәыгӡома шәара Иегова ишәҭаз аҿаҭахьақәа?

9. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго ари астатиаҿы?

9 Излаҳбаз ала, Анцәа иаҳҭаз аҿаҭахьа ишабалак азнеира ҟалаӡом. Убри инадҳәаланы шәааи еилҳаргап анаҩстәи азҵаарақәа: иарбан ҿаҭахьақәоу ҳара, ақьырсианцәа раҳасабала, Анцәа иаҳҭар ҳалшо? Иарбан ҽазышәарақәоу иҟаҳҵар ҳахәҭоу ҳҿаҭахьақәа рынагӡаразы?

АҼАЗКРА ИАДҲӘАЛОУ АҾАҬАХЬА

Аҽазкра иадҳәалоу аҿаҭахьа (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Иарбан зегь реиҳа ихадоу ҿаҭахьоу ақьырсиан иҟаиҵар илшо, насгьы иаанагозеи уи?

10 Зегь реиҳа ихадоу ҿаҭахьас ақьырсиан иҟаиҵо — ари иԥсҭазаара Иегова ишизикуа ала ажәа иҭара ауп. Избан ус ҳҳәар залшо? Ақьырсиан Иегова даниҳәо, ажәа ииҭоит уажәшьҭа иԥсҭазаара иара ишизикуа, насгьы иҟалалакгьы наӡаӡа имаҵ шиуло. Иисус ишиҳәаз еиԥш, ари ауаҩ ихы мап ацәикуеит, насгьы Анцәа игәаԥхара анагӡара иԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ шаннакыло ала ажәа ииҭоит (Матф. 16:24). Ари нахыс иара Иегова дитәуп (Рим. 14:8). Дарбанзаалак аҽазкра иадҳәалоу аҿаҭахьа ҟазҵо, уи ишабалак дазымнеиуазар ауп. Аԥсаломшәаҳәаҩгьы убас ҟаиҵон, иара иҩуан: «Изыҟасҵари Нцәа Ҳазшаз, Иара исзиуа абзиарақәа рцымхәрас? Нцәа Ҳазшаз иҿаԥхьа исықәысҵаз аҿаҭахьақәа насыгӡоит, Иара ижәлар зегь ирбо — ираҳауа» (Аԥсал. 115:3, 5 [116:12, 14 АдҾ]).

11. Шәахцәажәа аӡы шәҽанӡаашәхыз амш.

11 Изышәкма Иегова шәыԥсҭазаара, насгьы аӡы шәыҽӡаашәхыма? Ааи акәзар, уи даара ибзиоуп! Аӡы шәҽанӡаашәхуаз амш аҽны ауаа рҿаԥхьа ишәазҵааит: «Уҽазкреи уҽӡаахреи рыла уара иааурԥшуеит Иегова ишаҳаҭцәа уҽшрыдукыло — адоуҳа анапхгара знаҭо Анцәа иеиҿкаара,— еилукаауама уара уи?» «Ааи» ҳәаны, шәара Анцәа шәыҽшизышәкыз, насгьы иара имаҵзуҩыс аҟаларазы аӡӡаахра шәшазхиоу иаартны ишәҳәеит. Шаҟа дшәыргәырӷьазеи Иегова!

12. а) Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳалшо? б) Иарбан ҟазшьақәоу аус здаҳулар ахәҭоу, Пиотр иажәақәа рыла?

12 Аха аӡӡаахра — ари раԥхьатәи шьаҿоуп. Аӡӡаахра ашьҭахь ҳара ҳҽазаҳшәоит Анцәа иаҳҭаз ажәа инақәыршәаны анхара, иара иахь азиашара аарԥшуа. Убри аҟынтә ҳхы ҳазҵаар бзиан: иарбан доуҳатә еихьӡарақәоу иҟасҵаз сҽанӡаасх ашьҭахь? Изуама сара Анцәа имаҵ гәык-ԥсык ала, уаанӡа еиԥш? (Кол. 3:23) Сиҳәома сара Анцәа лассы-лассы? Саԥхьома есыҽны Анцәа Иажәа? Сырҭаауама аизарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа? Иахьынӡасылшо схы аласырхәуама ажәабжьҳәаратә ус? Мамзаргьы арҭ аганқәа руак аҿы еиҳа сыԥсыҽхоу? Апостол Пиотр иҳаилиркааит Анцәа имаҵ аураҿы ҳаԥсыҽхартә шалҳмыршаша. Иара иҩуан ҳагәрахаҵара адырреи, ахачҳареи, Анцәа изиашареи рыла ишхарҭәаалатәу. (Уаԥхьа 2 Пиотр 1:5—8.)

