Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 апрель ад. 21—26
  • Ишәымоума шәара Иегова ихәаԥшышьа аиашара аганахь ала?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәымоума шәара Иегова ихәаԥшышьа аиашара аганахь ала?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИГӘЫԤЖӘАГОУ АИАШАМРА
  • АНЦӘА ИИАШОУ ИӠБАРА
  • АХЫНРААЛАРА ҲА́ХЬЧОИТ
  • АИЗАРАҾЫ АГӘЫҨБАРА АНААДЫРԤШУА
  • АНАЖЬРА ШӘАЗХИАЗ
  • Иегова ацәгьара ҟазҵоз аҳкәажә дахьирхәуеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Аҳкәажә бааԥс Иезавел
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • «Аханатә абас аиԥш иҟан Уара угәаҳәа-гәаԥхара»
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Иаанагозеи гәыкала ахьхәра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 апрель ад. 21—26

Ишәымоума шәара Иегова ихәаԥшышьа аиашара аганахь ала?

«Сара Иегова ихьӡ рыласҳәалоит. [...] Иара — амцҳәара злам аиашара Анцәа иоуп» (ҨЫНТӘ. 32:3, 4).

АШӘАҚӘА: 5, 46

ИШԤАҲАЦХРААУЕИ АРҬ АЖӘЕИНРААЛАҚӘА ИИАШАМКӘА ИАНҲАЗНЫҞӘО?

  • Ҩынтәзакәан 32:4

  • 1 Пиотр 5:5

  • Матфеи 6:14

1, 2. а) Иарбан иашамроу Навуфеи иԥацәеи иареи зықәшәаз? б) Иарбан ҟазшьақәоу ари астатиаҿы ҳазлацәажәо?

ШӘХАҾЫ иаажәг: ҩыџьа ауаа цәгьақәа амц ҳәаны, хаҵак ацәгьа иузшәа ахара идырҵеит. Шәазхәыц аиашара бзиа избо ауаа шаҟа ргәы днархьуа акгьы зхарам ари ахаҵа иԥацәеи иареи ахаҳә ргәыдҵаны ишыршьуа анырбо. Ари ахҭыс баша ихыҭҳәаам. Убас изыруит Иегова изиашаз имаҵзуҩы Навуфеи, уи дынхон аҳ Ахав Израиль данахагылаз аамҭазы (1 Аҳ. 21:11—13; 2 Аҳ. 9:26).

2 Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит Навуфеи изку ахҭыс. Иара убас еилҳаргоит актәи ашәышықәсазы Анцәа изиашаз аизара аиҳабы иҟаиҵаз агха ӷәӷәа. Арҭ абиблиатә ҿырԥштәқәа иаҳдырбоит ахынраалара ҳамазар, насгьы анажьра ҳазхиазар, Иегова аиашарахь имоу ахәаԥшышьа ҳшаҿыԥшуа.

ИГӘЫԤЖӘАГОУ АИАШАМРА

3, 4. Дзеиԥшрауаҩызи Навуфеи, насгьы избан иӡахәаҭра Ахав изыҭира мап зацәикыз?

3 Навуфеи Иегова дизиашаны даанхеит, израильаа реиҳараҩык аҳ Ахави иԥҳәыс аҳкәажә Иезавельи рҿырԥшы цәгьа ишықәныҟәазгьы. Дара амцнцәахәы Ваал имҵахырхәон, насгьы Иегова изакәанқәеи иареи пату рықәырҵомызт. Аха Навуфеи Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа иԥсҭазаара аасҭа рыхә ҳаракны ишьон.

4 Уаԥхьа 1 Аҳцәа 21:1—3. Ахав Навуфеи иҿы аӡахәаҭра ааихәарц, мамзаргьы уи аҭыԥан еиӷьу ииҭарц аниҭахха, Навуфеи мап икит. Избан? Иара аҳаҭырқәҵара аарԥшны иҳәеит: «Иалимыршааит Иегова сабацәа рҟынтә исҭынхаз уара иусҭартә». Навуфеи идыруан Иегова израильаа ириҭаз азакәан ишаҳәоз ала абиԥарала ирҭынхаз адгьылқәа зынӡа ҳәа рыҭира азин шырнамҭоз (Алев. 25:23; Ахыԥхь. 36:7). Хымԥада, Навуфеи Иегова ихәаԥшышьа иман.

5. Иҟалҵазеи Иезавель, Навуфеи иӡахәаҭра лоурц азы?

5 Навуфеи аӡахәаҭра аҭира мап анацәик, аҳ Ахав иԥҳәыси иареи ацәгьоура аҟынӡа инеит. Иезавель лхаҵа изы аӡахәаҭра лоурц азы, Навуфеи иҟаимҵаз ацәгьоура ихаралҵеит. Нас иԥацәеи иареи ршьит. Иҟаиҵазеи Иегова, ари аҩыза игәыԥжәагоу аиашамра аниба?

АНЦӘА ИИАШОУ ИӠБАРА

6, 7. Ишԥааирԥши Иегова аиашара бзиа ишибо, насгьы избан уи Навуфеи иҭаацәеи иҩызцәеи ргәы зарҭынчыз?

6 Иегова аамҭа мгакәа Илиа Ахав иахь дцарц идиҵеит. Илиа иашарыла Ахав ауаҩшьҩы, насгьы аӷьыч ҳәа изиҳәеит. Изеиԥшрази Иегова иӡбара? Ахав иԥҳәыси иԥацәеи Навуфеии иԥацәеи рыԥсышьа роуеит (1 Аҳ. 21:17—25).

7 Ахав гәымбылџьбарала иҟаиҵаз иахҟьаны, Навуфеи иҭаацәеи иҩызцәеи даара игәырҩон. Аха ганкахьала урҭ ргәы арҭынчуан Иегова зегь ахьибоз, насгьы ирласны уи иахьақәҿиҭыз. Аха анаҩс иҟалаз ахҭысқәа ирыхҟьаны, дара ахынраалара аарԥшреи Анцәа иқәгәыӷреи рзымариамхазар ауеит.

8. Ихы шԥамҩаԥигеи Ахав Иегова ииӡбаз анеиликаа, насгьы иалҵшәахазеи уи?

8 Иҟалазеи Ахав Иегова ииӡбаз анеиликаа? Абиблиаҿы иануп: «Ахав имаҭәа ишәхаԥжәаны, иџьаџьоу аџьабарамаҭәа ишәиҵеит. Иара дычгон, аџьабарамаҭәа ишәҵаны дышьҭан, насгьы игәы каҳаны дныҟәон». Ахав ахынраалара ааирԥшит. Иҟалазеи анаҩс? Иегова Илиа иеиҳәеит: «Сҿаԥхьа ахынраалара ахьааирԥшыз азы, иара ихаан иҩны арыцҳара иақәсыршәом, аха уи ҟасҵоит иԥа ихаан» (1 Аҳ. 21:27—29; 2 Аҳ. 10:10, 11, 17). Агәқәа ҭызҵаауа Иегова Ахав иахь агәрыцҳашьара ааирԥшит (Ажәам. 17:3).

АХЫНРААЛАРА ҲА́ХЬЧОИТ

9. Иахьчар шԥалшоз ахынраалара Навуфеи иҭынхацәеи иҩызцәеи?

9 Ишԥарныри Иегова иӡбара Ахав иҟаиҵаз ихәымгоу ацәгьоура атәы здыруаз ауаа? Шьоукы ргәы иаанагар алшон Иегова иқәыӡбара аҟәихызшәа, уи Навуфеи иҭынхацәеи иҩызцәеи рыгәрахаҵара аԥышәара иҭанаргылар ауан. Аха ахынраалара рыгәрахаҵара ахьчар алшон. Уи аҟазшьа абзоурала дара Иегова изиашаны имаҵ рулон, насгьы иара ахаангьы ииашамкәа ихы шымҩаԥимго агәра агара ирыцхраауан. (Уаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:3, 4.) Иегова изиашаз рыԥсы анҭеиҵо, Навуфеи иԥацәеи иареи, насгьы урҭ рыуацәа ирбоит инаӡоу аиашара закәу (Иов 14:14, 15; Иоанн 5:28, 29). Уи адагьы, ахынраалара аазырԥшуа ауаа ирдыруеит: «Иҵабыргу Анцәа аусқәа зегьы, урҭ ҵәахызаргьы, ақәыӡбарахь инеигоит, ицәгьоу ибзиоу иӡбарц азы» (Еккл. 12:14). Иегова аӡбара анидикыло, ҳара иаҳзымдыруа афакторқәа дрызхәыцуеит. Ахынраалара акгьы зхарам ауаа ахьчоит — уи рыгәрахаҵара рцәымӡырц ирыцхраауеит.

10, 11. а) Ианбалшо аиашарахь иҳамоу ахәаԥшышьа ԥышәахар? б) Ҳашԥахьчо ҳара ахынраалара?

10 Шәхы шԥамҩаԥыжәго аизара аиҳабацәа ишәзеилымкаауа, ма шзықәшаҳаҭым аӡбара рыдыркылар? Иаҳҳәап, ишәзааигәоу ауаҩы аизараҿы имаз зыхә ҳаракны иишьоз аҭакԥхықәрақәа имырхит. Мамзаргьы шәхатә ҩыза, шәԥа, шәыԥҳа, ма шәҩыза шәгәаанагарала акгьы ихарамкәа аизара далырцеит. Иҟашәҵозеи шәара, аизара аиҳабацәа агәнаҳа ҟазҵаз иахь даԥсамкәа агәрыцҳашьара аадырԥшызшәа шәгәы иабозар? Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы Иегова иахь ҳагәрахаҵара ԥышәахар алшоит, насгьы иеиҿкаара шаҟа агәра ҳго ааҳарԥшуеит. Шәааи еилҳаргап ахынраалара ҳа́хьчар шалшо.

Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аизара аиҳабацәа шәзықәшаҳаҭым аӡбара анрыдыркыло? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)

11 Акы, ахынраалара ҳацхраауеит аҭагылазаашьа аҵыхәтәанынӡа ишаҳзымдыруа аилкаара. Иҟалаз атәы имаҷымкәа иаҳдыруеит ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, Иегова заҵәык иоуп ауаҩы игәы иҭоу здыруа (1 Сам. 16:7). Уи еснагь иаҳгәалашәозар, ҳара иаҳзымариахоит ахынраалара аарԥшра, насгьы зегь адырра шҳалымшо еилкааны ҳгәаанагара аԥсахра. Ҩба, иҵабыргыҵәҟьаны ииашам аҭагылазаашьа Иегова ишириашо ҳаназыԥшуа, ахынраалара ҳацхраауеит аҳәатәхаҵареи ачҳареи раарԥшра. Аҟәыӷара злаз уаҩык иҩит: «Иҵабыргу Анцәа ицәшәоу рзы зегьы бзиарала иԥылоит... Ацәгьауҩы абзиара изыԥшӡам, насгьы инҵыра изацҵом» (Еккл. 8:12, 13). Ахынраалара ааҳарԥшуазар, уи ҳара ҳзы, насгьы уи ахҭыс иаҵанкуа рзы ихәарҭахоит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 5:5.)

АИЗАРАҾЫ АГӘЫҨБАРА АНААДЫРԤШУА

12. Еилҳаргозеи уажәы ҳара, насгьы избан?

12 Зны Сириатәи Антиохиа инхоз ақьырсианцәа ирымаз ахынраалара ԥызшәаз, иара убас анажьра шаҟа иазхиаз аазырԥшуаз аҭагылазаашьа иақәшәеит. Шәааи еилҳаргап ари ахҭыс, насгьы игәаҳҭап анажьра ҳазхиоу ҳазхиаму. Уи ҳацхраауеит анажьреи Анцәа аиашара дшахәаԥшуеи шеидҳәалоу аилкаара.

13, 14. Иарбан ҭакԥхықәрақәоу Пиотр имаз, насгьы ишԥааирԥши агәымшәара?

13 Апостол Пиотр ақьырсианцәа зегь ирдыруаз аизара аиҳабы иакәын. Иара Иисус хаҭала дидыруан, насгьы акрызҵазкуа аҭакԥхықәрақәа иман (Матф. 16:19). 36 шықәса ҳ. ҳ. Пиотр Корнили иҭаацәеи иареи ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәеит. Уи иалкаау хҭысын, избанзар Корнили дауриамызт, насгьы заԥхьатә хсаз дреиуамызт. Корнили иҭаацәеи иареи иԥшьоу адоуҳа анроу, Пиотр иҳәеит: «Абарҭ ауаа ӡыла иумыԥшьар, аӡы иӡааумхыр гәнаҳараӡами? Урҭ ҳара ҳаиԥш даргьы Аԥсы Цқьа дырзылыԥхеит [«иԥшьоу адоуҳа роуит», АдҾ]» (Аус. 10:47).

14 49 шәықәса ҳ. ҳ. апостолцәеи аизара аиҳабацәеи еиқәшәеит, қьырсианцәас иҟалаз иауриацәамыз ауаа рзы аԥхьатәхсара аҭахызу иаҭахымзу рыӡбарц. Уи аиқәшәараҿы Пиотр гәымшәарыла аишьцәа иргәалаиршәеит шәықәсқәак раԥхьа заԥхьатә хсамыз иауриацәамыз ауаа иԥшьоу адоуҳа шроуз. Пиотр уи ахҭыс ихаҭа ибеит аҟынтә, иажәақәа актәи ашәышықәсазы иҟаз анапхгаратә хеилак ииашоу аӡбара адкылара ирыцхрааит (Аус. 15:6—11, 13, 14, 28, 29). Иауриацәаз, иара убас иауриацәамыз ақьырсианцәа Пиотр иаартны афактқәа зегь ахьиҳәаз азы аџьшьара аадырԥшит. Шаҟа игәра ргози дара доуҳала ишәыз ари ауаҩы! (Аур. 13:7).

15. Иарбан гхоу Пиотр иҟаиҵаз, сириатәи Антиохиа даныҟаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

15 Иаарласны уи аиԥылара ашьҭахь Пиотр сириатәи Антиохиа дцеит. Уа иара иауриацәамыз аишьцәа драцәажәон. Ҳәарада, дара адырреи аԥышәа дуи змаз Пиотр иҿырҵааз рацәоуп. Уажәшьҭа шәхаҿы иаажәг шаҟа ргәы каҳаз, насгьы ргәы днархьыз Пиотр иаалырҟьаны рацәажәара данаҟәыҵ. Иауриацәаз егьырҭ ақьырсианцәа Пиотр иҿыԥшит, Варнавагьы уахь дналаҵаны. Избан доуҳала ишәыз аизара аиҳабы аизараҿы акзаара еилазгар зылшоз агха ӷәӷәа зыҟаиҵаз? Насгьы еиҳа ихадоу, иаҳнарҵозеи ҳара Пиотр игха, аизара аиҳабацәа ражәақәа ма русқәа рыла ҳдыргәаазар?

16. Дышԥариашаз Пиотр, насгьы иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

16 Уаԥхьа Галаҭаа рахь 2:11—14. Пиотр ауаа рҿаԥхьа ашәара иҽаиҭеит (Ажәам. 29:25). Иара даараӡа ибзианы идыруан Иегова иауриацәам дшырзыҟоу, аха иара дацәшәеит иерусалимтәи аизараҿы амаҵ зуаз заԥхьатә хсаз иауриаз ақьырсианцәа ргәаанагара. Апостол Павел Пиотр гәыҩбарала ихы мҩаԥигеит ҳәа изиҳәеит. Избан? Избанзар 49 шықәса ҳ. ҳ. Иерусалим имҩаԥысыз аиқәшәараҿы иара иаҳахьан Пиотр иауриамыз ақьырсианцәа дышрыдгылоз (Аус. 15:12). Рхы шԥамҩаԥыргеи иауриамыз ақьырсианцәа, Пиотр ииашамкәа дышрызныҟәаз анырба? Иаԥырхагахама уи рыгәрахаҵара? Ицәыӡма Пиотр имаз аҭакԥхықәрақәа?

АНАЖЬРА ШӘАЗХИАЗ

17. Иарбан хәарҭоу Пиотр изаанагаз Иегова ианажьра?

17 Пиотр ахынраалара аарԥшны Павел иажәақәа идикылеит, насгьы иҽириашеит. Абиблиаҿы Пиотр имаз аҭакԥхықәрақәа ицәыӡит ҳәа анӡам. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Анцәа идоуҳа ацхыраарала асаламшәҟәқәа ҩба иҩит, урҭ Абиблиа иахәҭакхеит. Аҩбатәи исаламшәҟәаҿы Пиотр Павел «акыр иаҳзаԥсоу» ҳәа изиҳәеит (2 Пиотр 3:15). Пиотр ихымҩаԥгашьа иауриамыз ақьырсианцәа ргәы шыднархьызгьы, аизара ахада, Иисус, уи анаҩсгьы ихы даирхәон (Еф. 1:22). Ари ахҭыс аишьцәеи аиаҳәшьцәеи алшара рнаҭон Иисус иаби иареи ирҿыԥшны, егьырҭ ранажьра. Ҳгәыӷуеит, инаӡамыз ауаҩы игха иахҟьаны аӡәгьы игәрахаҵара ицәымӡит ҳәа.

18. Иҳамазар анбахәҭоу Иегова аиашарахь имоу ахәаԥшышьа?

18 Актәи ашәышықәсазы ишыҟаз еиԥш, иахьагьы аизара аиҳабацәа наӡам, избанзар «ҳара зегьы агәнаҳарақәа маҷымкәа иҟаҳҵоит» (Иак. 3:2). Ҳәарада, ҳара уи ибзианы иаҳдыруеит, аха ҳхы шԥамҩаԥаҳго егьырҭ рынамӡара хаҭала ҳара ианҳныруа? Ҳахәаԥшуама уи аҭагылазаашьа Иегова ихәаԥшышьала? Иаҳҳәап, ҳхы шԥамҩаԥаҳгало аизара аиҳабы иажәақәа атәамбара рныԥшуазшәа ҳбозар? Иарԥсыҽуама шәыгәрахаҵара, аизара аиҳабы дазымхәыцкәа шәгәы шәзырхьуа ак шәеиҳәар? Шгәы иаанагома уи аиашьа аизара аиҳабацәа рзы иҟоу аҭахрақәа уаҳа дрықәшәом ҳәа, мамзаргьы аизара ахада, Иисус, ачҳара аарԥшны шәизыԥшуоу? Шәазхәыцуама аиашьа акыр шықәса Иегова имаҵ шиуаз, иҟаиҵаз агха шәхы азымышьҭкәа? Агха ҟазҵаз аиашьа анаҩсгьы аизара аиҳабыс амаҵ иуазар, мамзаргьы аҭакԥхықәрақәа иоуазар, шәеигәырӷьома шәара уи? Шәзыргәааз ианажьра шәазхиазар, Иегова аиашарахь имоу ахәаԥшышьа шәаҿыԥшуеит. (Уаԥхьа Матфеи 6:14, 15.)

19. Ҳзызхиазар акәзеи ҳара?

19 Ҳара аиашара бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп Аҩсҭаа ицәгьоу идунеии иареи ирыхҟьаны иахьа иҟоу аиашамра Иегова ианықәиго (Ис. 65:17). Уи ҟалаанӡа, шәааи Иегова аиашарахь имоу ахәаԥшышьа ҳаҿыԥшлап: ахынраалара аарԥшны афактқәа зегь шаҳзымдыруа еилаҳкаалап, насгьы ҳзыргәааз гәык-ԥсык ала иранаҳажьлап.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра