Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 апрель ад. 10—14
  • Ииасуазеи Анцәа Иаҳра анааиуа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ииасуазеи Анцәа Иаҳра анааиуа?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУАА ЦӘГЬАҚӘА
  • АУС ХӘЫМГАҚӘА ЗЫРҾИО АИҾКААРАҚӘА
  • АУС ЦӘГЬАҚӘА
  • АХЬААИ, АԤСРЕИ, АГӘАҞРАҚӘЕИ
  • Анцәа игәы иҭеикзеи адгьыл азы?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 апрель ад. 10—14

Ииасуазеи Анцәа Иаҳра анааиуа?

«Ари аԥсҭазаараҿ уаҩ дхызхша, дзырблаҟьаша рацәоуп, урҭ зегьы мҩасуеит, ииасуеит, Анцәа игәаҳәара назыгӡо — наунагӡа дыҟоуп» (1 ИОАНН 2:17).

АШӘАҚӘА: 139, 144

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ирзиуазеи Иегова ауаа цәгьақәеи ихәымгоу аиҿкаарақәеи?

  • Рҵыхәтәа шԥаԥиҵәо Иегова аус цәгьақәа, насгьы ишԥақәиго ахьааи, аԥсреи, агәаҟрақәеи?

  • Ишԥаҳалшо аиқәхара, ицәгьоу ари адунеи анықәгахо?

1, 2. а) Излеиԥшузеи ари адунеии ашьра зқәырҵаз ацәгьаҟаҵаҩи? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Ишԥарыдыркыло ахшыҩ змоу ашамҭақәа ицқьам ари адунеи ақәгара?

«АԤСЫ ДААУЕИТ!» Абас ҿырҭуеит абахҭаҿы ишәарҭаз ацәгьаҟаҵаҩ акамера аҟынтә данҭырго. Аха избан ари ауаҩы иԥсы ҭазар, насгьы игәы бзиазар, абахҭа аҷаԥшьаҩцәа ус зиқәҿырҭуа? Иҟалаз уи ауп, аҷаԥшьаҩцәа иара дахьыршьуа аҭыԥ ахь дыргоит. Ақәыӡбара зауз ари ацәгьаҟаҵаҩ ԥсык диҩызоупa.

2 Ицқьам ҳара ҳдунеи ари ацәгьаҟаҵаҩ иеиԥшуп. Ари адунеи иақәыӡбахьеит, уи хымԥада иқәгахоит. Абиблиаҿы иануп: «Ари аԥсҭазаараҿ уаҩ дхызхша, дзырблаҟьаша рацәоуп, урҭ зегьы мҩасуеит, ииасуеит» (1 Иоанн 2:17). Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп уи хымԥада ишыҟало. Ашьра зқәырҵаз ацәгьаҟаҵаҩи ицқьам ари адунеии злеиԥшым ак ыҟоуп. Ашьра зқәырҵаз ацәгьаҟаҵаҩ ишьауӷа иашам ҳәа иазашшыр ауеит, мамзаргьы аҵыхәтәантәи аминуҭ азы уи анагӡара ахыргар алшоит. Ари адунеи акәзар, уи иақәыӡбаз зегь реиҳа ииашоу Аӡбаҩ иоуп (Ҩынтә. 32:4). Ашьауӷа анагӡара хырԥахаӡом, насгьы уи иашам ҳәа аӡәгьы изҳәаӡом. Ари адунеи анықәгахалак ашьҭахь, ахшыҩ змоу ашамҭақәа зегьы аиашара ахьышьақәгылаз азы игәырӷьалоит. Шаҟа хақәиҭра ду роуазеи усҟан!

3. Иарбан уадаҩрақәоу Анцәа Иаҳра анааилак иҟамло?

