Аҵакы
МАИ 29, 2017 — ИИУН 4, 2017
Шаҟа ҿаҭахьа ишәҭазеи шәара Иегова? Акы, ҩба, ма еиҳаны? Шәынхома шәара урҭ инарықәыршәаны, Иегова зегь иреиӷьу иҭо? Инашәыгӡома шәара аҽазкра иадҳәалоу аҿаҭахьа, ма аибагаратә ҿаҭахьа? Ари астатиа Иеффаии Аннеи ҳгәаладыршәоит, урҭ рҿырԥштәы Анцәа иаҳҭаз аҿаҭахьақәа рынагӡара иҳацхраауеит.
ИИУН 5—11, 2017
10 Ииасуазеи Анцәа Иаҳра анааиуа?
Ҳара лассы-лассы Иегова џьанаҭ дгьыл аҿы иҳаиҭо азылԥхарақәа ҳрызхәыцуеит, аха ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит аҭынчреи анасыԥи ахьыҟало адунеи ҿыц ҟаиҵарц азы иқәиго ԥшь-уадаҩрак. Уи ҳацхраауеит ҳагәрахаҵара арӷәӷәара, насгьы ахачҳара аарԥшра.
ИИУН 12—18, 2017
15 «Адгьыл зегь Аӡбаҩ» еснагь иашарала ихы мҩаԥигоит
ИИУН 19—25, 2017
21 Ишәымоума шәара Иегова ихәаԥшышьа аиашара аганахь ала?
Аизараҿы аӡәы ииашамкәа дҳазныҟәазар, мамзаргьы даҽаӡәы уи аҩыза дшақәшәаз ҳбазар, ҳагәрахаҵара ԥышәахар алшоит, насгьы ахынраалареи Анцәа иахь азиашареи раарԥшра ҳцәыцәгьахар ауеит. Ари астатиаҿы Абиблиаҿы иаагоу х-хҭыск еилыргоуп. Урҭ ҳацхраауеит Иегова аиашарахь имоу ахәаԥшышьа аҿыԥшра.
ИИУН 26, 2017 — ИИУЛЬ 2, 2017
27 Иаашәырԥшуа ахамеигӡара Иегова дҳаранаклааит!
Иегова акгьы дшамыргәаҟуагьы, имчра ҳшадгыло анибо, игәы иахәоит. Ашәҟәы Аӡбаҩцәа 4-тәи, 5-тәи ахқәа рҟынтә иаҳбоит Иегова идҵақәа рынагӡаразы иааҳарԥшуа аҽазышәарақәа рыхә ҳаракны ишишьо.