АҴАРАЗЫ АСТАТИА 41
Ҳара арыцҳашьара ду аазырԥшуа Анцәа имаҵ ҳуеит
«Иегова зегь рахь ақьиара ааирԥшуеит, иусқәа зегь ирыцҳашьара рнубаалоит» (АԤСАЛ. 145:9).
АШӘА 44 Згәы каҳаны иҟоу Анцәа дышиҳәо
АХҲӘААa
1. Дзеиԥшра уаҩузеи шәхаҿы иааиуа ажәа «дрыцҳашьаҩуп» аншәаҳауа?
ДЗЕИԤШРА уаҩузеи шәхаҿы иааиуа ажәа «дрыцҳашьаҩуп» аншәаҳауа? Аӡәы ицхраара иазхиоу, арыцҳашьареи ақьиареи злоу ауаҩы. Мамзаргьы иҟалап шәхаҿы дааизар Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәаз Самариа иатәыз ақьиара аазырԥшыз ахаҵа. Иара ацәгьоуцәа ирыпҟаз иауриаз ахаҵа иахь арыцҳашьара ааирԥшит. Арыцҳашьара уи игәазҭанаҵеит ирыпҟаз ауриа иахь абзиабара аарԥшны ицхраара, иара имилаҭ дшатәымызгьы (Лука 10:29—37). Ари ажәамаана Ҳанцәа илоу зеиԥшыҟам аҟазшьа, арыцҳашьара, иазкуп. Уи Анцәа ибзиабара иахәҭакуп, иара уи ҳара ҳахь есыҽны иааирԥшуеит.
2. Иаанагозеи еиҭа арыцҳашьара аарԥшра?
2 Иаанагозеи еиҭа арыцҳашьара аарԥшра? Арыцҳашьара злоу ауаҩы ахара зду дахьимырхәыр ауеит. Аԥсалом 103:10 иану инақәыршәны Иегова имаҵзуҩцәа убас ауп дышрызныҟәо: «Иара ҳагәнаҳақәа рыла дҳазныҟәаӡом». Аха Иегова агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы ӷәӷәала данахьирхәуагьы ыҟоуп.
3. Иарбан зҵаарақәоу уажәы еилҳарго?
3 Ари астатиаҿы ҳара х-зҵаарак еилҳаргоит: избан Иегова арыцҳашьара зааирԥшуа? Иааирԥшуама арыцҳашьара аӡәы ӷәӷәала зыгәнаҳа дахьзырхәуа? Иҳацхраауазеи ҳара арыцҳашьара аарԥшра? Шәааи ҳахәаԥшып Анцәа Иажәа урҭ азҵаарақәа рҭак шыҟанаҵо.
ИЕГОВА АРЫЦҲАШЬАРА ААРԤШРА ИГӘАЗҬАЗҴО
4. Игәазҭазҵозеи Иегова арыцҳашьара аарԥшра?
4 Абзиабара. Павел Ефесаа рахь ииҩыз асаламшәҟәы 2-тәи ахаҿы Анцәа иааирԥшуа арыцҳашьара ду дахцәажәеит. Ара иара зыӡбахә иҳәоз, ажәҩан аҿы анхаразы агәыӷра зауа доуҳала иалху инаӡам ақьырсианцәа рахь Анцәа арыцҳашьара шааирԥшуа ауп (Еф. 2:4—7). Аха урҭ рахь мацара акәӡам Иегова арыцҳашьара ахьааирԥшуа. Аԥсаломқәа руак аҿы Давид иҳәон: «Иегова зегь рахь ақьиара ааирԥшуеит, иусқәа зегь ирыцҳашьара рнубаалоит» (Аԥсал. 145:9). Иегова ауаа бзиа ибоит, убри аҟынтә арыцҳашьара аарԥшразы амзызқәа аныҟоу еснагь уи ааирԥшуеит.
5. Иабантәидыруаз Иисус Иегова арыцҳашьара аарԥшра шигәаԥхо?
5 Иегова арыцҳашьара аарԥшра шигәаԥхо Иисус зегь раасҭа ибзианы идыруеит. Иара адгьыл ахь даанӡа ԥхьаӡашьа змам ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иаб иааигәара дыҟан (Ажәам. 8:30, 31). Иара ибон ауаа агәнаҳақәа шыҟарҵозгьы, Иегова урҭ рахь арыцҳашьара шааирԥшуаз! (Аԥсал. 78:37—42). Убри азоуп Иисус изыӡырҩуаз ауаа лассы-лассы изреиҳәоз Иаб иааирԥшуа арыцҳашьара атәы.
Аб иԥа ирԥхашьара даламгаӡакәа, гәыҭбаарыла иҭаацәарахь дидикылеит. (Шәахәаԥш абзац 6.)c
6. Ишԥаҳаилиркааи Иисус ажәамаанала Иаб арыцҳашьара аарԥшра дшазхиоу?
6 Иегова арыцҳашьара аарԥшра шаҟа бзиа ибо ҳаилиркаарц азы, Иисус угәаҵанӡа инеиуа иҟьалаз аԥа изку ажәамаана ҿырԥштәыс иааигеит. Ҳазхысыз астатиаҿы уи ажәамаана ҳалацәажәахьеит. Уи ажәамаанаҿы аԥа иҩны ааныжьны дцеит, насгьы «имазара зегьы... акы дамеиҷаҳа, хнымкыларада инихит» (Лука 15:13). Аха аамҭак ашьҭахь гәыкала дахьхәын, аҩныҟа дхынҳәит. Дышԥаидикылеи иаб? Уи иаразнак иубарҭахеит. Иисус анаҩс иҳәоит: «Иаб дибеит, дагьрыцҳаишьеит, дыҩны днаидыххылан, ихәда иҽнакәыршаны дигәӡуан». Аб иԥа ирԥхашьара даламгаӡакәа, гәыҭбаарыла иҭаацәарахь дидикылеит. Аԥа ихараз шыҟазгьы, аб арыцҳашьара аарԥшны ианаижьит, избанзар иԥа гәыкала дахьхәит. Иисус ари ажәамаанаҿы арыцҳашьара аазырԥшыз аб ҳәа зыӡбахә имаз Иегова иакәын. Иисус иааигаз ажәамаана иҳаилнаркаауеит жәҩантәи Ҳаб гәыкала иахьхәуа ранажьра дшазхиоу (Лука 15:17—24).
7. Ишԥеидҳәалоу Иегова иҟәыӷареи иааирԥшуа арыцҳашьареи?
7 Зеиԥшыҟам аҟәыӷара. Иегова иӡбарақәа зегьы ҳара ахәарҭа ҳзааргоит. Иара иҟәыӷара ииашаны ахәыцра мацара акәӡам иаҵанакуа. Абиблиаҿы иануп «Жәҩанынтә аҟәыӷара... рыцҳашьаралеи, иқьиоу аусқәеи рыла иҭәуп» ҳәа (Иак. 3:17, АдҾ). Бзиа ҳазбо Ҳаб идыруеит иара иҟынтә арыцҳашьара шаҳҭаху (Аԥсал. 103:13; Ис. 49:15). Ҳара иҳагу шырацәоугьы, иара ҳаԥхьаҟа аԥсҭазаара бзиа ҳақәиргәыӷуеит. Зеиԥшыҟам Иегова иҟәыӷара еснагь арыцҳашьара аарԥшра игәазҭанаҵоит, уи аарԥшразы амзызқәа аныҟоу. Аха иҟәыӷоу Анцәа арыцҳашьара анаарԥштәымгьы идыруеит.
8. Иарбан ӡбароу зны-зынла ақьырсиантә еизараҿы ирыдыркылар рыхәҭоу, насгьы избан?
8 Ҳхы мҩаԥаҳгар шԥаҳахәҭоу аизара аҟынтә аӡәы идырны иламысдароу аԥсҭазаара амҩаԥгара далагазар? Апостол Павел ила Иегова иҳаиҳәеит ус иҟоу ауаҩы ҳаимацәажәаларц (1 Кор. 5:11). Убри аҟынтә зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы аизара далырцоит. Уи хадоуп гәыкала Анцәа имаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхьчаразы, насгьы аизара Иегова иҿаԥхьа ицқьаны иаанхарц азы. Аха шьоукы аизара алцара Анцәа ирыцҳашьара шаанарԥшуа аилкаара рцәыцәгьоуп. Ииашоума ус ахәыцра? Шәааи еилаҳкаап.
АӠӘЫ АИЗАРА ДАЛЫРЦОЗАР, УИ РЫЦҲАШЬАРОУМА?
Ичмазаҩу ауаса егьырҭ ауасақәа ирылганы хазы иҭактәуп, аха ахьча уи анаҩсгьы деиҷаҳауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9—11.)
9, 10. Иарбан ҿырԥштәу иаҳзырбо аизара алцара арыцҳашьара аарԥшра шакәу? (Ауриацәа рахь 12:5, 6).
9 Иаҳдыруа аӡәы, ма ҳҩыза уаҳа Иегова ишаҳаҭ шиакәым анҳаҳауа ҳгәы ҳнархьуеит. Уи аизара далцатәыҵәҟьазма ҳәа агәыҩбара ҳазцәырҵыр алшоит, насгьы уи рыцҳашьараӡам ҳәа ҳгәы иабар ауеит. Ахьырхәра зыхәҭоу иахьмырхәра ҟәыӷараӡам, рыцҳашьараӡам, насгьы гәымбылџьбарароуп (Ажәам. 13:24). Хәарҭа изаанагар алшома зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы аизара дахьалырцо? Ааи, уи ихәар ауеит. Агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз, насгьы аизара иалцаз аӡәырҩы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҳәоит, аизара аиҳабацәа уи аҩыза аӡбара ахьрыдыркылаз даара ишрыцхрааз, насгьы рхы иазхәыцны Иегова иахь ахынҳәра шрылшаз. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 12:5, 6.)
10 Еилҳаргап ҿырԥштәык. Ахьча игәеиҭеит игәарҭа аҟынтә уасак шычмазаҩхаз. Ачымазара зеиԥшроу ала ахьча иӡбоит ауаса егьырҭ ирылганы хазы иҭеикырц. Гәарҭак иатәу ауасақәа еишьцылоит, убри аҟынтә урҭ еицругар ргәы ҭынчӡам. Иаанагома уи ахьча дгәымбылџьбароуп ҳәа? Ҳәарада, мап. Иара идыруеит ичмазаҩу ауаса агәарҭаҿы иаанижьыр, егьырҭ ауасақәагьы шычмазаҩхо. Иара уи хазы иахьҭеикуа абзоурала, егьырҭ ауасақәа ихьчоит. (Иаҿшәырԥш Алевит 13:3, 4.)
11. а) Избан аизара иалцоу ауаҩы ичмазаҩу ауаса даҿҳарԥшыр зҳалшо? б) Иҟарҵалар рылшозеи аизара иалцоу анаҩсгьы, насгьы иарбан цхыраароу дара ироуа?
11 Аизара иалцоу ауаҩы аҿырԥштәаҿы зыӡбахә ҳәаз ауаса даҿҳарԥшыр ҳалшоит. Иара доуҳала дычмазаҩуп (Иак. 5:14). Ачымазараҵәҟьа еиԥш адоуҳатә чымазарагьы егьырҭ рахь ииасыр алшоит. Убри аҟынтә зны-зынла доуҳала ичмазаҩу ауаҩы аизара далцатәхар ауеит. Убас ала Иегова гәыкала имаҵ зуа имаҵзуҩцәа рахь абзиабара ааирԥшуеит, насгьы агәнаҳа ҟазҵаз иҟаиҵаз шаҟа иҽеим аилкаареи аҽыриашаразы алшареи ииҭоит. Иара аизара дшалцоугьы, анаҩсгьы аизарақәа дырҭаалар, ихазы алитература иоулар, насгьы JW Broadcasting® аҭыжьымҭақәа дрыхәаԥшлар ауеит, убас идоуҳатә гәабзиара еиҭашьақәиргыларц азы. Аизара аиҳабацәа аизара иалцоу ауаҩы иҽшиԥсахуа рбозар, Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргыларазы, насгьы ҿыц Иегова ишаҳаҭ иакәны аҟаларазы алабжьарақәа ирҭалар ауеитb.
12. Ишԥаадырԥшуеи аизара аиҳабацәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩ иахь абзиабареи арыцҳашьареи?
12 Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп аизара иалырцо зыгәнаҳа иахьымхәуа агәнаҳаҟаҵаҩ шиакәу. Уи аҩыза ихадоу аӡбара рыдыркылаанӡа аизара аиҳабацәа зегьы ибзианы иазхәыцуеит. Дара ирдыруеит Иегова ишақәнагоу еиԥш ауаҩы дшахьирхәуа, дара рҟынтәгьы убри дшазыԥшу (Иер. 30:11). Аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегь бзиа ирбоит аҟынтә, Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа ирԥырхагахар рҭахӡам. Аха зны-зынла абзиабареи арыцҳашьареи раарԥшра иаҵанакуа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы аизара иалцара ауп.
13. Избан Коринф инхоз қьырсианк аизара дзалцатәхаз?
13 Ҳазааҭгылап актәи ашәышықәсазы ақалақь Коринф иҟалаз хҭыск. Апостол Павел еиликааит ақьырсианцәа руаӡәк «иаб иԥҳәыс хатә ԥҳәыск» леиԥш дышлыцынхоз. Закәытә хәымгароузеи! Ажәытәан Иегова израильаа иреиҳәеит: «Заб иԥҳәыс илыцшьҭало ахаҵа иаб иаҳаҭыр лаирҟәуеит. Урҭ шьтәуп. Рыԥсра дара роуп изхароу» (Алев. 20:11). Ҳәарада, Павел Моисеи изакәан ала уи ауаҩы аԥсра иқәҵара илшомызт. Аха коринфтәи ақьырсианцәа уи ауаҩы аизара далырцарц адҵа риҭеит. Уи ауаҩы иламысдараз ихымҩаԥгашьа егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ирнырит. Шьоукы уи амаҳагьара цәгьарак аҵамшәа иахәаԥшуа иалагеит (1 Кор. 5:1, 2, 13).
14. Ишԥааирԥши Павел коринфтәи аизара иалцаз ауаҩ иахь арыцҳашьара, насгьы избан? (2 Коринфаа рахь 2:5—8, 11).
14 Аамҭак ашьҭахь апостол Павел еиликааит уи ахаҵа иҽшиԥсахыз, насгьы гәыкала игәнаҳа дшахьхәыз. Павел еиликаауан уи иҟаиҵаз аизара ахьӡ шыбжьнахызгьы, иахырҟьацәаны ишиқәыӡбалатәым, убри аҟынтә аизара аиҳабацәа иреиҳәеит: «Аара иду ианажьны, игәы-иԥсы шәыжьжьа». Избан Павел уи аҩыза алабжьара зриҭаз? Иара иҳәеит: «Уи еснагь лахьеиқәрала дҟамларазы». Павел гәыкала зыгәнаҳа иахьхәыз ахаҵа дрыцҳаишьеит, насгьы игәы каҳаны анажьразы имоу агәыӷра ицәыӡыр иҭахӡамызт. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 2:5—8, 11.)
15. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа агәнаҳа ҟазҵаз ианахәҭоу ирыцҳашьара, ианахәҭоу иахьырхәра?
15 Иегова иеиԥш аизара аиҳабацәагьы арыцҳашьара аарԥшра ргәаԥхоит. Уи алшозар, насгьы амзызқәа ыҟазар, агәнаҳа ҟазҵаз аизара далырцаӡом, аха дахьырхәтәызар аизара далырцоит. Ус ҟарымҵар арыцҳашьара аарԥшра акәымкәа, игәнаҳа хырҩа азуроуп уи иаа́нагало. Аха аизара аиҳабацәа мацара роума арыцҳашьара аарԥшра зыхәҭоу?
АРЫЦҲАШЬАРА ААРԤШРА ИҲАЦХРААУА
16. Дышԥарзыҟоу Иегова арыцҳашьара злам ауаа, Ажәамаанақәа 21:13 иану инақәыршәаны?
16 Ақьырсианцәа зегьы арыцҳашьара аарԥшраҿы Иегова иҿыԥшра рҽазыршәоит. Избан? Избанзар Иегова арыцҳашьара злам ауаа рыҳәарақәа дырзыӡырҩӡом. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 21:13.) Ҳара иаҳҭахуп Иегова ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩларц, убри аҟынтә арыцҳашьара аарԥшра ҳҽазаҳшәоит, насгьы агәымбылџьбарара ҳҽацәаҳахьчоит. Ҳара «аӷар иҵәаабжь злымҳа иазмырҳауа» ҳарҩызаӡам. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ауадаҩрақәа анрымоу ҳрывагылоуп. Уи адагьы, ҳара ҳақәныҟәоит Абиблиа иану агәҽанҵара: «Агәыбылра аазмырԥшуа ауаҩы аӡбарҭаҿы гәыбылра иԥылом» (Иак. 2:13). Ҳара ҳхаҭагьы арыцҳашьара шаҳҭаху еилаҳкаауазар, егьырҭ рахьгьы арыцҳашьара аарԥшра ҳзымариахоит. Еиҳараӡак арыцҳашьара аарԥшра хадоуп зыгәнаҳа гәыкала иахьхәыз ауаҩы аизарахь даныхынҳәлак.
17. Ишԥааирԥшуаз Давид арыцҳашьара?
17 Арыцҳашьара аарԥшреи агәымбылџьбарара аҽацәыхьчареи рҿы Абиблиа иану аҿырԥштәқәа ҳацхраауеит. Даҳгәалаҳаршәап Давид. Иара арыцҳашьара анааирԥшуаз аҭагылазаашьақәа рацәан. Иаҳҳәап, аҳ Саул Давид ишьра изныкымкәа иҽазишәахьан. Аха Давид еиликаауан Саул Иегова иалихыз аҳ шиакәыз, насгьы дрыцҳашьаны ахаан ашьоура дашьҭамызт (1 Сам. 24:9—12, 18, 19).
18, 19. Иарбан ҭагылазаашьақәоу Давид арыцҳашьара ахьизымхаз?
18 Аха зны-зынла Давид арыцҳашьара изхомызт. Иаҳҳәап, иҽеимыз Навал Давид ииашамкәа данихцәажәа, насгьы иуаажәлари иареи рыцхраара мап анацәик, Давид игәы ԥжәан, Навалгьы иҩнаҭа иаҵанакуаз ахацәагьы ишьырц иӡбеит. Агәыҳалалреи ачҳареи злаз Навал иԥҳәыс Авигеиа лакәмызҭгьы, Давид ашьа каиҭәон (1 Сам. 25:9—22, 32—35).
19 Абар даҽа ҿырԥштәыкгьы. Аԥааимбар Нафан Давид изеиҭеиҳәеит, ибеиаз ауаҩы иӷарыз хаҵак зегь раасҭа бзиа иибоз иуаса шимихыз иазкыз ажәамаана. Давид дырҩегь иԥсахы еибакны иҳәеит: «Иегова иҿаԥхьа исҳәоит, уи ауаҩы аԥсра иқәнагоуп!» (2 Сам. 12:1—6). Давид Моисеи изакәан бзианы идыруан. Ауаса зӷьычыз ауаҩы ԥшьынтә еиҳаны ахә ахишәаар акәын (Ақәҵ. 22:1). Аха аԥсраҵәҟьа иқәҵароу?! Нафан ари ахҭыс Давид изизеиҭеиҳәаз иара иҟаиҵаз агәнаҳақәа акырӡа ишеицәаз иеилиркаарц азоуп! Иегова Давид еиҳа рыцҳашьарала дизныҟәеит, Давид ауаса зӷьычыз ауаҩы дизныҟәар шиҭахыз аасҭа (2 Сам. 12:7—13).
Аҳ Давид Нафан зыӡбахә иҳәаз ауаҩ иахь арыцҳашьара ааимырԥшӡеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 19, 20.)d
20. Иаҳнарҵозеи Давид иҿырԥшы?
20 Шәазхәыц, Давид игәы аныԥжәа Навали иуаажәлари шьтәуп ҳәа иӡбеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Нафан зыӡбахә иеиҳәаз ауаҩ беиагьы дышьтәуп ҳәа изиҳәеит. Шәааи, аҩбатәи ахҭыс еиҳа ҳазааҭгылап. Избан абжьааԥны арыцҳашьара аазырԥшуаз ауаҩы абриаҟара дзыџьбарахаз? Уи аилкаара иҳацхраауеит уи аԥхьа Давид иԥсҭазаараҿы иҟалаз ахҭысқәа. Уи аамҭазы Давид иламыс даргәаҟуан. Ауаҩы дгәымбылџьбаразар, насгьы егьырҭ мыцхәы дрықәыӡбозар, уи идоуҳатә гәабзиара шҽеим аанарԥшуеит. Убри азоуп Иисус иҵаҩцәа изреиҳәаз: «Шәмыӡбалан, ӡбатәысгьы шәроурым, шәыӡбашьала шәыӡбахап» (Матф. 7:1, 2). Убри аҟынтә шәааи, егьырҭ ҳармықәыӡбалап. Ҳара арыцҳашьара ду злоу Ҳанцәа ҳаиҿыԥшлароуп.
21, 22. Ишԥаҳалшо арыцҳашьара аарԥшра?
21 Арыцҳашьара аарԥшра баша аӡәы ирыцҳашьара мацара акәӡам иаанаго. Арыцҳашьара усла иаарԥшлатәуп. Убри аҟынтә игәаҳҭалароуп ҳҭынхацәеи, аизара аҟынтә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ҳгәылацәеи зызгәаҟуа. Арыцҳашьара аарԥшразы алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Иаҳҳәап, аӡәы игәы рҭынчтәуп, даҽаӡәы аҩнтәи аусқәа рҿы ицхраатәуп, егьырҭ фатәыла-жәтәыла ирыцхраатәызар ауеит. Ааигәа аизарахь ихынҳәызгьы ргәы шьҭызхуа аҩызцәа бзиақәа рҭахуп. Ишәылшома шәара урҭ рзы ҩыза бзианы аҟалара? Уи адагьы, ауаа рахь арыцҳашьара ааҳарԥшлоит Абиблиа аҟынтә ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәалар (Иов 29:12, 13; Рим. 10:14, 15; Иак. 1:27).
22 Ааи, ҳара ҳааигәа иҟоу ауаа рахь арыцҳашьара аарԥшразы алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Аха уи азы урҭ гәаҳҭалароуп. Убасҟан жәҩантәи Ҳаб дҳаргәырӷьалоит — уи арыцҳашьара ду аазырԥшуа Анцәа иоуп!
АШӘА 43 Аџьшьара иазку анцәаиҳәара
a Арыцҳашьара — ари Иегова илоу зегь раасҭа иаҳгәаԥхо аҟазшьақәа ируакуп. Уи аҟазшьа ҳаргьы иҳалаҳааӡалароуп. Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит Иегова арыцҳашьара аарԥшра игәазҭазҵо, агәнаҳа ҟазҵаз анахьирхәуа уи шааирԥшуа, насгьы ҳаргьы уи ааҳарԥшлар шҳалшо.
b Аизарахь ихынҳәыз ақьырсианцәа ҿыц Иегова иҩызахара, насгьы аизара аиҳабацәа уи аҿы ирыцхраалар шрылшо атәы ануп, ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу астатиа «Иегова дырҩегь уиҩызахар шулшо» захьӡу.
c АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Аҩны ахыбра аҟынтә зԥа дызбаз аб дыҩны иҷкәын диԥылоит, дагьигәыдиҳәҳәалоит.
d АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Давид иламыс ахьыцқьамыз азы Нафан иажәамаана аниаҳа иԥсахы еибакит, иҽырџьбарангьы ибеиаз ауаҩы аԥсра иқәнагоуп ҳәа иеиҳәеит.