13. Еиликаалар ихәҭоузеи Иегова зҽизызкыз, насгьы аӡы зыҽӡаазхыз ақьырсиан?

13 Анцәа иаҳҭаз аҽазкра иадҳәалоу аҿаҭахьа аԥсахра залшом. Иегова имаҵ аураҿы ауаҩы дааԥсазар ма ақьырсиантә ԥсҭазаара игәы ахшәазар, иара изҳәом Иегова ишахәҭаҵәҟьаз иҽизиимкӡеит, насгьы иӡӡаахра иашаӡам ҳәаb. Иҽанӡааихуаз иара иаартны иҳәеит аҵыхәтәанынӡа Иегова иҽшизикыз. Иара агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵар, Анцәеи аизареи рҿаԥхьа аҭак ҟаиҵоит (Рим. 14:12). Раԥхьа ишәымаз абзиабара ахаангьы иааншәмыжьын. Иисус абас шәзиҳәартә еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала: «Издыруеит уусқәа шыҟоу, убас убзиабаратәы, умаҵуратәы, уазхаҵаратәы, ухачҳаратәы, раԥхьа заҟа ҟауҵоз аасҭа уажәы еиҳаны ишыҟауҵо атәы» (Аат. 2:4, 19). Аҽазкра иадҳәалоу аҿаҭахьа инақәыршәаны анаҩсгьы шәынхала, уи ала Иегова дыргәырӷьо.

АИБАГАРАТӘ ҾАҬАХЬА

Аибагаратә ҿаҭахьа (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Иарбан ихадоу ҿаҭахьоу ауаҩы иԥсҭазаараҿы аҩбатәи аҭыԥ аанызкыло, насгьы избан ус ҳҳәар залшо?

14 Ауаҩы иҟаиҵар илшо ихадоу аҩбатәи аҿаҭахьа — ари аибагаратә ҿаҭахьа ауп. Избан? Избанзар аҭаацәалазаара ԥшьоуп. Арԥыси аԥҳәызбеи аибагаратә ҿаҭахьа ҟарҵоит Анцәеи ауааи рҿаԥхьа. Дара «рҩыџьагьы адгьыл аҿы инхонаҵы, Анцәа иаԥиҵаз аҭаацәалазаара инақәыршәаны» аҿаҭахьа ҟарҵоит бзиа ишеибабало, ҳаҭыр шеиқәырҵало, насгьы ишеихылаԥшло. Арҭ ажәақәа рымҳәозаргьы, дара уеизгьы Анцәа иҿаԥхьа аҿаҭахьа ҟарҵоит. Нас дара хаҵеи-ԥҳәыси шракәхаз рыларҳәоит; Анцәа игәҭакы инақәыршәаны, рҭаацәалазаара рыԥсы ахьынӡаҭоу иҟазар ауп (Аҟаз. 2:24; 1 Кор. 7:39). Иисус ишиҳәаз еиԥш, «Анцәа иеидикылаз» — ахаҵагьы, аԥҳәысгьы, дазусҭазаалакгьы, урҭ реиҟәгара азин имам. Убри аҟынтә аҭаацәара иалало еилыркаалар ауп аилыҵра шыҟамло (Марк 10:9).

15. Избан ақьырсианцәа изрыдрымкыло ари адунеи аҿы ирыларҵәоу аҭаацәалазаара аганахь ала иҽеим ахәаԥшышьа?

