Иегова дырҩегь уиҩызахар шулшо
ЕСЫШЫҚӘСА ақьырсиантә еизарахь аизара иалцаз рацәаҩны ихынҳәуеит. Зыхә ҳараку ауасақәа Иегова иахь ихынҳәыцыԥхьаӡа ажәҩан аҿы агәырӷьара ду ыҟоуп! (Лука 15:7, 10). Уара аизарахь ухынҳәызар агәра ганы уҟаз: Иисуси, амаалықьцәеи, Иегова ихаҭагьы даара иузыԥшын. Аха Иеговеи уареи шәеиҩызара арӷәӷәара мариамхар ауеит. Иарбан уадаҩрақәоу иузцәырҵыр алшо?
ИАРБАН УАДАҨРАҚӘОУ ИУЗЦӘЫРҴЫР АЛШО?
Аизарахь ихынҳәыз аӡәырҩы ргәы каҳаны иҟоуп. Уи еилкаауп. Аҳ Давид игхақәа Иегова ианианаижьгьы игәы каҳаны дыҟан (Аԥсал. 40:12; 65:3). Иҟалап уаргьы уи ибзианы деилукаауазар. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы аизарахь ианыхынҳәлак ашьҭахьгьы акыршықәса рхы ахара адырҵоит, ма иҟарҵаз иацәыԥхашьоит. 20 шықәса инареиҳаны аизара иалцаз Изабельa илҳәоит: «Сара агәра сызгомызт Иегова сыгәнаҳа шсанаижьыз». Уара агәкаҳара уҽауҭар удоуҳатә гәабзиарагьы ԥсыҽхоит (Ажәам. 24:10). Ус ҟалартә алумыршан.
Иҟоуп даҽа уадаҩракгьы. Шьоукы Иеговеи дареи реиҩызара аиҭашьақәыргыларазы иҟаҵатәу ахьырацәоу иацәшәоит. Антуан аизарахь даныхынҳә ашьҭахь иҳәеит: «Сара аизара салырцаанӡа издыруаз иҟасҵоз зегь схашҭит». Урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа шьоукы аизараҿы аџьабаа абара ирԥырхагоуп.
Шәхаҿы даажәг зыҩны аԥшацәгьа иԥхасҭанатәыз ауаҩы. Аҩны аиҭашьақәыргыларазы шаҟа аамҭеи амчи аҭаху даназхәыцлак, игәы каҳар ауеит. Иҟалап, уаргьы убас ухы убозар. Иҟауҵаз агәнаҳа Иеговеи уареи шәеиҩызара ԥхасҭанатәит. Убри азы угәы иаанагалар ауеит, уи аиҭашьақәыргыларазы ирацәаны аџьабаа батәуп ҳәа. Аха зегьы ухала аҟаҵара уқәшәаӡом.
Иегова иуеиҳәоит: «[Уааи], ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьаҳтәып» (Ис. 1:18). Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьақәа еиҭашьақәургыларц азы иҟауҵахьо рацәоуп. Иара уи ахә ҳаракны ишьоит. Уазхәыц, Иегова уҿырԥшала Аҩсҭаа идиҵо ахара аҭак аиҭар ауеит! (Ажәам. 27:11).
Иегова иахь уахьыхынҳәыз абзоурала, иара уизааигәахеит. Иаргьы уара дшузааигәахо ажәа уиҭоит (Иак. 4:8). Ҳәарада, аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизарахь уахьыхынҳәыз еигәырӷьоит. Уи даараӡа ибзиоуп. Аха иҟоуп уи аасҭа ихадоугьы. Уара анаҩсгьы Уаб, насгьы Уҩыза Иегова иахь убзиабара еизурҳалароуп. Иҟаҵатәузеи уи азы?
ИУЗЫНАГӠО АХЫҚӘКҚӘА ЫҚӘЫРГЫЛАЛА
Уазхәыц уажәы иҟауҵар улшо. Аҩны ашьаҭа шамоу еиԥш, уара угәрахаҵара Иегова изку адыррақәеи иқәыргәыӷрақәеи шьаҭас ишамац иамоуп. Уи акгьы амыхьӡеит. Аус зыдулатәу аҩны ахаҭа ауп, даҽакала иуҳәозар, ақьырсиантә ԥсҭазаара. Иаҳҳәап, ажәабжь аҳәара, аизарақәа рҭаара, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыҿцәажәара. Абар хықәкыс иқәургылар улшо.
Лассы-лассы Иегова уиацәажәала. Жәҩантәи Уаб еиликаауеит ухы ахара ахьадуҵо иахҟьаны иҳәара шузымариам (Рим. 8:26). Аха Иегова есымша уиҳәаларц дуҳәоит (Рим. 12:12). Изеиҭаҳәала ҿыц уиҩызахар шуҭаху. Андреи иҳәоит: «Сара схы ахара адысҵон, сыԥхашьаны сыԥсуан. Аха Анцәа саниҳәалак ашьҭахь сгәы ҭынчхон». Анцәа узызиҳәаша узымдыруазар, 51-тәи, насгьы 65-тәи Аԥсаломқәа урыԥхьа. Уаҟа гәыкала зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз аҳ Давид иҳәарақәа ануп.
Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҭҵаала. Уи адоуҳатә мчқәа унаҭоит, насгьы Иегова еиҳагьы бзиа ибара иуцхраауеит (Аԥсал. 19:7—11). Филипп иҳәоит: «Есыҽны Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи шьцыларас иахьсымамыз иахҟьаны Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа хьшәашәеит, насгьы игәы исырхьит. Дырҩегь убас смыхьырц азы схатә ҭҵаара аграфик шьақәсыргылеит». Уаргьы убас ҟауҵар бзиоуп. Иҭуҵаалаша атемақәа ралхра уцәыуадаҩзар доуҳала иӷәӷәоу уҩыза ацхырааразы уиҳәа.
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҿыц урҩызаха. Аизарахь ихынҳәыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахара зду реиԥш ирыхәаԥшлар ҳәа ишәоит. Лариса илҳәоит: «Сара даара сыԥхашьон. Сгәы иаанагон аишьцәеи аиҳәшьцәеи сҭиизшәа. Урҭ ахәыцрақәа акыраамҭа схы иҭыҵуамызт». Аха агәра ганы уҟаз: аизара аиҳабацәеи доуҳала иӷәӷәоу егьырҭ ақьырсианцәеи Иеговеи уареи шәеиҩызара аиҭашьақәыргылара иуцхраар рҭахуп. (Уахәаԥш арамка «Иҟарҵалар рылшозеи аизара аиҳабацәа?».) Урҭ аизарахь уахьыхынҳәыз иуеигәырӷьоит, насгьы абзиара узеиӷьаршьоит! (Ажәам. 17:17).
Иуцхраауазеи ҿыц аизара уахәҭакны аҟалара? Аизарақәа бжьаумыжьлан, лассы-лассы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рыцҳәала. Избан уи зхадоу? Абар Феликс ииҳәо: «Аизара зегь саныхынҳәуа иазыԥшын. Урҭ гәыкала срыдыркылеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы ирылшоз ҟарҵон ҳдоуҳатә ҭаацәара сахәҭакны схы збаларц, Иегова ишсанаижьыз еилыскааларц, насгьы сыгхақәа сырзымхәыцларц азы». (Уахәаԥш арамка «Иҟауҵар улшозеи уара?».)
УГӘЫ КАУМЫЖЬЛАН!
Иеговеи уареи шәеиҩызара шурӷәӷәо збо Аҩсҭаа иҿи-инапи еиқәҵаны дтәаӡом (Лука 4:13). Иара аԥшацәгьа еиԥшу ауадаҩрақәа урықәиршәалоит, умчқәа улӡаарц азы. Аҩн еиԥш зыргылара уаҿу удоуҳара хымбгаларц азы Иеговеи уареи шәеиҩызара рӷәӷәала.
Иегова иуасақәа абас рзиҳәеит: «Сара иӡыз сыԥшаауеит, агәарҭа иацәҟьалаз сырхынҳәуеит, ихәны иҟоу рыхәра ҿасҳәоит, зымч каԥсазгьы сырӷәӷәоит» (Иез. 34:16). Здоуҳара ԥыххааса ишьҭаз аӡәырҩы Иегова дрыцхраахьеит. Убри аҟынтә агәра ганы уҟаз: Иегова иареи уареи шәыбжьара акгьы зԥырхагамхо аиҩызара ӷәӷәа аизырҳара уаргьы дуцхраарц иҭахуп.
a Ари астатиаҿы хьыӡқәак ԥсахуп.