3 Ииасуазеи Анцәа Иаҳра анааилак? Аӡәырҩы иахьа ари адунеи аҿы аԥсҭазаара иахәҭакуп ҳәа ирыԥхьаӡо зегьы уаҳа иҟалаӡом. Илахьеиқәҵагоума уи? Мап! Аҳра иазку ажәабжь бзиагьы уи ауп зыӡбахә аҳәо (Матф. 24:14). Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Анцәа Иаҳра анааилак ииасуа ԥшь-уадаҩрак: ауаа цәгьақәа; аус хәымгақәа зырҿио аиҿкаарақәа; ацәгьоурақәа; ахьааи, аԥсреи, агәаҟрақәеи. Ҳара ҳрылацәажәоит: 1) дара ҳаԥсҭазаара ишаныруа, 2) Иегова урҭ ирзиуа, 3) дара рҭыԥан иҟало.

АУАА ЦӘГЬАҚӘА

4. Ишԥаныруеи ауаа цәгьақәа ҳаԥсҭазаара?

4 Ишԥаныруеи ауаа цәгьақәа ҳаԥсҭазаара? Апостол Павел иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа ихьанҭоу аамҭақәа шракәхо. Анаҩс иара иациҵеит: «Ауаа цәгьақәеи амцҳәацәеи қәҿиарала рыцәгьарақәа нарыгӡалоит» (2 Тим. 3:1—5, 13). Ижәбома шәара арҭ ажәақәа шынаӡо? Ҳара ҳҟынтә аӡәырҩы агәаҟрақәа ҳзааргахьеит амбжьахцәеи, ацәымӷра аазырԥшуа афанатикцәеи, игәымбылџьбароу ацәгьаҟаҵаҩцәеи. Шьоукы ауаа ишырбо ақәымчра аадырԥшуеит, егьырҭ уаа бзиақәоушәа рхы аарԥшны, ихәымгоу аусқәа ирҿуп. Ус еиԥш иҟоу ауаа ҳхаҭа ацәгьара ҳзырымузаргьы, уеизгьы урҭ ҳаԥсҭазаара ианыруеит. Иҟарҵо аус ҿаасҭақәа рыӡбахә анҳаҳауа, ҳцәа ҳҭаӡыӡоит. Даара угәы унархьуеит ауаа цәгьақәа рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа ахәыҷқәеи абыргцәеи, насгьы зхы ззымыхьчо ауаа гәымбылџьбарала иахьырзыҟоу. Урҭ ауаа агыгшәыгқәеи адемонцәеи реиԥш рхы мҩаԥыргоит (Иак. 3:15). Насыԥны, Иегова Иажәа агәыӷра ҳнаҭоит.

5. а) Иарбан лшароу ауаа цәгьақәа зегьы ирымоу? б) Ирыхьуазеи аҽыԥсахра зҭахым ауаа цәгьақәа?

5 Ирзиуазеи Иегова урҭ? Уажәы Иегова ауаа цәгьақәа аҽыԥсахразы алшара риҭоит (Ис. 55:7). Хырԥашьа змам ашьауӷа зықәҵо ари адунеи ауп, хаҭа-хаҭала ауаа ракәӡам. Ирыхьуазеи аҽыԥсахра зҭахым, насгьы агәырҩа ду алагаанӡа ари адунеи аган аанызкыло ауаа? Иегова ҳақәиргәыӷит ауаа цәгьақәа шықәиго. (Уаԥхьа Аԥсалом 36:10 [37:10, АдҾ].) Иҟалап дара акгьы рыхьӡом ҳәа ргәы иаанагозар. Аӡәырҩы ирҵеит иҟарҵо рус бааԥсқәа рыҵәахышьа, насгьы лассы-лассы иҟарҵаз азы хьырхәрада иаанхошәа убар алшоит (Иов 21:7, 9). Аха абар Иегова изкны Абиблиа иану: «Иара иблақәа ауаҩы имҩақәа ирыцклаԥшуеит, уи ишьаҿақәа зегь ибоит. Ацәгьа ҟазҵо рҽырҵәахыр ахьрылшо алашьцареи ашәшьыра дуӡӡеи ҳәа акгьы ыҟам» (Иов 34:21, 22). Анцәа узицәыбналаӡом. Ижьара аӡәгьы илшом. Иара ацәгьоуцәа иҟарҵо зегь ибоит. Армагеддон ашьҭахь ҳакәша-мыкәша ацәгьара ҟазҵо аӡәымзар-аӡәы даҳбом. Дара зегьы наӡаӡа иқәӡаауеит! (Аԥсал. 36:12—14 [37:12—15, АдҾ]).

6. Иаанхода адгьыл аҿы, ауаа цәгьақәа анықәгахалак ашьҭахь, насгьы избан уи зжәабжь бзиоу?

6 Иаанхода адгьыл аҿы, урҭ анықәгахалак ашьҭахь? Иегова агәыӷра ҳаиҭоит: «Адгьыл ртәхоит асыс мҟаа иаҩызоу, ҭынч аԥсҭазаарагь ҵыхәаԥҵәарада иалаҭхаџьлоит». Анаҩс уи аԥсалом аҿы иануп: «Ауаа цқьақәа адгьыл рзынхоит, наунагӡагь уаҟа аԥсҭазаара рымазаауеит (Аԥсал. 36:11, 29 [37:11, 29, АдҾ]). Изусҭцәада «асыс мҟаа иаҩызоу», насгьы «ауаа цқьақәа»? Асыс мҟаа иаҩызоу Иегова иажәақәеи имҩақәҵарақәеи ахынраалара аарԥшны ирықәныҟәо роуп, ауаа цқьақәа Анцәа ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо гәахәарыла иҟазҵо роуп. Иахьа адунеи аҿы ауаа цәгьақәа еиҳа еиҳауп, ауаа цқьақәа раасҭа. Аха адунеи ҿыц аҿы инхало асыс мҟаа иаҩызоуи ауаа цқьақәеи рымацара ракәхоит. Дара адгьыл зегьы џьанаҭны иҟарҵоит!

АУС ХӘЫМГАҚӘА ЗЫРҾИО АИҾКААРАҚӘА

7. Ишԥаҳныруеи аус хәымгақәа зырҿио аиҿкаарақәа?

7 Ишԥаҳныруеи аус хәымгақәа зырҿио аиҿкаарақәа? Ари адунеи аҿы имаҷымкәа ацәгьарақәа ҟазҵо аиҿкаарақәа роуп. Адинхаҵаратә еиҿкаарақәа миллионҩыла ауаа ржьоит. Иаҳҳәап, дара Анцәа изкны аиаша рҳәаӡом, Абиблиа агәра агара иаԥсам ҳәа ауаа агәра ддыргоит, насгьы адгьыли ауаатәыҩсеи рԥеиԥш зеиԥшрахо аганахь ала амц рҳәоит. Ихәымгәоу аиҿкаарақәа ирыхҟьаны аибашьрақәа ирылагоит, амилаҭқәа еидыслоит. Дара иӷару, насгьы зхы ззымыхьчо ауаа дыргәаҟуеит, аҵарҭышеи афаворитизми рыбзоурала амал дырҳауеит. Аԥсыцәгьара аазырԥшуа аиҿкаарақәа аԥсабара рҟьашьуеит, насгьы иԥхасҭартәуеит. Убри аҟынтә шьоукы амал ду рымоуп, убри аамҭазы миллионҩыла егьырҭ ауаа даара иӷарны инхоит. Агәра ганы ҳаҟоуп: ари адунеи аҿы иҟоу агәаҟрақәа абарҭ аиҿкаарақәа роуп изыхҟьо.

8. Ирԥеиԥшузеи, Абиблиа инақәыршәаны, акгьы рыхьуам ҳәа ауаа ирыԥхьаӡо аиҿкаарақәа?