15 Ҳәарада, ак згым аҭаацәалазаара ыҟаӡам. Аҭаацәалазаара шьақәгылоуп инаӡам ҩыџьа ауаа рыла. Абиблиаҿы иануп аҭаацәара иалало рыԥсҭазаараҿы «ауадаҩра ҿыцқәа цәырҵуеит» ҳәа (1 Кор. 7:28). Илахьеиқәҵагоуп аӡәырҩы ауаа ари адунеи аҿы аҭаацәалазаара ишахәҭоу иахьазымнеиуа. Хаҵеи-ԥҳәыси рыбжьара ауадаҩрақәа анцәырҵуа, урҭ рыӡбара аҭыԥан, аилыҵра рыӡбоит. Аха ақьырсианцәа рзы уи зынӡа ииашам. Аибагаратә ҿаҭахьа еилоугар, Анцәа дужьеит аанагоит, иара амцҳәаҩцәа ицәымӷуп (Алев. 19:12; Ажәам. 6:16—19). Апостол Павел иҩуан: «Ԥҳәыс даазгахьоу аӡә уакәзар? — уԥҳәыс улылымҵын» (1 Кор. 7:27). Избан Павел убас иҳәар зилшоз? Иара идыруан ухатә ҩыза дыԥсахны уанилҵуа Иегова ишицәымӷу (Мал. 2:13—16).

16. Иаҳәозеи Абиблиа аилыҵреи хаз-хазы анхареи рганахь ала?

16 Иисус иажәақәа рыла, аибагаратә ҿаҭахьа аԥыхразы абиблиатә шьаҭас иҟоу акалҭшьҭаныҟәара ауп, уи ахара здым ихатә ҩыза ианаимыжьуазар (Матф. 19:9; Аур. 13:4). Аха иаҳҳәар ҳалшозеи хаз-хазы анхара иазкны? Абиблиаҿы иануп уи аҩызагьы ҟалар шалшо. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 7:10, 11.) Аха уа инҭкааны ианӡам уи шьаҭас иаиур алшо. Аха уеизгьы, ақьырсианцәа шьоукы хаз-хазы анхаразы ашьаҭа рымоуп ҳәа рыԥхьаӡоит, иаҳҳәап, руаӡәк даараӡа гәымбылџьбарала ихы мҩаԥганы ихатә ҩыза иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылозар, мамзаргьы агрессиа аарԥшуа, ихатә ҩыза идоуҳатә ҭагылазаашьа ашәарҭара ду иҭаиргылозар, ма уи аҵабырг иацәхьаҵыз иакәзарc.

17. Ишԥарылшо ақьырсианцәа рҭаацәалазаара арӷәӷәара?

17 Аҭаацәалазаараҿы ауадаҩрақәа ирықәшәо ақьырсианцәа аизара аиҳабацәа рҿы алабжьарақәа рыԥшаар рылшоит. Усҟан аизара аиҳабацәа разҵаар ауеит афильм «Что такое настоящая любовь?» ааигәа иахәаԥшхьома, насгьы аброшиура «Ваша семья может быть счастливой» ҭырҵаахьома ҳәа. Избан? Избанзар арҭ амыругақәа Анцәа ипринципқәа удырбоит, урҭ хаҵеи-ԥҳәыси аӡәырҩы рҭаацәалазаара арӷәӷәара ирыцхрааит. Абар хаҵеи-ԥҳәыси ирҳәаз: «Ари аброшиура аҭҵаара ҳаналага, ҳара уаанӡа еиԥш акәымкәа, даара ҳаизааигәахеит». Абар ҳаҳәшьак лҭаацәалазаара иазкны илҳәаз, уи 22 шықәса аҭаацәара далоуп, аха лхаҵеи лареи ишеилыҵра иҟан: «Ҳҩыџьагьы ҳқьырсианцәоуп, аха емоциала даара ҳаиԥшымызт. Ари афильм ианаамҭаҵәҟьаз иҳауит! Уажәшьҭа ҳара еиҳа еиӷьны ҳаилибакаауеит». Аҭаацәара шәалазар, Иегова ипринципқәа еснагь шәрызхьаԥшла. Уи иҟашәҵаз аибагаратә ҿаҭахьа инақәыршәаны анхара, насгьы шәҭаацәалазаараҿы анасыԥ аиура ишәыцхраауеит.

ААМҬА ЗЕГЬ ЗЫЗКУ ИҶЫДОУ АМАҴЗУРА ИАЛАХӘУ РҾАҬАХЬА

18, 19. а) Ргәы зызҭарҵозеи иқьырсиану аҭаацәа рхәыҷқәа? б) Иҟарҵозеи зыԥсҭазаараҿы заамҭа зегь иҷыдоу амаҵзура иазызкыз?

18 Игәашәҭама шәара Иеффаии Аннеи еицырзеиԥшыз? Иеффаи иҿаҭахьа иаанагоз иԥҳа лыԥсҭазаара иԥшьоу ақьалаҿы иҷыдоу амаҵзура ишазылкуаз акәын. Убас уҳәар ауеит Анна лԥа Самуил изгьы. Урҭ насыԥ змаз, ҵакыла иҭәыз аԥсҭазаара аныҟәгара иалагеит. Иахьа аӡәырҩы аҭаацәарақәа рхәыҷқәа ргәазҭарҵоит апионертә маҵзура иалагарц, насгьы рымч-рылшара Анцәа имаҵзура иазыркырц. Ус ҟазҵо аҭаацәеи ахәыҷқәеи гәык-ԥсыкала арҽхәара иаԥсоуп (Аӡб. 11:40; Аԥсал. 109:3 [110:3 АдҾ]).

Аамҭа зегь зызку иҷыдоу амаҵзура иалахәу рҿаҭахьа (Шәахәаԥш абзац 19.)

19 Иахьа 67 000-ҩык раҟара Иегова ишаҳаҭцәа адунеи зегь аҿы раамҭа зегь иҷыдоу амаҵзура иазкуп. Дара зегьы Адунеизегьтәи аорден иалахәуп. Шьоукы Вефиль амаҵ руеит, егьырҭ аргыларақәа рҿы ацхыраара ҟарҵоит, раионтә хылаԥшыҩцәас иҟоуп, атеократиатә школқәа рҿы ирҵаҩцәоуп, иҷыдоу пионерцәас ма миссионерцәас амаҵ руеит, Аконгресстә залқәа ма Абиблиатә школқәа рҿы маҵзуҩцәас иҟоуп. Дара зегьы азыӡырҩреи аӷарреи иазкны аҿаҭахьа ҟарҵеит: урҭ хатәгәаԥхарала иақәшаҳаҭхеит Иегова имаҵ аураҿы иарбан усзаалакгьы анагӡара, имариоу аԥсҭазаара аныҟәгара, насгьы азин мгакәа ари адунеи аҿы аусура аламгара. Дара ауаа зегь реиԥш иҟоуп, аха иҷыдоу амаҵзура иалахәуп. Урҭ еилыркаауеит аамҭа зегь зызку иҷыдоу амаҵзура иаҿнаҵы, Анцәа ирҭаз ажәа ахынраалара аарԥшны анагӡара шаҟа ихадоу.

20. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи «ианакәызаалакгьы», насгьы избан?

20 Еиқәаҳаԥхьаӡаз рҟынтә шаҟа ҿаҭахьа ишәҭазеи шәара Анцәа— акы, ҩба, ма рыхԥагьы? Ҳәарада, шәара еилышәкаауеит урҭ ишабалак рызнеира шахәҭам (Ажәам. 20:25). Иегова ажәа иҭаны еилазго, насгьы зҿаҭахьа назмыгӡо арыцҳарақәа дрықәшәоит (Еккл. 5:6). Шәааи аԥсаломшәаҳәаҩ ҳаиҿыԥшлап: «Сара наӡаӡа Уара ухьӡ ашәа азысҳәалоит, ианакәызаалакгьы сҿаҭахьа нагӡо»! (Аԥсал. 60:9 [61:8 АдҾ]).

a Анна Анцәа ажәа илҭеит аԥа длоур, иԥсы ахьынӡаҭоу назореис дшыҟазаауа — иара Иегова иԥшьоу имаҵ аура дазкызаауеит (Ахыԥхь. 6:2, 5, 8).

b Аизара аиҳабацәа аӡы зыҽӡаазхуа ауаҩы аҭахрақәа дрықәшәоу-дрықәымшәоу агәра ргарц даара рҽазыршәоит аҟынтә, аӡӡаахра аниашам ахҭысқәа даара имаҷуп.

c Шәахәаԥш ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» аҿы иаагоу Ацҵа «Аилыҵреи хаз-хазы анхареи рзы Абиблиа ахәаԥшышьа».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра