АҴАРАЗЫ АСТАТИА 40
Иаанагозеи гәыкала ахьхәра?
«Сара сзааз ауаа иашақәа ракәымкәа, агәнаҳаҟаҵаҩцәа ахьхәра ргәазҭасҵарц азоуп» (ЛУКА 5:32, АдҾ).
АШӘА 36 «Ихьчала угәы»
АХҲӘААa
1, 2. Излеиԥшымзи Ахави Манассиеи, насгьы иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
АШӘЫШЫҚӘСАҚӘА раԥхьа ҩыџьа аҳцәа напхгара руан. Аӡәы Израиль жәа-еимшьҭрак дырхагылан, егьи Иудеиа иаҵанакуаз ҩ-еимшьҭрак дырхагылан. Урҭ аҳцәа, аӡәы егьи дихаанымызт, аха еицырзеиԥшыз рацәан. Рҩыџьагьы Иегова иҿагылеит, насгьы изхагылаз ажәлар бжьырхуан. Урҭ амцнцәахәқәа ирымҵахырхәон, акгьы зхарамыз ауаа ршьагьы карҭәон. Аха дара злеиԥшымызгьы ак ыҟан. Руаӡәк иԥсы ахьынӡаҭаз цәгьаҟаҵаҩын, егьи игәнаҳақәа дрыхьхәын, ианажьын. Изусҭцәадаз урҭ?
2 Израиль аҳ Ахав ихьӡын, Иудеиа аҳ — Манассиа. Урҭ ҩыџьа ахацәа рхымҩаԥгашьа злеиԥшымыз ҭаҳҵаар акрызҵазкуа атема — ахьхәра атема еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит (Аус. 17:30; Рим. 3:23). Изакәызеи нас ахьхәра, насгьы излоубарҭоузеи уи? Уи бзианы еилаҳкаауазароуп, избанзар Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьларц ҳҭахуп. Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳаурц азы аҳцәа Ахави Манассиеи рыԥсҭазаара ҳазхәыцып, насгьы урҭ рҿырԥшқәа иаҳдырҵо еилаҳкаап. Анаҩс ҳазааҭгылоит Иисус иажәамаана ахьхәра иазкны иҳаилнаркаауа.
АҲ АХАВ ИҾЫРԤШЫ ИАҲНАРҴО
3. Дзеиԥшра напхгаҩызи Ахав?
3 Ахав израильтәи жәа-еимшьҭрак абыжьбатәи раҳ иакәын. Иара Иезавель ԥҳәысс дигеит. Лара Израиль аҩадахьҟа ишьҭаз, ибеиаз ақалақь Сидон аҳ иԥҳа лакәын. Иҟалап Ахав уи ԥҳәысс дзигаз феидак иоурц азы акәзар. Аха уи израильтәи ажәлар ирԥырхагахеит — дара Иегова еиҳагьы ицәыхарахеит. Иезавель Ваал димҵахырхәон, насгьы Ахав ила Израиль амцмҵахырхәара иалалгалон. Аламысдареи ахәыҷқәа амҭас рнагареи Ваал имҵахырхәара иахәҭакын. Иезавель аҳраҿы дыҟанаҵ Иегова иԥааимбарцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы зыршьыз лара илыхҟьаны акәын (1 Аҳ. 18:13). Ахав ихаҭагьы «Иегова иҿаԥхьа ацәгьара ҟаиҵон, насгьы иаԥхьа иҟаз аҳцәа зегьы дреицәан» (1 Аҳ. 16:30). Ахави Иезавельи иҟарҵоз Иегова иҟынтә иузыҵәахуамызт, иара урҭ зҿыз ибон. Аха Иегова уеизгьы дара рахьгьы, ажәлар рахьгьы арыцҳашьара ааирԥшуан. Урҭ аамҭа ыҟанаҵ рыҽдыриашарц азы аԥааимбар Илиа дырзынаишьҭит. Аха Ахави Иезавельи Иегова иажәақәа хьаасгьы ирымкит.
4. Дышԥаиқәыӡбеи Иегова Ахав, насгьы ихы шԥамҩаԥигеи Ахав уи аниаҳа?
4 Аҵыхәтәаны Иегова ичҳара нҵәеит. Иара Ахави Иезавельи дышрықәыӡбаз реиҳәарц азы аԥааимбар Илиа дишьҭит. Илиа иреиҳәеит рҭаацәара зегьы шықәгахо. Урҭ ажәақәа Ахав ӷәӷәала ддыршәеит. Иџьоушьартә иҟоуп аха, иԥагьаз аҳ иусцәгьақәа дрыхьхәит (1 Аҳ. 21:19—29).
Аҳ Ахав Анцәа иԥааимбар абахҭа дахьҭеикыз иаанарԥшуан гәыкала дшахьымхәыз. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 6.)b
5, 6. Избан иаҳҳәар зҳалшо Ахав гәыкала дшахьымхәыз?
5 Ахав уи аҭагылазаашьаҿы иусқәа дышрыхьхәызгьы, анаҩстәи ихымҩаԥгашьа гәыкала дшахьымхәыз аанарԥшит. Акыр ҟаиҵама иаҳраҿы Ваал имҵахырхәара ааникыларц азы? Мап. Ргәазҭеиҵозма ажәлар Иегова имҵахырхәаларц? Дырҩегь мап! Ахав иҟаиҵоз дшахьымхәыз аазырԥшуа егьырҭ ашьақәырӷәӷәарақәагьы ыҟоуп.
6 Ԥыҭрак ашьҭахь, Ахав Сириа дабашьырц данцоз, Иуда аҳ Иосафат ацхырааразы диҳәеит. Аха Иосафат Иегова гәыкала имаҵ иуан, убри аҟынтә аибашьра ицаанӡа Иегова иԥааимбар иазҵаарц идигалеит. Ахав уи игәамԥхаӡеит, иагьиҳәеит: «Дыҟоуп даҽаӡәгьы, уи ила Иегова ҳиазҵаар ҳалшоит. Аха сара уи дысцәымӷуп, избанзар иара ацәгьара ада, ахаан ибзиоу ԥааимбаражәак сзимҳәаӡацт». Аха дара уеизгьы аԥааимбар Михеи иԥхьан иазҵааит. Аԥааимбар иҳәеит, Ахав иҽеиу ҳәа акгьы шизыԥшым! Ахьхәреи Иегова анажьразы иҳәареи рҭыԥан, аԥагьара злаз Ахав аԥааимбар абахҭа дҭеикит (1 Аҳ. 22:7—9, 23, 27). Уи Иегова иԥааимбар абахҭа дҭеикзаргьы, аԥааимбаражәа анагӡара дзаԥырхагахомызт. Уи аибашьраҿы Ахав дыршьит (1 Аҳ. 22:34—38).
7. Дышԥеихцәажәеи Иегова Ахав данԥсы ашьҭахь?
7 Ахав данԥсы ашьҭахь, Иегова уи дшизыҟаз иҳәеит. Иосафат иԥсы иманы аҩныҟа даныхынҳә Иегова аԥааимбар Ииуи дизынаишьҭит, Ахав дицны дахьцаз диқәыӡбарц азы. Аԥааимбар ус иҳәеит: «Ииашоума ауаа цәгьақәа рыцхраара, насгьы Иегова дызцәымӷу бзиа рбара?» (2 Аш. 19:1, 2). Шәазхәыц, Ахав гәыкала дахьхәызҭгьы аԥааимбар уи ауаҩыцәгьа, насгьы «Иегова дызцәымӷу» ҳәа изиҳәарызма? Еилкаауп, Ахав иусцәгьақәа дышрыхьхәыз иҳәеит, аха уеизгьы урҭ гәыкала дырхьымхәӡеит.
8. Еилаҳкаауазеи ахьхәра иазкны Ахав иҿырԥшы аҟынтә?
8 Иаҳнарҵозеи Ахав иҿырԥшы? Иегова Ахав иҭаацәара дышрықәыӡбаз аниаҳа, иус цәгьақәа дрыхьхәит. Уи бзиан иҟаиҵеит. Аха анаҩстәи ихымҩаԥгашьа уи гәыкала ишыҟаимҵаз аанарԥшит. Ус анакәха, гәыкала ахьхәра иҟаҳҵаз ҳшахьхәуа аҳәара мацара акәӡам иаанаго. Уажәшьҭа шәааи гәыкала ахьхәра иаанаго ҳаилзыркаауа даҽа ҿырԥшык еилҳаргап.
АҲ МАНАССИА ИҾЫРԤШЫ ИАҲНАРҴО
9. Дзеиԥшра напхгаҩызи Манассиа?
9 Ҩышә-шықәса раҟара рышьҭахь Манассиа Иудеиа аҳас дҟалеит. Уи иҟаиҵоз ацәгьарақәа Ахав иҟаиҵоз иузадкыломызт. Абиблиаҿы иануп: «Иара Иегова иҿаԥхьа ацәгьарақәа рацәаны иҟаиҵон, убас ала длаирҟәуан» (2 Аш. 33:1—9). Манассиа амцнцәахәқәа рзы амҭанагарҭақәа иргылеит, насгьы иара Иегова иԥшьаз иныҳәарҭаҿы иԥшьоу ашьаҟа аргылараҵәҟьагьы игәаӷьит (иҟалап, уи аҽаҩра анцәахәы лакәызҭгьы изызкыз). Иара алаԥшхырԥагақәеи аԥшрақәеи дырҿын. Уи адагьы, акгьы зхарамыз ауаа рацәаҩны ршьа каиҭәеит. Ари ауаҩы бааԥс иҷкәынцәаҵәҟьагьы иблит, амцнцәахәқәа ирызнеигарц азы (2 Аҳ. 21:6, 7, 10, 11, 16).
10. Дышԥахьирхәи Иегова Манассиа, насгьы ихы шԥамҩаԥигеи уи?
10 Иегова Манассиа игәиҽаниҵарц азы зныкымкәа аԥааимбарцәа изынаишьҭуан. Аха Ахав иеиԥш Манассиагьы урҭ ирҳәоз дазыӡырҩуамызт. Аҵыхәтәаны «Иегова ассириатәи аҳ ир реиҳабацәа урҭ [аиудеиаа] ирҿаиргылеит, насгьы дара Манассиа аҿарԥа ала дыкны, абҩа иалху ашьамҭлаҳәқәа ишьаҵаны Вавилонҟа дыргеит». Манассиа иҩны дацәыхараны абахҭа дахьҭакыз иԥсҭазаара дазхәыцуа далагеит. Иара иабацәа Рынцәа иҿаԥхьа иус хәымгақәа гәыкала дрыхьхәит. Аха иара уи аҿы даанымгылаӡеит. Манассиа Инцәа Иегова дрыцҳаишьарц азы дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа иҳәара далагеит. Иҟалап, уи ирацәаны диҳәозҭгьы. Зны ибааԥсыз ари ауаҩы аҽыԥсахра далагеит. Иара Иегова Инцәа иеиԥш дибо далагеит, дизааигәахаларцгьы иҭаххеит (2 Аш. 33:10—13).
Аҳ Манассиа амцмҵахырхәара ақәгара иҽахьазишәоз ишьақәнарӷәӷәон гәыкала дшахьхәыз. (Шәахәаԥш абзац 11.)c
11. Ишԥаадырԥшуеи 2 Ашықәсынҵа 33:15, 16 иану ажәақәа Манассиа иус бааԥсқәа гәыкала дышрыхьхәыҵәҟьаз?
11 Иегова Манассиа иҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит, избанзар иҳәарақәа иаадырԥшуан иара иҽшиԥсахыз. Манассиа Иегова дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа даниҳәа ашьҭахь Иегова аҳра ҭыԥ изирхынҳәит. Манассиа уи ашьҭахь ихы шымҩаԥигоз иаанарԥшит иара гәыкала дшахьхәыҵәҟьаз. Уи, Ахав иеиԥш, ажәала мацара акәӡамызт дшахьхәыз, уи иусқәагьы иаадырԥшуан. Манассиа зынӡа даҽакала ихы мҩаԥиго далагеит. Иара Иудеиа амцмҵахырхәара ықәигарц азы илшоз зегь ҟаиҵон, насгьы ажәлар Иегова заҵәык имҵахырхәаларц ргәазҭеиҵон. (Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 33:15, 16.) Ҳәарада уи азы агәымшәареи агәрахаҵареи аҭахын, избанзар уи аԥхьа, ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Манассиа иҭынхацәеи, имаҵзуҩцәеи, егьырҭ аиудеиааи зынӡа даҽакакәын ргәы зазҭеиҵоз. Уажәшьҭа, Манассиа иқәрахь даннеи, иус цәгьақәа ирхылҿиааз аҭагылазаашьа цәгьа ариашара иҽазишәеит. Иҟалап, иара имоҭа хәыҷ Иосиагьы анырра бзиа ииҭазар. Ԥыҭрак ашьҭахь уи аҳ бзианы дҟалеит (2 Аҳ. 22:1, 2).
12. Иҳаилнаркаауазеи Манассиа иҿырԥшы анажьра иазкны?
12 Иаҳнарҵозеи Манассиа иҿырԥшы? Иара Ахав иеиԥш дахьхәит, аха уи аҿы даанымгылаӡеит. Манассиа дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова дрыцҳаишьарц азы диҳәон. Иара дызҿыз зегь дырҟәаҵит, насгьы иус бааԥсқәа ирхылҵыз аԥхасҭа ириашарц азы илшоз зегь ҟаиҵон. Уи гәыкала Иегова имаҵ аура дахьалагаз адагьы, егьырҭгьы уи аҟаҵара ргәазҭеиҵон. Аҳ Манассиа иҭоурых агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵахьоугьы анажьразы агәыӷра рнаҭоит. Уи ибзианы иҳаилнаркаауеит Анцәа Иегова ақьиара шилоу, анажьрагьы дшазхиоу (Аԥсал. 86:5). Ауаҩы гәыкала игәнаҳақәа дрыхьхәуазар, Иегова ҳәарада ианаижьуеит.
13. Излеиԥшымзеи угәнаҳа ушахьхәуа аҳәареи гәыкала ахьхәреи? Иаажәга аҿырԥштәы.
13 Манассиа иҟаиҵаз агәнаҳақәа дышрыхьхәыз аҳәара мацараҿы даанымгылаӡеит. Уи гәыкала ахьхәра иаа́наго аганахь ала иаҳнарҵо рацәоуп. Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: шәара аторт аашәхәарц азы адәқьан ахь шәнеиуеит. Аха аторт аҭыԥан аҭиҩы акәтаӷьқәа ааганы ишәиҭоит. Ишәгәаԥхарызма уи? Ҳәарада мап! Аха аторт злырхуа еиҳараӡак акәтаӷь ауп ҳәа шәеиҳәазҭгьы? Уеизгьы, ишәгәаԥхарызма уи? Убас еиԥш, Иеговагьы агәнаҳа ҟазҵаз иҟынтә ахьхәра дазыԥшуп. Агәнаҳа ҟазҵаз дшахьхәуа иҳәозар, уи бзиоуп. Аха гәыкала ахьхәразы уи мацара азхаӡом. Гәыкала ахьхәра иаанаго Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанак иҳаилнаркаауеит.
АУАҨЫ ГӘЫКАЛА ДШАХЬХӘЫЗ УЗЫРБО
Иҟьалаз аԥа ихымҩаԥгашьа шҽеимыз дырны иҩныҟа дхынҳәырц азы амҩа хара дахысит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)d
14. Иузырбозеи иҟьалаз аԥа иҟаиҵаз дшахьхәыз?
14 Лука 15:11—32 аҿы иануп иҟьалаз аԥа изку игәыҭшьаагоу ахҭыс. Ихамаԥагьаз арԥыс иаб иԥҟарақәа рыла анхара иҭахымхеит. Убри аҟынтә иаб иҩнаҭа ааныжьны «тәыла харак ахь [дцеит]», насгьы ихы иааҭашәоз зегь аҟаҵара далагеит. Аха ауадаҩрақәа изцәырҵуа ианалага иԥсҭазаара дазхәыцит. Иара еиликааит иаб иҩнаҭаҿы анхара шаҟа ибзиаз. Иисус излеиҳәаз ала, уи арԥыс дышиашамыз еиликааит. Иара иӡбеит иаб иахь дхынҳәны иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵарц. Уи арԥыс ихымҩаԥгашьа шҽеимыз ахьеиликааз бзиан. Аха иҟалазеи уи ашьҭахь? Иара ак ҟаиҵар ихәҭан.
15. Ишԥааирԥши Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәоу арԥыс гәыкала дшахьхәыз?
15 Уи арԥыс гәыкала дшахьхәыҵәҟьаз иусқәагьы ишьақәдырӷәӷәеит. Иара аҩныҟа дхынҳәырц азы амҩа хара дахысит. Иаб даниба ус иеиҳәеит: «Саб! ажәҩан аҿаԥхьа, уара уҿаԥхьа агәнаҳа сымоуп, уажәшьҭа уԥа ҳәа саҳәарагьы саԥсамкәа сҟалеит» (Лука 15:21). Гәыкала ииҳәаз арҭ ажәақәа иаадырԥшуан Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргыларц шиҭахыз. Уи адагьы, иара еиликаауан иаб игәы шиирхьыз. Анаҩсгьы иаб ибзиабара игымхарц азы иааиҳәоз зегь аҟаҵара дазхиан, қьырала аусурагьы дақәшаҳаҭын (Лука 15:19). Ари ажәамаана ус баша игәыҭшьаагоу хҭысӡам. Уи иаҵоу апринципқәа аизара аиҳабацәа рхы иадырхәалароуп агәнаҳа ҟазҵаз ақьырсиан гәыкала дахьхәу-дахьымхәу аилкааразы.
16. Избан аизара аиҳабацәа зны-зынла ирзымариамхар залшо агәнаҳа ҟазҵаз гәыкала дшахьхәыз аилкаара?
16 Агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы гәыкала дахьхәуоу-дахьымхәуоу аилкаара мариаӡам. Аизара аиҳабацәа ауаҩы игәы иҭоу рбаӡом. Ирбо ашьақәырӷәӷәарақәа рыла дара еилыркаароуп ауаҩы иҟаиҵаз агәнаҳа шицәымӷхаҵәҟьаз. Аха зны-зынла ақьырсиан иҿаасҭоу агәнаҳақәа убриаҟара акыраамҭа иҟаиҵозар ауан, аизара аиҳабацәа уи гәыкала дшахьхәыз ала алак-ҩакра рызцәырҵыр алшоит.
17. а) Иарбан ҿырԥштәу иаҳзырбо ауаҩы гәыкала дшахьхәыз аилкааразы алахьеиқәҵара мацара шазымхо? б) Иҟаиҵар акәзеи гәыкала зыгәнаҳа иахьхәуа ауаҩы, 2 Коринфаа рахь 7:11 иану инақәыршәаны?
17 Еилҳаргап ҿырԥштәык. Аиашьа акыршықәса рыҩныҵҟа иԥҳәыс диԥсахуеит. Ацхыраара аҳәара аҭыԥан иара анаҩсгьы иԥҳәыси, иҩызцәеи, аизара аиҳабацәеи ржьара даҿуп. Аҵыхәтәаны имц иҵыҵуеит, насгьы аизара аиҳабацәа иацәажәарц азы иқәшәоит. Аиашьа агәнаҳа шыҟаиҵаз иҳәоит, иҟалап уи илахь еиқәнаҵозаргьы. Аха алахьеиқәҵара мацара азхаӡом, избанзар ари дымхәыцӡакәа знык иҟаиҵаз гәнаҳаӡам. Уи акыршықәса дызҿыз усын. Уи адагьы, игәнаҳа атәы ихала имҳәаӡеит, уи иҵырдырааит. Аизара аиҳабацәа ашьақәырӷәӷәарақәа рымазароуп, агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы иҟаиҵоз шицәымӷхаз, насгьы ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи шиԥсахыз дзырбо. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 7:11.) Ауаҩы мышкала иҽизыԥсахӡом. Убри аҟынтә ауаҩы ақьырсиантә еизара далцатәхар ауеит. Уи дхынҳәыр анилшо, гәыкала дшахьхәыз анааирԥшлак ауп (1 Кор. 5:11—13; 6:9, 10).
18. Иузырбозеи аизара иалцоу ауаҩы гәыкала дшахьхәуа, насгьы зыгәра ганы дыҟазар илшозеи иара?
18 Иаазырԥшуазеи ауаҩы гәыкала дшахьхәыз? Аизара иалырцаз ауаҩы аизарақәа бжьаимыжьлароуп, Анцәа диҳәалароуп, насгьы Абиблиа ҭиҵаалароуп. Аизара аиҳабацәа уи зегь ҟаиҵалар шихәҭоу иарҳәоит. Иара убас дырҩегь агәнаҳа изырҟаҵар алшо аҭагылазаашьақәа иҽырцәихьчалароуп. Агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргыларц азы илшо зегь ҟаиҵозар, агәра ганы дыҟазар илшоит Иегова гәыкала ишианаижьуа, аизара аиҳабацәагьы ҿыц аизарахь дышрыдыркыло. Ҳәарада, ауаҩы гәыкала дшахьхәыз узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа рсиа ыҟаӡам. Убри аҟынтә аизара аиҳабацәа агәнаҳа ҟазҵаз русқәа еилдыргацыԥхьаӡа зегь бзиан иҭырҵаауеит, насгьы аизарахь ахынҳәра зҭаху рзы рхатә ԥҟарақәа шьақәдыргылаӡом.
19. Иаанагозеи гәыкала ахьхәра? (Иезекииль 33:14—16).
19 Иҟаҳҵап алкаа. Гәыкала ахьхәра иаанаго иҟауҵаз агәнаҳазы аҭамзаара ашьҭаҵара мацара акәӡам. Агәнаҳа ҟазҵаз ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи иԥсахроуп. Иҽеим аусқәа ааныжьны иара ҩаԥхьа Иегова ишиҭаху еиԥш ихы мҩаԥигалароуп. (Шәаԥхьа Иезекииль 33:14—16.) Агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа бжьысит. Убри аҟынтә зегь раԥхьаӡа иргыланы дзышьҭалаша урҭ реиҭашьақәыргылара ауп.
АГӘНАҲА ҞАЗҴАЗ АХЬХӘРА ШӘРЫЦХРААЛА
20, 21. Ҳицхраар шԥаҳалшо агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы?
20 Иисус адгьыл аҿы имаҵзура иамаз ахықәкқәа руак данахцәажәоз абас иҳәеит: «Сара сзааз... агәнаҳаҟаҵаҩцәа ахьхәра ргәазҭасҵарц азоуп» (Лука 5:32, АдҾ). Убри аҟынтә ҳаргьы уи хықәкыс иҳамазароуп. Иаҳҳәап, шәара еилышәкааит шәҩыза гәакьа агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз. Шәхы шԥамҩаԥыжәго усҟан?
21 Шәҩыза агәнаҳа шыҟаиҵаз шәҵәахуазар еиҳагьы изеицәоу ҟашәҵоит. Уи иагьшәзыҵәахӡом, избанзар Иегова зегь ибоит (Ажәам. 5:21, 22; 28:13). Шәҩыза шәицхраарц азы, иҳаиҷаҳауа аизара аиҳабацәа зегь рзеиҭеиҳәарц игәазҭашәҵа. Иара уи ҟаимҵар, шәхаҭа аизара аиҳабацәа зегь рзеиҭашәҳәароуп. Убасҟан иаашәырԥшуеит шәышҩыза бзиоу. Избанзар шәҩыза Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ашәарҭара иҭагылоуп.
22. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
22 Аха иҟалап, ақьырсиан акыршықәса рыҩныҵҟа иҿаасҭоу агәнаҳақәа ҟаиҵозҭгьы, насгьы аизара аиҳабацәа уи аизара далцатәуп ҳәа рыӡбазар. Иаанагома уи аишьцәа иара иахь арыцҳашьара аадмырԥшӡеит ҳәа? Анаҩстәи астатиа ари азҵаара аҭак аилкаара иҳацхраауеит. Уа ҳара ҳахцәажәоит Иегова агәнаҳа ҟазҵо анахьирхәуа арыцҳашьара шааирԥшуа, насгьы уи ҳара иаҳнарҵо.
АШӘА 103 Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»
a Иаанагозеи гәыкала ахьхәра? Уи агәнаҳа ҟазҵаз иҟаиҵаз шҽеим аҳәара мацара акәӡам иаанаго. Гәыкала ахьхәра иаанаго ҳаилдыркаауеит аҳцәа Ахави Манассиеи рҿырԥшқәа, иара убас Иисус ажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәоз иҟьалаз аԥа иҿырԥшы. Уи адагьы еилаҳкаауеит агәнаҳа ҟазҵаз ақьырсиан иҟаиҵаз гәыкала дшахьхәуа аилкаара аизара аиҳабацәа ирыцхраауа.
b АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Аҳ Ахав игәы ԥжәаны аԥааимбар Михеи абахҭа дҭаркырц адҵа ҟаиҵоит.
c АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Аҳ Манассиа аныҳәарҭаҿы зны иргылахьаз амцнцәахәқәа ҟәыбаса иргарц адҵа ҟаиҵоит.
d АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Амҩа хара иаркараз иҟьалаз аԥа, харантәи иҩны аниба дгәырӷьеит.