8 Ирзиуазеи Иегова урҭ? Агәырҩа ду алагоит аполитикатә мчрақәа амцдинхаҵарақәа зегьы ианрыжәло, урҭ Абиблиаҿы рыӡбахә ҳәоуп ақалҭбааԥс ду, мамзаргьы Вавилон ду ҳәа (Аат. 17:1, 2, 16; 18:1—4). Амцдинхаҵарақәа зегьы наӡаӡа иқәгахоит. Ирыхьуазеи егьырҭ ихәымгоу аиҿкаарақәа? Ауаа арҭ аиҿкаарақәа акгьы рыхьуам ҳәа ргәы иаанагоит, убри аҟынтә Абиблиаҿы урҭ ашьхақәеи адгьылбжьахақәеи ирҿырԥшуп. (Уаԥхьа Аатра 6:14.) Анцәа Иажәа иану аԥааимбаражәа иаҳәоит Анцәа Иаҳра иаҿагыло аиҳабырақәеи урҭ ирхьыԥшу аиҿкаарақәеи шықәгахо. Уи агәырҩа ду аҵыхәтәантәи аетап акәхоит (Иер. 25:31—33). Уи ашьҭахь адгьыл аҿы ихәымгоу аиҿкаарақәа зегьы ықәӡаауеит.

9. Избан агәра ганы ҳзыҟоу адунеи ҿыц ибзианы ишеиҿкаахо?

9 Иҟалозеи уи аҭыԥан? Еиҿкаарақәас акры нхома адгьыл аҿы Армагеддон ашьҭахь? Абиблиаҿы иануп: «Иара ҳазлақәиргәыӷыз ала, ҳазыԥшуп аиашара ахьыҟазаауа ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци» (2 Пиотр 3:13, АдҾ). Уаанӡатәи адгьыли ажәҩани, даҽакала иаҳҳәозар, ицәгьоу аиҳабырақәеи урҭ ирыдгыло ауааи уаҳа иҟалаӡом. Иҟалозеи урҭ рҭыԥан? «Ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци» — аиҳабыра ҿыци уи ахь азыӡырҩра аазырԥшуа ауаатәыҩсатә еилазаара ҿыци. Аҳра напхгара азызуа Иисус Христоси уи ицхырааҩцәеи аиҿкаара Анцәа, Иегова, иҟазшьақәа инагӡаны иаадырԥшлоит (1 Кор. 14:33). Ус анакәха, ауаатәыҩсатә еилазаара аҩныҵҟа аиҿкаара бжьазаауеит. Еиуеиԥшым азҵаарақәа ииашоу ахацәа ирыӡбалоит (Аԥсал. 44:17 [45:16, АдҾ]). Урҭ напхгара рзырулоит Иисус Христос 144 000-ҩык аҳра ицзулои иареи. Шәхаҿы иаажәг иахьа иҟоу ихәымгоу аиҿкаарақәа рҭыԥан акзаара зыбжьоу еиҿкаара заҵәык аныҟало аамҭа. Уи аиҿкаара ахаангьы аус хәымгақәа ирылаҟьашьхаӡом!

АУС ЦӘГЬАҚӘА

10. Иарбан ус цәгьақәоу иҟоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы, насгьы ишԥашәныруеи уи шәҭаацәеи шәареи?

10 Ишԥаныруеи ҳаԥсҭазаара аус цәгьақәа? Ҳара ҳдунеи закәандарала иҭәуп: уахьынаԥшлакгьы амцҳәара, ақәымчра, агәаԥхашәадара ыҟоуп. Еиҳарак аҭаацәарақәа ирзымариаӡам, избанзар рхәыҷқәа еснагь ацәгьара иацәырыхьчалар ауп. Уаанӡа еиԥшымкәа, агәырҿыхагақәа аус хәымгақәа ицәгьоу акгьы рыламшәа иаадырԥшуеит, насгьы Анцәа ацәгьеи абзиеи дшахәаԥшуа иахыччоит (Ис. 5:20). Ииашоу ақьырсианцәа ус еиԥш иҟоу ахәаԥшышьа иақәшаҳаҭым. Дара Иегова инормақәа пату ахьрықәрымҵо адунеи аҿы ишынхогьы, Анцәа изиашаны иаанхаларц азы ирылшо зегь ҟарҵоит.

11. Еилаҳкаауазеи Иегова Содоми Гоморреи ирзиуз аҟынтәи?

11 Иҟаиҵозеи Иегова? Ҳахәаԥшып уи Содоми Гоморреи ацәгьара анырхыҵәа иҟаиҵаз. (Уаԥхьа 2 Пиотр 2:6—8.) Анцәа изиашаз Лот икәша-мыкәша иҟаз ацәгьара даара игәы инархьуан. Иегова уи аҭыԥ аҿы иҟаз ақалақьқәа зықәигаз амцқьара аҵыхәтәа ԥиҵәарц адагьы, «игылараны иҟоу агәнаҳаҟаҵацәа ргәырҽанҵаразы» ауп. Иаарласны Иегова ари адунеигьы данақәыӡбо, иҟоу ацәгьара зегьы ықәигоит.

12. Иҟашәҵаларц ишәҭахузеи ари адунеи аҵыхәтәа анааилак?

12 Иҟалозеи урҭ рҭыԥан? Џьанаҭ дгьыл аҿы агәахәара ҳзаазго аусқәа рацәахоит. Иаҳҳәап, ҳара адгьыл џьанаҭны иҟаҳҵалоит, ҳхазы, насгьы иаҳзааигәоу рзы аҩнқәа ҳаргылалоит. Иара убас миллионҩыла зыԥсы ҭало ауаа ҳарԥылалоит, урҭ Иегова инормақәа дҳарҵалоит, насгьы уи ауаатәыҩса рзы иҟаиҵаз зегьы рзеиҭаҳҳәалоит (Ис. 65:21, 22; Аус. 24:15). Усҟан ҳара зегьы агәахәара ду ҳзаазго, насгьы Иегова дҳаразкуа аусқәа рацәаны иҟаҳҵалоит.

АХЬААИ, АԤСРЕИ, АГӘАҞРАҚӘЕИ

13. Иарбан лҵшәа бааԥсқәоу Аҩсҭааи, Адами, Евеи иҟарҵаз аҿагылара иаанагаз?

13 Ишԥаҳныруеи ахьааи, аԥсреи, агәаҟрақәеи? Ауаа цәгьақәеи аиҿкаарақәеи адунеи зегь аҿы ацәгьара ҟарҵоит. Уи иахҟьаны иахьабалак ахьааи, аԥсреи, агәаҟрақәеи ыҟоуп. Илшома аӡәыр аибашьрақәеи, аӷарреи, арасизми зынӡа анырра снамҭеит ҳәа аҳәара? Ӡәыр дацәыхьчоума аԥсрақәеи ачымазарақәеи? Уи зегь зыхҟьо Аҩсҭааи, Адами, Евеи Иегова иахьиҿагылаз ауп. Уи аҿагылара иаанагаз алҵшәа бааԥсқәа ҳара зегьы иаҳныруеит.

14. Ирзиуазеи Иегова ахьааи, аԥсреи, агәаҟрақәеи? Иаажәга аҿырԥштәы.

14 Иҟаиҵозеи Иегова? Иаҳҳәап, иара аибашьрақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит. (Уаԥхьа Аԥсалом 45:9, 10 [46:8, 9].) Ирыхьуазеи ачымазарақәа? Урҭ уаҳа иҟалаӡом (Ис. 33:24). Иазиуазеи Иегова аԥсра? Уи наӡаӡа аҵыхәтәа ԥиҵәоит (Ис. 25:8). Аӷарра уаҳа иҟалаӡом (Аԥсал. 71:12—16 [72:12—16, АдҾ]). Анцәа ҳаԥсҭазаара зыруадаҩуа, насгьы ахьааи агәаҟрақәеи ҳзаазго зегь аԥихуеит. Иегова ибзоурала ашҳам злоу «аҳауа» иаҩызоу ари адунеи уаҳа анырра ҳнаҭалаӡом. Аҩсҭаа идемонцәеи иареи рныррагьы аӡәгьы ԥырхага изаанагалом (Еф. 2:2).

Шәхаҿы иаажәг аибашьрақәеи, ачымазарақәеи, аԥсреи ахьыҟам адунеи (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Иқәгахозеи наӡаӡа Армагеддон ашьҭахь?

15 Шәхаҿы иаажәг аибашьрақәеи, ачымазарақәеи, аԥсреи ахьыҟамло адунеи. Шәазхәыц: уаҳа иҟалаӡом арра, абџьар, ахәышәтәырҭақәа, аҳақьымцәа, амедиаҳәшьцәа, анышәынҭрақәа. Ацәгьара уаҳа иҟалаӡом, убри аҟынтә уаҳа иаҭаххаӡом ахьчаратә маҵзура, амилициа, иҟалап ацаԥхақәеи абарқәамқәеи. Уаҳа иҟалаӡом агәҭынчымрақәа.

16, 17. а) Иарбан цәаныррақәоу ирызцәырҵуа Армагеддон аҿы еиқәхо ауаа? Иаажәга аҿырԥштәы. б) Агәра ҳзыргозеи ари адунеи анықәгахо аиқәырхара шҳауа?

16 Изеиԥшрахозеи аԥсҭазаара, ацәгьара анықәгахалак ашьҭахь? Уи ҳхаҿы аагара мариам. Ари адунеи аҿы ҳанхоижьҭеи акрааҵуеит аҟынтә, иҟалап иҟоу аҭагылазаашьа бааԥсқәа шаҟа анырра ҳарҭо ҳазгәамҭо ҳалагазар. Ҳара адәыӷбатә станциа ааигәара инхо ауаҩы ҳиеиԥшуп: аамҭа цацыԥхьаӡа, иара адәыӷбақәа рыбжьы цәгьа дашьцылоит. Мамзаргьы ақалақь аҿы агәамсам ахьеидыркыло ааигәара инхо, хәыҷы-хәыҷла афҩы цәгьақәа ирышьцыло ауаҩы ҳиеиԥшхар ауеит. Аха арҭ аҭагылазаашьа бааԥсқәа анықәгахо, агәахәара ду ҳауеит.

17 Аԥсалом 36:11 (37:11, АдҾ) аҿы иануп: «Адгьыл ртәхоит асыс мҟаа иаҩызоу, ҭынч аԥсҭазаарагь ҵыхәаԥҵәарада иалаҭхаџьлоит». Арҭ ажәақәа даара ҳгәы шьҭырхуеит! Анцәа иҭахуп ҳара зегьы убри аҩыза аԥсҭазаара ҳамазар. Убри аҟынтә ихьанҭоу арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Анцәа Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәала, насгьы иеиҿкаара ааншәмыжьлан. Уи азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Ишәымоу агәыӷра ахә шәшьала, уи шәазхәыцла, еснагь шәхы-шәгәы иҭаз. Алшара шаашәоулак, уи агәыӷра атәы егьырҭ ирзеиҭашәҳәала (1 Тим. 4:15, 16; 1 Пиотр 3:15). Ус ҟашәҵалар, агәра ганы шәыҟазар шәылшоит ари адунеи иаԥеиԥшу ахлымӡаах шәшацәыхьчахо. Шәара џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа аԥсҭазаара бзиа шәалагәырӷьалоит!

a Уаанӡа Еиду Аштатқәа бахҭақәак рҿы ус ҟарҵон.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра