АҴАРАЗЫ АСТАТИА 32
АШӘА 44 Згәы каҳаны иҟоу Анцәа дышиҳәо
Иегова зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц иҭахуп
«[Иегова] аӡә дҭахар иҭахӡам, зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц ауп ииҭаху» (2 ПИОТР 3:9).
ЕИЛАҲКААУА
Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит агәнаҳа ахьхәра иаанаго, уи зхадоу, иара убас ауаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц азы Иегова дышрыцхраауа.
1. Излоубарҭозеи ауаҩы игәнаҳа дшахьхәа?
ИҼЕИМ ак аныҟаҳҵо, уи ҳахьхәыроуп. Абиблиа инақәыршәаны, ауаҩы игәнаҳа данахьхәа, иҟаиҵаз ицәымыӷхоит, иҽеим ихымҩаԥгашьа аанижьуеит, иара убас уаҳа ус имыхьырц азы ихы аус адиулоит. (Шәахәаԥш «Ажәар», астатиа «Ахьхәра».)
2. Избан ҳара зегьы ахьхәра иаанаго ҳдыруазар зҳахәҭоу? (Неемиа 8:9—11).
2 Ҳара зегьы ахьхәра иаанаго ҳдыруазароуп, избанзар ҳаззегьы есыҽны агәнаҳақәа ҟаҳҵоит. Ҳара Адами Евеи ҳархылҵит, убри аҟынтә ҳаззегьы агәнаҳаи аԥсреи ҳҭынхеит (Рим. 3:23; 5:12). Апостол Павел иеиԥш иҟаз ахаҵара ӷәӷәа змаз ауаагьы иҽеим агәаҳәарақәа ирҿагылалар акәын (Рим. 7:21—24). Иаанагома уи ҳагәнаҳақәа ирыхҟьаны аԥсҭазаара ҳзалагәырӷьаӡом ҳәа? Мап. Иегова дрыцҳашьаҩуп. Иара анасыԥ ҳамазарц иҭахуп. Ҳахәаԥшып Неемиа ихаан инхоз ауриацәа рҿырԥшы. (Шәаԥхьа Неемиа 8:9—11.) Иегова иҭахӡамызт урҭ уаанӡа иҟарҵоз агәнаҳақәа ирыхҟьаны ргәы каҳаларц, аха гәырӷьарала имаҵ руларц иҭахын. Иегова идыруеит угәнаҳақәа уанрыхьхәуа, агәырӷьара шуоуа. Убри аҟынтә ахьхәра иаанаго ҳирҵоит. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, арыцҳашьара злоу Ҳаб ишҳанаижьуа.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ари астатиаҿы агәнаҳа ахьхәра иаанаго иазкны еиҳаны еилаҳкаауеит. Раԥхьа ҳалацәажәоит Иегова агәнаҳа ахьхәра аганахьала израильаа идирҵоз. Уи ашьҭахь ҳахәаԥшуеит Иегова агәнаҳақәа ҟазҵоз ахьхәра дышрыцхраауаз. Анаҩс ҳалацәажәоит Иисус агәнаҳа ахьхәра аганахьала иҵаҩцәа идирҵоз.
ИЕГОВА АГӘНАҲАҚӘА РЫХЬХӘРА ИАЗКНЫ ИЗРАИЛЬАА ИДИРҴОЗ
4. Идирҵози Иегова израильтәи ажәлар агәнаҳақәа рыхьхәра иазкны?
4 Иегова израильтәи ажәлар анеиҿикаа, иареи дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵеит. Израильаа Анцәа изакәан иқәныҟәалозҭгьы, иара урҭ ихьчалон, дагьырзылԥхалон. Иегова ижәлар агәра диргеит: «Иахьа ишәысҭо аԥҟара шәара шәзы ицәгьаӡам, иагьышәцәыхараӡам» (Ҩынтә. 30:11, 16). Аха израильаа Анцәа иҿагылазҭгьы — иаҳҳәап, амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иалагазҭгьы, — иара уаҳа дырзылԥхаӡомызт, уи иахҟьаны игәаҟлон. Аха уеизгьы дара еиҭа Анцәа иразра роур рылшон. Иегова иахь ихынҳәны изыӡырҩра иалагар ауан (Ҩынтә. 30:1—3, 17—20). Даҽакала иаҳҳәозар, рыгәнаҳақәа ирыхьхәыр рылшон. Убасҟан Иегова дырзааигәахарын, еиҭа дырзылԥхогьы далагарын.
5. Ишԥааирԥши Иегова ижәлар акгьы рылҵӡом ҳәа шимԥхьаӡаз? (2 Аҳцәа 17:13, 14).
5 Иегова ижәлар акырынтә иҿагылахьан. Израильаа, амцнцәахәқәа рымҵахырхәара адагьы, иҿаасҭаз егьырҭ аусқәагьы ҟарҵон. Уи иахҟьаны агәаҟрақәа ирықәшәон. Аха Иегова аҳәатәхамҵара аазырԥшуаз ижәлар акгьы рылҵӡом ҳәа имԥхьаӡаӡеит. Иара акырынтә израильаа рахь аԥааимбарцәа ишьҭхьан, рыгәнаҳақәа ирыхьхәны иара иахь ахынҳәра ргәазҭеиҵарц азы. (Шәаԥхьа 2 Аҳцәа 17:13, 14.)
6. Ишԥадирҵоз Иегова ижәлар рыгәнаҳақәа ирыхьхәлар шрыхәҭоу аԥааимбарцәа рыла? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Иегова ижәлар рахь лассы-лассы аԥааимбарцәа ишьҭуан, рҽырымԥсахыр иахьнанагоз реиҳәарц, насгьы ириашарц азы. Иаҳҳәап, Иеремиа иҩит: «„‚Бхынҳәы, сзыԥсахыз Израиль‘, — иҳәоит Иегова“. „‚Сыԥсахы еибакны сшәыхәаԥшлаӡом, избанзар сара гәыкала сыҟоуп‘, — иҳәоит Иегова“. „‚Сара наӡаӡа сгәы ԥжәалаӡом. Амала ахара шбыду иаартны иҳәа, избанзар бара Бынцәа Иегова биҿагылеит‘“» (Иер. 3:12, 13). Иоиль ила Анцәа иҳәеит: «Гәык-ԥсыкала сара сахь шәхынҳәы» (Иоиль 2:12, 13). Исаиа ила Иегова израильаа абас реиҳәеит: «Шәҽышәрыцқьа, шәус цәгьақәа наҟ исԥырыжәга, шәаҟәыҵ ацәгьара аҟаҵара» (Ис. 1:16—19). Анцәа Иезекииль абас иҩырц иеиҳәеит: «„Саргәырӷьома агәнаҳаҟаҵаҩ иԥсра? — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ Иегова. — Мап, сара исҭаху уи имҩа ааныжьны иԥсы ҭазарц ауп!“ „Сара аӡәгьы иԥсра саргәырӷьаӡом... Убри аҟынтә агәнаҳа аҟаҵара шәаҟәыҵны шәынхала“» (Иез. 18:23, 32). Ауаа рыгәнаҳақәа ианрыхьхәуа Иегова даараӡа дгәырӷьоит, избанзар иҭахуп рыԥсы ҭазарц — наӡаӡа инхаларц! Ишаҳбо еиԥш, Анцәа агәнаҳа ҟазҵо дрыцхраарц азы урҭ рыгәнаҳақәа ианбарыхьхәуеи ҳәа дыԥшӡам. Ҳрыхәаԥшып уи шьақәзырӷәӷәо даҽа ҿырԥштәқәак.
Иегова иҳәатәы хазымҵоз ижәлар рахь лассы-лассы аԥааимбарцәа ишьҭуан, урҭ ириашарц, насгьы рыгәнаҳақәа рыхьхәра дрыцхраарц азы. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6, 7.)
7. Идирҵарц ииҭахызи Иегова ижәлар аԥааимбар Осиа иԥҳәыси иареи рҿырԥшы ихы иархәаны?
7 Иазгәашәҭ Иегова аԥааимбар Осиа иԥҳәыс Гомери иареи рҿырԥшы ихы иархәаны ижәлар идирҵарц ииҭахыз. Гомерь лхаҵа длыԥсахуа далагеит, нас егьырҭ ахацәа дрыцныҟәаларц азы дкалыжьит. Аха илылымшаӡози лара лыгәнаҳақәа рыхьхәра? Ауаҩы игәы иҭоу збо Иегова Осиа иеиҳәеит: «Узыԥсахуа, насгьы ҽаӡәы бзиа иибо уԥҳәыс ҿыц бзиа дба, Иегова ижәлар бзиа ишибо еиԥш, дара егьырҭ анцәақәа рахь рхы шдырхогьы» (Ос. 3:1; Ажәам. 16:2). Иазгәашәҭ Осиа иԥҳәыс агәнаҳақәа рыҟаҵара дшаҟәымҵыз. Аха уеизгьы Иегова аԥааимбар иеиҳәеит иланаижьырц, насгьы шьҭахьҟа дидикыларцa. Убас еиԥшҵәҟьа Анцәа аҳәатәхамҵара аазырԥшуаз ижәлар мап рцәимкӡеит. Израильаа иҿаасҭаз агәнаҳақәа шыҟарҵозгьы, иара урҭ бзиа ишибац ибон. Анцәа урҭ рахь аԥааимбарцәа ишьҭуан, рыгәнаҳақәа ирыхьхәны аҽыриашара дрыцхраарц азы. Ари аҿырԥштәы иунарбоит Иегова ауаа рыгәқәа шҭиҵаауа, насгьы агәнаҳа ӷәӷәақәа рыҟаҵара иаҟәымҵуа ауаҩы игәнаҳақәа рыхьхәра ицхраара иҽшазишәо (Ажәам. 17:3). Шәааи ҳахәаԥшып уи шыҟаиҵо.
ИЕГОВА АГӘНАҲАҚӘА ҞАЗҴО РЫГӘНАҲАҚӘА РЫХЬХӘРА ДЫШРЫЦХРААУА
8. Иҟаиҵазеи Иегова Каин игәнаҳақәа рыхьхәра дицхраарц азы? (Аҟазаара 4:3—7). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Каин Адами Евеи рԥеиҳаб иакәын. Иара иҭаацәа рҟынтә агәнаҳа иҭынхеит. Аха иара иҽеим игәаҳәарақәа дырҿагылаларц азы ихы аус адиулаӡомызт, уи иҽеим аусқәа инарҟаҵеит (1 Иоанн 3:12). Уи азы акәзар ҟалап Иегова Каин дзизыразымыз, имҭагьы зидимкылаз. Аҽыриашара аҭыԥан «Каин игәы ԥжәеит, илахьгьы еиқәышьшьы дҟалеит». Иҟаиҵазеи Иегова ари аҭагылазаашьаҿы? Каин диацәажәеит. (Шәаԥхьа Аҟазаара 4:3—7.) Иазгәашәҭ Иегова ақьиара аарԥшны дышиацәажәаз, насгьы аус бзиақәа ҟаиҵалар, дшизылԥхо шиеиҳәаз. Уи адагьы, Анцәа Каин иеиҳәеит агәнаҳа иаанаго алҵшәа, аха Каин уи дизымӡырҩӡеит. Иара игәнаҳақәа рыхьхәра иҭахымхаӡеит. Иӡбама Иегова уи азы уаҳа аӡәгьы рыгәнаҳақәа рыхьхәра дрыцхраалаӡом ҳәа? Зынӡаск мап!
Иегова ақьиара аарԥшны Каин диацәажәон, насгьы аус бзиақәа ҟаиҵалар, дшизылԥхо иеиҳәеит. Иара убас игәиҽаниҵеит агәнаҳа ҟаиҵар, уи алҵшәа бааԥсқәа шаанаго. (Шәахәаԥш абзац 8.)
9. Дышԥаицхрааи Иегова Давид игәнаҳа ахьхәра?
9 Иегова аҳ Давид даараӡа бзиа дибон. Иара уи сгәы иақәшәо ауаҩы иоуп ҳәа изиҳәеит (Аус. 13:22, албаага). Аха Давид агәнаҳа ҿаасҭақәа ҟаиҵон: даҽаӡәы иԥҳәыс длыцышьҭалеит, ауаҩгьы дишьит. Моисеи изакәан ала иара ашьра иқәнаган (Алев. 20:10; Ахыԥхь. 35:31). Аха Иегова иара иахь ақьиара ааирԥшит, насгьы игәнаҳа дахьхәырц ицхраара иҽазишәеитb. Давид иҟаиҵаз агәнаҳа дахьхәаанӡагьы, Иегова иара иахь аԥааимбар Нафан днаишьҭит. Уи агәнаҳа шыҟаиҵаз иеилзыркааз ажәамаана изеиҭеиҳәеит. Давид Иегова шаҟа игәы иирхьыз анеиликаа, игәнаҳа дахьхәит (2 Сам. 12:1—14). Уи ус шакәу унарбоит уи ашьҭахь ииҩыз угәаҵанӡа инеиуа аԥсалом (Аԥсал. 51, ахҳәаа). Ари аԥсалом агәнаҳа ҟазҵаз аӡәырҩы ргәы арҭынчит, ахьхәрагьы ргәазҭанаҵеит. Шаҟа угәы ҟанаҵозеи Иегова абас бзиабарала имаҵзуҩы Давид дахьицхрааз.
10. Шәышԥазыҟоу Иегова инаӡам ауаа рахь ачҳара ахьааирԥшуа, насгьы иахьранаижьуа?
10 Иегова агәнаҳақәа зегь ицәымӷуп (Аԥсал. 5:4, 5). Аха иара идыруеит ҳаззегьы ҳшынаӡам, бзиа ҳахьибо азы агәнаҳа аҿагылара дҳацхраауеит. Иара иааҟәымҵӡакәа агәнаҳақәа ҟазҵогьы ахьхәреи иҩызахареи рыцхраара иҽазишәоит. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи ари! Иегова шаҟа ачҳара илоу, насгьы ишҳанаижьуа ҳаназхәыцуа, ҳизиашаны аанхареи, агәнаҳа аныҟаҳҵо ирласны ахьхәреи ҳҭаххоит. Шәааи уажәшьҭа ҳалацәажәап Иисус агәнаҳа ахьхәра иазкны иҵаҩцәа идирҵоз.
ИИСУС АГӘНАҲАҚӘА РЫХЬХӘРА ИАЗКНЫ ИҴАҨЦӘА ИДИРҴОЗ
11, 12. Иарбан ажәамааноу Иисус еиҭеиҳәаз Иаб ауаа ранажьра бзиа ишибо ҳирбарц азы? (Шәахәаԥш асахьа.)
11 Актәи ашәышықәса ҳ. ҳ. азы Мессиа даар акәын. Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, Иегова Иоанн Аӡӡаахҩгьы Иисус Христосгьы ирыдиҵеит ауаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц шрыхәҭоу ддырҵаларц (Матф. 3:1, 2; 4:17).
12 Иисус адгьыл аҿы данынхоз ауаа ирзеиҭеиҳәон Иаб агәнаҳа ҟазҵо ранажьра дшазхиоу. Иисус уи ибзиаӡаны иааирԥшит иӡны иҟаз, аха иааз аԥа изку еиҭеиҳәаз ажәамаанала. Рԥыск аамҭак азы иҽеимкәа ихы мҩаԥигон. Аха нас иҟаиҵаз шиашамыз анеиликаа аҩныҟа дхынҳәит. Дышԥеиԥылеи Иаб? Иисус иҳәеит: «Аб иԥа харантәи даниба, дрыцҳаишьеит. Дыҩуа диԥылан, дигәыдиҳәҳәалан, дигәӡит». Аԥа игәгьы иаанагомызт иаб ианаижьуеит ҳәа, убри аҟынтә усуҩык иаҳасабала дидикыларц диҳәеит. Аха иаб уи «сԥа» ҳәа изиҳәеит, шьҭахьҟа аҩныҟа дидикылеит, иагьиҳәеит: «[Иара] дыӡны дыҟан, аха дааит» (Лука 15:11—32). Ҳәарада, Иисус адгьыл ахь даанӡа акырынтә ибахьан Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуаз ауаа шрыцҳаишьоз. Ари ахҭыс даараӡа ҳгәы шьҭнахуеит, насгьы Ҳаб Иегова шаҟа дрыцҳашьаҩу ҳнарбоит!
Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәоу аб иӡны иҟаз, аха иааз иԥа дигәыдиҳәҳәаларц азы дыҩны диԥылоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)
13, 14. Еиликаазеи Пиотр агәнаҳа ахьхәра аганахь ала, насгьы идирҵози уи иазкны егьырҭ? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
13 Апостол Пиотр агәнаҳа ахьхәреи егьырҭ рыгхақәа ранажьреи рганахь ала Иисус иҿиҵааз рацәоуп. Пиотр лассы-лассы агхақәа ихьуан, аха Иисус уи гәыкала ианаижьуан. Иаҳҳәап, Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа хынтә иҳәеит, уи ашьҭахь иламыс цәгьала даргәаҟуан (Матф. 26:34, 35, 69—75). Аха Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр иахь днеит, уи ихала даныҟаз акәызҭгьы ҟаларын (Лука 24:33, 34; 1 Кор. 15:3—5). Ҳәара аҭахума, усҟан Иисус зыгха иахьхәыз иапостол ианаижьит, бзиа дшибогьы агәра ииргеит. (Шәахәаԥш Марк 16:7, насгьы «Учебная Библия» аҿы иаагоу акомментари «и Петру».)
14 Пиотр агәнаҳа ҟаиҵеит, аха Иисус ианаижьит, убри аҟынтә иара ахьхәреи анажьреи аҵакы ибзианы еиликаауан, уи иаанаго егьырҭгьы идирҵалар илшон. Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа ашьҭахь дук мырҵыкәа Пиотр еизаз ауриацәа рҿаԥхьа ажәахә иҳәеит, насгьы Мессиа дшыршьыз реилиркааит. Аха ақьиара аарԥшны ргәазҭеиҵеит: «Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, шәҽышәыԥсах, шәыгәнаҳақәа шәанажьхарц азы, Иегова аҭынчра шәиҭарц азы» (Аус. 3:14, 15, 17, 19). Арҭ ажәақәа рыла Пиотр идирбеит ауаҩы игәнаҳа дахьхәуазар, уи аҽыԥсахра игәы шазҭанаҵо, даҽакала иаҳҳәозар, иҽеим ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи ааныжьны Анцәа иргәырӷьара игәы шазҭанаҵо. Иара убас апостол иҳәеит Иегова ҳагәнаҳақәа ширыцқьо, урҭ рҟынтә акымзар акгьы шаанымхо. Акыршықәса рышьҭахь Пиотр ақьырсианцәа ирзиҩит: «[Иегова] шәара шәахь ачҳара ааирԥшуеит, избанзар аӡә дҭахар иҭахӡам, зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц ауп ииҭаху» (2 Пиотр 3:9). Шаҟа ргәы шьҭнахуазеи ари ақәыргәыӷра агәнаҳа ҟазҵаз ақьырсианцәа — рыгәнаҳа даара иӷәӷәазаргьы!
Иисус зыгәнаҳа иахьхәыз иапостол ианаижьит, бзиа дшибогьы агәра ииргеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)
15, 16. а) Ишԥеиликааи апостол Павел анажьра закәу? (1 Тимофеи 1:12—15). б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
15 Тарс иатәыз Савл ирацәаны ацәгьарақәа ҟаиҵон. Иара Христос иҵаҩцәа гәымбылџьбарала дрышьҭашәарыцон. Ақьырсианцәа реиҳараҩык уи ахаан иҽиԥсахӡом, насгьы иҟаиҵо дахьхәӡом ҳәа ргәы иаанагозҭгьы ҟаларын. Аха зыԥсы ҭалаз Иисус даҽакала акәын дышхәыцуаз. Иаргьы Иабгьы Савл иҟазшьа бзиақәа рбон. Иисус иҳәеит: «Сара уи ауаҩ далысхит» (Аус. 9:15). Иара Савл иҟаиҵоз ахьхәра дицхраарц азы аџьашьахәгьы ҟаиҵеит (Аус. 7:58—8:3; 9:1—9, 17—20). Савл — ԥыҭрак ашьҭахь апостол Павел ҳәа еицырдыруа иҟалаз — данқьырсианха, Иеговеи Иисуси иара иахь иаадырԥшыз ақьиареи арыцҳашьареи шаҟа ахә ҳаракны ишьо лассы-лассы иҳәон. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи 1:12—15.) Апостол аишьцәеи аиҳәшьцәеи идирҵон «уи зааирԥшуа аҽыриашара дуцхраарц азы шакәу» (Рим. 2:4).
16 Зны Павел иаҳаит коринфтәи аизараҿы ламысдарала зхы мҩаԥызгоз ақьырсиан аизараҿы дшаанрыжьыз, насгьы акгьы шиарымҳәоз. Иҟаиҵеи Павел? Иара урҭ ақьырсианцәа амҩақәҵарақәа риҭеит. Урҭ амҩақәҵарақәа Иегова изкны иаҳдырҵо рацәоуп. Анцәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы данахьирхәуа, уи абзиабара аарԥшны иҟаиҵоит, насгьы уи дахьхәуазар, арыцҳашьара ааирԥшуеит. Ҳаргьы арыцҳашьара ааҳарԥшлароуп. Анаҩстәи астатиаҿы коринфтәи аизараҿы иҟалаз еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәоит.
АШӘА 33 Угәырҩа Иегова идҵа
a Ари ахҭыс егьырҭ иреиԥшӡамызт. Иахьа Анцәа иҳәаӡом ухатә ҩыза уиԥсахзар, уи уилҵыр ҟалаӡом ҳәа. Иегова абзиабара аарԥшны Иԥа ила иҳаиҳәеит ухатә ҩыза уиԥсахзар, уи уилҵыр шыҟало (Матф. 5:32; 19:9).
b Шәахәаԥш 2012 шықәса, ноиабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Что для тебя означает прощение Иеговы?», адаҟьақәа 21—23, абзацқәа 3—10.